Римаа рахь 12:1—21

  • Шәцәеижь зыԥсы ҭоу кәырбанс иҟашәҵа (1, 2)

  • Аҳамҭақәа рацәоуп, аха иҟоу цәеижьк ауп (3—8)

  • Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа шынхалаша (9—21)

12  Сашьцәа, Анцәа шәрыцҳаишьеит, убри азы, сшәыҳәоит, шәцәеижь Анцәа игәы иақәшәо, зыԥсы ҭоу, иԥшьоу кәырбанс иҟашәҵа, шәыхшыҩ шәхы иархәаны имаҵ жәула. 2  Ари адунеи* иатәу ауаа иҟарҵо аҟаҵара шәаҟәыҵ, уи аҭыԥан шәыхшыҩ рҿыцуа шәҽышәыԥсахла, Анцәа ииҭаху, игәы иақәшәо, ибзиоуп, ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо еилышәкааларц азы. 3  Анцәа сара сахь сзыԥсам ақьиара ааирԥшит азы зегьы ишәасҳәоит: шәызлаҟоу аасҭа еиҳаны шәхы шәымбалан, уи аҭыԥан ииашаны шәхәыцла, избанзар ахаҵара аарԥшра ишәыцхрааз Анцәа иоуп. 4  Ауаҩы ицәеижь хәҭа рацәала еиҿартәоуп, аха урҭ зегь уск-уск нарыгӡоит. 5  Убас еиԥш ҳаргьы ҳрацәоуп, аха цәеижьк ҳауп, избанзар Христоси ҳареи аӡәк иеиԥш ҳаҟоуп, аха хаҭа-хаҭала цәеижьк ахәҭақәа реиԥш ҳаимадоуп. 6  Анцәа ҳзыԥсам ақьиара аарԥшны зегьы акака ҳалеиҵеит. Аԥааимбаражәақәа рҳәаразы алшара ҳалазар, ҳхаҵара иахьынӡаҳалнаршо аԥааимбаражәақәа ҳҳәалап. 7  Ауаа рымаҵ аура алшара ҳалазар — рымаҵ ҳаулап, аҵара дырҵаразы алшара ҳалазар — аҵара дҳарҵалап, 8  ргәы ашьҭыхразы алшара ҳалазар — ргәы шьҭаҳхлап, аӡәы ицхраара алшара ҳалазар — иҳамоу ҳамеигӡакәа ицеиҩаҳшалап, напхгара ҟазҵо — гәыкала иҟаиҵалааит, арыцҳашьара аазырԥшуа — дгәырӷьаҵәа иааирԥшлааит. 9  Ауаа гәык-ԥсыкала бзиа ижәбала. Ацәгьара шәцәымӷыз, есымша абзиара аҟаҵара шәашьҭаз. 10  Аишьцәа реиԥш бзиа шәеибабала, еизгәакьоу реиԥш агәыбылра аашәырԥшла. Ҳаҭыр анбасықәырҵо ҳәа шәымԥшыкәа, шәхаҭа егьырҭ ҳаҭыр рықәышәҵала. 11  Аус жәула, шәмаашьалан. Иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала шәҳаҵҳаҵо шәыҟаз. Гәыкала Иегова* имаҵ жәула. 12  Ишәымоу агәыӷра шәалагәырӷьала. Ауадаҩрақәа шәанрықәшәо, шәгәы камыжькәа ишәхыжәгала. Еснагь Анцәа шәиҳәала. 13  Анцәа имаҵзуҩцәа ацхыраара анырҭаху, ишәымоу рыцеиҩышәшала. Есымша асасдкылара* аашәырԥшла. 14  Ишәышьҭашәарыцо шәныҳәала, ишәымшәилан, ишәныҳәала. 15  Игәырӷьо шәрыцгәырӷьала, иҵәыуо шәрыцҵәыуала. 16  Шәхы шәшазыҟоу еиԥш егьырҭгьы шәырзыҟаз. Мыцхәы шәхы шәазымхәыцлан, шәхы ҳарашәымклан. Зегь раасҭа шәҟәышушәа шәхы шәмыԥхьаӡалан. 17  Ацәгьа шәзызуа ацәгьа изыжәымун. Зегьы иргәаԥхо аус бзиақәа рыҟаҵара шәашьҭаз. 18  Ауааи шәареи аҭынчра шәыбжьазарц азы, шәара шәганахьала ишәылшо зегь ҟашәҵала. 19  Бзиа избо сашьцәа, шәшьа аура шәашьҭамлан, уи аҭыԥан, шәус Анцәа инапы ианҵаны, игәыԥжәара ааирԥшырц азы алшара ишәҭ, избанзар иануп: «„Ашьоура зду сара соуп, урҭ ирықәнагоу иақәсыршәоит“, — иҳәоит Иегова». 20  Иара убас иануп: «Уаӷа амла дакуазар, акриҿаҵа, аӡба дакуазар, аӡы иржә, убасала уара уи игәы урԥсаҳәоит*». 21  Ацәгьара уиааиртә алумыршан, ацәгьара абзиарала уаиааила.

Албаагақәа

Шәахәаԥш Ажәар.
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ма «ишәзымдыруа иахь ақьиара».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ихаҿы еизугоит ижжаӡа иаку акәицқәа».