Лука иҟынтә ажәабжь бзиа 21:1—38
21 Иисус данынаԥш, ибеит амал змаз ауаа ҳамҭас инаргоз аԥара ахазынаҭра ишҭарыԥсоз.
2 Нас ибеит даараӡа иӷарыз ԥҳәысеибак ҩ-лептак* шҭалыԥсаз.
3 Иара иҳәеит: «Аиаша шәасҳәоит: абри аԥҳәысеиба абарҭ зегь раасҭа еиҳаны иҭалыԥсеит.
4 Дара меигӡарахда ирымоуп азоуп изҭарыԥсаз, лара лакәзар, дышӷаругьы, илымаз зегь ҭалыԥсеит, лхы зланыҟәылгаша ҳәа уаҳа акгьы шлымамгьы».
5 Ԥыҭрак ашьҭахь шьоукы аныҳәарҭа ианалацәажәоз, ахаҳә ԥшӡақәеи инаргоз аҳамҭақәеи рыла ишырԥшӡоу атәы анырҳәоз,
6 Иисус ус иҳәеит: «Иааиуеит аамҭа, абри ижәбо зегь ԥыххааса ианцо, хаҳәыки хаҳәыки еиқәны иаанхаӡом».
7 Усҟан иҵаҩцәа иазҵааит: «Арҵаҩы, ианбаҟало абри зегьы? Иарбан дыргоу иаҳзырбо уи шыҟало?»
8 Иара иҳәеит: «Шәгәышәҽаныз, аӡәгьы шәимжьааит, избанзар сыхьӡ зманы иаауа рацәаҩхоит, иагьырҳәалоит: „Сара Христос соуп“. Иара убас ирҳәалоит: „Аамҭа ааигәахеит“. Урҭ шәрышьҭамлан.
9 Аибашьрақәеи аилаҩынтрақәеи рыӡбахә аншәаҳалак, шәымшәан, избанзар раԥхьа уи зегь ҟалараны иҟоуп, аха адунеи аҵыхәтәа усҟан акәӡам ианааиуа».
10 Анаҩс иҳәеит: «Ажәлари ажәлари еибашьлоит, аҳреи аҳреи еиҿагылоит.
11 Адгьылҵысра ӷәӷәақәа ҟалоит, ана-ара иҟалоит амлакреи ачымазара ҿкқәеи. Ауаа ахҭыс ҿаасҭақәеи ажәҩан аҿы уаҩ иимбац аџьашьахәқәеи рбоит.
12 Аха уи зегь ҟалаанӡа, раԥхьа ишәышьҭашәарыцалоит, шәыкны асинагогақәа рахь шәыргалоит, абахҭа шәҭарклоит. Сара сыхьӡ азы аҳцәеи анапхгаҩцәеи рахь шәнаргалоит.
13 Уи шаҳаҭра ауразы алшара шәнаҭоит.
14 Аха шәхы шәыхьчарц азы ишәҳәаша заа шәазымхәыцлан,
15 избанзар сара аҟәыӷара шәысҭоит, ишәҳәашагьы шәыҵасҳәоит, шәаӷацәагьы ирҳәо рмоуа иқәхоит.
16 Шәҭаацәеи, шәашьцәеи, шәҭынхацәеи, шәҩызцәеи шәырҭилоит, уи иахҟьаны иршьуагьы ҟалоит.
17 Сара сыхьӡ азы ауаа зегьы шәырцәымыӷхоит.
18 Аха шәыхцәхәыцкгьы кашәаӡом.
19 Ачҳара аарԥшны зегь ахьышәхыжәго абзоурала шәыԥсы еиқәшәырхоит.
20 Иерусалим ар шакәшаз аныжәбалак, уи ақәӡаара шааигәахаз жәдыруаз.
21 Усҟан, Иудеиа иҟоу — ашьхарахь иҩны ицааит, ақалақь иалоу — уи иалҵааит, ақалақь анҭыҵ иҟоу — уахь ихнымҳәааит,
22 избанзар урҭ амшқәа рзы Анцәа ауаа ирыхәҭоу иақәиршәоит, иану зегь наӡарц азы.
23 Шаҟа ирыцҳахозеи урҭ амшқәа раан зцәазтәымкәа иҟоу аҳәсеи агәыԥҳәы иаҵоу аԥшқацәа змоу аҳәсеи! Избанзар ари адгьыл аҿы агәаҟрақәа рацәахоит, ажәларгьы рықәнага иақәшәоит.
24 Шьоукы а́ҳәа иашьуеит, егьырҭ тҟәаны атәым дгьылқәа рахь иргоит. Ажәларқәа ирзалху аамҭақәа нҵәаанӡа Иерусалим ршьаҟьалоит.
25 Амреи, амзеи, аеҵәақәеи рҿы уаҩ иимбац аџьашьахәқәа ҟалоит. Адгьыл аҿы ауаа гәаҟлоит, иҟарҵо рзымдыруа иқәхоит, избанзар амшын гәрымуа иҵәаалоит.
26 Ажәҩан амчқәа ҵысуеит. Ауаа ргәы ҭҟьаны, рыԥсы маҷханы икаҳалоит, избанзар еилыркаауеит адгьыл зегь уаӷеимшхара шазыԥшу.
27 Усҟан дара дырбоит амч зманы, хьыӡла-ԥшала аԥҭа иагәылаланы иаауа ауаҩытәыҩса Иԥа.
28 Убри зегьы аҟалара ишалагаз аныжәбалак, шәхы шьҭыхны, шәҽыриашаны шәгыл, избанзар Анцәа шәанеиқәирхо амш ааигәахеит».
29 Анаҩс абри аҩыза аҿырԥштәы рзааигеит: «Шәрыхәаԥш алаҳаи егьырҭ аҵлақәеи.
30 Рбыӷьқәа шпытуа аныжәбо, аԥхын шааигәахаз еилышәкаауеит.
31 Убасҵәҟьа абри зегьы аҟалара ишаҿу аныжәбалак, Анцәа Иаҳра шааигәахаз жәдыруаз.
32 Аиаша шәасҳәоит: ари абиԥара ииасаанӡа, абри зегь ҟалоит.
33 Ажәҩани адгьыли ықәӡаауеит, аха сажәа ахаангьы иӡӡом.
34 Шәхы шәацклаԥшла амцхә шәымфаларц, амцхә шәымжәларц, насгьы иахьатәи аԥсҭазаара иацу аусқәа шәымч-шәылшара зегь шәымрымхларц азы. Мамзар уи амш шәгәы ианҭам, шәхы ианҭам иааиуеит,
35 ацәҟьа еиԥшгьы шәакуеит, избанзар уи амш адгьыл иқәынхо ауаа зегь анымгәыӷуа амш аҽны иааиуеит.
36 Шәгәышәҽаныз, шәааҟәымҵӡакәа шәӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа шәиҳәала, иҟалараны иҟоу зегь шәыхганы, ауаҩытәыҩса Иԥа иҿаԥхьа шәгыларц азы».
37 Ҽынла Иисус аныҳәарҭаҿы ауаа Анцәа иажәа дирҵон, уахынла — Амаслинаҵлақәа рышьхахь дцаны дыцәон*.
38 Ауаа зегьы ашьыжь шаанӡа аныҳәарҭахь инеиуан, Иисус изыӡырҩырц азы.
Албаагақәа
^ Амаслинаҵлақәа рышьхаҿы иҟаз қыҭак аҿы дыцәон.