Колоссаа рахь 2:1—23
2 Коло́ссаа, ижәдыруазар сҭахуп Лаоди́киа иҟоуи шәареи сшәыцхраарц азы шаҟа схызго, хаҭала сыззымдыруагьы срыцхраарц азы шаҟа схызго.
2 Уи зегь зыҟасҵо шәара зегь агәҭынчра шәоурц, абзиабара шәеиднакыларц, насгьы амазара ду шәоурц азоуп. Уи амазара Анцәа имаӡа ԥшьа аилкаареи уи иазку ииашоу, иҵаулоу адыррақәеи роуп. Уи амаӡа — Христос иоуп.
3 Зыхә ҳараку аҟәыӷареи адырреи иара иҿы иҵәахуп.
4 Исҳәо зысҳәо аӡәгьы гызмалрыла шәимжьарц азоуп.
5 Шәааигәа сыҟаӡам, схароуп, аха гәыла сшәыцуп, издыруеит шәусқәа зегь еиҿкааны ишынашәыгӡо, Христос иахь шәхаҵара шыӷәӷәоу, уи сеигәырӷьоит.
6 Иҳақәиҭу Христос Иисус игәра аныжәга, анаҩсгьы иара иеиԥш шәынхала,
7 аҵла адацқәа ӷәӷәаӡа, иҟацаӡа ишыҟоу еиԥш, шәаргьы ишышәдырҵахьоу еиԥш, шәыӷәӷәаӡа Иисус иҿы шәгылаз, шәхаҵара ӷәӷәаз, еснагь Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳәарагьы шәхашәмыршҭлан.
8 Шәгәышәҽаныз, аӡәы ишьацҳәа шәамкааит, афилософиеи ҵакы змам ацәажәарақәеи шәхырымхааит. Урҭ шьаҭас ирымоу Христос иаҳирҵоз акәымкәа, ауаа ирхәыцыз аҵасқәеи ари адунеи ахәыцшьеи роуп. Шәамкааит уи ашьацҳәа,
9 избанзар Христос иҿы ауп Анцәа иҟазшьақәа нагӡаны иахьааԥшыз.
10 Иара ибзоурала, напхгарас, мчрас иҟоу зегь ирхагылоу ибзоурала, шәара зегь шәымоуп, акгьы шәыгӡам.
11 Шәара уи дхашәҵоит азы шәаԥхьатә хсоуп, аха ауаа рнапала акәӡам ишыхсоу. Уи аԥхьатәхсара иаанаго агәнаҳа иаҵоу ацәеижь ааныжьра ауп. Убасоуп Христос иитәқәоу раԥхьатә шхырсо.
12 Анцәа Христос шәицижит, иԥсрала шәҽанӡаашәх. Христоси шәареи аӡәк иеиԥш шәахьыҟоу абзоуралеи, Анцәа имч агәра ахьыжәго абзоуралеи, Анцәа иара иԥсы анҭеиҵоз, шәаргьы шәыԥсы ҭеиҵеит.
13 Уаанӡа шәара шәус цәгьақәа ирыхҟьаны, насгьы шәаԥхьатә ахьыхсамыз азы аԥсцәа шәырҩызан, аха Анцәа шәыԥсы ҭеиҵеит, Христоси шәареи аӡәк иеиԥш шәҟаларц азы. Иара гәык-ԥсыкала ҳус цәгьақәа ҳанаижьит,
14 насгьы иаҳҿагылаз азакәан анихит. Иара уи азакәан ашьаҟа икыдҵаны иаԥихит.
15 Уи абзоурала* иара аҳәынҭқарцәеи амчрақәеи бџьарда, ицәҳәы-ҟьантазӡа инижьит, насгьы ишаҵаирхаз зегьы идырбо, итҟәаны игеит.
16 Убри аҟынтә аӡәгьы азин имаӡам ишәфаша, ишәжәыша шәыҵаҳәара, мамзаргьы есышықәсатәи аныҳәақәеи, амзаҿа агылареи, асабшеи азгәаҭалатәуп ҳәа шәаҳәара.
17 Уи зегьы иҟалараны иҟоу иа́гагоуп, Христос иакәзар, иҟаҵәҟьоу ааирԥшуеит.
18 Шәгәышәҽаныз, асыс мҟаа иаҩызоушәа зхы аарԥшра бзиа избо, амаалықьцәа рымҵахырхәара згәаԥхо, акы рбазшәа иҽхәо* ирыхҟьаны аҳамҭа шәцәымӡааит. Игәнаҳау рыхшыҩ иахҟьаны, урҭ ауаа изырԥагьо ҳәа акгьы ыҟамкәа иԥагьахеит.
19 Дара Ахада идҳәалазар рҭахӡам. Иара ибзоуралоуп ацәеижь иаҭаху зегь аманы излаҟоу, иара ибзоуралоуп ацәеижь ахәҭақәа зегьы аҟәартәрақәеи аидҳәалагақәеи рыла излеибарку, излеидҳәалоу, иара ибзоуралоуп ацәеижь шеизҳауа, Анцәа ишиҭаху ишеизҳауа.
20 Христос шәицыԥсызар, ари адунеи ахәыцшьагьы ааншәыжьзар, ари адунеи иатәу реиԥш шәзынхои? Шәызрықәныҟәои абарҭ аԥҟарақәа:
21 «иумкын», «иумфан», «уаламкьысын»?
22 Арҭ аԥҟарақәа зҵанакуа иануфалак, ианужәлак иаанымхо ауп. Уи ауаа рыԥҟарақәеи рҵарақәеи роуп.
23 Урҭ аԥҟарақәа ирықәныҟәо ауаа Анцәа ишимҵахырхәалатәу рхала ирыӡбоит, дара асыс мҟаа иаҩызоушәа рхы аадырԥшуеит, насгьы рцәеижь дыргәаҟуеит. Урҭ аԥҟарақәа аҟәышра рыҵоушәа убар шалшогьы, игәнаҳау агәаҳәарақәа риааира иуцхрааӡом.
Албаагақәа
^ Ашьаҟа абзоурала. Мамзаргьы иҟалап «Христос ибзоурала».
^ Ара Павел амырҭаҭцәа иныҟәыргоз анашанатә ҵасқәа ирыдҳәалоу ажәа ихы иаирхәеит.