Римаа рахь 6:1—23

  • Христос итәызарц азы аӡы зыҽӡаазхыз аԥсҭазаара ҿыц роуеит (1—11)

  • «Агәнаҳа иаҭаху шәнарҟаҵаларц алшәмыршан» (12—14)

  • Уаанӡа агәнаҳа амаҵ зуаз Анцәа имаҵуцәа ракәхеит (15—23)

    • «Агәнаҳа иашәо ахә — аԥсроуп, Анцәа... ҳамҭас иҳаиҭо наӡаӡатәи аԥсҭазаара ауп» (23)

6  Ус акәзар, Анцәа ҳара ҳахь иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара еиҳахарц азы агәнаҳа ҟаҳҵалароума? 2  Ҳәарада, мап! Ҳара агәнаҳазы ҳаԥсит. Нас, еиҭах уи аҟаҵара ҳазлалагозеи? 3  Ишәзымдырӡои, Христос Иисус ҳаитәызарц азы зыҽӡаазхыз зегьы иԥсрала ҳаҽшӡааҳхыз? 4  Иԥсрала ҳаҽӡааҳхит азы, иара анышә данарҭа, ҳаргьы ҳарҭеит, Ҳаб имч ду ала Христос иԥсы шҭаҵаз еиԥш, ҳаргьы уажәшьҭа аԥсҭазаара ҿыц азы ҳанхаларц. 5  Иара иеиԥш ҳаԥсызар, иара иԥсы шҭалаз еиԥш, ҳаргьы ҳаԥсы ҭалоит. Убасала иареи ҳареи ҳҽеидаҳкылоит. 6  Иара ибзоурала ҳара шьаҭанкыла ҳҽаҳаԥсахит азы, анкьа иҟаз ҳакәӡам, анкьатәи ауаҩы Христос ашьаҟаҿы даныԥсуаз дицыԥсит, игәнаҳау ҳцәеижь уаҳа напхгара ҳнамҭаларц, насгьы агәнаҳа уаҳа амч амамзарц азы. 7  Избанзар иԥсыз ауаҩы игәнаҳақәа ианажьуп. 8  Ҳара Христос ҳицыԥсит азы, иара ҳашицынхало агәра ҳгоит. 9  Ҳара иаҳдыруеит, зыԥсы ҭалаз Христос уаҳа дшымԥсуа, аԥсра иара иҿы имчыдоуп. 10  Иара наӡаӡа агәнаҳа ықәигарц азы дыԥсит. Уажәы дзынхо Анцәа игәҭакы наигӡаларц азоуп. 11  Убасеиԥш шәаргьы агәнаҳазы иԥсыз шьоук реиԥш шәхы шәыԥхьаӡала, иара убас Христос Иисус иҵаҩцәа реиԥш Анцәа игәҭакы анагӡаразы шәынхала. 12  Агәнаҳа иаҭаху шәнарҟаҵаларц алшәмыршан, ԥсра зқәу шәцәеижьгьы иаҭаху ҟашәымҵалан. 13  Шәцәеижь агәнаҳаҟаҵаразы агәнаҳа иашәымҭан. Уи аҭыԥан, иԥсны зыԥсы ҭалаз реиԥш, шәхы Анцәа ишәҭ, шәцәеижьгьы абзиара аҟаҵаразы Анцәа ишәҭ. 14  Уажәшьҭа шәара Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара шәалагәырӷьалар шәылшоит, Моисеи изакәан анагӡарагьы шәыдӡам. Убри аҟынтә агәнаҳа иаҭаху шәнамырҟаҵалароуп. 15  Анцәа ҳзыԥсам ақьиара ааирԥшуазар, Моисеи изакәангьы анагӡара ҳадымзар, агәнаҳа аҟаҵара ҳалагома? Ҳәарада, мап! 16  Маҵуҩыс шәхы зышәҭо шәшитәхо шәзымдырӡои? Агәнаҳа амаҵ азыжәуазар, шәыԥсуеит, аха Анцәа имаҵ жәуазар, шәагьизыӡырҩуазар, шәуаа иашақәаны шәыԥхьаӡахоит. 17  Анцәа шәара шәзы иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит, избанзар уаанӡа агәнаҳа амаҵ шазыжәуазгьы, уажәшьҭа гәыкала Анцәа шәизыӡырҩуеит, ишәирҵогьы шәықәныҟәоит. 18  Ааи, агәнаҳа аҟынтә шәхы шәақәиҭхеит азы, уажәшьҭа шәара Анцәа имаҵуцәа шәоуп, аус бзиақәагьы ҟашәҵоит. 19  Шәара шәыԥсыҽуп, агәнаҳагьы шәаҵоуп. Убри азоуп еилышәкаауа аҿырԥштәқәа рыла сызшәацәажәо. Шәара иҽеим шәгәаҳәарақәа шәзынкыломызт азы, аус ҟьашьқәеи аус цәгьақәеи шәыҽрышәҭон. Уажәшьҭа Анцәа игәы иақәшәо иԥшьоу аусқәа рыҟаҵара шәгәазҭазҵо агәаҳәарақәа еизшәырҳала. 20  Агәнаҳа шәанаҵаз, Анцәа игәы иахәо аусқәа ҟашәҵаӡомызт. 21  Лҵшәас иаанагазеи ус шәхы ахьымҩаԥыжәгоз? Аԥсрахьы уназго, уажәы шәызцәыԥхашьо аус цәгьақәа ҟашәҵон. 22  Аха уажәшьҭа агәнаҳа аҟынтә ахақәиҭра аншәоу, Анцәа имаҵуцәа реиԥш, наӡаӡатәи аԥсҭазаара узҭо иԥшьоу аусқәа ҟашәҵала. 23  Агәнаҳа иашәо ахә — аԥсроуп, Анцәа Иҳақәиҭу Христос Иисус ила ҳамҭас иҳаиҭо наӡаӡатәи аԥсҭазаара ауп.

Албаагақәа