Тит иахь 3:1—15

  • Аҳәынҭқарцәеи амчра змоу ауааи ирзыӡырҩлатәуп (1—3)

  • Аус бзиақәа рыҟаҵара шәазхиаз (4—8)

  • Хыда-ҵыхәада иҟоу аимак-аиҿакқәеи амцҵарақәеи уҽырцәыхьчала (9—11)

  • Павел аҳәара ҟаиҵоит; асаламқәа риҭоит (12—15)

3  Анаҩсгьы иргәаларшәала аҳәынҭқарцәеи амчра змоу ауааи ирзыӡырҩларц, рҳәатәы нарыгӡаларц, насгьы аус бзиақәа рыҟаҵара иазхиазарц, 2  аӡәы ихыччаны имцәажәаларц, аимак-аиҿак рҽаларымгалаларц, рҳәатәы иадмыргаларц, зегьы хаала ирзыҟазарц. 3  Ҳаргьы уаанӡа ҳаилкаара маҷын, уаҩ иҳәатәы ҳаҳауамызт, ҳжьаны ҳаҟан, еиуеиԥшым агәаҳәара ҟьашьқәа ҳатҟәаны ҳрыман, ацәгьара ҳнапы алакын, ҳшьыцуан, ҳаузычҳауа ҳаҟамызт, аӡәи-аӡәи ҳаибацәымӷын. 4  Аха Ҳаиқәырхаҩ Ҳанцәа ауаа рахь ақьиареи абзиабареи ааирԥшит. 5  Иара ҳаирыцқьеит, аԥсҭазаара ҳаиҭеит, иԥшьоу идоуҳала ҳуаа ҿыцқәаны ҳҟаиҵеит. Иара ҳзеиқәирхаз иҟаҳҵаз аус бзиақәа рзы акәӡам, ҳахьрыцҳаишьаз азоуп. 6  Иара Ҳаиқәырхаҩ Иисус Христос ила меигӡарахда уи адоуҳа ҳаиҭеит, 7  иааирԥшыз ҳзыԥсам ақьиара абзоурала ҳуаа иашақәаны ҳаԥхьаӡахарц, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазааразы агәыӷра ҳаурц азы. 8  Арҭ ажәақәа ҵабыргуп. Суҳәоит, арҭ ажәақәа еснагь ироуҳәаларц, Анцәа дхазҵаз аус бзиақәа рыҟаҵара иашьҭазарц, еснагь уи иазхәыцларц азы. Уи ауаа рзы ибзиоуп, иагьхәарҭоуп. 9  Уҽрылоумгалалан хыда-ҵыхәада иҟоу аимак-аиҿакқәеи ҳабацәа рышьҭреи Моисеи изакәани ирыдҳәалоу аимакқәеи, избанзар урҭ хәарҭа рылам, ҵакгьы рымам. 10  Знык-ҩынтә згәызҽануҵахьоу, амцҵарақәа ауаа ирылазырҵәо уҽицәыхьчала, 11  ус еиԥш иҟоу ауаҩы амҩа иаша дацәыхҟьеит, агәнаҳа ҟаиҵоит, ихаҭа ихы ҭаирхоит. 12  Уара уахь Арте́мас ма Ти́хик данынасышьҭлак, сара сахь Ни́копольҟа унеирц азы иулшо зегь ҟаҵа, аӡынра уа саангылоит. 13  Моисеи изакәан ибзианы издыруа Зена́с амҩа данықәло, аҽеидкылара уицхраа, иара убас Аполло́сгьы. Урҭ акгьы рыгумыжьын. 14  Ҳашьцәагьы абзиара аҟаҵашьеи ацхыраара ирласны изҭаху рыцхраашьеи рҵалааит, рмаҵзура акгьы иаԥсамкәа иҟамларц азы. 15  Исыцу ҳҩызцәа асалам урҭоит. Уа иҟоу бзиа ҳазбо, ҳхаҵара ҳацеиҩызшо ҳҩызцәагьы асалам сызрыҭ. Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара шәыгымзааит.

Албаагақәа