АҴАРАЗЫ АСТАТИА 36
Шәеидара шәаҵаз, насгьы иаҭахым аидара ааншәыжь
«Шәааи наҟ икаҳажьып еидарас ҳазҵоу зегьы... насгьы ҳгәы камыжькәа, ачҳара аарԥшны, ҳаԥхьа ишьҭоу амҩа ҳаныланы ҳаҩлап» (АУР. 12:1).
АШӘА 33 Угәырҩа Иегова идҵа
АХҲӘАА a
1. Ауриацәа рахь 12:1 иану инақәыршәаны, иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи, афиниш ҳахысны ҳамҭас наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаурц азы?
АБИБЛИАҾЫ ақьырсиантә ԥсҭазаара аиԥхныҩлара иаҿырԥшуп. Аиԥхныҩлара иалахәу қәҿиарала амҩа ианысны афиниш иахысыр, ҳамҭас наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуеит (2 Тим. 4:7, 8). Ҳара ҳтемп иагҳмырхарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп, избанзар афиниш уажә еиԥш ахаан иааигәамхацт. Қәҿиарала ақьырсиантә мҩа ианысыз апостол Павел уи аиԥхныҩлараҿы аиааира агара иҳацхраауа иҳәеит. Иара иҩит: «Шәааи наҟ икаҳажьып еидарас ҳазҵоу зегьы... насгьы ҳгәы камыжькәа, ачҳара аарԥшны, ҳаԥхьа ишьҭоу амҩа ҳаныланы ҳаҩлап». (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 12:1.)
2. Ҵакыс ирымоузеи «наҟ икаҳажьып еидарас ҳазҵоу зегьы» ҳәа иану ажәақәа?
2 Ҵакыс ирымоузеи Павел «Шәааи наҟ икаҳажьып еидарас ҳазҵоу зегьы» ҳәа ииҳәаз ажәақәа? Иара ииҳәарц ииҭахыз имцхәу аидара каҳажьырц ауп. Ус ҟаҳамҵар, ирласны ҳзыҩӡом, ҳамчгьы ҳалӡаауеит. Ҳзықәшәо ауадаҩрақәа ҳармыхәаԥшӡакәа афиниш аҟынӡа ҳнеирц азы, аамҭа мгаӡакәа иаҳԥырхагоу еилаҳкаароуп, насгьы уи каҳажьроуп. Аха убри аамҭазгьы ҳазҵазар ҳахәҭоу аидара каҳажьыр ҳҭахӡам. Избанзар усҟан, инықәырԥшны иуҳәозар, аиԥхныҩлара ҳалырцар ауеит (2 Тим. 2:5). Изакәызеи ҳазҵазар ҳахәҭоу аидара?
3. а) Иаҳгалар ҳахәҭоузеи, Галатаа рахь 6:5 иану инақәыршәаны? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы, насгьы избан?
3 Шәаԥхьа Галатаа рахь 6:5. Павел иҩуан «дасу иара иеидара даҵоуп» ҳәа. Ара зыӡбахә ҳәоу ҳара ҳҭыԥан даҽаӡәы изынамыгӡо Анцәа иҿаԥхьа иҳаду аҭакԥхықәрақәа роуп. Ари астатиа аҟны ҳара еилҳаргоит «дасу иара иеидара» иаҵанакуа, насгьы уи ҳгалар шҳалшо. Иара убас ҳара еилаҳкаауеит иарбан имыцхәу еидароу иаанҳажьыр ҳахәҭоу. Ҳара ҳаидара ҳгозар, насгьы имыцхәу аидара аанҳажьуазар, афиниш аҟынӡа ҳнеиуеит.
ИАҲГАЛАР ҲАХӘҬОУ АИДАРА
4. Избан Анцәа имаҵ шаҳауло ала иаҳҭаз ажәа еидара хьанҭаӡам ҳәа ҳҳәар зҳалшо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
4 Иегова имаҵ шаҳауло ала иаҳҭаз ажәа. Ҳара ҳаԥсҭазаара Иегова ианизаҳк, наӡаӡа имаҵ шаҳауло, насгьы игәаԥхара шынаҳагӡало ажәа иаҳҭеит. Ҳара ҳажәа наҳагӡароуп. Анцәа иаҳҭаз ажәа инақәыршәаны анхара ҭакԥхықәра дууп. Аха уи еидара хьанҭаӡам, избанзар ҳаԥсҭазаара ҵакыс иамоу Анцәа игәаԥхара анагӡара ауп (Аат. 4:11). Иегова иара ҳиеиԥшны ҳаишеит, насгьы иеилкаара агәаҳәара ҳалеиҵеит. Убри аҟынтә иара ҳаизааигәахар ҳалшоит, игәы аҟаҵарагьы агәахәара ду ҳзаанагоит (Аԥсал. 40:8). Уи адагьы, Анцәа ҳаизыӡырҩны, Иԥа ишьҭа ҳхыланы ҳанцо, ҳамч ҭалоит (Матф. 11:28—30).
5. Ишәыцхраауазеи Иегова ишәҭаз ажәа анагӡара? (1 Иоанн 5:3).
5 Ишәыцхраауазеи шәеидара агара? Раԥхьаӡа иргыланы, Иегова иахь шәыбзиабара шәырӷәӷәала. Уи азы ишәиҭахьоу аҳамҭақәа шәрызхәыцла, насгьы аԥхьаҟа ишәызирхиаз шәазхәыцла. Анцәа иахь ҳабзиабара ӷәӷәазар, изыӡырҩра ҳзымариахоит. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 5:3.) Уи адагьы, Иисус шәиҿыԥшла. Ицхраазеи иара Анцәа игәаԥхара анагӡара? Иара Иегова ацхырааразы диҳәон, насгьы аԥхьаҟа изыԥшыз аҳамҭа илаԥш ахын (Аур. 5:7; 12:2). Иисус иеиԥш шәаргьы Иегова амч шәиҭарц шәиҳәала, насгьы аԥхьаҟа наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳамҭас ишшәызирхиаз шәхашәмыршҭлан. Анцәа иахь шәыбзиабара еизҳауазар, насгьы Иԥа ишьҭа шәхыланы шәцозар, Иегова ишәҭаз ажәа анагӡара шәылшоит.
6. Избан аҭаацәараҿы иҳаду аҭакԥхықәрақәа ибзианы инаҳагӡалар зҳахәҭоу? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
6 Ҳҭаацәара рҿаԥхьа иҳаду аҭакԥхықәрақәа. Ақьырсианцәа рҭынхацәа раасҭа Иеговеи Иисуси бзиа ирбалароуп (Матф. 10:37). Аха уи иаанагаӡом Анцәеи Христоси ҳаргәырӷьоит ҳәа ҳҭаацәа каҳажьроуп ҳәа. Анцәеи Христоси ргәы ҳақәшәаларц азы, ҳҭаацәара рҿаԥхьа иҳаду аҭакԥхықәрақәа еиҳагьы еиӷьны инаҳагӡалароуп (1 Тим. 5:4, 8). Уи ҳара анасыԥ ҳнаҭоит. Избанзар Иегова аҭаацәа анасыԥ рзаазго аформула риҭеит: хаҵеи-ԥҳәыси бзиа еибабалароуп, насгьы пату еиқәырҵалароуп, аҭаацәа — рхәыҷқәа бзиа ирбалароуп, ирааӡалароуп, ахәыҷқәа — рҭаацәа ирзыӡырҩлароуп (Еф. 5:33; 6:1, 4).
7. Ишәыцхраар алшозеи шәҭаацәараҿы ишәыду аҭакԥхықәрақәа рынагӡара?
7 Ишәыцхраауазеи шәеидара агара? Ахацәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи Абиблиа иану иҟәыӷоу алабжьарақәа рыгәра жәгала. Шәемоциақәеи, шәкультураҿы иҟоу аҵасқәеи, аҭаацәарақәа ирылабжьо аекспертцәеи шәрықәымгәыӷлан (Ажәам. 24:3, 4). Ҳорганизациа аҟынтә иҳауа аматериал шәхы иашәырхәала. Уа абиблиатә принципқәа ҳхы ишаҳархәалаша иазкны алабжьара бзиақәа аагоуп. Иаҳҳәап, аҟәша «Помощь семье» аҟны иаагоу астатиақәа рҿы хаҵеи-ԥҳәыси, анацәеи, абацәеи, ахбыџқәеи зықәшәо ауадаҩрақәа ирылацәажәоит b. Абиблиа иаҳәо шәхы иашәырхәала, шәҭаацәара иатәу ус ҟарымҵозаргьы. Уи шәҭаацәара зегьы ахәарҭа ду рзаанагоит, шәхаҭагьы Иегова игәы шәшақәшәо жәдыруазаауеит (1 Пиотр 3:1, 2).
8. Ианырлар шԥалшо ҳаԥсҭазаара иҳадаҳкыло аӡбарақәа?
8 Иҳадаҳкыло аӡбарақәа рзы иҳаду аҭакԥхықәра. Иегова алхра ахақәиҭра ҳамҭас иҳаиҭеит. Иара иҭахуп аӡбара бзиақәа анҳадаҳкыло уи агәырӷьара ҳзаанагаларц. Аха иҽеим аӡбарақәа анҳадаҳкыло, уи иаанаго алҵшәақәа ҳарцәихьчаӡом (Гал. 6:7, 8). Убри аҟынтә ҳамхәыцӡакәа иаҳҳәо ажәақәа, ма ҳаццакны иҳадаҳкыло аӡбарақәа ҳаԥсҭазаара ианырлоит. Иҟалап ҳаламыс ҳаргәаҟларгьы. Аха иҳадаҳкыло аӡбарақәа рзы аҭакԥхықәра шҳаду еилаҳкаауазар, уи ҳгәазҭанаҵоит агәнаҳа шҳахьыз аҳәареи, ҳагхақәа рыриашареи, урҭ дырҩегь рыҟамҵареи. Уи ҳазну амҩа анымҵра иҳацхраауеит.
9. Иҟашәҵар шәылшозеи, агха шәыхьзар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
9 Ишәыцхраауазеи шәеидара агара? Шәара агха шәыхьзар, насгьы уажәшьҭа акгьы узмыриашозар, уи шәыдышәкыл. Ииасыз шузмырхынҳәуа еилышәкаа. Шәемоциақәеи шәымчқәеи шәхы ариашара, ма шәхы ахара адҵара, мамзаргьы егьырҭ ахара рыдҵара иақәшәмырӡлан. Уи аҭыԥан агха шшәыхьыз еилкааны шәҭагылазаашьаҿы ишәылшо ҟашәҵала. Шәхы ахара адышәҵозар, ахынраалара аарԥшны Иегова ишәанаижьырц шәиҳәала (Аԥсал. 25:11; 51:3, 4). Згәы зшәырхьыз рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭашәҵа. Иара убас иаҭахызар, аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы шәрыҳәа (Иак. 5:14, 15). Шәыгхақәа ахәарҭа рылганы уи уаҳа ишәмыхьырц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала. Убасҟан Иегова агәыҭбаара аарԥшны иаҭаху ацхыраара шшәиҭо агәра ганы шәыҟазар шәылшоит (Аԥсал. 103:8—13).
ИААНҲАЖЬЫР ҲАХӘҬОУ АИДАРА
10. Избан ҳхы аҟынтә иҳалымшо ҳаназыԥшу, уи еидара хьанҭаны иаҳзыҟалар залшо? (Галатаа рахь 6:4).
10 Ҳхы аҟынтә иҳалымшо ҳаназыԥшу. Ҳара егьырҭ ҳхы рыҿҳарԥшлар, насгьы ҳхы аҟынтә иҳалымшо ҳазыԥшлар, уи еидара хьанҭаны иаҳзыҟалар алшоит. (Шәаԥхьа Галатаа рахь 6:4.) Егьырҭ рықәҿиарақәа ҳааҟәымҵӡакәа ҳрызхәыцлар, урҭ рыҵашьыцреи рацлабреи ҳалагар ауеит (Гал. 5:26). Ҳалшарақәеи ҳҭагылазаашьақәеи ҳарзымхәыцӡакәа егьырҭ иҟарҵо ҟаҳҵоит ҳәа ҳалагар, ҳхы иазеицәоу ҟаҳҵоит. «Уззыԥшу акыраамҭа ианымнаӡо» угәы ухьуазар, шәазхәыц ахаан имнаӡо акы уаназыԥшу уи шаҟа угәы унархьуа! (Ажәам. 13:12). Уи иахҟьаны ҳамч ҳалӡаар, насгьы ҳазну амҩаҿы ҳтемп ҳармаҷыр алшоит (Ажәам. 24:10).
11. Иҟашәҵалар шәылшозеи шәхы аҟынтә ишәылымшо шәазымԥшларц азы?
11 Иҳацхраауазеи уи аидара ааныжьра? Иегова шәара шәҟынтә дыззыԥшу аасҭа еиҳаны шәхы аҟынтә шәазымԥшлан. Иара ишәымам ишәҭарц ахаан дшәыҳәаӡом (2 Кор. 8:12). Агәра ганы шәыҟаз: Иегова егьырҭ шәрыҿирԥшӡом (Матф. 25:20—23). Иара ахә ҳаракны ишьоит шәара шәмаҵзура, шәара гәыкала шәахьизыҟоу, насгьы ауадаҩрақәа раан шәара ачҳара ахьаашәырԥшуа. Шәгәабзиара, шәықәра, ма шәҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны уаанӡа иҟашәҵоз уажәшьҭа ишшәылымшо еилышәкаа. Барзиллаи иеиԥш шәықәреи шәгәабзиареи дҵак анагӡара шәылнамыршозар, уи мап ацәкра шәазхиаз (2 Сам. 19:35, 36). Моисеи иеиԥш ацхыраара шәыдышәкылала, насгьы уи аҩыза алшара аныҟоу шәҭакԥхықәрақәа егьырҭ ирыцеиҩышәшала (Ақәҵ. 18:21, 22). Шәара ус еиԥш иҟоу ахӡырымгара аашәырԥшлар, шәхы аҟынтә ишәылымшо шәазыԥшлаӡом, насгьы шәызну амҩала шәцаларц азы амч шәымазаауеит.
12. Иҳадума аҭакԥхықәра егьырҭ ирыдыркыло иҽеим аӡбарақәа рзы? Иҳаилшәыркаа.
12 Егьырҭ ирыдыркыло иҽеим аӡбарақәа рзы аҭакԥхықәра ҳадушәа ҳгәы ианаанаго. Ҳара егьырҭ рзы аӡбарақәа рыдкылара ҳалшаӡом. Урҭ иҟарҵо агхақәа иаарго алҵшәақәа рҟынтәгьы еснагь иаҳзыхьчаӡом. Иаҳҳәап, аӡәы иԥа ма иԥҳа Иегова имаҵ аура даҟәыҵырц иӡбеит. Уи аҭаацәа ахьаа ӷәӷәа рзаанагоит. Аха дара уи азы рхы ахара адырҵо иалагар, аидара хьанҭа рҟәаҟәа иқәырҵоит. Иегова иҭахӡам дара уи аидара иканажьырц (Рим. 14:12).
13. Иҟарҵар рылшозеи аҭаацәа, рхәыҷы ииашам аӡбара идикылазар?
13 Иҳацхраауазеи уи аидара ааныжьра? Иегова ҳара зегьы алхра ахақәиҭра ҳаиҭеит. Иара ауаа зегьы рхатә ӡбарақәа рыдыркылалартә алшара риҭеит, имаҵ рулару-ирмуларугьы уахь иналаҵаны. Акгьы згым аҭаацәа ыҟаӡам. Иегова идыруеит шәара гхак шәыхьыр шалшоз. Анцәа ииҭаху ишәылшо ҟашәҵаларц ауп. Шәхәыҷы иҟаиҵаз алхразы аҭакԥхықәра зду иара иоуп, шәара шәакәӡам (Ажәам. 20:11). Аха шәара уеизгьы шәыгхақәа рзы шәхы ахара адышәҵозар ауеит. Ус иҟазар, шәыгәҭыхақәа Иегова изеиҭашәҳәа, насгьы ишәанаижьырц шәиҳәа. Иара идыруеит аамҭа шузмырхынҳәуа, насгьы ииасхьоу шузымԥсахуа. Иара дазыԥшӡам шәхәыҷы идикыло аӡбарақәа иаарго алҵшәақәа дырцәышәыхьчалоит ҳәа. Ишәхашәмыршҭлан, шәхәыҷы Иегова иахь дхынҳәырц иӡбар, Иегова уи диеигәырӷьаны дидикылоит (Лука 15:18—20).
14. Избан мыцхәы ҳхы ахара адҵара иааныжьтәу еидароуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо?
14 Ҳааҟәымҵӡакәа ҳхы ахара анадаҳҵо. Ҳара агәнаҳа аныҟаҳҵо, уи азы ахара шҳаду еилаҳкаауазар бзиоуп. Аха Иегова иҭахӡам ҳааҟәымҵӡакәа ҳхы ахара адаҳҵалар. Уи иааныжьтәу еидароуп. Аха ишԥеилкаатәу ҳхы мыцхәы ахара шадаҳҵо? Ҳара агәнаҳа шыҟаҳҵаз ҳҳәазар, уи ҳахьхәызар, насгьы уи аҩыза уаҳа иҟаҳамҵарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, Иегова ишҳанаижьыз агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит (Аус. 3:19). Иегова иҭахӡам арҭ ашьаҿақәа аныҟаҳҵа ашьҭахьгьы ҳхы ахара адаҳҵалар. Иара идыруеит уи ауаҩы дканажьыр шалшо (Аԥсал. 31:10). Ҳара еснагь ҳалахь еиқәызар, ҳазну амҩа ҳаныҵыр алшоит (2 Кор. 2:7).
15. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи, ҳхы ахара адҵара ҳаҟәыҵырц азы? (1 Иоанн 3:19, 20). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
15 Иҳацхраауазеи уи аидара ааныжьра? Шәара шәааҟәымҵӡакәа шәхы ахара адышәҵозар, Иегова иҳаназыжьуа Анцәа шиакәу шәхашәмыршҭлан (Аԥсал. 130:4). Гәыкала зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа иара агәра диргоит: «Рыгәнаҳақәагьы уаҳа исгәаласыршәаӡом» (Иер. 31:34). Уи иаанагоит Иегова иҟашәҵахьоу шәыгәнаҳақәа шышәгәалаимыршәо. Убри аҟынтә шәыгха алҵшәақәа уажәгьы ишәныруазаргьы, уи иаанагаӡом Анцәа ишәанаимыжьӡеит ҳәа. Шәыгхақәа ирыхҟьаны аизараҿы ҭакԥхықәрақәак шәзынамыгӡозар, шәхы ахара адшәымҵалан. Иегова шәыгәнаҳақәа уаҳа дрызхәыцӡом, шәаргьы урҭ шәырзымхәыцлан. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 3:19, 20.)
АҲАМҬА ШӘОУРТӘ ЕИԤШ ШӘЫҨЛА
16. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи ҳазну амҩа қәҿиарала ҳанысырц азы?
16 Ҳара аҳамҭа ҳауртә еиԥш ҳаҩлароуп (1 Кор. 9:24). Иҳацхраауазеи уи аҿы? Ҳазҵазар ҳахәҭоу аидара ҳаҵазароуп, насгьы иаанҳажьыр ҳахәҭоу аидара аанҳажьроуп. Ари астатиаҿы ҿырԥштәқәак роуп ҳзыхцәажәаз. Иҟоуп егьырҭгьы. Иаҳҳәап, Иисус иҳәеит «амцхә шәымфаларц, амцхә шәымжәларц, насгьы иахьатәи аԥсҭазаара иацу аусқәа шәымч-шәылшара зегь шәымрымхларц азы» шәгәышәҽаныз ҳәа (Лука 21:34). Ари, насгьы убас еиԥш иҟоу егьырҭ абиблиатә жәеинраалақәа ҳазну амҩа қәҿиарала ҳанысырц азы ҳҽаҳаԥсахыр ахьҳахәҭоу аилкаара иҳацхраауеит.
17. Избан агәра ганы ҳзыҟоу ҳазну амҩа қәҿиарала ҳанысыр шҳалшо?
17 Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп афиниш аҟынӡа ҳашнеиуа, избанзар Иегова уи азы амч ҳаиҭоит (Ис. 40:29—31). Убри аҟынтә шәтемп иагшәмырхан! Аҳамҭа иоурц азы зхы иамеигӡоз апостол Павел шәиҿыԥшла (Флп. 3:13, 14). Шәызну амҩа анысра шәара шәҭыԥан аӡәгьы илшаӡом, аха Иегова ицхыраарала шәара уи шәылшоит. Иара шәеидара агареи иаҭахым аидара ааныжьреи дшәыцхраауеит (Аԥсал. 68:19). Иегова ицхыраарала шәара қәҿиарала амҩа шәанысны аиааира агара шәылшоит!
АШӘА 65 Уеихала, нас, ԥхьаҟа!
a Ҳара зегьы аиԥхныҩлара ҳалахәуп. Ҳазну амҩа аҵыхәтәаны аҳамҭа — наӡаӡатәи аԥсҭазаара — ҳзыԥшуп. Аиԥхныҩлара иалахәу еидарада дыҩуеит, аха ҳара ҳакәзар, досу ҳхатә еидара ҳаҵоуп. Уахь иаҵанакуеит Иегова наӡаӡа имаҵ шаҳауло ала иаҳҭаз ажәа, аҭаацәараҿы иҳаду аҭакԥхықәрақәа, насгьы иҳадаҳкыло аӡбарақәа рзы иҳаду аҭакԥхықәра. Убри аамҭазгьы аҩра иаҳԥырхагахар алшо иаҭахым аидара аанҳажьроуп. Ари астатиа аҟынтә еилаҳкаауеит аҩра иаҳԥырхагахар алшо, насгьы ҳазну амҩа ԥырхагада ҳанысырц азы иҟаҵалатәу.
b Аҟәша «Помощь семье» аҟынтә астатиақәа шәыԥшаар шәылшоит асаит jw.org аҿы. Абар уа излацәажәо темақәак. Аҭаацәара иалоу рзы: «Как проявлять уважение», насгьы «Как проявлять благодарность»; ахәыҷқәа змоу рзы: «Как научить ребёнка грамотно пользоваться смартфоном», насгьы «Как наладить общение со своим ребёнком-подростком?»; ахбыџқәа рзы: «Как справляться с давлением сверстников», насгьы «Как побороть одиночество».