Матфеи иҟынтә ажәабжь бзиа 25:1—46

  • ХРИСТОС ДААНЫ ДШЫҞОУ УЗЫРБО АДЫРГА (1—46)

    • Жәаҩык аҭыԥҳацәа ирызку аҿырԥштәы (1—13)

    • Аталантқәа ирызку аҿырԥштәы (14—30)

    • Ауасақәеи аџьмақәеи (31—46)

25  Усҟан жәҩантәи Аҳра жәаҩык аҭыԥҳацәа иреиԥшхоит. Дара ркәаҷабқәа аашьҭыхны, ԥҳәыс даазго ахаҵа иԥыларц ицеит. 2  Урҭ рҟынтә хәҩык ҟәышқәан, хәҩык ҟәышӡамызт. 3  Иҟәышмыз аҭыԥҳацәа акәаҷабқәа ргеит, аха ирҭаз анынҵәалак, иҭарҭәашаз ахәша рымгаӡеит. 4  Иҟәышыз аҭыԥҳацәа ракәзар, дара акәаҷабқәагьы ргеит, ирҭарҭәашаз ахәшагьы ргеит. 5  Аха аԥҳәыс даазгоз ахаҵа данымаа, зегьы ацәа иҭанагалан, иамхацәеит. 6  Ус, аҵх агәазы бжьык аагеит: „Даауеит! Шәиԥыл!“ 7  Усҟан аҭыԥҳацәа зегь ҩагылан, ркәаҷабқәа дырхиеит. 8  Иҟәышмыз аҭыԥҳацәа иҟәышыз ус рарҳәеит: „Маҷк ахәша ҳашәҭ, мамзар ҳкәаҷабқәа ыцәоит“. 9  Иҟәышыз аҭыԥҳацәа ус рҳәеит: „Ахәша шәара ишәаҳҭар, ҳаргьы иаҳзымхар ҟалоит. Шәцаны, изҭиуа рҿы иаашәхәар еиҳа еиӷьуп“. 10  Урҭ ахәша аахәара иҟанаҵы, аԥҳәыс даазгоз ахаҵа дааит. Зҽырхианы иҟаз аҭыԥҳацәа уи ахаҵа ачара ахьыҟаз аҩны ицыҩналеит, убри ашьҭахьгьы ашә акит. 11  Ахәша аахәара ицаз аҭыԥҳацәа анааи, ус рҳәеит: „Ҳаҳ, ухаҵкы! Ашә ҳзаарт!“ 12  Аха иара иҳәеит: „Аиаша шәасҳәоит, сара шәсыздырӡом“. 13  Убри аҟынтә шәгәышәҽаныз, избанзар уи амши асааҭи шәыздырӡом. 14  Иара убас жәҩантәи Аҳра даҽа тәылак ахь ацара згәы иҭоу ахаҵа иеиԥшуп. Уи дцаанӡа имаҵуцәа еизганы, имазара рнапы ианиҵеит. 15  Аӡәы хә-талантк* ииҭеит, егьи — ҩ-талантк, ахԥатәи — талантк. Дасу илшара зеиԥшраз еиԥш ирзишан, даҽа тәылак ахь дцеит. 16  Хә-талантк зауз амаҵуҩы урҭ иаразнак аус ахь ишьҭын, даҽа хә-талантк ирҳаит. 17  Ҩ-талантк заузгьы убасҵәҟьа ҟаиҵан, даҽа ҩ-талантк ирҳаит. 18  Талантк зауз иакәзар, дцан, иоуз аталант анышә жны иҵеиҵеит. 19  Имаҷымкәа аамҭа анца, урҭ амаҵуцәа рыԥшәма даан, иԥарақәа реизгара далагеит. 20  Раԥхьа хә-талантк зиҭаз даҽа хә-талантк иманы даан, иҳәеит: „Саҳ, уара хә-талантк суҭеит. Уахәаԥш, сара даҽа хә-талантк сырҳаит“. 21  Усҟан аԥшәма иҳәеит: „Даараӡа ибзиоуп, зыгәра агара иаԥсоу смаҵуҩ бзиа! Уара амаҷ аҿы угәра згартә ушыҟоу сурбеит, убри аҟынтә еиҳау уахасыргылоит. Уԥшәма игәырӷьара ицеиҩша“. 22  Анаҩс ҩ-талантк зауз дааин, иҳәеит: „Саҳ, уара ҩ-талантк суҭеит. Уахәаԥш, сара даҽа ҩ-талантк сырҳаит“. 23  Усҟан аԥшәма иҳәеит: „Даараӡа ибзиоуп, зыгәра агара иаԥсоу смаҵуҩ бзиа! Уара амаҷ аҿы угәра згартә ушыҟоу сурбеит, убри аҟынтә еиҳау уахасыргылоит. Уԥшәма игәырӷьара ицеиҩша“. 24  Аҵыхәтәаны талантк зауз дааин, ус иҳәеит: „Саҳ, сара издыруан уара ушуаҩы џьбароу. Уара иахьылоумҵаз аҽаҩра ҭаугалоит, иумԥсаҟьаз еизугоит. 25  Убри азы сшәан, сцаны исуҭаз аталант адгьыл иҵасҵеит. Абар уԥарақәа“. 26  Аԥшәма иҳәеит: „Акгьы иаԥсам амаҵуҩы, аашьаҩ уара! Ус акәзар, уара иудыруан иахьыласымҵаз аҽаҩра шҭазгало, иахьысмыԥсаҟьаз ишеизызго. 27  Убри аҟынтә сԥара аус ахь иушьҭыр акәын. Усҟан саныхынҳәлак, сԥара иацҵаны исоуан“. 28  Анаҩс аԥшәма имаҵуцәа иреиҳәеит: „Италант имхны жәа-талантк змоу ишәҭ. 29  Избанзар измоу еиҳагьы иоуеит, меигӡарахдагьы имазаауеит. Измам имоугьы имырхуеит. 30  Акгьы иаԥсам ари амаҵуҩы наҟ алашьцара далашәыжь. Уа иара ихаԥыц аҿҿа арго дҵәыуалоит“. 31  Ауаҩытәыҩса Иԥа хьӡи-ԥшеи иманы, амаалықьцәа зегь ицны данаалак, иблахкыгоу итәарҭаҭыԥ аҿы дтәоит. 32  Ажәларқәа зегьы иара иҿаԥхьа еизгахоит. Ахьча аџьмақәеи ауасақәеи шеилихуа еиԥш, иара урҭ еилихуеит. 33  Ауасақәа иарӷьарахь иргылоит, аџьмақәа — иармарахь. 34  Уи ашьҭахь Аҳ иарӷьарахь игылоу иреиҳәоит: „Саб ииныҳәаз, шәааи адунеи анышьақәыргылаз инаркны* ишәзырхиаз Аҳрахь. 35  Шәара амла санакуаз, акрысҿашәҵеит, аӡба санакуаз, аӡы сшәыржәит. Сахьаангылаша ансымамыз, сшәыдышәкылеит. 36  Исшәысҵоз ансымамыз, сеилашәҳәеит, санычмазҩыз сыжәбеит, абахҭа санҭакыз, шәсызнеит“. 37  Усҟан ауаа бзиақәа ирҳәеит: „Иҳақәиҭу, амла уакны акранбоуҿаҳҵахьаз? Ма аӡба уакны акранбоуҳаржәхьаз? 38  Уахьаангылаша умамкәа уанбаҳадаҳкылахьаз? Иушәуҵо умамкәа уанбеилаҳҳәахьаз? 39  Учмазаҩны уанбаҳбахьаз? Абахҭаҿгьы ҳанбаузнеихьаз?“ 40  Усҟан Аҳ ус реиҳәеит: „Аиаша шәасҳәоит, сашьцәа иреиҵоу руаӡәк изыҟашәҵаз саргьы исзыҟашәҵеит“. 41  Анаҩс иармарахь игылаз ус реиҳәеит: „Шәысԥырҵ наҟ, Анцәа иишәииз шәара! Аџьныш имаалықьцәеи иареи ирыздырхиаз, ахаан имыцәо амца шәамаз, 42  избанзар амла санакуаз, шәара акрысҿашәымҵаӡеит, аӡба санакуаз, аӡы сышәмыржәӡеит, 43  сахьаангылаша ансымамыз, сшәыдшәымкылаӡеит, исшәысҵоз ансымамыз, сеилашәымҳәаӡеит, санычмазҩыз сшәымбаӡеит, абахҭа санҭакызгьы, сбара шәымнеиӡеит“. 44  Усҟан дара ирҳәеит: „Иҳақәиҭу, ианбыкәу амла уакуа, аӡба уакуа, уахьцо умамкәа, иушәуҵо умамкәа, учмазаҩны, ма абахҭа уҭакны уанаҳбахьаз, насгьы ҳанумыцхраахьаз?“ 45  Усҟан иара ус реиҳәеит: „Аиаша шәасҳәоит, сашьцәа иреиҵоу руаӡәк изыҟашәымҵаз саргьы исзыҟашәымҵаӡеит“. 46  Урҭ наӡаӡа инырҵәахоит, ауаа бзиақәа наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуеит».

Албаагақәа

Аталант ҳәа изышьҭаз араӡны ԥара акәын. Абырзенцәа рхы иадырхәоз аталант 20,4 кьыла иҟан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Адами Евеи ахшара анроу инаркны.