Марк иҟынтә ажәабжь бзиа 13:1—37

  • АҴЫХӘТӘА ШААИГӘАХАЗ УЗЫРБО АДЫРГАҚӘА (1—37)

    • Аибашьрақәа, адгьылҵысрақәа, амлакра (8)

    • Ажәабжь бзиа зегьы ирылаҳәахоит (10)

    • Арыцҳара ду (19)

    • Ауаа ауаҩытәыҩса Иԥа дырбоит (26)

    • Алаҳаҵла иазку аҿырԥштәы (28—31)

    • Шәгәышәҽаныз (32—37)

13  Иисус аныҳәарҭа дандәылҵуаз, иҵаҩцәа руаӡәк ус иҳәеит: «Арҵаҩы, урыхәаԥш арҭ ахаҳәқәеи арҭ аҭӡамцқәеи!» 2  Иисус ус иҳәеит: «Абарҭ аҭӡамц дуқәа убома? Абраҟа хаҳәыки хаҳәыки еиқәны иаанхаӡом, зегь ԥыххааса ицоит». 3  Аныҳәарҭа ахьынтәиубарҭаз Амаслинаҵлақәа рышьхаҿы дантәаз, Пиотри, Иакови, Иоанни, Андреии наидгылан, ус иазҵааит: 4  «Иҳауҳәар ҳҭахын, ианбаҟало абри зегьы? Иарбан дыргоу иаҳзырбо абри зегь аҵыхәтәа шааигәахаз?» 5  Иисус ус реиҳәеит: «Шәгәышәҽаныз, аӡәгьы шәимжьааит. 6  Сыхьӡ зманы иаауа рацәаҩхоит, иагьырҳәалоит: „Сара Христос соуп“, убас иржьо рацәаҩхоит. 7  Ана-ара аибашьрақәа шцо аншәаҳалак, шәымшәан, избанзар уи зегьы ҟалараны иҟоуп, аха адунеи аҵыхәтәа усҟан акәӡам ианааиуа. 8  Ажәлари ажәлари еибашьлоит, аҳреи аҳреи еиҿагылоит, ана-ара адгьылҵысрақәа ҟалоит, иҟалоит амлакра. Убас ауп арыцҳарақәа ишрылаго. 9  Шәгәышәҽаныз. Ауаа аусӡбарҭақәа рахь шәыргалоит, асинагогақәа рҿы шәрыпҟалоит, сыхьӡ азы анапхгаҩцәеи аҳцәеи рахь шәнаргалоит, урҭ сыӡбахә раҳарц азы. 10  Иара убас раԥхьа ажәларқәа зегь ажәабжь бзиа рылаҳәахар ауп. 11  Шәыкны, анапхгаҩцәа рҿаԥхьа шәандыргыло, ишәҳәаша шәмоур ҳәа шәымшәан, убри асааҭ азы шәхаҿы иааиуа шәҳәала, избанзар ицәажәало шәара шәакәӡам, иԥшьоу адоуҳа ауп. 12  Уи адагьы, ауаҩы иашьа дыршьырц азы ауаа дриҭоит, абгьы — ихәыҷы. Ахәыҷқәа рҭаацәа ирҿагылоит, иршьырц азгьы ауаа ирырҭоит. 13  Сыхьӡ азы ауаа зегьы шәырцәымыӷхоит. Аха аҵыхәтәанынӡа изычҳаз деиқәхоит. 14  Ақәӡаара аазго ахәымгара иахьаҭыԥым ишгылоу аныжәбалак (иаԥхьо* еиликааит), усҟан Иудеиа иҟақәоу ашьхарахь иҩны ицааит. 15  Аҩны ахыб иқәу иакәзар, имаҭәақәа дәылигарц азы сылбаауеит ҳәа даламгааит. 16  Амхы иҭоугьы хыхьтәи имаҭәа игарц азы дыхнымҳәааит. 17  Шаҟа ирыцҳахозеи урҭ амшқәа раан зцәазтәымкәа иҟоу аҳәсеи агәыԥҳәы иаҵоу аԥшқацәа змоу аҳәсеи! 18  Анцәа шәиҳәала уи аӡынра иҟамларц, 19  избанзар урҭ амшқәа раан иҟалоит Анцәа адунеи аниша инаркны иахьа уажәраанӡа иҟамлац, уаҳа иҟаларангьы иҟам арыцҳара ду. 20  Иегова* уи аамҭа имыркьаҿызҭгьы, аӡәгьы дзеиқәхомызт. Аха Анцәа иалихыз раҳаҭыразы уи аамҭа ркьаҿхоит. 21  Усҟан ишәарҳәар: „Христос ара дыҟоуп!“, ма „Ана дыҟоуп!“ ҳәа, ихашәымҵан, 22  избанзар аџьашьахәқәа ҟазҵо амцхристосцәеи амцԥааимбарцәеи цәырҵуеит, дара Анцәа иалихыз ржьарц рҭаххоит. 23  Убри аҟынтә шәгәышәҽаныз. Сара зегь заа ишәасҳәеит. 24  Убарҭ амшқәа раан, уи арыцҳара ашьҭахь, амра лашьцоит, амза еиқәаҵәахоит, 25  аеҵәақәа кыдыбгоит, ажәҩан амчқәа ҵысуеит. 26  Усҟан ауаа дырбоит амч ду зманы, хьыӡла-ԥшала аԥҭақәа ирылаланы иаауа ауаҩытәыҩса Иԥа. 27  Иара амаалықьцәа ишьҭуеит ԥшь-ԥшак рҟынтә*, адгьыл ахы инаркны ажәҩан аҵыхәанӡа, Анцәа иалихыз еизигарц азы. 28  Шәазхәыц: алаҳаҵла амахәҭа ҿақәа рҿы абыӷьқәа пытуа ианалаго, аԥхынра шааигәоу жәдыруеит. 29  Убасҵәҟьа абри зегь аҟалара ишаҿу аныжәбалак, ижәдыруаз ауаҩытәыҩса Иԥа дааирц акгьы шигым, ашә дшылагылоу. 30  Аиаша шәасҳәоит: ари абиԥара ииасаанӡа, абри зегь ҟалоит. 31  Ажәҩани адгьыли ықәӡаауеит, аха сажәа ахаангьы иӡӡом. 32  Уи амши асааҭи анааиуа аӡәгьы издырӡом, ажәҩан аҿы иҟоу амаалықьцәагьы ирыздырӡом, Аԥагьы издырӡом, издыруа — Саб заҵәык иоуп. 33  Шәгәышәҽаныз, шәхы шәацклаԥшла, избанзар уи аамҭа анааиуа шәыздырӡом. 34  Уи зыҩны ааныжьны даҽа тәылак ахь ицаз ахаҵа иеиԥшуп. Дцаанӡа, иҩны имаҵуцәа рнапы ианиҵан, зегьы адҵақәа риҭеит, аҩны ахьчаҩгьы игәиҽанызарц иеиҳәеит. 35  Убри аҟынтә шәгәышәҽаныз, избанзар шәара аԥшәма данаауа шәыздырӡом, ахәылбыҽха акәу, ҵхабжьон акәу, аҵх агәазы акәу, ашамҭазы* акәу. 36  Шәгәышәҽаныз, шәшыцәоу дшәыхҭыгәымларц азы. 37  Шәара ишәасҳәо зегьы ирасҳәоит: шәгәышәҽаныз».

Албаагақәа

Даниил иԥааимбаражәа иаԥхьо. Шәахәаԥш Мф 24:15.
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Мрагыларантәи, мраҭашәарантәи, аладантәи, аҩадантәи.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «арбаӷьқәа анҿырҭуа».