Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 18

Аизарақәа рҿы шәгәы шьҭибахла

Аизарақәа рҿы шәгәы шьҭибахла

«Аӡәи-аӡәи ҳаицхыраалап... ...аӡәи-аӡәи ҳагәқәа шьҭибахлап» (АУР. 10:24, 25).

АШӘА 88 Умҩақәа сзаарт

АХҲӘАА a

1. Избан аизарақәа рҿы аҭакқәа зыҟаҳҵо?

 ИЗБАН ҳара аизарақәа ҳзырҭаауа? Избанзар раԥхьаӡа иргыланы Иегова ирҽхәара ҳҭахуп (Аԥсал. 26:12; 111:1). Иара убас ҳара арҭ иуадаҩу аамҭақәа раан ҳгәы шьҭибахларц азы аизарақәа ҳарҭаауеит (1 Фес. 5:11). Ҳнапы шьҭыхны аҭакқәа аныҟаҳҵо арҭ аҩ-хықәкык наҳагӡоит.

2. Иарбан лшарақәоу иҳамоу аизарақәа рҿы аҭакқәа рыҟаҵаразы?

2 Ҳара есымчыбжьа аизарақәа рҿы аҭакқәа ҟаҳҵалар ҳалшоит. Иаҳҳәап, аԥсшьарамшқәа раан «Ахьчаратә бааш» астатиа аилыргара ҳҽалаҳархәуеит. Аусурамшқәа раан аҭакқәа ҟаҳҵоит «Адоуҳатә бырлашқәа» аҿы, «Аизараҿы Абиблиа аҵара» аҿы, насгьы ахцәажәара ала имҩаԥысуа егьырҭ апрограмма ахәҭақәа рҿы.

3. Иарбан уадаҩрақәоу ҳзықәшәар алшо, насгьы иҳацхраар шԥалшо Ауриацәа рахь 10:24, 25 иану ажәақәа?

3 Ҳара зегьы Иегова дҳарҽхәалар, насгьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ргәы шьҭаҳхлар ҳҭахуп. Аха ҳара аҭакқәа рыҟаҵара иаҳԥырхагахар алшо ауадаҩрақәа ҳрықәшәар ауеит. Иаҳҳәап, аҭакқәа рыҟаҵара ҳшәозар алшоит. Мамзаргьы аҭакқәа рыҟаҵара даара иаҳҭахуп, аха ианҳзымҵаауа ыҟоуп. Убри аҟынтә шаҟа ҳҭаху аҭак ҳзыҟаҵаӡом. Иҳацхраар алшозеи ус еиԥш иҟоу ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо? Аҭак ҳаԥшаар ҳалшоит апостол Павел иажәақәа рҿы. Иара ауриацәа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы аизарақәа рҭаара шаҟа ихадоу даналацәажәоз «аӡәи-аӡәи [ры]гәқәа шьҭибахла[рц]» ргәазҭеиҵеит. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 10:24, 25.) Ҳара ҳнапы ашьҭыхра еиҳа иаҳзымариахоит, ҳхаҵара зныԥшуа имариоу аҭакқәагьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ргәы шьҭырхыр шрылшо еилаҳкаауазар. Аха шаҟа ҳҭаху иаҳзымҵаауазар, ҳара ҳгәырӷьалар ҳалшоит егьырҭгьы аҭакқәа рыҟаҵара ахьрылшо (1 Пиотр 3:8).

4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

4 Ари астатиаҿы раԥхьа ҳалацәажәоит аҭакқәа ҟазҵо ахьырацәам аизара хәыҷ аҿы ҳгәы шьҭибахлар шҳалшо. Уи ашьҭахь ҳара ҳалацәажәоит аҭак аҟаҵара зҭаху ахьырацәоу аизара дуқәа рҿы ҳгәы шьҭибахлар шҳалшо. Уи адагьы ҳара еилаҳкаауеит аҭак аныҟаҳҵо иаҳҳәо ала аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭаҳхларц азы иҟаҵалатәу.

АИЗАРА ХӘЫҶ АҾЫ ШӘЫГӘҚӘА ШЬҬИБАХЛА

5. Ишԥаҳалшо ҳгәы шьҭибахлар, аизараҿы ҳмаҷҩызар?

5 Аизара хәыҷ ма агәыԥ аҿы аҭак ҟазҵо усҟак ирацәаҩӡам. Убри аҟынтә аизара мҩаԥызго зны-зынла аӡәы инапы шьҭихаанӡа дыԥшуеит. Уи иахҟьаны аизара лахҿыхмызшәа, насгьы аинтерес аҵамызшәа убар алшоит. Уи угәы шьҭызхуа ак акәым. Нас, иҟашәҵар шәылшозеи? Еиҳа лассы-лассы шәнапы шьҭышәхла. Уи егьырҭгьы еиҳаны аизара аҽалархәра ргәазҭанаҵар алшоит.

6, 7. Иҟаҳҵар ҳалшозеи аҭак ҟаҳҵар анаҳҭаху уиаҟара ҳгәы мхыҭхыҭларц азы?

6 Иҟашәҵар шәылшозеи аизараҿы аҭак ҟашәҵар анышәҭаху шәгәы хыҭхыҭуазар? Ус еиԥш иҟоу ацәаныррақәа аӡәырҩы ирызцәырҵуеит. Аизараҿы аҭакқәа ҟаҳҵалар, аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиҳагьы ргәы ашьҭыхра ҳалшоит. Иҟашәҵар шәылшозеи уиаҟара агәҭынчымра шәызцәырымҵларц азы?

7 Ҳшәыҳәоит «Ахьчаратә бааш» уаанӡа иҭыҵыз аҭыжьымҭақәа рҿы иаагаз алабжьарақәа шәеиҭарыԥхьа b. Иаҳҳәап, аизарақәа ибзианы шәҽырзыҟашәҵала (Ажәам. 21:5). Аматериал ибзианы ианыжәдыруа шәнапы ашьҭыхра еиҳа ишәзымариахоит. Уи адагьы, аҭакқәа иааркьаҿны иҟашәҵала (Ажәам. 15:23; 17:27). Иааркьаҿны аҭак аныҟашәҵо уиаҟара шәгәы хыҭхыҭлаӡом. Аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы ҳәоук-ҩҳәоук рыла ишьақәгылоу, икьаҿу аҭак аилкаара еиҳа ирзымариахоит, азхәыцрақәа ахьырацәоу ироуны иҟаҵоу аҭак аасҭа. Шәхатә ажәақәа рыла иааркьаҿны аҭак аныҟашәҵо иаашәырԥшуеит аизара ибзианы шәыҽшазыҟашәҵаз, насгьы аматериал ибзианы ишеилышәкаауа.

8. Дышԥазыҟоу Иегова гәыкала иаҳбо аџьабаа?

8 Аха иҟашәҵар шәылшозеи хыхь еиқәыҳаԥхьаӡаз алабжьарақәа шәхы ишашәырхәазгьы, шәгәы хыҭхыҭуазар, насгьы ҭакк-ҩҭакк рыда шәзымгәаӷьуазар? Агәра ганы шәыҟаз Иегова гәыкала ижәбо аџьабаа ахә шишьо (Лука 21:1—4). Иара ишәылымшо дазыԥшӡам (Флп. 4:5). Шәымч зықәхо еилкааны зынагӡара шәылшо ахықәкы ықәшәыргыл, насгьы Анцәа агәҭынчра шәиҭарц шәиҳәала. Аӡәы икьаҿу ҭакк аҟаҵара хықәкыс иқәиргылар илшоит.

АИЗАРА ДУ АҾЫ ШӘЫГӘҚӘА ШЬҬИБАХЛА

9. Иарбан уадаҩроу аизара ду аҿы ицәырҵыр алшо?

9 Аизара ду аҿы даҽа уадаҩракгьы ҟалар алшоит. Аҭак аҟаҵара зҭаху аишьцәеи аиҳәшьцәеи анырацәоу, зны-зынла шәнапы рызгәамҭар алшоит. Иаҳҳәап, Даниелла c аизарақәа рҿы аҭак аҟаҵара даара илгәаԥхоит. Лара уи Анцәа имҵахырхәара иахәҭакуп ҳәа лыԥхьаӡоит. Уи лара лзы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхразы, насгьы лхаҵара арӷәӷәаразы лшара бзиоуп. Аха аизара ду ахь даниас, лара уиаҟара илзымҵаауа иалагеит, зынӡа ианылзымҵаауазгьы ыҟан. «Сара уи убриаҟара сгәы канажьуан, — лҳәоит лара, — ҭакԥхықәрак сцәыӡызшәа збон. Уи адагьы, уи есымша уанақәшәо, цасҳәа иузыруашәа ахәыцра уалагоит».

10. Иҟаҳҵар ҳалшозеи аҭак аҟаҵаразы еиҳа алшара ҳаурц?

10 Даниелла леиԥш зныкыр шәхы жәбахьоума? Ааи акәзар, иҟалап уаҳа снапы шьҭысхӡом ҳәа ҭынч шәтәаны шәӡырҩларц шәыӡбазар. Аха шәгәы кашәмыжьын. Иҟашәҵар шәылшозеи? Иаҳҳәап, ирацәаны аҭакқәа шәырхиар шәылшоит. Усҟан ахцәажәара алагамҭазы ишәмазҵааргьы, анаҩстәи абзацқәа реилыргара аан ишәазҵаар ауеит. «Ахьчаратә бааш» шәҽаназыҟашәҵо, абзацқәеи астатиа атемеи шеидҳәалоу шәазхәыцла. Усҟан астатиа аилыргара аан ишәҳәаша рацәаны ишәоуеит. Уи адагьы, шәара ишәылшоит иҵаулоу аҵабыргқәа рыӡбахә ахьану абзацқәа ибзианы шәҽырзыҟашәҵар (1 Кор. 2:10). Избанзар ус еиԥш иҟоу абзацқәа реилыргара мариаӡам, насгьы аҭак ҟазҵар зҭаху еиҳа имаҷхар алшоит. Аха иҟашәҵар шәылшозеи арҭ алабжьарақәа шәхы ишашәырхәогьы, ишәзымҵааижьҭеи ҩба-хԥа еизара цахьазар? Анаҩстәи аизара аан аизара алагаанӡа ахцәажәара мҩаԥызгало аиашьа шәнаидгыланы, зҭак ҟашәҵар шәҭаху азҵаара иашәҳәар шәылшоит.

11. Ҳгәы зызҭанаҵозеи Филиппаа рахь 2:4 иану?

11 Шәаԥхьа Филиппаа рахь 2:4. Иԥшьоу адоуҳа абзоурала апостол Павел ақьырсианцәа ргәазҭеиҵеит егьырҭ ирызхәыцларц. Ишԥаҳалшо аизараҿы ҳаныҟоу ари алабжьара ҳақәныҟәалар? Аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы ахцәажәара рҽаладырхәлар шырҭаху ҳхаҳмыршҭуазар.

Ауаа шәанрацәажәо ажәа шрышәҭо еиԥш, аизараҿгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҭакқәа рыҟаҵаразы алшара рышәҭала. (Шәахәаԥш абзац 12.)

12. Ишԥаҳалшо аизарақәа рҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхра? (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)

12 Шәазхәыц: шәҩызцәа шәанрацәажәо аӡәгьы ажәа имҭаӡакәа есымша шәымацара шәцәажәома? Ҳәарада мап! Шәара ишәҭахуп даргьы цәажәаларц. Убас еиԥшҵәҟьа аизараҿы ирацәаҩны ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аҭак ҟарҵар ҳҭахуп. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхразы зегь иреиӷьу алшарақәа руак — зыгәра рго аӡбахә аҳәаразы алшара рыҭара ауп (1 Кор. 10:24). Шәааи ҳахәаԥшып уи азы иҟаҳҵар ҳалшо.

13. Иҟаҳҵар ҳалшозеи еиҳа ирацәаҩны аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизара аҽалархәра алшара роурц азы?

13 Абар лабжьарак — аҭакқәа кьаҿны иҟашәҵала, усҟан еиҳаны аишьцәеи аиҳәшьцәеи ахцәажәара рҽаладырхәыртә алшара роуеит. Аизара аиҳабацәеи аԥышәа змоу егьырҭ ажәабжьҳәаҩцәеи уи аҿы аҿырԥш бзиа ҳарҭалар рылшоит. Аҭак кьаҿны ианыҟашәҵогьы ирацәаны азхәыцрақәа шәымҳәалан. Абзац иану зегь еиҭашәҳәар, егьырҭ ирҳәо роуӡом. Иаҳҳәап, ари абзац аҿы ҩ-лабжьарак аагоуп: аҭакқәа кьаҿны иҟашәҵала, насгьы ирацәаны азхәыцрақәа шәымҳәалан. Ари абзац анеилшәырго раԥхьа уара иуазҵаар, иулшома зхәыцрак мацара уҳәар?

Ианбаҳаӡбар алшо аизараҿы ҳнапы шьҭаҳамхырц? (Шәахәаԥш абзац 14.) f

14. Ҳзызхәыцлар ҳахәҭоузеи шаҟантә ҳнапы шьҭаҳхлаша анаҳаӡбо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

14 Аизараҿы шаҟантә аҭак ҟаҳҵаша анаҳаӡбо аҟәышра ҳацхраауеит. Ҳааҟәымҵӡакәа ҳнапы шьҭаҳхуазар, аизара мҩаԥызго аиашьа ҳара заҵәык дҳазҵаалароуп ҳәа игәы иаанагар алшоит. Усҟан егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи рнапы ашьҭыхра рҭахымхар ауеит (Еккл. 3:7).

15. а) Ҳхы мҩаԥаҳгалар шԥаҳахәҭоу, аизараҿы иаҳзымҵаазар? б) Ишԥаилшо аизара мҩаԥызго аиашьа аишьцәеи аиҳәшьцәеи зегь рахь азҿлымҳара ааирԥшлар? (Шәахәаԥш арамка « Ахцәажәара мҩаԥызго аиашьа дзызхәыцыр ихәҭоу».)

15 Аизараҿы анапқәа анырацәоу, иҟалап шаҟа ҳҭаху иаҳзымҵаар. Иҟалар алшоит зныкгьы ҳазҵаара иахьымӡаӡакәа аизара нҵәаргьы. Уи ҳгәы канажьыр ауеит. Аха уи шәхахьы ишәымган (Еккл. 7:9).

16. Ишԥашәылшо аҭак ҟазҵо аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭышәхлар?

16 Иҟашәҵар шәылшозеи аизараҿы шаҟантә ишәҭаху ишәзымҵаауазар? Ишыҟазаалакгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҭакқәа аныҟарҵо ибзианы шәӡырҩла, насгьы аизара ашьҭахь рҭакқәа рзы ишәырҽхәала. Аҭак аныҟаҳҵо аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шышьҭаҳхуа еиԥш, дара иҟарҵо аҭакқәа рзы ианҳарҽхәогьы ргәы шьҭаҳхуеит (Ажәам. 10:21). Арҽхәара — уи аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхразы лшара бзиоуп.

ИҴЕГЬЫ ҲГӘЫ ШЬҬИБАХЛАР ШҲАЛШО

17. а) Ишԥарылшо аҭаацәа ахәыҷқәа аҭакқәа рырхиара ирыцхраар? б) Еиқәышәыԥхьаӡа аҭакқәа рырхиара иҳацхраауа ԥшь-шьаҿак? (Шәахәаԥш албаага.)

17 Ишԥаҳалшо аизараҿы иҵегь аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭаҳхлар? Шәара ахәыҷқәа шәымазар, рықәра ишаҵанакуа еиԥш аҭакқәа рҽырзыҟарҵарц шәрыцхраа (Матф. 21:16). Зны-зынла аизараҿы имариам атемақәа ирылацәажәоит. Иаҳҳәап, аҭаацәараҿы ицәырҵуа ауадаҩрақәа, мамзаргьы ахымҩаԥгашьа цқьа иадҳәалоу азҵаарақәа. Аха ус еиԥш иҟоу астатиақәа рҿгьы ахәыҷқәа зҭак ҟарҵар рылшо акы-ҩба зҵаара ыҟоуп. Уи адагьы, шәхәыҷқәа иреилшәыркаа рнапы шьҭырхцыԥхьаӡа ишырзымҵаало. Убас шәхәыҷқәа азыҟашәҵар, дара ракәымкәа даҽаӡәы иазҵаар, ргәы каҳаӡом (1 Тим. 6:18) d.

18. Ишԥаҳалшо аҭак аныҟаҳҵо мыцхәы ҳхы ҳахымцәажәалар? (Ажәамаанақәа 27:2).

18 Ҳара зегьы иҳалшоит Иегова дҳаразкуа, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхаҵара зырӷәӷәо, угәы шьҭызхуа аҭакқәа рырхиара (Ажәам. 25:11). Зны-зынла ҳхатә ԥышәа аҟынтә ак еиҭаҳҳәар ҳалшоит, аха мыцхәы ҳхы ҳахымцәажәалар бзиоуп (шәаԥхьа Ажәамаанақәа 27:2; 2 Кор. 10:18). Еиҳа еиӷьуп Иеговеи, иара Иажәеи, ижәлари ҳхы рзыҳашьҭлар (Аат. 4:11). Ҳәарада, ҳхатә гәаанагара ҳҳәартә еиԥш азҵаара ықәгылазар, уи ҳҳәоит. Ус еиԥш иҟоу азҵаара анаҩстәи абзац аҿы иҟалоит.

19. а) Иарбан лҵшәоу иаанаго аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи зегьы ҳрызхәыцлар? (Римаа рахь 1:11, 12). б) Избан аизарақәа рҿы аҭакқәа рыҟаҵара зышәгәаԥхо?

19 Аизарақәа рҿы аҭакқәа шыҟаҵалатәу иазкны аӡәгьы аԥҟарақәа шьақәиргылаӡом, аха ҳара зегьы иаҳҭахуп ҳҭакқәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭырхларц. Иҟаҵалатәузеи уи азы? Зны-зынла еиҳаны аҭакқәа ҟаҵалатәуп. Аха даҽа ҭагылазаашьақәак рҿы, аҭак аҟаҵаразы алшара ахьҳауз пату ақәҵаны, егьырҭгьы аизара рҽаладырхәыр ахьрылшо ҳаигәырӷьалароуп. Аизарақәа рҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрызхәыцлар, ҳхаҵара еибарӷәӷәалоит. (Шәаԥхьа Римаа рахь 1:11, 12.)

АШӘА 93 Урзылԥха ҳаиԥыларақәа

a Ҳара аизарақәа рҿы аҭакқәа аныҟаҳҵо ҳгәы шьҭибахуеит. Аха шьоукы аҭакқәа рыҟаҵара ишәоит. Егьырҭ аҭакқәа рыҟаҵара даараӡа иргәаԥхоит, аха еиҳаны иразҵаалар рҭахуп. Ишԥаҳалшо арҭ аҩ-ҭагылазаашьак рҿы зегьы ҳгәы шьҭибахлар? Насгьы изеиԥшразар акәзеи иҟаҳҵо аҭакқәа, абзиабара аарԥшреи аус бзиақәа рыҟаҵареи ҳгәазҭеибаҵаларц азы? Ари астатиаҿы арҭ азҵаарақәа рҭак ҳауеит.

b Егьырҭ алабжьарақәа шәыԥшаар шәылшоит 2019 шықәса, ианвар мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы, адаҟьақәа 8—13, насгьы 2003 шықәса, сентиабр 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы, адаҟьақәа 19—22.

c Ахьӡ ԥсахуп.

d Шәахәаԥш асаит jw.org аҿы авидеонҵамҭа «Иегова уиҩызаха. Аҭак уҽазыҟаҵа».

f АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аизара ду аҿы аҭак ҟазҵахьоу аиашьа егьырҭгьы ахцәажәара рҽаладырхәырц алшара риҭоит.