Филиппаа рахь 1:1—30
1 Ҳара, Христос Иисус имаҵуцәа Павели Тимофеии, асалам шәаҳҭоит Филипп ақалақь аҿы инхо Христос Иисус иԥшьоу иҵаҩцәа зегьы, аизара ахылаԥшыҩцәеи аизара ацхырааҩцәеи уахь иналаҵаны.
2 Ҳаб Ҳанцәеи Иҳақәиҭу Иисус Христоси иҳарҭо аҭынчреи иаадырԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи шәыгымзааит.
3 Анцәа еснагь иҭабуп ҳәа иасҳәоит саниҳәо шәанысгәалашәо,
4 сӷьаҵәыӷьаҵәуа саниҳәо. Есымша шәара зегь шәзы сгәырӷьаҵәа Анцәа сиҳәоит,
5 избанзар ажәабжь бзиа аншәаҳа инаркны, шәаргьы уи ауаа ирылашәҳәо шәалагеит.
6 Агәра ганы сыҟоуп шәыбжьара Анцәа дызлагаз аус бзиа Христос Иисус имш ааиаанӡа ишхиркәшо.
7 Сара ус аҳәара сылшоит, избанзар гәык-ԥсыкала бзиа шәызбоит. Шәаргьы сара сеиԥш ижәбоит Анцәа ҳзыԥсам ақьиара шааирԥшуа. Шәара сахьҭакугьы шәсыцхраауеит, аиҳабыра рҿаԥхьагьы сара сеиԥш ажәабжь бзиа шәадгылоуп, уи закәанла ауаа рылаҳәара азин ҳарҭарц азгьы аџьабаа сыцыжәбоит.
8 Анцәа ибоит шаҟа шәыгәхьаазго, Христос Иисус иеиԥш бзиа шәшызбо.
9 Сара еснагь Анцәа сиҳәоит шәыбзиабара ииашоу, иҵаулоу адырра алеи аилкаара бзиа алеи еиҳа-еиҳа еизҳаларц,
10 насгьы еиҳа ихадоу алшәхларц, убасала Христос имш ааиаанӡа зегь рыла шәыцқьаны шәыҟазарц, аӡәгьы ихаҵара́ шәмырԥсыҽларц,
11 насгьы Иисус Христос ибзоурала Анцәа дзырҽхәо, дҳаразкуа аус бзиақәа* рацәаны иҟашәҵаларц.
12 Сашьцәа, ижәдыруазар сҭахуп, сзықәшәаз зегьы ажәабжь бзиа ишаԥырхагамхаз, уи ауаа рыларҵәара еиҳагьы ишацхрааз.
13 Аимператор ихьчаҩцәа инадыркны, зегьы еилыркааит Христос дахьхасҵо азы сышҭаку.
14 Иҳақәиҭу имаҵ зуа сашьцәа реиҳараҩык сышҭаку анраҳа, еиҳагьы ргәы ӷәӷәахан, шәарак ҟамҵаӡакәа Анцәа иажәа ауаа ирыларҳәо иалагеит.
15 Аиашазы, шьоукы шьыцны, насгьы егьырҭ ирацлабны ауп Христос иӡбахә ауаа ишырзеиҭарҳәо. Аха егьырҭ уи гәык-ԥсыкала иҟарҵоит.
16 Дара Христос иӡбахә ауаа рзеиҭаҳәара ргәазҭазҵо абзиабара ауп, избанзар ирдыруеит ажәабжь бзиа ахьчара дҵас ишсыду.
17 Егьырҭ гәык-ԥсыкала акәӡам ишыҟарҵо, аҭыӡшәа ҟарҵарц азоуп, ирҭахуп сахьҭаку сгәаҟрақәа еиҳагьы идырцәгьарц.
18 Аха иҟалеи? Иҟалаз убри ауп, гәык-ԥсыкала акәзаргьы-акәымзаргьы, Христос иӡбахә ауаа ирыларҳәоит. Уи сара саргәырӷьоит,
19 избанзар издыруеит уи абзоуралеи, гәык-ԥсыкала Анцәа шәахьиҳәо абзоуралеи, Иисус Христос исиҭо амч ацхырааралеи сара сшеиқәхо.
20 Сара даараӡа сгәыӷуеит, сызцәыԥхашьо акгьы ҟалом ҳәа, насгьы сыԥсыргьы-сынхаргьы, есымша ишыҟасҵалоз еиԥш, сымшәаӡакәа Христос иӡбахә сҳәалоит ҳәа, уи алагьы дҳарасклоит.
21 Сынхозар, Христос изы сынхоит, сыԥсуазар, уи исырҳаз ак еиԥш исыԥхьаӡоит.
22 Ари ацәеижь сыманы сынхонаҵы, смаҵзура иҵегь алҵшәақәа аанагоит, аха иалсхрыз сызшәаҳәаӡом.
23 Сара арҭ рыҩбагь рҟынтә иалсхра сыздырӡом, аха исҭахуп ари сцәеижь ааныжьны, Христос дахьыҟоу сыҟазарц. Уи, ҳәарада, еиҳа еиӷьуп.
24 Аха шәара шәзы еиҳа еиӷьуп сыԥсы ҭазар.
25 Уи сара ибзианы еилыскаауеит, убри аҟынтә издыруеит макьана шәара зегьы сышшәыцзаало, Анцәа имаҵ аураҿы шәеизҳазыӷьаларц, шәхаҵара агәырӷьара шәзаанагаларц.
26 Шәара Христос Иисус иҵаҩцәа шәоуп, убри аҟынтә шәара шәахь саныхынҳәлак, шәгәырӷьара еиҳагьы иацлоит.
27 Амала, Христос Иисус изку ажәабжь бзиа ишақәнагоу еиԥш шәхы мҩаԥыжәгала, шәара шәахь снеиргьы-сымнеиргьы, исаҳаларц ачҳара аарԥшны зегь шышәхыжәго, шәҳәоу еиқәшәаны, шәыжәҩахыр еибыҭаны, аӡәк иеиԥш аџьабаа шыжәбо, ажәабжь бзиа агәра агара шәаҟәымҵырц азы.
28 Шәызҭахым шәырцәымшәалан. Шәгәымшәара ишьақәнарӷәӷәоит урҭ шҭахо, шәара шәшеиқәхо. Уи ус шакәу Анцәа иааиртуеит.
29 Шәара ишәаҭәашьоу Христос игәра агара мацара акәӡам, иара изы шәгәаҟларцгьы шәаҭәашьоуп.
30 Шәаргьы сара уаанӡа сзықәшәоз ауадаҩрақәа рҩызцәа шәрықәшәоит, аха, ишыжәдыруа еиԥш, урҭ ауадаҩрақәа иахьагьы сырҭагылоуп.
Албаагақәа
^ Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «алҵшәа бзиақәа».