Матфеи иҟынтә ажәабжь бзиа 9:1—38
9 Иисус анышь днақәтәан, нырцә иҟаз иқалақь ахь дцеит.
2 Ус, шьоукы зхы иамыхәоз ахаҵа асакаса данҵаны дизнаргеит. Иисус урҭ рхаҵара шыӷәӷәаз аниба, ачымазаҩ ус иеиҳәеит: «Умшәан, сыҷкәын. Угәнаҳақәа уанасыжьуеит».
3 Уи заҳаз азакәанрҵаҩцәа шьоукы ус ихәыцуа иалагеит: «Ари Анцәа иҭыԥ ааникыларц дашьҭоуп».
4 Иисус урҭ зызхәыцуаз идыруан азы, иреиҳәеит: «Абарҭ рҩызцәа ахәыцра цәгьақәа зшәымои?
5 „Угәнаҳақәа уанасыжьуеит“ ҳәа аҳәара еиҳа имариаӡами, „угыланы уца“ ҳәа аҳәара аасҭа?
6 Аха ауаҩытәыҩса Иԥа адгьыл аҿы ауаа рыгәнаҳақәа ранажьра шилшо жәдыруазарц азы...» Нас иара ачымазаҩ ус иеиҳәеит: «Угыл, усакаса аашьҭыхны аҩныҟа уца».
7 Иаргьы дҩагылан, иҩныҟа дцеит.
8 Ари збаз зегь шәеит, ауаа ари аҩыза амчра рызҭаз Анцәа ирҳаракрагьы иалагеит.
9 Иисус дышнеиуаз, ашәахтә усҳәарҭаҿы итәаз Матфеи зыхьӡыз ахаҵа дибан, ус иеиҳәеит: «Усышьҭаланы уаала». Иаргьы дҩагылан, дишьҭаланы дцеит.
10 Ԥыҭрак ашьҭахь Иисус иҵаҩцәеи иареи Матфеи иҿы акрышырфоз, имаҷҩымкәа ашәахтәеизгаҩцәеи агәнаҳаҟаҵаҩцәеи неит. Урҭгьы нарыдтәалан, акрыфара иалагеит.
11 Аха афарисеицәа ари анырба, Иисус иҵаҩцәа ус рарҳәеит: «Шәырҵаҩы ашәахтәеизгаҩцәеи агәнаҳаҟаҵаҩцәеи дрыдтәаланы акрышԥарыцифо?!»
12 Иисус уи аниаҳа, ус реиҳәеит: «Згәы бзиоу ракәӡам аҳақьым дызҭаху, ичмазҩу роуп.
13 Убри аҟынтә шәцаны, шәрызхәыц Анцәа ииҳәаз абарҭ ажәақәа: „Сара исҭаху арыцҳашьара шәылазарц ауп, ашьтәақәа сызнажәгаларц акәӡам“. Сара сзааз сиашоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо рзы акәӡам, агәнаҳаҟаҵаҩцәа рзоуп».
14 Анаҩс Иоанн иҵаҩцәа неин, ус иазҵааит: «Афарисеицәеи ҳареи ҳачгоит, уара уҵаҩцәа зымчгои?»
15 Иисус ус реиҳәеит: «Зчара рураны иҟоу иҩызцәа данрыцу, урҭ гәырҩалароума? Иҩызцәа дрыцнаҵы, игәырҩаӡом. Аха иааиуеит аамҭа, зчара руа иҩызцәа данрымырхуа, убасҟан ауп дара ачгара ианалаго.
16 Иажәыз амаҭәа ақәыршә ҿыц ала иқәдыршәӡом, избанзар ақәыршә ҿыц уи еиҳагьы иԥнажәоит.
17 Аҩҿагьы иажәхьоу аҩҭра* иҭарҭәаӡом, избанзар уи аҩҭра еиҟәнажәоит, усҟан аҩгьы каҭәоит, аҩҭрагьы ԥхасҭахоит. Аҩҿа аҩҭра ҿыц ауп изҭарҭәо. Усҟан аҩгьы каҭәаӡом, аҩҭрагьы ԥхасҭахаӡом».
18 Убри иҳәонаҵы, асинагога аиҳабы днаидгылан, диеихырхәан, ус иеиҳәеит: «Сыԥҳа уажәшьҭа дыԥсхьазар ҟалап. Аха, суҳәоит, уаала, улылакьысыр, лыԥсы ҭалоит».
19 Иисусгьы дҩагылан, иҵаҩцәеи иареи уи ахаҵа ишьҭалеит.
20 Ус, 12 шықәса ишьабоз аԥҳәыс Иисус ишьҭахьҟала днаидгылан, имаҭәа акалҭ далакьысит,
21 избанзар гәаныла илҳәон: «Имаҭәа сакьысыргьы, сыбзиахоит».
22 Иисус данхьаԥш, уи аԥҳәыс дибан, ус леиҳәеит: «Бымшәан, сыӡӷаб. Бхаҵара бахәышәтәит». Ларгьы иаразнак дыбзиахеит.
23 Иисус асинагога аиҳабы иҩны даннеи, аҵәыуара иаҿыз ауаа рацәеи ауазашәа азырҳәоз аҿарпынрҳәаҩцәеи ибеит.
24 Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Шәдәылҵ, аӡӷаб дымԥсӡеит, дыцәоуп». Уи заҳаз ихыччара иалагеит.
25 Ауаа андәылҵ, иара дыҩналан, аӡӷаб лнапы ааникылеит, ларгьы дҩагылеит.
26 Иисус иҟаиҵаз зегьы ираҳаит.
27 Иисус имҩа ианациҵа, ҩыџьа алашәцәа наишьҭалан, иқәҿырҭуа иалагеит: «Давид Иԥа, ҳуҳәоит, ҳрыцҳашьа».
28 Иисус аҩны даныҩнала, алашәцәа наидгылеит. Иара урҭ дразҵааит: «Шәысхәышәтәыр шсылшо агәра жәгома?» Дара ирҳәеит: «Агәра ҳгоит, Иҳақәиҭу».
29 Усҟан рылақәа днарылакьысын, иреиҳәеит: «Ахаҵара шәымоуп азы, ижәбо шәҟалоит».
30 Даргьы ирбо иалагеит. Аха Иисус инақәырӷәӷәаны иреиҳәеит: «Амала, иҟасҵаз аӡәгьы иашәымҳәан».
31 Аха дара цан, зегьы ирыларҵеит.
32 Ахацәа дәылҵны ианцоз аламҭалазы, Иисус адемон дызхаԥаны иҟаз аҿаҳа дизнаргеит.
33 Иисус уи ауаҩ адемон данихица, аҿаҳа дцәажәо дҟалеит. Ажәлар иџьашьаны ирҳәон: «Ахаан Израиль ари аҩыза ҳамбацызт».
34 Аха афарисеицәа ирҳәон: «Ари ауаҩ ауаа адемонцәа злархицо адемонцәа раҳ* имчала ауп».
35 Иисус ақалақьқәеи ақыҭақәеи рахь ддәықәлеит. Иара асинагогақәа рҿы ауаа Анцәа иажәа дирҵон, зехьынџьара Аҳра иазку ажәабжь бзиа рылеиҳәон, чмазарас ирымаз зегь ихәышәтәуан.
36 Ауаа рацәа анибоз, игәы аҵәыуара иакуан, избанзар дара ахьча дызмамыз, ахәрақәа зныз, аӡәгьы ииҭахымыз ауасақәа иреиԥшын.
37 Иисус иҵаҩцәа рахь ихы нарханы ус иҳәеит: «Аҽаҩра беиоуп, аха аусуцәа маҷуп.
38 Убри аҟынтә аҽаҩра Зтәу шәиҳәала, аҭагаларазы аусуцәа ааишьҭырц».