Иаков исаламшәҟәы 3:1—18

  • Абз абжьара (1—12)

    • «Зегьы арҵаҩра шәашьҭамлан» (1)

  • «Жәҩанынтә аҟәыӷара» (13—18)

3  Сашьцәа, зегьы арҵаҩра шәашьҭамлан, избанзар, ишыжәдыруа еиԥш, Анцәа ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу еиҳа ирацәоуп, егьырҭ рҟынтә дыззыԥшу аасҭа. 2  Ҳара зегьы лассы-лассы агхақәа ҟаҳҵоит*. Аӡәы иажәаҿы агха ҟаимҵозар, иара дуаҩы наӡоуп, ихгьы иԥсгьы рынкылара илшоит. 3  Аҽқәа ҳзыӡырҩуа иҟаҳҵарц азы аӷәра рҿаҳҵоит, убасала иаҳҭаху дҳарҟаҵоит. 4  Убас ауп аӷбақәагьы. Урҭ даараӡа ишдуугьы, аԥша ӷәӷәақәа ирыманы ишдәықәугьы, аԥсҟ хәыҷы ахьдырҵәиуа ауп иахьцо. 5  Абзгьы убас ауп. Уи хәыҷуп, аха иааҟәымҵӡакәа иҽхәоит. Абнагьы амца акырц азы ацыԥхь хәыҷ ауп иаҭаху. 6  Ааи, абз амца иеиԥшуп. Ҳцәеижь ахәҭақәа рҟынтә ацәгьара зхылҿиаауа иароуп, избанзар ҳхы инаркны ҳшьапаҟынӡа ҳаҟьашьуеит, ҳаԥсҭазаара зегь амца анаркуеит, гее́нна* еиԥш ҳақәнахуеит. 7  Агыгшәыгқәа, аҵарақәа, иҳәазо аԥстәқәа, амшын иҭоу зегьы ауаҩы ибжьаны, инапаҿы аагара илшоит. 8  Аха абз аӡәгьы изыбжьаӡом, уи нкылашьа амаӡам, ацәгьара ауеит, уаҩ дызшьуа ашҳам алоуп. 9  Уи ала ҳара Ҳаб Иеговагьы* дҳараҳкуеит, «Анцәа иеиԥшны» ишоу ауаагьы ҳшәиуеит. 10  Ҿык аҟынтә аҽхәаԥхьыӡгьы ҭыҵуеит, ашәигьы ҭыҵуеит. Сашьцәа, ус иҟамзароуп! 11  Ӡыхьк аҟынтә аӡы цқьеи иҵаау аӡи зеицаауама? 12  Алаҳаҵла амаслина ҿалома, ма ажь аӡахәа — алаҳа? Иҵаау аӡыхь аҟынтәгьы аӡыржәтә заауама? 13  Шәыбжьара аҟәыӷареи аилкаареи змоу аӡәыр дыҟазар, ихымҩаԥгашьала иааирԥшааит иҟаиҵо зегьы аҟәыӷара иалҵшәоу аҟәымшәышәра шаҵоу. 14  Аха шәгәы шьыцрала иҭәызар, аҭыӡшәа аҟаҵара бзиа ижәбозар, ҳҟәыӷоуп ҳәа шәмыҽхәалан, уи мцуп. 15  Уи жәҩанынтә иҳауа ҟәыӷарам, идгьылтәуп, зцәеижьтә гәаҳәарақәа ирыцныҟәо иртәуп, адемонцәа иртәуп. 16  Ашьыцреи аҭыӡшәеи ахьыҟоу иҟоуп аилаҩынтрақәа, иара убас цәгьарас иҟоу зегьы. 17  Жәҩанынтә аҟәыӷара зегь раԥхьаӡа иргыланы ицқьоуп, аҭынчра арҿиоит, иҟәымшәышәуп*, аӡырҩра иазхиоуп, арыцҳашьара алоуп, аус бзиақәа ҟанаҵоит, атәамбара алам, ҩ-цәак ахарԥам. 18  Аиашара ажәла аҭынчра ахьыҟоу илаҵазар, аҭынчра иашьҭоу рзы аҽаҩра бзиа аанагоит.

Албаагақәа

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ҳшьацәхныслоит, ҳкаҳауеит».
Шәахәаԥш Ажәар.
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ма «иаратәы ианаргаӡом».