Аԥхьареи арҵареи рҿы уҟазара еиӷьтәла. Авидеонҵамҭақәа

Аԥхьареи арҵареи рҿы уҟазара еизырҳала.

АУРОК 1

Алҵшәа бзиа аазго алагамҭа

Иҟаҵатәузеи ауаа аинтерес рызцәыргаразы?

АУРОК 2

Абжьааԥны еиԥш уцәажәала

Ишԥацәажәалатәу иузыӡырҩуа иуҳәо марианы еилыркааларц?

АУРОК 3

Азҵаарақәа ухы иархәала

Ишԥаулшо азҵаарақәа рыла аӡырҩцәа алкаа ҟарҵаларц ргәазҭаҵара, зҿлымҳарыла иузыӡырҩларц, насгьы ихадоу азхәыцрақәа рыҵшьра?

АУРОК 4

Абиблиатә жәеинраала уаԥхьаанӡа уахцәажәа

Иазыҟаҳҵар шԥаҳалшо аӡырҩцәа рыхшыҩ абиблиатә жәеинраала ҳаԥхьаанӡа?

АУРОК 5

Ииашаны уаԥхьала

Иуцхраауазеи иану мԥсахкәа, убжьы ҭыганы аԥхьара?

АУРОК 6

Абиблиатә жәеинраалақәа ииашаны идеилыркаала

Иҟаҵатәузеи абиблиатә цыԥҵәахак ҳанаԥхьо, ма ҳанаԥхьалак ашьҭахь, аӡырҩцәа уи ҳзаԥхьаз еилыркаарц азы?

АУРОК 7

Ииашоу, зыгәра угартә иҟоу аинформациа

Иуеилзыркаауазеи афактқәа мԥсахкәа ииашаны ишеиҭауҳәо?

АУРОК 8

Ухы иархәала аҿырԥштәқәа

Арҵаҩ Ду, Иисус Христос, аҿырԥштәқәа рыбзоурала даараӡа ибзианы идирҵон. Ишԥаулшо ари аҩыза арҵаҩратә ҟазара аиура?

АУРОК 9

Алабҿабатә цхыраагӡақәа

Ишԥаҳалшо асахьақәеи егьырҭ алабҿабатә цхыраагӡақәеи рыла аӡырҩцәа ихадоу азхәыцрақәа гәныркыларц рыцхраара?

АУРОК 10

Убжьы ԥсахла

Ухы иаурхәар шԥаулшо абжьы аԥсахра, иуҳәарц иуҭаху еилыкка идеилуркаарц, насгьы иузыӡырҩуа ацәаныррақәа рызцәыругарц азы?

АУРОК 11

Уажәақәа аԥсы рхаҵала

Иуцхраар улшозеи угәы ақәкны ацәажәара, иузыӡырҩуа иуҳәо ргәаҵанӡа инеирц, насгьы ак аҟаҵара ргәазҭоуҵарц азы?

АУРОК 12

Уажәақәа аԥхарра рыҵаз

Ишԥаулшо аӡырҩцәа урыцхраарц шуҭаху дырбара?

АУРОК 13

Иуҳәо ахәарҭа алырхыр шалшо дырбала

Ишԥаҳалшо аӡырҩцәа ҳзыхцәажәо атема ахәарҭа алырхыр шалшо деилыркаара, насгьы ираҳаз рхы иадырхәар шрылшо дырбара?

АУРОК 14

Ихадоу азхәыцрақәа алкаала

Ихадоу азхәыцрақәа алкаала, аӡырҩцәа иуҳәо иазыӡырҩларц, еилыркааларц, насгьы игәныркылаларц азы.

АУРОК 15

Иуҳәо агәра шуго аарԥшла

Иуцхраауазеи иуҳәо агәра шуго аарԥшны ацәажәара, ажәахә уманы уанықәгыло, ма ажәабжь ануҳәо?

АУРОК 16

Аӡырҩцәа ргәы шьҭызхуа уалацәажәала

Иуцхраауазеи уара егьырҭ ргәы шьҭухыртә еиԥш ацәажәара? Абар х-методк.

АУРОК 17

Уеилыркаартә еиԥш уцәажәала

Ушԥацәажәалар ахәҭоу уеилкаара мариахарц азы? Иҟаумҵалар ахәҭоузеи?

АУРОК 18

Иузыӡырҩуа зусҭцәоу уазхәыцла

Ишԥаҳалшо ираҳаз азхәыцра ргәазҭаҵара, насгьы иҿыцу акы деилыркаара?

АУРОК 19

Иуҳәо аӡырҩцәа ргәаҵанӡа инагала

Ргәы шԥазҭаҳҵар ҳалшо аӡырҩцәа иҟарҵозаалакгьы ииашоу амотивқәа рымазарц?

АУРОК 20

Алҵшәа змоу аҵыхәтәантәи ажәақәа

Иарбан хықәку ирымоу аҵыхәтәантәи ажәақәа, аизараҿы уанықәгыло, иара убас ажәабжьҳәараҿы?

Иара убас ишәгәаԥхар ауеит

АШӘҞӘҚӘЕИ АБРОШИУРАҚӘЕИ

Аԥхьареи арҵареи рҿы уҟазара еиӷьтәла

Ари аброшиура уцхраауеит ацәажәареи, аԥхьареи, арҵареи рҿы уҟазара аиӷьтәра.