АҴАРАЗЫ АСТАТИА 31
АШӘА 12 Анцәа ду Иегова
Иегова ауаа агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә еиқәирхарц азы иҟаиҵаз
«Анцәа адунеи убриаҟара бзиа ибеит, Иԥазаҵәгьы димеигӡакәа ауаа дриҭеит» (ИОАНН 3:16).
ЕИЛАҲКААУА
Иегова агәнаҳа аҿагылара дышҳацхраауа, насгьы агәнаҳа ҳԥыригарц, наӡаӡатәи аԥсҭазаарагьы ҳамҭас иҳаиҭарц азы иҟаиҵаз.
1, 2. а) Изакәызеи агәнаҳа, насгьы ҳаиааир шԥаҳалшо уи? (Шәахәаԥш иара убас «Жәақәак рҵакы».) б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы, насгьы ари ажурнал аҿы иаагоу егьырҭ астатиақәа рҿы? (Шәахәаԥш иара убас ари аҭыжьымҭаҿы иаагоу «Аԥхьаҩцәа рзы аинформациа».)
ИУҬАХУМА еилукаар Иегова шаҟа иӷәӷәаны бзиа уибо? Уи азҵаара аҭак уоуеит, Иегова агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ухы уақәиҭитәырц азы иҟаиҵахьоу ҭуҵаар. Агәнаҳа a — узыцәшәартә иҟоу аӷа ауп. Ҳара ҳҟынтә аӡәгьы уи ихала дзаиааиӡом. Ҳара зегьы есыҽны агәнаҳа ҟаҳҵоит, насгьы агәнаҳа ҳахьаҵоу иахҟьаны ҳаԥсуеит (Рим. 5:12). Аха иҟоуп ҳзыргәырӷьаша жәабжькгьы. Иегова ицхыраарала агәнаҳа ҳаиааир ҳалшоит. Иара агәнаҳаи аԥсреи наунагӡа иаҳԥыригоит!
2 Ауаҩытәыҩсатә ҭоурых 6 000 шықәса раҟара ахыҵуеит. Уи аамҭа зегь аҩныҵҟа Иегова ауаа имаҵ аура дрыцхраауеит, урҭ агәнаҳа ишаҵоугьы. Избан уи зыҟаиҵо? Избанзар бзиа ибоит. Иара ауаа аниша инаркны бзиа ибоит, насгьы агәнаҳа аҿагылара дрыцхраарц азы иҟаиҵахьоу рацәоуп. Анцәа идыруеит агәнаҳа аԥсрахьы ушнанаго. Иара ҳаԥслар иҭахӡам, — ииҭаху наӡаӡа ҳанхаларц ауп (Рим. 6:23). Убри ауп хаҭала уара узгьы ииҭаху. Ари астатиаҿы ҳара х-зҵаарак еилҳаргоит: 1) Иарбан гәыӷроу Иегова агәнаҳа иаҵоу ауаа ириҭаз? 2) Ишԥарылшоз абиблиатә аамҭақәа раан инхоз ауаа Иегова ддыргәырӷьалар? 3) Иҟаиҵазеи Иисус ауаа агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә еиқәирхарц азы?
ИАРБАН ГӘЫӶРОУ ИЕГОВА АГӘНАҲА ИАҴОУ АУАА ИРИҬАЗ?
3. Ишԥаҟалеи Адами Евеи гәнаҳаҟаҵаҩцәаны?
3 Иегова раԥхьатәи ахаҵеи аԥҳәыси аниша, урҭ насыԥ рымазар иҭахын. Иара анхарҭа ҭыԥ ԥшӡа риҭеит, насгьы рҭаацәара аԥиҵеит, уи иалагәырӷьаларц азы. Уи адагьы, Анцәа зеиԥшыҟамыз адҵа риҭеит — ирхылҵыз рыла адгьыл арҭәреи уи Едемтәи абаҳча еиԥш арԥшӡареи. Изқәиҭымыз акызаҵәык акәын иҟаз. Анцәа ргәырҽаниҵеит идырны уи ҟарҵар, ишыԥсуа. Ҳара иаҳдыруеит анаҩс иҟалаз ахҭысқәа. Анцәагьы ауаагьы бзиа изымбоз амаалықь цәгьа ииашамкәа рхы мҩаԥыргарц ргәазҭеиҵеит. Адами Евеи уи инырра цәгьа рҽарҭеит. Абзиарақәа рацәаны ирзыҟазҵаз бзиа избоз Раб игәра агара аҭыԥан, агәнаҳа ҟарҵеит. Убри амш инаркны Адами Евеи иҟарҵаз иҽеимыз алхра алҵшәақәа изырцәымцаӡеит: иажәуа иалагеит, аҵыхәтәаны иԥсит. Зегьы Иегова ишиҳәаз ауп ишыҟалаз (Аҟаз. 1:28, 29; 2:8, 9, 16—18; 3:1—6, 17—19, 24; 5:5).
4. Избан Иегова агәнаҳа зицәымӷу? (Римаа 8:20, 21).
4 Ари илахьеиқәҵагоу аҭоурых Анцәа Иажәаҿы ус баша ианӡам. Уи иҳаилнаркаауеит Иегова агәнаҳа абас изицәымӷу, — агәнаҳа жәҩантәи Ҳаби ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бжьнахуеит, аԥсрахьгьы ҳнанагоит (Ис. 59:2). Аҩсҭаа иакәзар, агәнаҳа бзиа ибоит, ицәымӷу Анцәеи ауааи роуп. Убри аҟынтә Адами Евеи Анцәа изымӡырҩырц ргәазҭеиҵеит, иахьа уажәраанӡагьы ауаа ржьара даҿуп. Ҳазхылҵыз Адами Евеи агәнаҳа аныҟарҵа, Аҩсҭаа аиааира игазшәа игәы иабазар ҟалап. Аха иара изеилкааӡомызт Иегова ибзиабара шаҟа идуӡӡоу. Анцәа Адами Евеи ирхылҵыз рганахьала игәҭакы имԥсахӡеит. Иара ауаатәыҩсатә ҭаацәара даара бзиа ибоит, убри аҟынтә иаразнак ауаа агәыӷра риҭеит. (Шәаԥхьа Римаа 8:20, 21.) Иегова идыруан Адами Евеи ирхылҵуа рҟынтә шьоукы бзиа дшырбало, насгьы изыӡырҩра шырҭаххо. Убри аҟынтә урҭ зшаз иаҳасабала, насгьы Абык иаҳасабала алшара риҭеит иҩызахареи агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра аиуреи. Иҟаиҵазеи иара уи азы?
5. Ианбоубарҭахеи раԥхьаӡакәны агәнаҳа иаҵоу ауаа ироуз агәыӷра ацәаара? Иҳаилшәыркаа (Аҟазаара 3:15).
5 Шәаԥхьа Аҟазаара 3:15. Ҳгәыӷра раԥхьатәи ацәаара убарҭахеит Иегова Аҩсҭаа дшықәиго аниҳәа. Анцәа заа иҳәеит Аҩсҭаа ихы даӷрагыланы изырҟьацуа, насгьы уи иааигаз аԥхасҭа ықәызго «ахылҵ» дшыҟало (1 Иоанн 3:8). Аха аԥхьа Аҩсҭаа ахылҵ ишьхәа «дацҳар» акәын, даҽакала иуҳәозар, дишьыр акәын. Иегова идыруан уи зычҳара цәгьоу ахьаа шинаҭо. Ус шакәызгьы, ауаа агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә еиқәирхарц азы уи аҟаҵара дазхиан.
ИШԤАРЫЛШОЗ АБИБЛИАТӘ ААМҬАҚӘА РААН ИНХОЗ АУАА ИЕГОВА ДДЫРГӘЫРӶЬАЛАР?
6. Иҟарҵози Авельи, Ноии, егьырҭ Иегова изиашаз имаҵзуҩцәеи уи иҩызахарц азы?
6 Анаҩстәи ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа Иегова хәыҷы-хәыҷла ауаа идеилиркаауан агәнаҳа иаҵоу ауаа изааигәахара шрылшо. Едемтәи абаҳчаҿы иҟалаз аҿагылара ашьҭахь раԥхьаӡа иара иахь ахаҵара аазырԥшыз Адами Евеи аҩбатәи рԥа Авель иоуп. Авель Иегова бзиа дибон, иргәырӷьара дашьҭан, диҩызахаргьы иҭахын. Иара дыхьчаҩын азы, иԥсаса аҟынтә ауасақәа кәырбанс изнеигеит. Игәаԥхама уи Иегова? Ааи. Иара «дырзыразхеит Авельи инеигаз амҭеи» (Аҟаз. 4:4). Анаҩс Иегова ус еиԥш иҟаз аҳамҭақәа бзиа дызбоз, насгьы игәра згоз егьырҭ ауаа рҟынтәгьы идикылон. Урҭ ауаа дреиуан Нои (Аҟаз. 8:20, 21). Иегова ус еиԥш иҟаз аҳамҭақәа ахьидикылоз ала иааирԥшит агәнаҳа иаҵоу ауаа иргәырӷьареи иҩызахареи шрылшо b.
7. Иаҳнарҵозеи Авраам иԥа кәырбанс инагара дахьазхиаз?
7 Ԥыҭрак ашьҭахь Иегова ахаҵара ӷәӷәа змаз Авраам диҳәеит ихшара гәакьа Исаак кәырбанс дизнеигарц. Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит Авраам уи адҵа шаҟа игәы ҭнашьааз. Ус шакәызгьы, иара уи анагӡара дақәшаҳаҭхеит. Аха аҵыхәтәантәи аминуҭ азы Иегова уи дааникылеит. Авраам Исаак кәырбанс Анцәа изнагара дахьазхиаз иаанарԥшуан Иегова аԥхьаҟа иҟаиҵараны иҟаз — бзиа иибоз Иԥа кәырбанс инагара. Абас ауп Иегова ауаа бзиа ишибо (Аҟаз. 22:1—18).
8. Иаадырԥшуази Моисеи изакәан инақәыршәаны инаргоз акәырбанқәа? (Алевит 4:27—29; 17:11).
8 Шәышықәсақәак рышьҭахь Иегова израильаа азакәан риҭеит. Уи азакәан иаҳәон Анцәа ижәлар рыгәнаҳақәа рхырхырц азы акәырбанқәа наргалар шрыхәҭаз. (Шәаԥхьа Алевит 4:27—29; 17:11.) Урҭ акәырбанқәа еиҳаз акәырбан аадырԥшуан — ауаатәыҩса наӡаӡа агәнаҳақәа рҟынтә ахақәиҭра рызҭоз акәырбан. Аԥааимбарцәа иԥшьоу адоуҳала ирҩит изқәыргәыӷыз ахылҵ — иҷыдоу Анцәа Иԥа — дгәаҟны дшыԥсуа. Иара кәырбанс инаргоз асыс еиԥш дыршьуеит (Ис. 53:1—12). Уазхәыц Иегова зегь раасҭа бзиа иибоз Иԥа димеигӡаӡеит, ауаа — уаргьы уахь уналаҵаны — агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә еиқәирхарц азы!
ИҞАИҴАЗЕИ ИИСУС АУАА ЕИҚӘИРХАРЦ АЗЫ?
9. Ииҳәазеи Иоанн Аӡӡаахҩы Иисус изкны? (Ауриацәа 9:22; 10:1—4, 12).
9 Актәи ашәышықәсазы ҳ. ҳ. аан Анцәа имаҵзуҩы Иоанн Аӡӡаахҩы Назареттәи Иисус дибан, абас иҳәеит: «Абар адунеи агәнаҳа ахыхны изго Анцәа Исыс!» (Иоанн 1:29). Арҭ ажәақәа иаадырԥшит Иисус зыԥсҭазаара ауаа ирыхҭнызҵар зыхәҭаз изқәыргәыӷыз ахылҵ шиакәыз. Уажәшьҭа агәнаҳа иаҵоу ауаатәыҩса зегьы рзы агәыӷра ахаан ишыҟамлац еиԥш иубарҭахеит — агәнаҳа наунагӡа иқәгахоит! (Шәаԥхьа Ауриацәа 9:22; 10:1—4, 12.)
10. Ишԥааирԥши Иисус агәнаҳаҟаҵаҩцәа рзы дшааз?
10 Иисус ҷыдала дырзыҟан зыгәнаҳа хьанҭақәа ирыҵаз ауаа. Урҭ ишьҭанеицәаны иҟаларц азы ааԥхьара риҭон. Иисус идыруан рыуадаҩрақәа зегь зыхҟьо агәнаҳа шакәу. Убри аҟынтә рыгәнаҳақәа ирыхҟьаны аԥсҭазаара згәы ахшәаны иҟаз ахацәеи аҳәсеи еиҳараӡак дрызҿлымҳан. Зны иара иҳәеит: «Згәы бзиоу ракәӡам аҳақьым дызҭаху, ичмазҩу роуп» — анаҩс иациҵеит: «Сара сзааз сиашоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо рзы акәӡам, агәнаҳаҟаҵаҩцәа рзоуп» (Матф. 9:12, 13). Иисус уи егьырҭ дырҵара адагьы, ихаҭагьы ус дынхон. Ԥҳәыск лылаӷырӡқәа рыла ишьапқәа анылыӡәӡәа, хаала длацәажәеит, лыгәнаҳақәагьы ланаижьит (Лука 7:37—50). Иисус аҵеџь ааигәара дантәаз, самариатәи аԥҳәыс ихадаз аҵабыргқәа лзааиртит, уи лхы пату шақәлымҵоз шидыруазгьы (Иоанн 4:7, 17—19, 25, 26). Иара аԥсраҵәҟьагьы мчыданы аҟаҵара илшартә еиԥш Анцәа иҟынтә амчра иоуит. Иисус ауаа рыԥсы ҭеиҵон — ахацәагьы, аҳәсагьы, ахәыҷқәагьы, адуқәагьы (Матф. 11:5).
11. Избан агәнаҳа иаҵаз ауаа Иисус иааигәара аҟазаара зырзымариаз?
11 Иџьашьатәӡам агәнаҳа ӷәӷәақәагьы ҟазҵоз ауаа Иисус иааигәара аҟазаара ахьырзымариаз. Иара урҭ еиликаауан, иагьрыцҳаишьон. Дара иааигәа анеира иацәшәаӡомызт (Лука 15:1, 2). Иисус иахь ирымаз ахаҵаразы ирҽхәон, хаалагьы дырзыҟан (Лука 19:1—10). Иара ихатә ҿырԥшала иааирԥшит Иаб шаҟа арыцҳашьара илоу (Иоанн 14:9). Анцәа Иԥа иажәақәеи иусқәеи еилыкка иаадырԥшуан арыцҳашьара злоу Иаб шаҟа ауаа бзиа ибо, насгьы дарбанзаалак ауаҩы агәнаҳа аҿаԥхьа аиааира агара дицхраарц шиҭаху. Иисус абас ауаа дахьырзыҟаз аҽыԥсахреи ишьҭанеиреи ргәанарԥхон (Лука 5:27, 28).
12. Идирҵарц ииҭахызи Иисус иҵаҩцәа, дыԥсраны дшыҟаз анреиҳәоз?
12 Иисус аԥхьаҟа изыԥшыз идыруан. Зныкымкәа иҵаҩцәа иреиҳәахьан дшырҭиуа, насгьы ашьаҟа дкыдҵаны дшыршьуа (Матф. 17:22; 20:18, 19). Иара идыруан иԥсхҭынҵара адунеи агәнаҳақәа рҵыхәтәа шыԥнаҵәо, Иоанн Аӡӡаахҩгьы аԥааимбарцәагьы ишырҳәоз еиԥш. Уи адагьы Иисус идирҵон иԥсҭазаара ауаа ианрыхҭниҵалак, «еиуеиԥшым ауаа» шидиԥхьало (Иоанн 12:32). Агәнаҳа иаҵоу ауаа Иисус иахь ахаҵара аарԥшны ишьҭра иқәлар, Иегова ддыргәырӷьалоит. Убасҟан дара «агәнаҳа аҟынтә» рхы иақәиҭхоит (Рим. 6:14, 18, 22; Иоанн 8:32). Убри аҟынтә Иисус дымлакҩакӡакәа агәымшәара аарԥшны аԥсра цәгьа даԥылеит (Иоанн 10:17, 18).
13. Дышԥаԥси Иисус, насгьы иаҳнарҵозеи уи Иегова изкны? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
13 Иисус изааигәаз иҩызцәа руаӡәк диҭиит. Анаҩс дыкны дыргеит, насгьы иҟаимҵаз азы ахара идҵаны дладырҟәуан. Ԥыҭрак ашьҭахь ӷәӷәала дыпҟаны ашьра иқәырҵеит. Аруаа акнаҳарҭаҭыԥ ахь дганы инапқәеи ишьапқәеи аҵәымӷ алаҵаны ашьаҟа дкыдырҵеит. Иисус ачҳара аарԥшны агәаҟрақәа зегь ихигеит. Аха дыҟан иара иаасҭа игәаҟуаз аӡәы. Уи Иегова иакәын. Иара илымшо ҳәа акгьы ыҟаӡам, Иԥа игәаҟрақәа ааникыларгьы илшон, аха уи ҟаимҵаӡеит. Избан? Игәазҭазҵазеи Аб аҽынкылара? Ажәакала иаҳҳәозар — абзиабара. Иисус иҳәеит: «Анцәа адунеи убриаҟара бзиа ибеит, Иԥазаҵәгьы димеигӡакәа ауаа дриҭеит, уи дхазҵо дарбанзаалак дҭамхарц азы, наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоурц азы» (Иоанн 3:16).
14. Еилаҳкаауазеи Иисус иԥсхҭынҵара ҳаназхәыцуа?
14 Иисус иԥсхҭынҵара ибзианы ишьақәнарӷәӷәоит Иегова Адами Евеи ирхылҵыз ауаа бзиа ишибо. Уи иаанарԥшуеит Иегова даара иӷәӷәаны уара хаҭала бзиа ушибо. Иара зегь раасҭа зыхә ҳаракыз, бзиа иибоз Иԥа духҭниҵеит, ахьаа ӷәӷәагьы ихигеит, агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә уеиқәирхарц азы (1 Иоанн 4:9, 10). Ааи, иара иҭахуп ҳара зегьы агәнаҳа аҿагылара дҳацхраарц, уи ҳагьаиааирц!
15. Иҟаҳҵар акәзеи Иисус иҿыхратә ԥсхҭынҵара ҳагәнаҳақәа хнаҩарц азы?
15 Иегова иҳамҭа — Иԥазаҵә иҿыхратә ԥсхҭынҵара — абзоурала ҳара ҳагәнаҳақәа ҳанажьхар алшоит. Аха Анцәа ҳагәнаҳақәа ҳанаижьырц азы ҳаргьы ак ҟаҳҵар ауп. Иҟаҳҵар акәзеи? Иоанн Аӡӡаахҩы, анаҩс Иисус Христос ари азҵаара аҭак ҳарҭеит: «Шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәы, избанзар жәҩантәи Аҳра ааигәахеит» (Матф. 3:1, 2; 4:17). Ус анакәха, агәнаҳа аҿагылареи бзиа ҳазбо Ҳаб изааигәахареи гәыкала иаҳҭахызар, ҳагәнаҳақәа ҳрыхьхәыр ауп. Иаанагозеи ҳагәнаҳақәа рыхьхәра? Ишԥаҳацхраауеи уи Иегова иргәырӷьара, агәнаҳа ҳшаҵоугьы? Анаҩстәи астатиа арҭ азҵаарақәа рҭак ҳнаҭоит.
АШӘА 18 Аҿыхразы аџьшьара ааҳарԥшуеит
a ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Зны-зынла Абиблиаҿы ажәа «агәнаҳа» аусқәа аанарԥшуеит: Иегова иҽеим ҳәа ииԥхьаӡо ак аныҟаҳҵо, мамзаргьы ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо аныҟаҳамҵо. Аха уи адагьы, агәнаҳахь иаҵанакуазар алшоит Адам иҟынтә иаҳҭынхаз анамӡареи агәнаҳаи. Иаҳҭынхаз агәнаҳа иахҟьаны ауп ҳара зегьы ҳзыԥсуа.