Галатаа рахь 1:1—24
1 Сара, апостол Павел, асаламшәҟәы шәзысыҩуеит. Апостолс салызхыз ауаҩ иакәӡам, Иисус Христоси уи иԥсы ҭазҵаз Ҳаб Ҳанцәеи роуп.
2 Ааи, сара, Павели, исыцу аишьцәеи Гала́тиа иҟоу аизарақәа асаламшәҟәы рзаҳаҩуеит.
3 Ҳаб Ҳанцәеи Иҳақәиҭу Иисус Христоси иаадырԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи иҳарҭо аҭынчреи шәыгымзааит.
4 Христос иԥсы ҳахҭниҵеит, ҳагәнаҳақәа ҳхихырц, насгьы ари адунеи* цәгьа аҟынтә ахақәиҭра ҳаиҭарц азы. Ҳаб Ҳанцәа ус иҭаххеит.
5 Наунагӡа хьӡи-ԥшеи игымзааит. Амин.
6 Сара иџьасшьоит, Христос иааирԥшыз ҳзыԥсам ақьиара ала шәаазыԥхьаз Анцәа абас ирласны дышәхаршҭны, даҽа жәабжьк шәахьазыӡырҩуа, уи акәушәа ажәабжь бзиа.
7 Даҽа жәабжь бзиак ыҟам. Аха шьоукы Христос изку ажәабжь бзиа еицаркырц иашьҭоуп, ауадаҩрақәа шәызцәырыргарц азы.
8 Аха аӡәы — ҳара ҳаума, ажәҩан аҟынтә амаалықь иоума — ҳара ишәзеиҭаҳҳәаз ажәабжь бзиа акәымкәа, даҽа жәабжьк шәзеиҭеиҳәазар, уи акәушәа ажәабжь бзиа — дшәиизааит.
9 Ишысҳәахьоу еиԥш, дшәиизааит ишәыдышәкылаз ажәабжь бзиа акәымкәа, даҽа жәабжьк шәзеиҭазҳәо, уи акәушәа ажәабжь бзиа.
10 Уажәы сзышьҭоу ауаа ргәы аҟаҵара акәу, Анцәа игәы аҟаҵара акәу? Сзышьҭоу ауаа ргәы аҟаҵара акәызҭгьы, Христос имаҵуҩ сакәхомызт.
11 Ижәдыруазар сҭахуп, сашьцәа, ишәзеиҭасҳәаз ажәабжь бзиа зтәу ауаа шракәым.
12 Сара уи ауаа рҟынтә акәӡам ишсоуз, исзырҵазгьы ауаа ракәӡам, Иисус Христос иоуп исзаазыртыз.
13 Ишәмаҳацкәа шәыҟам аиудаизм анныҟәызгоз иҟасҵақәоз, Анцәа иеизара сҽазҵәылхны сшашьҭашәарыцоз, иқәысхырц сшашьҭаз.
14 Сара сыжәлар иатәу сықәлацәа аӡәырҩы раасҭагьы аиудаизм ныҟәызгон, дара раасҭагьы ҳабацәа рҵасқәа срықәныҟәон.
15 Аха сиира зыбзоуроу, сзыԥсам ақьиара аарԥшны салызхыз Анцәа ианиҭахха
16 сара сыла ажәабжь бзиа иауриам ирылеиҳәарц, даргьы Иԥа дырдырырц азы, иҟасҵарызеи ҳәа ауаа срыламлаӡеит,
17 сара саԥхьа апостолс иҟалахьаз апостолцәа срацәажәарц азгьы Иерусалимҟа сымцаӡеит. Инықәыршәны Аравиаҟа сцеит, нас Дамаскҟа схынҳәит.
18 Хышықәса рышьҭахь Ки́фа* дызбарц азы Иерусалимҟа сцеит, 15 мшгьы уа сицын.
19 Аха уаҳа апостолцәа ҳәа аӡәгьы дсымбаӡеит, Иҳақәиҭу иашьа Иаков ида.
20 Ишәзысыҩуа зегь иашоуп, Анцәа ибоит амц шысымҳәо.
21 Уи ашьҭахь Сириаҟеи Килики́аҟеи сцеит.
22 Иудеиа иҟаз Христос иеизарақәа хаҭала срыздырӡомызт,
23 аха ираҳахьан абас шырҳәоз: «Уаанӡа иҳашьҭашәарыцоз, насгьы аизарақәа* ықәызхырц зҭахыз уажәы ауаа ажәабжь бзиа рылеиҳәоит».
24 Абасеиԥш сыӡбахә анраҳа, Анцәа ирҳаракра иалагеит.