2 Фессалоникаа рахь 2:1—17

  • Азакәанеилагаҩ (1—12)

  • Шәыӷәӷәаӡа шәгылаз (13—17)

2  Сашьцәа, шәара шәгәы хыҭхыҭуа Иҳақәиҭу Иисус Христос иаара шәазыԥшуп, насгьы иара ҳицзарц азы ҳшеизгахо жәдыруеит, убри аҟынтә ҳшәыҳәоит: 2  Иегова* имш ааихьеит ҳәа зҳәо шәхәыцшьа рыԥсахыр, идырҩашьар шәымун. Уи ажәабжь Анцәа иҟынтә ауп ҳәа рҳәаргьы, ҳара иаҳҩызшәа ззырҳәо асаламшәҟәаҿы уи ҳаԥхьеит ҳәа рҳәаргьы, хьаас иҟашәымҵан. 3  Аӡәы шәижьар шәымун, избанзар уи амш ааиӡом Анцәа иҿагыло рхы цәырыргаанӡа, азакәанеилагаҩ — аҭахара ззыԥшу ауаҩы — ихы ааирԥшаанӡа. 4  Уи аӷа ауаа нцәас ирыԥхьаӡо зегь, изымҵахырхәо зегь раасҭа ихы ҳареикуеит. Иара Анцәа иныҳәарҭаҿы дтәаны, дынцәоушәа ихы ааирԥшлоит. 5  Шәара шәҿы саныҟаз абри зегь шшәасҳәоз шәгәаламшәаӡои? 6  Уажәшьҭа шәара ижәдыруеит уи даанызкыло, иаамҭа ааиаанӡа аргама иусқәа дрылагар зымуа. 7  Ааи, азакәанеилагаҩ иусқәа рынагӡара далагахьеит, аха урҭ макьана имаӡоуп. Аха уи даанызкыло дцаанӡа ауп, нас иаатуеит. 8  Данцалак, азакәанеилагаҩ иусқәа аргама дрылагоит. Аха Иҳақәиҭу Иисус дшааз еилыкка ианубарҭахо, иажәақәа ирымоу амч ала* уи дишьуеит, дыцҟьа-шәҟьа дықәиҵоит. 9  Азакәанеилагаҩ Аҩсҭаа ицхыраарала узыршанхо аусқәеи, узжьо адыргақәеи, аџьашьахәқәеи ҟаиҵоит, 10  гызмалрыла амц иҳәоит. Уи зегьы иҭахо ауаа ажьоит. Дара ҭахоит, избанзар еиқәзырхо аҵабырг бзиа ирымбаӡеит, ирыдрымкылаӡеит. 11  Убри азоуп Анцәа урҭ ржьар залиршо, амц агәра ргаларц, 12  насгьы аҵабырг агәра мгаӡакәа, ацәгьара бзиа иахьырбаз азы ирықәнагоу иақәшәарц. 13  Аха ҳара еснагь шәара шәзы Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳҳәалароуп, Иегова бзиа иибо ҳашьцәа, избанзар Анцәа аханатә шәалиххьан, шәеиқәирхарц азы. Иара идоуҳала шәыԥшьаны шәҟаиҵеит, избанзар аҵабырг агәра жәгеит. 14  Иара иаҳҳәо ажәабжь бзиа ихы иархәаны, аиқәхара шәоурц азы шәааиԥхьеит, Иҳақәиҭу Иисус Христос иеиԥш шәаргьы ахьӡ-аԥша шәоурц азы. 15  Убри аҟынтә, аишьцәа, шәыӷәӷәаӡа шәгылаз, ажәала аума, ҳасаламшәҟәқәа рыла аума, ишәоуз амҩақәҵарақәа* шәрықәныҟәала. 16  Иҳақәиҭу Иисус Христоси бзиа ҳазбаз, ҳзыԥсам ақьиара аарԥшны зеиԥшыҟам агәыӷра ҳазҭаз, наӡаӡа ҳгәы зырҭынчуа Ҳаб Ҳанцәеи 17  шәгәы дырҭынчлааит, насгьы аус бзиақәа рыҟаҵарази ажәа бзиақәа рҳәарази амч шәырҭалааит.

Албаагақәа

Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ма «иҿы иҭыҵуа адоуҳа ала».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ишәдырҵаз аҵасқәа».