Марк иҟынтә ажәабжь бзиа 2:1—28

  • Иисус зхы иамыхәоз ачымазаҩ дихәышәтәуеит (1—12)

  • Леви Иисус иҵаҩ иакәхоит (13—17)

  • Ачгара иадҳәалоу азҵаара (18—22)

  • Иисус асабша дақәиҭуп (23—28)

2  Аха мышқәак рышьҭахь иара еиҭах Капернау́мҟа дхынҳәит. Аҩны дшыҟоу зегьы ианраҳа, 2  ауаа еизеит, ашә аԥхьаҵәҟьагьы шьапыргыларҭа уоуамызт. Иаргьы урҭ ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара далагеит. 3  Ус, ԥшьҩык ахацәа зхы иамыхәоз ачымазаҩ дрыманы иааит. 4  Аха ажәлар ирылсны Иисус иахь изымнеиӡеит азы, Иисус ихаҿыҵәҟьа ахыб еимыхны, ачымазаҩ дызныз асакаса лбаарышьҭит. 5  Иисус урҭ рхаҵара шыӷәӷәаз аниба, ачымазаҩ ус иеиҳәеит: «Сыҷкәын, угәнаҳақәа уанасыжьуеит». 6  Уа итәаз азакәанрҵаҩцәа шьоукы ус ихәыцуа иалагеит: 7  «Изакәызеи, уара, ари ииҳәо? Анцәа иҭыԥ ааникыларц дашьҭоуп. Анцәа ида ауаҩы игәнаҳақәа ианажьра зылшода?» 8  Аха Иисус урҭ зызхәыцуаз, еибырҳәоз иаразнак идырын, дразҵааит: «Ус шәызхәыцуеи? 9  Ачымазаҩ „угәнаҳақәа уанасыжьуеит“ ҳәа иаҳәара еиҳа имариаӡами, „угыл, усакаса уманы уца“ ҳәа иаҳәара аасҭа? 10  Аха ауаҩытәыҩса Иԥа адгьыл аҿы ауаа рыгәнаҳақәа ранажьра шилшо жәдыруазарц азы...» Нас иара ачымазаҩ ус иеиҳәеит: 11  «Угыл, усакаса аашьҭыхны аҩныҟа уца». 12  Иаргьы иаразнак дҩагылан, исакаса аашьҭыхны, зегьы ишырбоз ддәылҵны дцеит. Ажәлар ирбаз даараӡа иџьаршьеит, Анцәа ирҳаракрагьы иалагеит. Дара ирҳәеит: «Ари аҩыза ахаан иҳамбацызт». 13  Иисус еиҭа амшын аԥшаҳәахьы дцеит. Уагьы ажәлар анидеизала, Анцәа иажәа дырҵара далагеит. 14  Амҩан дышнеиуаз, ашәахтә усҳәарҭаҿы итәаз Алфе́и иԥа Ле́ви дибеит. Иисус уи ус иеиҳәеит: «Усышьҭаланы уаала». Иаргьы дҩагылан, дишьҭаланы дцеит. 15  Ԥыҭрак ашьҭахь Иисус Ле́ви иҩныҟа днеит. Уа иҵаҩцәеи иареи акрырфон*, урҭ акрырыцырфон имаҷҩымкәа ашәахтәеизгаҩцәеи агәнаҳаҟаҵаҩцәеи, избанзар урҭ рҟынтә Иисус ишьҭанеиуаз рацәан. 16  Афарисеицәа рҟынтә изакәанрҵаҩцәаз Иисус агәнаҳаҟаҵаҩцәеи ашәахтәеизгаҩцәеи акрышрыцифоз анырба, иҵаҩцәа ус рарҳәеит: «Ашәахтәеизгаҩцәеи агәнаҳаҟаҵаҩцәеи дрыдтәаланы акрышԥарыцифо?» 17  Иисус уи аниаҳа, ус реиҳәеит: «Згәы бзиоу ракәӡам аҳақьым дызҭаху, ичмазҩу роуп. Сара сзааз сиашоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо рзы акәӡам, агәнаҳаҟаҵаҩцәа рзоуп». 18  Иоанн иҵаҩцәеи афарисеицәеи ачгара ҵасс ирыман. Убри аҟынтә дара Иисус иахь инеины ус иазҵааит: «Иоанн иҵаҩцәеи афарисеицәа рҵаҩцәеи чгоит, уара уҵаҩцәа зымчгои?» 19  Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Зчара рураны иҟоу иҩызцәа данрыцу, урҭ чгалароума? Иҩызцәа дрыцнаҵы дара чгаӡом. 20  Аха иааиуеит аамҭа, зчара руа иҩызцәа данрымырхуа, убасҟан ауп дара ачгара ианалаго. 21  Иажәыз амаҭәа ақәыршә ҿыц ала иқәдыршәӡом, избанзар ақәыршә ҿыц уи еиҳагьы иԥнажәоит. 22  Аҩҿагьы иажәхьоу аҩҭра* иҭарҭәаӡом, избанзар уи аҩҭра еиҟәнажәоит, усҟан аҩгьы аҩҭрагьы ԥхасҭахоит. Аҩҿа аҩҭра ҿыц ауп изҭарҭәо». 23  Асабшаҽны Иисус амхқәа драҩсны данцоз, ицыз иҵаҩцәа ачарыц ҿыхны афара иалагеит. 24  Афарисеицәа уи анырба, Иисус ус иарҳәеит: «Уҵаҩцәа асабша зеиларгои?» 25  Иара иҳәеит: «Ахаан шәамыԥхьаӡаци Давид ицыз ауааи иареи ирфоз анрымамыз иҟаиҵаз атәы? 26  Аԥшьаҩ еиҳабы Авиафа́р изку аҭоурых ишаҳәо ала, Давид Анцәа иҩны дыҩналан, иԥшьоу ача* ифеит, ицыз ауаагьы ириҭеит. Азакәан инақәыршәаны, уи афара азин змаз аԥшьаҩцәа заҵәык ракәын». 27  Анаҩс иациҵеит: «Асабша заԥҵаз ауаҩы ихәарц азоуп, даргәаҟларц азы акәӡам. 28  Ауаҩытәыҩса Иԥа асабшагьы дақәиҭуп».

Албаагақәа

Абиблиатә аамҭақәа раан ауаа астол иадиааланы акрырфон.
Ма «а́ҳаҭа». Уи арахә рцәа иалырхуан.
Ма «Анцәа иҿаԥхьа иқәырҵоз ача».