1 Коринфаа рахь 9:1—27

  • Павел апостолк иеиԥш имаҵзура шынаигӡо (1—27)

    • «Ацә аҿаԥа аҿоумҵан» (9)

    • «Шаҟа срыцҳаузеи, ажәабжь бзиа сымҳәозар!» (16)

    • «Зегьы рҟынӡа схы назгеит, зегьы сыҽраҟарастәит» (19—23)

    • Аԥсҭазаарахь ҳназго амҩаҿы аҽынкылара ааҳарԥшлароуп (24—27)

9  Исҭаху аҟаҵара азин сымаӡами? Сапостолӡами? Иҳақәиҭу Иисус дсымбаӡази? Иҳақәиҭу имаҵ аураҿы избаз аџьабаа иалҵшәахаз шәакәӡами шәара?  Егьырҭ рзы сапостолымзаргьы, шәара шәзы сапостолуп, избанзар шәара сшапостолу шьақәзырӷәӷәо амҳәыр шәоуп.  Исықәыӡбо ракәзар, ирасҳәо абри ауп:  ҳара акрыфареи акрыжәреи азин ҳамаӡами?  Азин ҳамаӡами ахаҵара змоу аԥҳәыс ԥҳәысс лгара? Иҳамаӡами азин ахаҵара змоу ҳаԥҳәыс ҳахьцо лгара, егьырҭ апостолцәеи, Иҳақәиҭу Иисус иашьцәеи, Ки́феи* ишыҟарҵо еиԥш?  Варна́веи сареи ҳамацара ҳаума, нас, аус ҳамур ада ԥсыхәа змамкәа иҟоу?  Дарбан еибашьҩу зхатә харџьла зхы ныҟәызго? Дарбан уаҩу аӡахәа еиҭаҳаны, уи иҿало ажь агьама зымбо? Аԥсаса зыхьчо иԥсаса ирымҵуа ахш имжәыкәа дыҟоума?  Ауаа ргәаанагара мацароума исҳәо? Азакәангьы уи акәӡами иаҳәо?  Моисеи изакәан аҿы иануп: «Ачарыц аҭәаҭәара* иаҿу ацә аҿаԥа аҿоумҵан». Ацәқәа роума Анцәа хьаас имоу? 10  Ҳара ҳакәу дзызхәыцуа? Ааи, Моисеи ҳара ҳзоуп уи заниҵаз, избанзар ицәаӷәогьы, иҭәаҭәогьы рџьабаа шырԥыло иақәгәыӷуазароуп. 11  Ҳара шәгәаҿы Анцәа иажәа лаҳҵеит. Нас, шәара шәҟынтә цхыраарак ҳаур акрамоума? 12  Егьырҭ шәыцхыраара аиура азин рымазар, ҳара еиҳагьы иҳамоуп. Аха ҳара шәыцхыраара ҳаҳәаӡом, ҳзықәшәо зегьы ҳхы анҳарнаалоит, Христос изку ажәабжь бзиа ԥырхагада ауаа ирылаҵәаларц азы. 13  Ишәзымдырӡои, аныҳәарҭаҿы иԥшьоу амаҵзура назыгӡо аныҳәарҭа иатәу афатә шифо? Акәырбаннагарҭаҿы амаҵ зуагьы акәырбаннагарҭахь инарго аҟынтә ихәҭаа шиоуа? 14  Иҳақәиҭу Иисусгьы ауаа ажәабжь бзиа рылазҳәо иреиҳәеит уи ала рхы ныҟәыргаларц. 15  Аха сара аказы зныкгьы сышәмыҳәаӡацызт. Уажәгьы ари зышәзысыҩуа аказы сшәыҳәарц азы акәӡам. Сара ауаа ажәабжь бзиа хәыда-ԥсада ирыласҳәоит. Уи сахыҽхәартәгьы сыҟоуп. Сызхыҽхәо сымызхуа ҳәа аӡәымзар-аӡә дыҟам! 16  Ауаа ажәабжь бзиа рыласҳәозар, сызхыҽхәо ҳәа акгьы ыҟам, уи уалны исыдуп. Шаҟа срыцҳаузеи, ажәабжь бзиа сымҳәозар! 17  Уи исҭахны иҟасҵозар, аҳамҭа соуеит. Исҭахымкәа иҟасҵозаргьы, иҟасҵалароуп, избанзар Анцәа уи дҵас исиҭеит. 18  Иарбан ҳамҭоу исоуа? Ҳамҭас исымоу ауаа ажәабжь бзиа хәыда-ԥсада рылаҳәара ахьсылшо ауп. Убасала, азин шсымоугьы, акгьы самыҳәаӡакәа, ауаа ажәабжь бзиа рыласҳәоит. 19  Сара схы сақәиҭуп, аха зегьы рзы маҵуҩыс схы ҟасҵеит, шаҟаҩы сызрыцхраауа срыцхраарц азы. 20  Аиудеиаа рзы аиудеи иеиԥш сҟалеит, аиудеиаа срыцхраарц азы. Азакәан* иқәныҟәо рзы азакәан иқәныҟәо иеиԥш сҟалеит, схаҭа уи сшықәымныҟәогьы, азакәан иқәныҟәо срыцхраарц азы. 21  Азакәан* иқәымныҟәо рзы азакәан иқәымныҟәо иеиԥш сҟалеит, Анцәеи Христоси рзакәан сшықәныҟәогьы, азакәан иқәымныҟәо срыцхраарц азы. 22  Иԥсыҽу рзы иԥсыҽу иеиԥш сҟалеит, иԥсыҽу срыцхраарц азы. Зегьы рҟынӡа схы назгеит, зегьы сыҽраҟарастәит, ма ԥыҭҩык еиқәсырхарц азы. 23  Зегь зыҟасҵо ажәабжь бзиа аҳаҭыр азоуп, уи ауаа ирзеиҭасҳәаларц азы. 24  Аиԥхныҩлара иалахәу зегь ыҩуеит, аха аиааира зго аӡә иоуп, ус акәӡами? Убри аҟынтә аҳамҭа шәоуртә еиԥш шәыҩла. 25  Аиԥхныҩлара иалахәу иаарҭаху зегь ҟарҵаӡом, ачҳара аарԥшны рыҽныркылоит. Аха дара уи зыҟарҵо — иканӡо агәыргьын роурц азоуп, ҳара изыҟаҳҵо — имканӡо агәыргьын ҳаурц азоуп. 26  Саргьы сыҩуеит, аха сзыҩуа здыруеит. Сыкшоит, аха баша аҳауа сасуам, 27  сцәеижь сыбжьоит*, маҵуҩык иеиԥш исзыӡырҩларц азы. Ус ҟасымҵалар, ауаа ажәабжь бзиа шырзеиҭасҳәогьы, Анцәа схаҭа мап сцәикыр ауеит.

Албаагақәа

Уи Пиотр ҳәагьы иарҳәон.
Ажәытәан израильаа ачарыц ахәҵәи иареи еилырхырц азы ацәқәа ҵакны, еизганы ишьҭаз ачарыц иахысуан.
Моисеи изакәан.
Моисеи изакәан.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «сыпҟоит».