Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 33

Даниил шәиҿыԥшла

Даниил шәиҿыԥшла

«Анцәа ухә ҳаракны ишьоит» (ДАН. 9:23).

АШӘА 73 Иҳаҭ агәымшәара

АХҲӘАА a

1. Избан вавилонаа Даниил дызгәарҭаз?

 ДАНИИЛ зынӡа данқәыԥшыз иқалақь гәакьа далганы ихараз Вавилонҟа дытҟәаны дыргеит. Уа иара иаразнак дгәарҭеит. Зегьы ирбарҭан Даниил грак змамыз, иԥшӡаз, еицырдыруаз аҭаацәара иалҵыз арԥыс шиакәыз. Убри аҟынтә вавилонаа Даниил аҳ иаҳҭынраҿы аҭыԥ ду дазыҟарҵо иалагеит (Дан. 1:3, 4, 6; 1 Сам. 16:7).

2. Дышԥаизыҟаз Иегова Даниил? (Иезекииль 14:14).

2 Иегова иқәыԥшыз Даниил бзиа дзибоз аԥшра бзиа ахьимаз, ма аҭыԥ бзиа ахьааникылоз азы акәӡамызт, уи гәыкала иргәырӷьара ахьиҭахыз азы акәын. Шәазхәыц: Даниил 20 шықәса раҟара акәызҭгьы ҟаларын ихыҵуаз, Иегова ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа гәыкала имаҵ зуаз Ноии Иови дырхыԥхьаӡаланы иӡбахә аниҳәа (Аҟаз. 5:32; 6:9, 10; Иов 42:16, 17; шәаԥхьа Иезекииль 14:14). Иегова аԥсҭазаараҿы акыр збахьаз акыршықәса нызҵыз Даниил иқәыԥшра аамҭақәа раахыс бзиа дибон (Дан. 10:11, 19).

3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

3 Ари астатиаҿы еилҳаргоит Даниил Иегова иҿаԥхьа зыхә ҳаракыз уаҩны дҟазҵоз ҩ-ҟазшьак. Раԥхьа урҭ аҟазшьақәа иааркьаҿны хаз-хазы ҳрылацәажәоит, насгьы Даниил урҭ ахьааирԥшуаз аҭагылазаашьақәа ҳрыхәаԥшуеит. Уи ашьҭахь иара урҭ аҟазшьақәа реизырҳара ицхрааз ҳазааҭгылоит. Уи адагьы ҳара уи ҳаиҿыԥшлар шҳалшо ҳбоит. Ари астатиа раԥхьаӡа иргыланы иқәыԥшу ишрызкугьы, ҳара зегьы Даниил иҿаҳҵааша рацәоуп.

ДАНИИЛ ИЕИԤШ АГӘЫМШӘАРА ААШӘЫРԤШЛА

4. Ишԥааирԥши Даниил агәымшәара?

4 Агәымшәара злоу ауаа ашәара рызцәырҵлар ауеит. Аха дара уи ииашаны ахымҩаԥгара ирԥырхагахартә алдыршаӡом. Даниил агәымшәара злаз иқәыԥшыз уаҩын. Иара дзықәшәаз ҩ-ҭагылазаашьак иадамзаргьы уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит. Раԥхьатәи ахҭыс вавилонаа Иерусалим анхдырбгала ашьҭахь ҩышықәса раҟара анҵы акәзар ҟалап ианыҟалаз. Вавилонтәи аҳ Навуходоносор аԥхыӡ бааԥс ибеит, уа иара абаҟа дуӡӡа ибеит. Иара адырра ду змаз имаҵуцәа зегьы, Даниилгьы урҭ днарылаҵаны, иреиҳәеит иԥхыӡ еиҭарымҳәар, насгьы уи иаанаго рымҳәар, аԥсра шырзыԥшу (Дан. 2:3—5). Даниил аамҭа мгаӡакәа ак ҟаиҵар акәын, избанзар ирацәаҩны ауаа рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылан. Убри аҟынтә Даниил аҳ иахь дцаны аԥхыӡ аҵакы аҳәаразы аамҭа ииҭарц диҳәеит (Дан. 2:16). Уи азы иара агәымшәареи ахаҵаре́и иҭахын. Избанзар џьаргьы ианӡам Даниил уаанӡагьы аԥхыӡқәа рҵакы иҳәон ҳәа. Иара вавилонаа Шадрахи, Мешахи, Аведнегои ҳәа зыхьӡырҵаз хҩык иҩызцәа дрыҳәеит ажәҩан Анцәа иҳәаларц, урҭ рыцҳашьаны уи амаӡа ааиртырц азы (Дан. 2:18). Иегова урҭ рыҳәарақәа рҭак ҟаиҵеит. Анцәа ицхыраарала Даниил Навуходоносор иԥхыӡ еиҭеиҳәеит. Убас Даниил хҩык иҩызцәеи иареи аԥсра иацәцеит.

5. Ианбаихәҭаз Даниил иҵегьы агәымшәара аарԥшра?

5 Аамҭак ашьҭахь Даниил дырҩегь агәымшәара иҭаххеит. Навуходоносор дзыршәаз даҽа ԥхыӡк ибеит. Уажәы иара аҵла дуӡӡа ибеит. Даниил дымшәаӡакәа ари аԥхыӡ аҵакы аҳ изеиҭеиҳәеит. Иара Навуходоносор ихы шеилаԥсогьы, аҳра ҭыԥ шицәыӡуагьы мӡаӡакәа иеиҳәеит (Дан. 4:25). Аҳ арҭ ажәақәа аниаҳа, Даниил аҿагылара шьҭихыр иҭахуп ҳәа игәы иаанагар алшон, уи азы дагьишьыр ауан. Аха Даниил уи дааннамкылаӡеит — иара агәымшәара аарԥшны аԥхыӡ аҵакы еиҭеиҳәеит.

6. Ицхраауази Даниил агәымшәара аарԥшра?

6 Ицхраауази Даниил еснагь агәымшәара аарԥшра? Дхәыҷаахыс иара иани иаби рҿырԥш бзиа ибон. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп, дара Иегова израильтәи аҭаацәа ириҭаз амҩақәҵара иазыӡырҩны, рԥа Анцәа изакәан шидырҵоз (Ҩынтә. 6:6—9). Ҳәара аҭахума Даниил жәа-ԥҟарак рыдагьы азакәан акәамаҵамарақәагьы бзианы идыруан. Иаҳҳәап, иара идыруан израильаа ирфалар рылшоз, насгьы зыфара азин рымамыз (Алев. 11:4—8; Дан. 1:8, 11—13) b. Уи адагьы Даниил Анцәа ижәлар рҭоурых бзианы идыруан, иара ибон ажәлар Иегова иахьизымӡырҩуаз иахьнанагаз (Дан. 9:10, 11). Даниил иԥсҭазаараҿы дзықәшәоз ахҭысқәа агәра идыргеит Иеговеи амч ду змоу амаалықьцәеи иҟалалакгьы ишицхраало (Дан. 2:19—24; 10:12, 18, 19).

Даниил агәымшәара илан, избанзар Иԥшьоу Аҩыра бзианы иҭиҵаауан, Иегова диҳәон, насгьы игәра игон. (Шәахәаԥш абзац 7.)

7. Ицхраазеи иҵегьы Даниил агәымшәара аарԥшра? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

7 Даниил Анцәа иԥааимбарцәа рышәҟәқәа ҭиҵаауан, Иеремиа иԥааимбаражәагьы уахь иналаҵаны. Уи абзоурала иара еиликааит акыршықәса Вавилон итҟәаны иҟаз аиудеиаа иаарласны рхы ишақәиҭхоз (Дан. 9:2). Ҳәара аҭахума, Даниил абиблиатә ԥааимбаражәақәа ирну шынаӡаз аниба, еиҳагьы Иегова игәра иго далагеит. Ауаҩы Анцәа игәра аниго агәымшәара ду иоуеит. (Иаҿшәырԥш Римаа рахь 8:31, 32, 37—39.) Аха еиҳа ихадоу, Даниил лассы-лассы жәҩантәи Иаб диҳәон (Дан. 6:10). Иара Иегова игәнаҳақәа ианаижьырц диҳәон, насгьы игәы иҵхоз изеиҭеиҳәон. Уи адагьы иара Анцәа ацхырааразы диҳәон (Дан. 9:4, 5, 19). Даниил ҳара ҳеиԥш дуаҩын. Ус анакәха агәымшәара шилаз дмиӡеит. Иара Иԥшьоу Аҩыра ахьҭиҵаауаз, Иегова дахьиҳәоз, насгьы игәра ахьигоз абзоурала агәымшәара еизирҳаит.

8. Ишԥаҳалшо агәымшәара еизҳарҳар?

8 Иҟаҵалатәузеи агәымшәара ҳаурц азы? Ҳҭаацәа агәымшәара ааҳарԥшларц ҳгәазҭарҵалар ауеит, аха уи аҟазшьа дара рҟынтә ҳара ҳахь шьҭрала ииасӡом. Ҳара иҿыцу ак шаҳҵо еиԥш агәымшәара аарԥшышьа ҳҵалароуп. Иҿыцу ак уҵарц азы арҵаҩы иҟаиҵо бзианы уахәаԥшлароуп, насгьы иҟаиҵо ҟауҵалароуп. Агәымшәара аарԥшышьа ҳҵарц азы егьырҭ уи аҟазшьа шаадырԥшуа гәаҳҭалароуп, насгьы ҳарҿыԥшлароуп. Иаҳнарҵозеи Даниил иҿырԥшы? Ҳаргьы Анцәа Иажәа бзианы иаҳдыруазароуп. Иара убас ҳара Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәалароуп, уи азы лассы-лассы ҳиҳәалароуп, ҳгәы иҵхогьы аартны изеиҭаҳҳәалароуп. Уи адагьы ҳара Иегова игәра ҳгалароуп, насгьы еснагь дышҳацхраауа ала агәыҩбара ҳамамзароуп. Убасҟан ҳхаҵара ԥызшәо акы ҳақәшәар, агәымшәара аарԥшра ҳалшоит.

9. Избан агәымшәара ааҳарԥшлар зҳахәҭоу?

9 Ҳара агәымшәара ааҳарԥшлароуп. Ҳахәаԥшып Германиа инхо Бе́н дзықәшәаз ахҭыс. Иара дызҭаз ашкол аҿы зегьы аеволиуциа агәра ргон, насгьы Анцәа зегь шишаз иазкны Абиблиа иану лакәуп ҳәа рыԥхьаӡон. Зны Бен Анцәа зегь шишаз агәра зиго аҵара ицызҵоз зегьы рҿаԥхьа аиҭаҳәара алшара иоуит. Иара агәымшәара аарԥшны зыгәра иго еиҭеиҳәеит. Иарбан лҵшәоу уи иаанагаз? Бен иҳәоит: «Арҵаҩы илымҳа кыдҵаны дӡырҩуан. Уи ашьҭахь иара схы иасырхәаз аматериал акопиақәа ҟаҵаны аҵаҩцәа зегьы ирзишеит». Ирҳәазеи Бен аҵара ицызҵоз? Иара иациҵоит: «Аӡәырҩы аинтерес рыманы исзыӡырҩуан, ԥыҭрак ашьҭахь пату шсықәырҵогьы сарҳәеит». Бен ихҭыс ишаҳнарбо еиԥш, агәымшәара змоу ауаа лассы-лассы пату рықәырҵоит. Иара убас ҳара агәымшәара ахьааҳарԥшуа абзоурала гәыкала иҟоу ауаа Иегова иабадырра ҳрыцхраар ҳалшоит. Убри аҟынтә ҳара ари аҟазшьа бзиа аизырҳаразы амзызқәа рацәаны иҳамоуп.

ДАНИИЛ ИЕИԤШ АНЦӘА ГӘЫКАЛА ШӘИЗЫҞАЗ

10. Иаанагозеи гәыкала аҟазаара?

10 «Гәыкала аҟазаара», ма «гәыкала иҟоу абзиабара» ҳәа Абиблиаҿы еиҭагоу ауриатә ажәа аӡәы угәы шизыбылуа аанарԥшуеит. Ус еиԥш иҟоу абзиабара Анцәа иҩызцәа рахь иааирԥшуеит. Иара убас Абиблиаҿы ари ажәа уԥылоит Анцәа имаҵзуҩцәа дара-дара рыбжьара иаадырԥшуа абзиабара аӡбахә анаҳәо (2 Сам. 9:6, 7). Аамҭа цацыԥхьаӡа гәыкала иҟоу ҳабзиабара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахалар алшоит. Даниил иҿырԥшы уи шьақәнарӷәӷәоит.

Даниил Иегова гәыкала дахьизыҟаз азы дизылԥхеит. Уи алымқәа дрымфарц азы амаалықь дизынаишьҭит. (Шәахәаԥш абзац 11.)

11. Ишԥаԥышәахеи Даниил иқәрахь даннеихьаз Анцәа гәыкала дшизыҟаз? (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)

11 Даниил Иегова гәыкала дшизыҟаз ԥызшәоз аҭагылазаашьақәа иԥсҭазаараҿы зныкымкәа дрықәшәахьан. 90 шықәса дырҭысхьан еиԥш зегь раасҭа иуадаҩыз аԥышәарақәа руак дақәшәеит. Усҟантәи аамҭазы Вавилон мидааи персааи ирымпыҵадырхалахьан, насгьы Дари аҳра иуан. Аҳ имаҵуцәа Даниил дырцәымӷын, уи зымаҵ иуаз Анцәагьы пату иқәырҵаӡомызт. Убри аҟынтә Даниил дшыршьшаз рхәыцит. Дара аҳ закәанк инапы аҵеиҩыртә иҟарҵеит, уи Даниил гәыкала дыззыҟаз дызусҭаз аанарԥшуан: Анцәа иакәзу, аҳ иакәзу. Уи азакәан инақәыршәаны зықәрахь инеихьаз аԥааимбар 30 мшы рыҩныҵҟа Иегова димыҳәалар акәын. Убас иара аҳ гәыкала дшизыҟаз ааирԥшуан, аԥсрагьы дацәцон. Аха Даниил уи адҵа ақәныҟәара мап ацәикит. Убри аҟынтә алымқәа ахьҭакыз днаганы дҭарыжьит. Аха Иегова Даниил гәыкала дахьизыҟаз азы дизылԥхеит, алымқәагьы иламкьысыртә иҟаиҵеит (Дан. 6:12—15, 20—22). Ишԥаҳалшо ҳаргьы Иегова иахь гәыкала иҟоу абзиабара еизҳарҳар?

12. Ицхраазеи Даниил Иегова дицәхьамҵкәа, гәыкала имаҵ аура?

12 Хыхь ишҳәаз еиԥш Иегова гәыкала ҳаизыҟазарц азы ӷәӷәала бзиа даҳбароуп. Даниил гәык-ԥсыкала Иегова бзиа дибон, убри аҟынтә жәҩантәи Иаб гәыкала дшизыҟаз даанхару-даанымхару ҳәа дхәыцӡомызт. Иара еснагь Иегова гәыкала дшизыҟазаауа ӡбаны иман. Даниил уи аҩыза абзиабара аизырҳара ицхрааз Иегова иҟазшьақәеи урҭ шааирԥшуеи дахьазхәыцуаз акәызҭгьы ҟаларын (Дан. 9:4). Иара убас Даниил Иегова хаҭала иара изгьы ижәлар рзгьы иҟаиҵоз ахә ҳаракны ишьон (Дан. 2:20—23; 9:15, 16).

Уаргьы, Даниил иеиԥш, Иегова гәыкала уизыҟазаауеит, жәҩантәи Уаб ӷәӷәала бзиа дубозар. (Шәахәаԥш абзац 13.)

13. а) Иԥышәахар шԥалшо аҿар Анцәа гәыкала ишизыҟоу? Иаажәга аҿырԥштәы. (Шәахәаԥш иара убас асахьа.) б) Ишәҳәар шәылшозеи Иегова ишаҳаҭцәа агомосексуалистцәа ишԥарзыҟоу ҳәа ишәазҵаар? (Шәахәаԥш асаит jw.org аҿы иаагоу авидеонҵамҭа «Аиашара нагӡа аҭынчра аанагоит».)

13 Даниил ихаан еиԥш иахьагьы ҳҿар иаарыкәыршаны иҟоу ауаа Иеговеи инормақәеи хьаас иркӡам. Дара Анцәа бзиа дызбо ауаа атәарымбозар ауеит. Шьоукы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи дыршәарцгьы иалагоит, урҭ Анцәа изакәанқәа еиларгарц азы. Абар Австралиа инхо Гре́им аиҳабыратә классқәа рҿы аҵара аниҵоз дзықәшәаз ахҭыс. Зны арҵаҩы аҵаҩцәа дразҵааит рҩызак дышгомосексуалисту иҳәар иахырҳәаауазеи ҳәа. Арҵаҩы иҳәеит уи идгыло ганк рҽарҭарц, идымгыло даҽа ганк рҽарҭарц. Греим иҳәоит: «Иегова имаҵ зуа даҽа ҷкәынаки сареи ҳада егьырҭ зегьы уи аҩыза ахымҩаԥгашьа цәгьарак адырбалаӡомызт». Анаҩс иҟалаз Греим Иегова гәыкала дшизыҟоу ԥнашәеит. Иара иҳәоит: «Аурок нҵәаанӡа аҵаҩцәагьы, арҵаҩыҵәҟьагьы ҳхыччон ҳагьыладырҟәуан. Сара иахьынӡасылшоз агәҭынчра сыхьчон, насгьы схаҵара шиашоу агәра зызго ашьақәырӷәӷәарақәа аазгон. Аха урҭ аӡырҩрагьы рҭахӡамызт». Ишԥаиныри Греим ари аԥышәара? Иара иациҵоит: «Ҳәарада ианухыччо, насгьы уаныладырҟәуа уи угәы иахәо ак акәӡам. Аха сара урҭ сахьрыдымгылаз, насгьы зыгәра зго аиҭаҳәара ахьсылшаз агәырӷьара ду снаҭеит».

14. Ишԥаҳалшо Иегова иахь гәыкала иҟоу абзиабара аизырҳара?

14 Ҳаргьы Даниил иеиԥш Иегова гәыкала ҳаизыҟазар ҳалшоит, жәҩантәи Ҳаб иахь ҳабзиабара ҳарӷәӷәалар. Ҳара Иегова иҟазшьақәа ҭаҳҵаалар, ус еиԥш иҟоу абзиабара аизырҳара ҳалшоит. Урҭ ҳбар ауеит ишамҭақәа ҳрыхәаԥшлар (Рим. 1:20). Уи аҿы иҳацхраауеит арубрика «Случайность или замысел?» аҿы иаагоу астатиақәеи авидеонҵамҭақәеи. Урҭ рыцхыраарала ҳара Иегова еиҳагьы бзиа даҳбалоит, еиҳа пату иқәҵарагьы ҳалагоит. Иара убас ҳара аброшиурақәа «Была ли жизнь создана?», насгьы «У истоков жизни. Пять вопросов, которые требуют ответа» рҿы иану ҳгәалаҳаршәарц азы урҭ ҳаиҭарыԥхьар ҳалшоит. Абар урҭ аброшиурақәа ирызкны Даниа инхо Е́стер зыхьӡу иқәыԥшу иаҳәшьак илҳәаз: «Уа иаагоу ашьақәырӷәӷәарақәа акы иузадкылом! Урҭ аброшиурақәа зыгәра угалаша уарҳәаӡом. Уа афактқәа роуп иаагоу, алкаа ухаҭа иҟауҵоит». Хыхь зажәақәа аагаз Бен иҳәоит: «Арҭ аброшиурақәа схаҵара дырӷәӷәеит. Анцәа зегь шишаз ала уаҳа агәыҩбара сымаӡам». Шәаргьы ари аматериал ҭышәҵаар, Аатра 4:11 аҿы иану ажәақәа шәрықәшаҳаҭхар ҟалап. Уа иануп: «Амч ду змоу Ҳанцәа Иегова, уара хьӡи-ԥшеи аҳаҭыри урыԥсоуп, избанзар зегь зшаз уара уоуп» c.

15. Ишәыцхраауазеи иҵегьы Иеговеи шәареи шәеиҩызара арӷәӷәара?

15 Иегова иахь иҳамоу абзиабара арӷәӷәара иҳацхраауа даҽакгьы ыҟоуп, ҳара Иԥа иԥсҭазаара ҭаҳҵаалароуп. Убас ауп Германиа иатәу Сами́ра зыхьӡу иқәыԥшу иаҳәшьак ишыҟалҵазгьы. Лара илҳәоит: «Иисус иӡбахә сахьаԥхьоз абзоурала Иегова еиӷьны деилыскааит». Самира данхәыҷыз Иегова ацәаныррақәа шимоу аилкаара лцәыцәгьан, аха Иисус ацәаныррақәа шимоу аилкаара лзымариан. Самира иацылҵоит: «Сара уи дысгәаԥхон, избанзар иара дуаҩ қьиан, ахәыҷқәагьы бзиа ибон». Лара Иисус еиӷьны деилылкаацыԥхьаӡа Иеговеи лареи реиҩызара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон. Избан? Лара илҳәоит: «Аамҭак ашьҭахь сара еилыскааит Иисус еснагь Иаб иеиԥш ихы шымҩаԥиго. Урҭ даара еиԥшуп. Сара еилыскааит Иегова уи адгьыл ахь дзааишьҭыз амзызқәа ишыруаку. Избанзар убас ауаа Иегова еиҳа еиӷьны иеилкаара рылшон» (Иоанн 14:9). Шәара Иеговеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәарц шәҭахызар, Иисус еиӷьны деилышәкааларц азы шәаамҭа шәамеигӡалан. Уи шәыцхраауеит еиҳагьы Иегова бзиа ибареи гәыкала имаҵ ауреи.

16. Избан Иегова гәыкала ҳаизыҟазар зҳахәҭоу? (Аԥсалом 18:25; Михеи 6:8).

16 Ҳара ауаа гәыкала ҳарзыҟазар, ҳаргьы гәыкала иаҳзыҟазаауа, насгьы ахаан ҳказмыжьуа аҩызцәа ҳаур алшоит (Руфь 1:14—17). Уи адагьы Иегова гәыкала изыҟоу ауаа агәҭынчра рымоуп. Избан? Избанзар Иегова гәыкала изыҟоу гәыкала дырзыҟоуп. (Шәаԥхьа Аԥсалом 18:25; Михеи 6:8.) Шәхаҿы иаажәг: зегьзымчу Ҳазшаз ажәа ҳаиҭоит еснагь бзиа ҳшибало! Иегова зегь иреиӷьу ҳҩыза иакәзар, иареи ҳареи ҳаиҩызара иаԥырхагахо ҳәа аӡәгьы, насгьы акгьы ҟалаӡом: ҳаӷацәа ракәыз, аԥышәарақәа ракәыз, аԥсраҵәҟьагьы акәыз (Дан. 12:13; Лука 20:37, 38; Рим. 8:38, 39). Убри аҟынтә даараӡа ихадоуп Даниил ҳаиҿыԥшны Иегова гәыкала ҳаизыҟазар!

АНАҨСГЬЫ ДАНИИЛ ШӘИҾЫԤШЛА

17, 18. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

17 Ари астатиаҿы еилҳаргеит ҳаргьы еизҳарҳалар ҳахәҭоу Даниил илаз ҩ-ҟазшьак. Аха уи мацара акәӡам ҳара ари аԥааимбар иҿаҳҵаар ҳалшо. Иаҳҳәап, Иегова Даниил абарақәеи аԥхыӡқәеи иирбеит, иара убас аԥааимбаражәақәа рҵакы аҳәаразы алшара ииҭеит. Урҭ аԥааимбаражәақәа реиҳарак наӡахьеит. Егьырҭ рҿы иаагоуп аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу адгьыл иқәынхо ауаа зегь ирныруа ахҭысқәа ркәамаҵамарақәа.

18 Анаҩстәи астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Даниил ииҩыз ҩ-ԥааимбаражәак. Ҳара зегьы, шаҟа ҳхыҵуазаалакгьы, урҭ рҵакы еилаҳкаалароуп. Уи уажәнатә иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраауеит. Иара убас арҭ аԥааимбаражәақәа агәымшәара ҳарҭоит, насгьы анаҩсгьы Иегова гәыкала имаҵ аура иҳацхраауеит. Ари зегь иаарласны иҟало ахҭысқәа рҽырзыҟаҵара иҳацхраауеит.

АШӘА 119 Ҳара ахаҵара ҳамазароуп

a Иахьа иқәыԥшу Иегова имаҵзуҩцәа агәымшәара аадырԥшыр, насгьы Анцәа гәыкала ишизыҟоу шьақәдырӷәӷәар ахьрыхәҭоу аҭагылазаашьақәа ирықәшәоит. Урҭ Анцәа зегь шишаз агәра ахьырго азы ашкол аҿы лассы-лассы ирхыччоит. Мамзаргьы Анцәа имаҵ ауреи инормақәа рыла анхареи хшыҩдароуп, иагьмодаӡам ҳәа агәра ддыргарц иаҿуп. Аха ари астатиа ишаҳнарбо еиԥш, аԥааимбар Даниил иеиԥш агәымшәара аарԥшны гәыкала Иегова имаҵ зуа ауаа аҟәыӷара рылаҵәҟьоуп.

b Даниил вавилонтәи афатә цқьаӡам ҳәа зиԥхьаӡоз х-мзызк ааҳгар ауеит: 1) уи закәанла зыфара ҟамлоз аԥстәқәа ркәац акәзар ауан (Ҩынтә. 14:7, 8); 2) иршьыз аԥстәы аҟынтә ишахәҭаз еиԥш ашьа аурмышьҭзар алшон (Алев. 17:10—12); 3) уи афатә афара амцнцәахәы имҵахырхәара иахәҭакны иԥхьаӡазар ауан (Алевит 7:15 иаҿшәырԥш 1 Коринфаа рахь 10:18, 21, 22).

c Иара убас шәара шәаԥхьар шәылшоит ашәҟәы «Приближайся к Иегове». Уа Иеговеи иара иҟазшьақәеи рыӡбахә еиҳаны еилышәкаауеит. Уи иара иахь шәыбзиабара арӷәӷәара ишәыцхраауеит.