Марк иҟынтә ажәабжь бзиа 11:1—33
11 Иисус иҵаҩцәеи иареи Иерусалими, Амаслинаҵлақәа рышьхаҿы ишьҭоу Виффа́гиеи, Вифа́ниеи ианырзааигәаха, ҩыџьа иҵаҩцәа ишьҭын,
2 ус реиҳәеит: «Шәаԥхьа ишьҭоу ақыҭахь шәца. Шәышнеилак еиԥш, уаҩ дызқәымтәац аҽадҳәыс кыдҿаҳәаланы ижәбоит, убри арахь исзаажәга.
3 Аӡәы „изыԥшәыртлои?“ — ҳәа дшәазҵаар, „Иҳақәиҭу иҭахуп, аха акыраамҭа иникылаӡом, ирласны иргьежьуеит“ шәҳәа».
4 Аҵаҩцәагьы цан, агәарабжьараҿы аҩны аԥхьа икыдҿаҳәалаз аҽадҳәыс рбеит, дара уи ԥдыртлеит.
5 Аха уа игылаз шьоукы аҵаҩцәа ус рарҳәеит: «Иҟашәҵо закәи? Изыԥшәыртлои?»
6 Аҵаҩцәа урҭ Иисус иреиҳәаз анрарҳәа, иоурышьҭит.
7 Дара аҽадҳәыс Иисус иахь ирыманы иаан, хыхьтәи рымаҭәа ақәдыршәит, Иисусгьы уи дақәтәеит.
8 Имаҷҩымкәа ауаа хыхьтәи рымаҭәа ршәыхны, амҩаҿы икадыршәуан, егьырҭ — амҩан игылаз аҵла амахәқәа каҿаны ишьҭарҵон.
9 Иаԥхьагьы ишьҭахьгьы инеиуаз ажәлар рыбжьы ҭыганы ирҳәон: «Ҳуҳәоит, деиқәырха! Дныҳәоуп Иегова* ихьӡала иаауа!
10 Иныҳәоуп ааира иаҿу ҳаб Давид Иаҳра! Ажәҩан аҿы иҟоу, ҳуҳәоит, деиқәырха!»
11 Иисус Иерусалим далалеит. Нас аныҳәарҭахь днеин, зегь илаԥш нахигеит, аха ахәлара иалагон азы, 12-ҩык иҵаҩцәа иманы Вифа́ниаҟа дцеит.
12 Адырҩаҽны Вифа́ниа ианалҵуаз, Иисус амла дакит.
13 Харантәи абыӷьқәа зҿаз алаҳа аниба, акыр ҿазар збап иҳәан, уахь днеит. Данадгыла, абыӷьқәа рыда акгьы шҿамыз ибеит, избанзар алаҳа аҟалара макьана иаамҭамызт.
14 Усҟан ус иҳәеит: «Уаҳа ахаан ушәыр уаҩы имфааит». Иҵаҩцәагьы уи раҳауан.
15 Дара Иерусалим инеит. Иисус аныҳәарҭа дыҩналан, ак зҭиуази ак аазхәози дәылицеит. Аԥара зыԥсахуаз рыстолқәеи аҳәыҳәқәа зҭиуаз рысқамқәеи ааирҳәит,
16 гатәқәак змазгьы аныҳәарҭа аҩныҵҟала агара азин риҭомызт.
17 Иара ауаа аҵара дырҵо, абас реиҳәон: «Аҩыраҿы ианӡами „сыҩны ажәларқәа зегьы Анцәа иахьиҳәо ҩнуп ҳәа азырҳәалоит“ ҳәа? Шәара уи арҳәцәа рыҩны акәны иҟашәҵеит».
18 Аԥшьаҩ еиҳабацәеи азакәанрҵаҩцәеи уи анраҳа, Иисус дшыршьыша иазхәыцуа иалагеит. Дара Иисус ицәшәон, избанзар ажәлар идирҵоз иаршанхон.
19 Ахәылбыҽха Иисус иҵаҩцәа иманы ақалақь далҵит.
20 Шьыжьымҭан шаанӡа алаҳа иаҩсны ианцоз, уи ахы инаркны ашьапаҟынӡа ишҩаз рбеит.
21 Пиотр мышкы аԥхьа иҟалаз игәалашәан, Иисус ус иеиҳәеит: «Арҵаҩы*, уԥшы, иушәиз алаҳа ҩеит».
22 Иисус иҳәеит: «Анцәа игәра жәгала.
23 Аиаша шәасҳәоит: аӡәы абри ашьхахь ихы рханы, „абрантәи уеиҭаҵны, амшын уҽалажь“ ҳәа иҳәар, насгьы уи ҟалару-иҟамлару ҳәа дымлакҩакӡакәа, ишыҟалаҵәҟьо агәра ганы иҳәар, ус иагьыҟалоит.
24 Убри азоуп изшәасҳәо: Анцәа шәзызиҳәозаалакгьы, уи шшәоуа агәра жәгала, усҟан иагьшәоуеит.
25 Шәгыланы Анцәа шәаниҳәо, шәгәы нзырхаз рыгәнаҳақәа ранашәыжьла, жәҩантәи Шәаб шәыгәнаҳақәа шәанаижьларц азы».
26 ——*
27 Дара еиҭа Иерусалимҟа иааит. Иисус аныҳәарҭа даныҩназ, аԥшьаҩ еиҳабацәеи, азакәанрҵаҩцәеи, ажәлар реиҳабацәеи наидгылан,
28 ус иазҵааит: «Убас ҟаҵатәуп ҳәа уазҳәада? Иузҭада азин?»
29 Иисус ус реиҳәеит: «Саргьы зҵаарак шәысҭоит. Аҭак сышәҭ, усҟан саргьы азин сызҭаз дызусҭоу шәасҳәоит.
30 Иоанн ауаа ӡааихларц азин изҭада — Анцәа иакәу*, ауаа ракәу? Аҭак сышәҭ».
31 Дара ус еибырҳәо иалагеит: «„Анцәа иоуп“ ҳҳәар, „нас, игәра зышәымгеи?“ ҳәа дҳазҵаауеит.
32 „Ауаа роуп“ ҳәагьы ҳазҳәаӡом». Дара ажәлар ирыцәшәон, избанзар зегьы Иоанн дԥааимбарын ҳәа рыԥхьаӡон.
33 Убри аҟынтә иҳаздырӡом ҳәа иарҳәеит. Иисус ус иҳәеит: «Ус акәзар, саргьы азин сызҭаз дызусҭоу шәасҳәаӡом».
Албаагақәа
^ Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «равви́».
^ Ари ажәеинраала абиблиатә еиҭагақәак рҿы иҟоуп, аха зыгәра угартә иҟоу ажәытә бырзен манускриптқәа рҿы иҟаӡам. Шәахәаԥш Ацҵа А3.
^ Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ажәҩан акәу».