Ефесаа рахь 3:1—21

  • Иԥшьоу амаӡа иауриамгьы ирыҵанакуеит (1—13)

    • «Иауриамгьы Христос иоуа аҳамҭа аҩыза роуеит» (6)

    • Анцәа имоу наӡаӡатәи агәҭакы (11)

  • Павел ефесаа аилкаара роурц Анцәа диҳәоит (14—21)

3  Убри аҟынтә сара, Христос Иисус игәра ахьызго азы, иара убас шәара, иауриам, шәаҳаҭыразы иҭаку Павел... 2  Шәара, ҳәарада, ишәаҳахьеит сара сшәыцхраарц азы сшалхыз, Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ахәарҭа шәзаанагарц азы, 3  ишәаҳахьеит Анцәа иԥшьоу имаӡа шысзааиртыз, уи аӡбахә иааркьаҿны ишәзысыҩхьан. 4  Убри аҟынтә ари шәанаԥхьалак ижәбоит Христос изку иԥшьоу амаӡа аҵакы шеилыскаауа. 5  Уи амаӡа уажәы иԥшьоу адоуҳа ала иԥшьоу апостолцәеи аԥааимбарцәеи ишырзаату еиԥш ииасхьоу абиԥарақәа ирзаатӡамызт. 6  Иԥшьоу маӡас иҟоу абри ауп: ажәабжь бзиа ахьрыдыркыло абзоуралеи Христос Иисуси дареи аӡәк иеиԥш иахьыҟало абзоуралеи иауриамгьы Христос иоуа аҳамҭа аҩыза роуеит, дареи ҳареи цәеижьк ҳахәҭакхоит, даргьы Анцәа ҳара ҳзықәиргәыӷыз роуеит. 7  Анцәа иааирԥшыз сзыԥсам ақьиара абзоурала сара уи амаӡа маҵуҩыс сазыҟалеит. Иара уи аҳамҭа имч ду зныԥшуа ак еиԥш исиҭеит. 8  Сара сахь, иԥшьоу рҟынтә зегь иреиҵоу иахь, Анцәа ҳзыԥсам ақьиара ааирԥшит, иауриам ажәларқәа ҵҩа змам Христос имал иазку ажәабжь бзиа рзеиҭасҳәаларц, 9  иара убас зегь зшаз Анцәа шәышықәсала иҵәахны имаз иԥшьоу амаӡа шааиртуа абара зегьы срыцхрааларц. 10  Уи зегь зыҟаиҵаз ажәҩан аҿы иҟоу аҳәынҭқаррақәеи амчрақәеи уажәшьҭа аизара ала ҵҩа змам Анцәа иҟәыӷара рзаатырц азоуп. 11  Уи Иҳақәиҭу Христос Иисус изкны Анцәа имоу наӡаӡатәи агәҭакы иақәшәоит. 12  Иара ибзоурала ҳара ҳамшәаӡакәа ҳцәажәалар, насгьы ҳамлакҩакуа Анцәа ҳиҳәалар ҳалшоит, избанзар Христос дхаҳҵоит. 13  Сшәыҳәоит, шәара шәзы исхызго агәаҟрақәа ирыхҟьаны шәгәы кашәмыжьлан, избанзар урҭ хьӡи-ԥшеи шәзааргоит. 14  Убри аҟынтә Ҳаб иҿаԥхьа сшьамхышгылоит, 15  иара ибзоуралоуп ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы аҭаацәарақәа злаҟоу. 16  Ахьӡ-аԥша ду змоу Анцәа сиҳәоит идоуҳамч ала шәирӷәӷәарц, 17  сиҳәоит шәхаҵара абзоурала Христос шәгәаҿы дыҟазарц, насгьы иӷәӷәаны бзиа дыжәбаларц. Аҵла адацқәа шыӷәӷәоу еиԥш шәыӷәӷәаз, аҩны ашьаҭа ӷәӷәа ишықәгылоу еиԥш шәыӷәӷәаӡа шәгылаз, 18  иԥшьоу реиԥш шәаргьы аҭбаареи, ауреи, аҳаракыреи, аҵаулареи ибзианы еилышәкаарц, 19  насгьы адыррақәа раасҭа ихадоу Христос ибзиабара жәдырырц азы. Усҟан Анцәа иҳаиҭо аҟазшьақәа зегь шәырҳауеит. 20  Анцәа иҟаҳҵо ҳзырҟаҵо имч ала иҟаиҵар илшо акырӡа еиҳауп, ҳара ҳзызиҳәо, мамзаргьы ҳхаҿы иааҳгар ҳалшо аасҭа. 21  Аизарақәа рылеи Христос Иисус илеи биԥарацыԥхьаӡа Анцәа наӡаӡа хьӡи-ԥшеи иоулааит. Амин.

Албаагақәа