Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 34

АШӘА 107 Анцәа ибзиабара аҿырԥшы

Агәнаҳа ҟазҵаз рахь абзиабареи арыцҳашьареи шааҳарԥшлаша

Агәнаҳа ҟазҵаз рахь абзиабареи арыцҳашьареи шааҳарԥшлаша

Анцәа ақьиара «зааирԥшуа аҽыриашара дуцхраарц азы» ауп (РИМ. 2:4).

ЕИЛАҲКААУА

Аизара ахылаԥшыҩцәа агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз ирыцхраарц азы иҟарҵо.

1. Иарбан гәыӷроу ирымоу агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз?

 ҲАЗХЫСЫЗ астатиаҿы еилҳаргеит Коринфтәи ақьырсианцәа руаӡәк агәнаҳа ӷәӷәа аныҟаиҵа апостол Павел ириҭаз амҩақәҵарақәа. Уи ахаҵа игәнаҳа дахьхәӡомызт, убри аҟынтә аизараҿы уаҳа дзаанхомызт. Аха астатиа ихадоу ажәеинраалаҿы ишҳәоу еиԥш, Анцәа ауаҩы аҽыриашара дицхраар илшоит (Рим. 2:4). Иарбан рольу уи аҿы аизара ахылаԥшыҩцәа инарыгӡо?

2, 3. Иҟаҳҵар акәзеи, аиашьа ма аиаҳәшьа агәнаҳа ӷәӷәа шыҟарҵаз еилаҳкаазар, насгьы избан?

2 Ақьырсиан агәнаҳа шыҟаиҵаз аизара ахылаԥшыҩцәа ирзымдыруазар, уи изицхрааӡом. Убри аҟынтә иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи, аизараҿы аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵаз еилаҳкаазар? Аизара ахылаԥшыҩцәа рҿы ацхыраара даҳәарц иаҳҳәароуп (Ис. 1:18; Аус. 20:28; 1 Пиотр 5:2).

3 Аха агәнаҳа ҟазҵаз аизара ахылаԥшыҩцәа рацәажәара иҭахымзар? Усҟан ҳхаҭа ҳрацәажәоит, уи ауаҩы ацхыраара иоурц азы. Уи бзиабароуп, избанзар иаҳҭахӡам ҳашьа ма ҳаҳәшьа даҳцәыӡыр. Ақьырсиан ихымҩаԥгашьа имыриашар, Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа еиҳагьы ибжьихуеит. Уи адагьы, аизара ахьыӡ бжьысыр алшоит. Егьа иаҳцәыцәгьазаргьы, агәымшәара аарԥшны аизара ахылаԥшыҩцәа ҳрацәажәоит, избанзар Иегова бзиа даҳбоит, иара убас ҳашьа ма ҳаҳәшьа бзиа даҳбоит (Аԥсал. 27:14).

АИЗАРА АХЫЛАԤШЫҨЦӘА АГӘНАҲА ӶӘӶӘА ҞАЗҴАЗ ИШРЫЦХРААУА

4. Хықәкыс ирымоузеи аизара ахылаԥшыҩцәа, агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз ауаҩы ианиацәажәо?

4 Аизараҿы аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵазар, аизара ахылаԥшыҩцәа рхеилак хҩык аизара ахылаԥшыҩцәа рыла ишьақәгылоу акомитет a еиҿыркаауеит. Урҭ аишьцәа аԥагьара рыламзароуп, ахынрааларагьы аадырԥшлароуп. Урҭ агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы аҽыриашара ицхраарц шырҭахугьы, мчыла дшырзмыриашо еилыркаауеит (Ҩынтә. 30:19). Дара еилыркаауеит Давид Иегова илабжьара шидикылаз еиԥш, зегьы ишрыдрымкыло (2 Сам. 12:13). Шьоукы уи мап ацәыркуеит (Аҟаз. 4:6—8). Ус шакәугьы, аизара ахылаԥшыҩцәа хықәкыс ирымоу ирылшо зегь ҟаҵаны агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы аҽыриашара ицхраара ауп. Ирхадмыршҭлар рыхәҭоузеи аишьцәа, агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы ианиацәажәо?

5. Ирхадмыршҭуазеи аизара ахылаԥшыҩцәа, агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы иацәажәарц азы ианеиқәшәо? (2 Тимофеи 2:24—26). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

5 Аизара ахылаԥшыҩцәа еилыркаауеит ауаҩы агәнаҳа ҟаиҵазаргьы, иара Иегова изы зыхә ҳараку ауаса шиакәу (Лука 15:4, 6). Убри аҟынтә ауаҩы иацәажәарц азы ианеиқәшәо, рыҽдырџьбараӡом, ихжәангьы иацәажәаӡом. Уи адагьы, аизара ахылаԥшыҩцәа еилыркаауеит уи аиқәшәара зеиҿкаау ауаҩы азҵаарақәа иҭареи афактқәа рышьақәыргылареи мацаразы шакәым. Дара 2 Тимофеи 2:24—26 (шәаԥхьа) аҿы иану аҟазшьақәа аадырԥшуеит. Аизара ахылаԥшыҩцәа аҟәымшәышәреи, ахаареи, ақьиареи аарԥшны агәнаҳа ҟазҵаз ихәыцшьа аԥсахра ицхраауеит.

Иахьа аизара ахылаԥшыҩцәа ажәытәан иҟаз ахьчацәа реиԥш рхы мҩаԥыргоит, — иӡыз ауасақәа рыԥшаара рҽазыршәоит. (Шәахәаԥш абзац 5.)


6. Рыҽшԥазыҟарҵо аизара ахылаԥшыҩцәа агәнаҳа ҟазҵаз иацәажәара? (Римаа 2:4).

6 Аизара ахылаԥшыҩцәа Иегова дышхәыцуа еиԥш ахәыцра рҽазыршәоит. Дара Иегова агәнаҳаҟаҵаҩы дышизныҟәо еиԥш изныҟәоит. Абар уи изкны Павел ииҳәаз: «[Анцәа ақьиара] зааирԥшуа аҽыриашара дуцхраарц азы [ауп]». (Шәаԥхьа Римаа 2:4.) Аизара ахылаԥшыҩцәа ирхадмыршҭлар ауп дара зегь раԥхьаӡа иргыланы ишыхьчаҩцәоу, насгьы Христос инапхгара ацныҟәареи иҿыԥшреи шрыхәҭоу (Ис. 11:3, 4; Матф. 18:18—20). Агәнаҳа ҟазҵаз иацәажәаанӡа игәнаҳа ахьхәра ицхраара рылшартә еиԥш Анцәа иҳәоит. Дара Иегова ихәаԥшышьа еилыркаарц азы Абиблиеи апубликациақәеи рыла аҭҵаара мҩаԥыргоит, насгьы ауаҩы деилкааны иҭагылазаашьа аилыргара дрыцхраарц иҳәоит. Дара рхы иазҵаар ауп ауаҩы ибзианы дырдыруама ҳәа, насгьы ихәыцшьеи, игәазыҟашьеи, ихымҩаԥгашьеи зиԥсахыз еилыркаауама ҳәа (Ажәам. 20:5).

7, 8. Ишԥарылшо аизара ахылаԥшыҩцәа Иегова еиԥш ачҳара аадырԥшлар, агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы ианиацәажәо?

7 Аизара ахылаԥшыҩцәа Иегова иеиԥш ачҳара аарԥшра рҽазыршәоит. Дара иргәалашәоит Иегова ажәытәан агәнаҳа ҟазҵоз дышрызныҟәоз. Иаҳҳәап, Анцәа Каин иахь ачҳара ааирԥшуан. Иара уи игәиҽаниҵеит агәнаҳа ҟаиҵар, уи лҵшәас иаанаго, аха дизыӡырҩыр, дшизылԥхо ажәа ииҭеит (Аҟаз. 4:6, 7). Иегова Давид иахь Нафан дишьҭит. Уи ажәамаана еиҭаҳәаны аҳ иҟаиҵаз агәнаҳа ахьхәра дицхрааит (2 Сам. 12:1—7). Анцәа иҳәатәы хазымҵоз израильаа рахь дааҟәымҵӡакәа аԥааимбарцәа ишьҭуан (Иер. 7:24, 25). Иегова ауаа дрыцхраарц азы иҟарҵаз ианбахьхәуеи ҳәа дыԥшӡамызт. Иара актәи ашьаҿа ҟаҵаны рыгәнаҳақәа рыхьхәра ргәазҭеиҵон.

8 Аизара ахылаԥшыҩцәа Иегова иҿыԥшны агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз ауаҩы ицхраара рҽазыршәоит. 2 Тимофеи 4:2 аҿы иануп убри аамҭазы ачҳарагьы аадырԥшлар шрыхәҭоу. Убри аҟынтә аизара ахылаԥшҩы агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы даниацәажәо, аҭынчреи ачҳареи ааирԥшуазароуп, ауаҩы ииашаны ахымҩаԥгара иҭаххарц азы. Аизара ахылаԥшҩы иԥсахы еибаклар, ауаҩы уаҳа иацәажәарагьы, игәнаҳа ахьхәрагьы иҭахымхар ауеит.

9, 10. Ишԥаицхраауеи аизара ахылаԥшыҩцәа агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа бжьызхыз, агәнаҳахьгьы дназгаз аилкаара?

9 Аизара ахылаԥшыҩцәа ауаҩы агәнаҳахь дназгаз аилкаара рҽазыршәоит. Избан ақьырсиан доуҳала дзыԥсыҽхаз? Даҟәыҵма еиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аԥхьареи ажәабжь аҳәареи? Мамзаргьы гәыкала Анцәа иҳәара даҟәыҵзар? Иҽеим агәаҳәарақәа рҿагылара даҟәыҵзар? Изыцихигода иаамҭа, насгьы иарбан гәырҿыхагақәоу иалихуа? Ишԥаиныруеи уи аҩыза аиҿцәажәара, насгьы аԥсшьара? Еиликаауама идикылаз аӡбарақәеи ихымҩаԥгашьеи рыла Иаб Иегова игәы шиирхьыз?

10 Аизара ахылаԥшыҩцәа агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы ихәыцны азҵаарақәа анирҭо, Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа бжьызхыз, насгьы агәнаҳахь дназгаз азхәыцра ицхраауеит (Ажәам. 20:5). Аха уи ақьиара аарԥшны иҟарҵалар ауп, насгьы акәамаҵамарақәа зегьы реилкаара иашьҭамзар ауп. Иара убас Нафан Давид даниацәажәоз ишыҟаиҵаз еиԥш, ҿырԥштәыкгьы ааргар рылшоит. Уи агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы шаҟа ииашамкәа ихы мҩаԥигаз аилкаара ицхраар ауеит. Ари зегь абзоурала раԥхьатәи аицәажәараангьы ауаҩы иҟаиҵаз дахьхәыр алшоит.

11. Иарбан ҿырԥшу Иисус иаанижьыз?

11 Аизара ахылаԥшыҩцәа Иисус иҿыԥшра рҽазыршәоит. Зыԥсы ҭалаз Иисус Тарс иатәыз Савл дзырхәыцыз азҵаара ииҭеит: «Савл, Савл, узсышьҭашәарыцои?» Уи ала Савл дицхрааит ииашамкәа ихы шымҩаԥигоз аилкаара (Аус. 9:3—6). Абар Иисус «Иезавель» лзы ииҳәаз: «Сара уи дахьхәырц аамҭа лысҭеит» (Аат. 2:20, 21).

12, 13. Иҟарҵар рылшои аизара ахылаԥшыҩцәа, агәнаҳаҟаҵаҩ ахьхәразы аамҭа ирҭарц азы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

12 Аизара ахылаԥшыҩцәа Иисус иҿыԥшуеит, насгьы агәнаҳа ҟазҵаз ахаан уи дахьхәӡом ҳәа рыԥхьаӡаӡом. Шьоукы акомитети дареи раԥхьатәи реиқәшәара аан иахьхәуеит. Аха шьоукы еиҳаны аамҭа рҭахуп. Убри аҟынтә аизара ахылаԥшыҩцәа ус еиԥш иҟоу ауаҩы зныкымкәа иқәшәар алшоит. Иҟалап актәи реиқәшәара ашьҭахь агәнаҳа ҟазҵаз ақьырсиан иарҳәаз азхәыцра далагар. Иҟалап ахынраалара аарԥшны Иегова игәнаҳа ианаижьырц диҳәар (Аԥсал. 32:5; 38:18). Убри аҟынтә анаҩстәи реиқәшәара аан иубарҭахар алшоит ауаҩы зынӡа даҽакала ахәыцра дшалагаз.

13 Аизара ахылаԥшыҩцәа агәнаҳаҟаҵаҩ ахьхәра ианицхраауа, аилкаареи аразреи аадырԥшуеит. Дара Иегова иҳәоит рџьабаа дазылԥхарц, насгьы игәыӷуеит аиашьа иҟаиҵаз ма аиаҳәшьа иҟалҵаз дазхәыцны дахьхәып ҳәа (2 Тим. 2:25, 26).

Аизара ахылаԥшыҩцәа агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы зныкымкәа-ҩынтәымкәа иқәшәар рылшоит, игәнаҳа ахьхәразы аамҭа ирҭарц азы. (Шәахәаԥш абзац 12.)


14. Изыбзоурада агәнаҳаҟаҵаҩ игәнаҳа данахьхәуа? Иҳаилшәыркаа.

14 Агәнаҳаҟаҵаҩ игәнаҳа данахьхәуа, уи зегьы агәырӷьара ду рзаанагоит! (Лука 15:7, 10). Изыбзоурада уи? Аизара ахылаԥшыҩцәа роума? Ишәгәалашәыршәа Павел агәнаҳаҟаҵаҩцәа ирызкны ииҩыз: «Анцәа урҭ ахьхәырц... алшара риҭар ҟалоит» (2 Тим. 2:25). «Учебная Библия» аҿы ари ажәеинраалахь иаагоу акомментари аҟны иануп: «Ауаҩы ихәыцшьеи игәы аҭагылазаашьеи абас иахьиԥсахыз ауаа ракәымкәа, Иегова иоуп изыбзоуроу — иара иоуп имҩахҟьаз ақьырсиан иԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа рыҟаҵара ицхраауа. Анаҩс Павел агәнаҳа ахьхәра иаанаго алҵшәа бзиақәак рыӡбахә иҳәеит: уи агәнаҳа ҟазҵаз еиҳа еиӷьны аҵабырг иеилнаркаауеит, ихы аҭыԥахь иаанагоит, насгьы Аҩсҭаа ицәҟьақәа рҟынтә ахақәиҭра инаҭоит (2Тм. 2:26)».

15. Иарбан цхыраароу аизара ахылаԥшыҩцәа агәнаҳа ҟазҵаз ирҭо, уи игәнаҳа данахьхәлак ашьҭахь?

15 Агәнаҳа ҟазҵаз игәнаҳа данахьхәлак ашьҭахь, акомитет иалахәу аизара ахылаԥшыҩцәа уи ауаҩы анаҩсгьы ицхрааларц азы аҭаарақәа еиҿыркаалоит. Уи ауаҩы амҩа иаша ақәымҟьареи ахыхрақәа рҿагылареи ицхраауеит (Аур. 12:12, 13). Ҳәарада, аизара ахылаԥшыҩцәа агәнаҳа ҟазҵаз иҟаиҵаз аӡәгьы иарҳәаӡом. Аха зны-зынла информациак аизараҿы ианрылаҳәатәу ыҟоуп.

«ИАХЬИАШАМ ЗЕГЬЫ РҾАԤХЬА ИДЫРБАЛА»

16. Зыӡбахә имадаз Павел, 1 Тимофеи 5:20 аҿы «зегьы» ҳәа аниҳәоз?

16 Шәаԥхьа 1 Тимофеи 5:20. Павел арҭ ажәақәа даҽа аизара ахылаԥшҩы, Тимофеи, изиҩит. Апостол «агәнаҳа ҟазҵо» ишрызныҟәалатәу аӡбахә иҳәон. Ииҳәарц ииҭахызи иара? Иҟарҵаз аизара зегь рҿаԥхьа ирылаҳәатәуп ҳәа акәызма ииҳәарц ииҭахыз? Иҟалап «зегьы» ҳәа зыӡбахә имаз аӡәы агәнаҳа шыҟаиҵаз здыруаз ракәызҭгьы — уи збаз ма агәнаҳа ҟазҵаз ихаҭа иззеиҭеиҳәаз ракәызҭгьы алшон. Аизара ахылаԥшыҩцәа уи азҵаара шырыӡбаз, насгьы ауаҩы иаҭахыз ахьырхәра шиоуз атәы изарҳәар рыхәҭаз урҭ рымацара ракәын.

17. Аизараҿы аӡәырҩы ирдыруазар агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаҵаз, мамзаргьы ирдырыр алшозар, иарбан лаҳәароу иҟаҵазаауа, насгьы избан?

17 Ҭагылазаашьақәак рҿы аизараҿы аӡәырҩы ирдыруеит агәнаҳа шыҟаҵаз, мамзаргьы ирдырыр алшоит. Убасҟан «зегьы» ҳәа иҳәоу аизара зегьы акәхоит. Убри аҟынтә аизара ахылаԥшыҩцәа руаӡәк аизараҿы ирылаиҳәоит аиаҳәшьа ма аиашьа рыҽдыриашарц азы алабжьара шрыҭаз. Хықәкыс иамоузеи ари аҩыза алаҳәара? Павел иҳәоит: «Уи збо ргәырҽанызарц», — даргьы агәнаҳа ҟарымҵарц азы.

18. Иҟарҵозеи аизара ахылаԥшыҩцәа, агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз 18 шықәса ихымҵыцзар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

18 Аха иҟаҵатәузеи, 18 шықәса зхымҵыц аӡы иӡааху ақьырсиан агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵазар? Аизара ахылаԥшыҩцәа рхеилак ҩыџьа аизара ахылаԥшыҩцәа ирыднаҵоит агәнаҳа ҟазҵаз ахәыҷы Иегова ишаҳаҭу иҭаацәеи иареи ирықәшәарц b. Аизара ахылаԥшыҩцәа аҭаацәа иразҵаауеит рхәыҷы ахьхәра ицхраарц азы иҟарҵахьоу. Ахәыҷы аҽыԥсахра игәы иҭазар, насгьы иҭаацәа ирҭо ацхыраара идикылозар, ҩыџьа аизара ахылаԥшыҩцәа уаҳа акгьы ҟаҵатәӡам ҳәа рыӡбар ҟалоит. Избанзар аизара ахылаԥшыҩцәа ирдыруеит ахәыҷы абзиабара аарԥшны ахшыҩ ирҵареи имҩақәҵареи Иегова аҭаацәа шракәу издиҵаз (Ҩынтә. 6:6, 7; Ажәам. 6:20; 22:6; Еф. 6:2—4). Аамҭа-аамҭала аизара ахылаԥшыҩцәа аҭаацәа иразҵаалоит ахәыҷы иаҭаху ацхыраара иоуама ҳәа. Аха иҟаҵатәузеи, зықәра мнаӡац иӡааху ақьырсиан дахьымхәӡакәа агәнаҳаҟаҵара даҿызар? Уи аҩыза аҭыгылазаашьаҿы аизара ахылаԥшыҩцәа ркомитет агәнаҳа ҟазҵаз ахәыҷы иқьырсиану иҭаацәеи иареи ирықәшәоит.

18 шықәса зхымҵыц иӡааху ақьырсиан агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵазар, ҩыџьа аизара ахылаԥшыҩцәа иқьырсианцәоу иҭаацәеи иареи ирацәажәарц азы еиқәшәоит. (Шәахәаԥш абзац 18.)


ИЕГОВА ДГӘЫБЫЛҨУП, АРЫЦҲАШЬАРАГЬЫ ИЛОУП

19. Рыҽшԥазыршәо аизара ахылаԥшыҩцәа Иегова иҿыԥшра, агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз ауаҩы ианиацәажәо?

19 Акомитетқәа рҿы амаҵ зуа аизара ахылаԥшыҩцәа еилыркаауеит Иегова изакәанқәа рыла анхара зҭахым рҟынтә аизара ахьчара аҭакԥхықәра дара ишрыду (1 Кор. 5:7). Уи адагьы, дара ирылшо зегь ҟарҵоит агәнаҳа ҟазҵаз дахьхәырц азы. Ауаҩы ианицхраауа рџьабаа мыӡып ҳәа, насгьы иҽиԥсахып ҳәа игәыӷуеит. Убас Иегова иҿыԥшуеит. Избанзар иара дгәыбылҩуп, арыцҳашьарагьы илоуп (Иак. 5:11). Убасҵәҟьа акәын зықәрахь инеихьаз апостол Иоанн аишьцәеи аиҳәшьцәеи дшырзыҟаз. Иара иҩит: «Бзиа избо схәыҷқәа, ари зышәзысыҩуа агәнаҳа ҟашәымҵарц азоуп. Аха аӡәы агәнаҳа ҟаиҵаргьы, Ҳаб иҿы иҟоу, иара иҿаԥхьа аус бзиақәа ҟазҵо ацхырааҩ дҳамоуп — уи Иисус Христос иоуп» (1 Иоанн 2:1).

20. Еилҳаргозеи аҵыхәтәантәи астатиаҿы?

20 Аха рыцҳарас иҟалаз, ақьырсиан игәнаҳа данахьымхәуагьы ыҟоуп. Ус иҟазар, уаҳа аизараҿы дзаанхаӡом. Иҟарҵозеи уи аҩыза аҭагылазаашьаҿы аизара ахылаԥшыҩцәа? Уи ҳалацәажәоит аҵыхәтәантәи астатиаҿы.

АШӘА 103 Ахьчацәа — «ауаа аҳамҭақәа»

a Уаанӡа аишьцәа рыла ишьақәгылаз ари агәыԥ аусӡбаратә комитет ҳәа иашьҭан. Аха урҭ аишьцәа хықәкыс ирымоу аӡбара мацара акәӡам, убри аҟынтә ари атермин уаҳа ҳхы иаҳархәалаӡом. Уажәшьҭа дара аизара ахылаԥшыҩцәа ркомитет рыхьыӡзаауеит.

b Аҭаацәа рзы иҳәоу закәанла ахәыҷы иааӡара зду, ма дзааӡо егьырҭ ауаагьы ирыҵанакуеит.