Иоанн иҟынтә ажәабжь бзиа 7:1—52
7 Уи ашьҭахь Иисус Галилеиа даангылеит. Иара Иудеиаҟа ацара иҭахӡамызт, избанзар аиудеиаа ишьра иашьҭан.
2 Иааигәахон аиудеиаа иазгәарҭоз Ақьалақәа рныҳәа.
3 Убри аҟынтә иашьцәа ус иарҳәеит: «Иудеиаҟа уца, егьырҭ уҵаҩцәагьы уусқәа рбарц азы.
4 Ауаҩы дырдырырц иҭахызар, иусқәа иҵәахӡом. Уара абри аҩыза аусқәа ҟауҵозар, адунеи ухы аумырбои!»
5 Иашьцәа ус рҳәеит, аха дара Иисус дхарҵаӡомызт.
6 Иисус ус реиҳәеит: «Саамҭа макьана имааиӡацт, шәара шәзы еснагь иаамҭоуп.
7 Ари адунеи шәзацәымыӷхаша ҳәа акгьы ыҟаӡам, сара сакәзар, уи сацәымӷуп, избанзар аус цәгьақәа шыҟанаҵо сҳәоит.
8 Аныҳәахь шәара шәца, сара макьана сцаӡом, избанзар саамҭа мааиӡацт».
9 Абас иҳәан, Галилеиа даангылеит.
10 Аха иашьцәа аныҳәахь ианца, иаргьы уахь дцеит, аха аргама акәымкәа, иҽӡаны ауп дышцаз.
11 Аныҳәаҿы аиудеиаа дабаҟоу ҳәа иҵаауа, иԥшаара иалагеит.
12 Ажәлар ицәыҵахәыҭхәыҭуа ихырҳәаауаз рацәан. Шьоукы: «Дуаҩ бзиоуп», — рҳәон. Егьырҭ: «Мамоу, уи ауаа ижьоит», — рҳәон.
13 Аха аиудеиаа* ирыцәшәаны аргама аӡәгьы иӡбахә иҳәаӡомызт.
14 Аныҳәа аԥшьбатәи амш ахь инеиуан еиԥш, Иисус аныҳәарҭахь днеин, ауаа Анцәа иажәа дырҵара далагеит.
15 Аиудеиаа иџьашьаны ирҳәон: «Џьаргьы* аҵара зымҵоз Аҩыра абас ибзианы излеидыруеи?»
16 Иисус ус реиҳәеит: «Ауаа идсырҵо сара истәӡам, саазышьҭыз итәоуп.
17 Уи ииҭаху аҟаҵара зҭаху еиликаараны дыҟоуп ауаа идсырҵо Анцәа иҟынтә акәу, сара схаҭа сгәы иаанаго акәу.
18 Аӡәы ихатә гәаанагара акәзар ииҳәо, ахьӡ-аԥша ихазоуп дзашьҭоу, даазышьҭыз изы ахьӡ-аԥша дашьҭазар, уи ииҳәо иашоуп, мыцра илаӡам.
19 Моисеи азакәан шәиҭеит, ус ами? Аха аӡәгьы уи азакәан шәықәныҟәаӡом. Нас, сышьра шәзашьҭои?»
20 Ажәлар ус рҳәеит: «Адемон духоума, уара? Ушьра иашьҭада?»
21 Иисус ус реиҳәеит: «Сара џьашьахәык ауп асабшаҽны иҟасҵаз, шәара уи џьашәшьоит.
22 Шәазхәыц абри: Моисеи аԥхьатәхсара иазку азакәан шәиҭеит (уи ахьынтәиаауа Моисеи иҟынтә шакәымгьы, уи иабацәа рабацәа рҟынтә ауп ишаауа), шәара уи азакәан асабшаҽныгьы шәықәныҟәоит.
23 Моисеи изакәан еиларымгарц азы асабшаҽны ауаҩы иаԥхьатә хырсозар, асабшаҽны ауаҩы дахьысхәышәтәыз абриаҟара шәгәы зыԥнажәеи, нас?
24 Ижәбо ала шәмыӡбалан, ииашаны шәыӡбала».
25 Иерусалим инхоз шьоукы ус аҳәара иалагеит: «Ари ауаҩ зышьра иашьҭоу иакәӡами?
26 Иара зегьы дшырбо ауаа драцәажәоит, аха аӡәгьы акгьы иеиҳәаӡом. Аиҳабацәа Христос шиакәу агәра ргарызу?
27 Ҳара ари ауаҩ дахьатәиу ҳдыруеит. Христос данаалак, уи дахьатәиу здыруа ҳәа аӡәгьы дҟалаӡом».
28 Усҟан Иисус аныҳәарҭаҿы ауаа Анцәа иажәа андирҵоз аамҭазы, ибжьы ҭыганы ус иҳәеит: «Шәара сыжәдыруеит, сахьынтәиаазгьы жәдыруеит, сара схала иаԥшьганы смааӡеит. Саазышьҭыз дыҟаҵәҟьоуп, аха шәара уи дшәыздырӡом,
29 сара дыздыруеит, избанзар иара иҟынтә ауп сшааз, иара иоуп саазышьҭыз».
30 Усҟан дара дыркырц рҭаххеит, аха аӡәгьы уи изыҟамҵаӡеит, избанзар иаамҭа мааиӡацызт.
31 Аха дхазҵаз маҷмызт. Дара ирҳәон: «Христос данаалак, абри ауаҩ иаасҭа еиҳаны аџьашьахәқәа ҟаиҵома?»
32 Афарисеицәа ираҳаит ажәлар ихырҳәаауаз, убри аҟынтә аԥшьаҩ еиҳабацәеи афарисеицәеи аныҳәарҭа ахьчаҩцәа рышьҭит, дыркырц азы.
33 Иисус ажәлар ус реиҳәеит: «Даҽа ԥыҭраамҭак сшәыцзаауеит, нас саазышьҭыз иахь сцоит.
34 Шәара шәсышьҭазаауеит, аха сышәзыԥшааӡом, сара сахьцо шәара шәызнеиӡом».
35 Усҟан аиудеиаа абас еибырҳәо иалагеит: «Дахьаҳзымԥшаауа ҭыԥс иабыкәу дахьцо? Абырзенцәа иԥсаҟьаны ирыланхо ауриацәа рахь акәзар дцарц игәы иахьҭоу, ара ажәлар идирҵо абырзенцәагьы идирҵаларц азы?
36 Иаанагои ииҳәаз: „Шәара шәсышьҭазаауеит, аха сышәзыԥшааӡом, сара сахьцо шәара шәызнеиӡом?“»
37 Аҵыхәтәантәи амш аҽны, аныҳәа амш дуӡӡа аҽны, Иисус дҩагылан, ибжьы ҭыганы ус иҳәеит: «Аӡба иакуа сара сахь дааины аӡы ижәааит.
38 Сара схазҵо, Аҩыра ишану еиԥш, „игәаҵантәи зыԥсы ҭоу аӡы аӡиас еиԥш ахьхьаҳәа иаалоит“».
39 Иара зыӡбахә иҳәоз дхазҵаз ироураны иҟаз адоуҳа акәын. Усҟан дара адоуҳа рмоуӡацызт, избанзар Иисус макьана ахьӡ-аԥша имоуӡацызт.
40 Ажәлар ирылагылаз шьоукы ари анраҳа, ус рҳәеит: «Ари дԥааимбарҵәҟьоуп».
41 Даҽа шьоукы ирҳәон: «Ари Христос иоуп». Иҟан абас зҳәозгьы: «Христос Галилеиантәи аума дшаауа?
42 Аҩыраҿы ианӡами Христос Давид дихылҵуеит ҳәа, Давид дахьынхоз ақыҭа Вифлеем датәхоит ҳәа?»
43 Убас иара ихҟьаны, ажәлар рыбжьара аҳәоуеиқәымшәара ҟалеит.
44 Шьоукы уи дыркырц рҭаххеит, аха аӡәгьы уи изыҟамҵаӡеит.
45 Аныҳәарҭа ахьчаҩцәа хынҳәны аԥшьаҩ еиҳабацәеи афарисеицәеи рахь ианаа, аԥшьаҩ еиҳабацәеи афарисеицәеи «дзаашәымгеи?» ҳәа иҵааит.
46 Аныҳәарҭа ахьчаҩцәа ус рҳәеит: «Иара иеиԥш ахаан аӡәгьы дымцәажәацт».
47 Усҟан афарисеицәа ус рҳәеит: «Шәаргьы шәижьама, уара?
48 Аиҳабацәа ма афарисеицәа рҟынтә дхазҵаз аӡәыр дыҟоума?
49 Ииҳәо иазыӡырҩуа ари ажәлар азакәан рыздырӡом, урҭ шәиуп».
50 Уаанӡа Иисус иахь иаахьаз, ифарисеиз Никодим ус иҳәеит:
51 «Ҳзакәан ала ауаҩы ииҳәо уазымӡырҩӡакәа, иҟаиҵаз цқьа еилымкааӡакәа уиқәыӡбар ҟалома?»
52 Усҟан аԥшьаҩ еиҳабацәеи афарисеицәеи ус рҳәеит: «Уаргьы Галилеиа уатәума? Аҩыра ҭҵааи, нас иубап аԥааимбар Галилеиа датәызар алшоу-иалымшоу»*.
Албаагақәа
^ Зыӡбахә ҳәоу аиудеиаа рдиннапхгаҩцәа роуп.
^ Араввинцәа рышколқәа рҿы.
^ Зыгәра угартә иҟоу имаҷымкәа ажәытә манускриптқәа рҿы иҟаӡам Ин 7:53—8:11.