Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 16

«Башьа дгылоит»!

«Башьа дгылоит»!

«Иисус... [Марфа] ус леиҳәеит: „Башьа дгылоит“» (ИОАНН 11:23).

АШӘА 151 Иара дрыԥхьоит

АХҲӘАА a

1. Ишԥааирԥши ҷкәынак аԥсҭалара шыҟало агәра шиго?

 МЕТЬИУ зыхьӡу ҷкәынак ачымазара ӷәӷәа имоуп. Иара зныкымкәа дԥырҟахьеит. Быжь-шықәса анихыҵуаз иҭаацәеи иареи JW Broadcasting® аҭыжьымҭа иахәаԥшуан. Апрограмма анҵәамҭаҿы иҟан адунеи ҿыц аҿы зыԥсы ҭало ҳшырԥылало иазку амузыка зцу авидеонҵамҭа b. Апрограмма анынҵәа Метьиу иҭаацәа днарыдгылан, рнапы кны ус реиҳәеит: «Мама, папа ижәбома: сыԥсыргьы, сыԥсы ҭалоит. Маҷк шәысзыԥшы. Акгьы хьаас иҟашәымҵан». Шәхаҿы иаажәг аҭаацәа рхәыҷы аԥсҭалара шыҟало абас агәра шиго анырба шаҟа ргәы иахәаз!

2, 3. Избан Анцәа иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵо ала иҳаиҭаз агәыӷра ҳазхәыцлар зхәарҭоу?

2 Аамҭа-аамҭала ҳара зегьы ҳхаҿы иааҳгалароуп Анцәа иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵо (Иоанн 5:28, 29). Избан? Ҳара иҳахьуа ҳаздырӡом, ӷәӷәала ҳачмазаҩхар ауеит, ма иаҳзааигәоу аӡә дыԥсыр алшоит (Еккл. 9:11; Иак. 4:13, 14). Аԥсҭалара шыҟало ала иҳамоу агәыӷра убас еиԥш иҟоу аԥышәара ӷәӷәақәа рыхгара иҳацхраауеит (1 Фес. 4:13). Иԥшьоу Аҩыра агәра ҳнаргоит жәҩантәи Ҳаб ибзианы ҳшидыруа, насгьы гәыкала бзиа ҳшибо (Лука 12:7). Шәазхәыц, шаҟа ибзианы ҳаидыруазар акәзеи Иегова ҳҟазшьақәеи ҳхәыцрақәеи ҳалаҵаны ҳаԥсы ҭеиҵарц азы. Насгьы шаҟа ибзианы иаҳнарбозеи Иегова наӡаӡа анхара алшара ахьҳаиҭаз иара бзиа ҳшибо! Ҳаԥсыргьы, иара ҳаԥсы ҭеиҵоит.

3 Ари астатиаҿы раԥхьа ҳалацәажәоит аԥсҭалара шыҟало агәра ҳгалар зҳалшо. Анаҩс ҳара еилҳаргоит ҳхаҵара зырӷәӷәо Абиблиа иану цыԥҵәахак. Уа иаагоу ажәақәа «Башьа дгылоит» ари астатиа ихадоу жәеинраалас иазалхуп (Иоанн 11:23). Уи адагьы, ҳара еилаҳкаауеит аԥсҭалара шыҟало ала ҳгәыӷра еиҳагьы иҳарӷәӷәар шҳалшо.

АԤСҬАЛАРА ШЫҞАЛО АГӘРА ҲГАЛАР ЗҲАЛШО

4. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳахәҭоузеи Анцәа иқәыргәыӷра шынаигӡо хаҳҵаларц азы? Иаажәга аҿырԥштәы.

4 Аӡәы ҳзықәиргәыӷыз ак шынаигӡо агәра ҳгаларц азы, уи аҟаҵара шиҭаху, насгьы уи азы амч шимоу агәра ганы ҳаҟазароуп. Иааҳгап ҿырԥштәык. Иаҳҳәап, аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны шәыҩны ааха ӷәӷәа аиуит. Шәҩыза шәара шәахь дааны ус шәеиҳәоит: «Акгьы хьаас иҟаумҵан, сара уҩны аҟаҵара суцхраауеит». Иара уи гәыкала иҳәоит, убри аҟынтә агәра ганы шәыҟоуп дшәыцхраарц шиҭаху. Уи аргыларатә усқәа дрызҟазазар, насгьы иаҭаху амыругақәа зегь имазар, шәара агәра ганы шәыҟоуп уи аҟаҵарагьы шилшо. Убри аҟынтә шәзықәиргәыӷыз шынаигӡо агәра ганы шәыҟоуп. Иахаҳҳәаар ҳалшозеи, нас, Анцәа иԥсхьоу рыԥсы ҭасҵоит ҳәа иҳаиҭаз ақәыргәыӷра? Имоума иара агәаҳәареи амчи уи анагӡаразы?

5, 6. Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо Иегова иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵарц шиҭаху?

5 Иҭахума Иегова иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵарц? Ҳәарада, иҭахуп! Иара Абиблиа зыҩуаз ахацәа аӡәырҩы уи ақәыргәыӷра аӡбахә анырҵарц ргәазҭеиҵеит (Ис. 26:19; Ос. 13:14; Аат. 20:11—13). Иегова ииҳәо еснагь инаигӡоит (Иис. Н. 23:14). Иара даараӡа иҭахуп иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵарц. Избан ус ҳҳәар зҳалшо?

6 Ишәгәалашәыршәа Иов иажәақәа. Иара агәра ганы дыҟан дыԥсыргьы, Иегова дшыгәхьааиго, насгьы иԥсы ҭеиҵарц шиҭаххо (Иов 14:14, 15). Убас еиԥш Иегова иҭахуп иԥсхьоу имаҵзуҩцәа зегь агәабзиареи анасыԥи рыманы ҿыц инхаларц. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи Иегова изку аиаша аилкаара алшара рмоуӡакәа иԥсыз миллиардҩыла ауаа рзы? Абзиабара злоу Ҳанцәа урҭгьы рыԥсы ҭеиҵарц иҭахуп (Аус. 24:15). Иара иҭахуп урҭ иҩызахареи наӡаӡа анхареи алшара роурц (Иоанн 3:16). Еилкаауп: Иегова иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵарц иҭахуп.

7, 8. Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо Иегова иԥсхьоу рыԥсы аҭаҵаразы амч шимоу?

7 Аха имоума Иегова иԥсхьоу рыԥсы аҭаҵаразы амч? Ҳәарада! Иара «Зегьзымчу Анцәа» иоуп (Аат. 1:8). Иара иаӷацәа зегь дыриааиртә амч имоуп, аԥсраҵәҟьагьы ықәигар илшоит (1 Кор. 15:26). Уи ахьаҳдыруа ҳгәы арӷәӷәоит, ҳгәы шьҭнахуеит. Абар Емма Арно́льд зыхьӡу аиаҳәшьа лҭоурых. Лҭаацәеи лареи Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьраан ашьҭашәарыцара ӷәӷәақәа ирықәшәеит. Рҭынхацәа анацисттә концлагерқәа рҿы ианԥсы ашьҭахь лыԥҳа лгәы шьҭылхырц азы Емма абас лҳәеит: «Иԥсыз ауаа ахаан рыԥсы ҭамлозҭгьы, аԥсра Анцәа иаасҭа амч амоушәа иҟалон». Аха уи аҩыза ҟалашьа амам, Иегова зегь раасҭа амч имоуп! Ҳәара аҭахума, аԥсҭазаара зшаз Зегьзымчу Анцәа иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵар илшоит.

8 Иҟоуп Анцәа иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵар шилшо шьақәзырӷәӷәо даҽа мзызкгьы — иара ахаангьы акгьы ихашҭӡом. Иара аеҵәақәа зегьы хьыӡҳәала идыруеит (Ис. 40:26). Иара убас иара иԥсхьоу игәалашәоит (Иов 14:13; Лука 20:37, 38). Урҭ рыԥсы анҭеиҵало, дара ирызкны зегь игәалашәоит — рыԥшра, рҟазшьақәа, ирымаз аԥышәа, агәалашәарақәа, уҳәа убас иҵегьы.

9. Избан агәра зыжәго Иегова иԥсхьоу рыԥсы ҭасҵоит ҳәа иҳаиҭаз ақәыргәыӷра?

9 Ааи, ҳара агәра ҳгоит Иегова иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵо. Избанзар иара уи иҭахуп, насгьы уи азы амч имоуп. Ҳара уи ақәыргәыӷра агәра ҳгаларц азы даҽа мзызкгьы ҳамоуп. Иегова иԥсхьоу рыԥсы анҭеиҵоз ҟалахьеит. Абиблиатә аамҭақәа раан иара гәыкала имаҵ зуаз ахацәа, Иисусгьы урҭ днарылаҵаны, иԥсыз рыԥсы аҭаҵаразы амч риҭон. Шәааи Иисус аӡәы иԥсы шҭеиҵаз ҳалацәажәап. Уи ахҭыс Иоанн 11-тәи ахаҿы иануп.

ИИСУС ИҨЫЗА ГӘАКЬА ДЫԤСИТ

10. Иарбан хҭысқәоу Вифаниа иҟало, Иисус Иордан нырцә ажәабжь аниҳәо аамҭазы, насгьы иҟаиҵозеи иара? (Иоанн 11:1—3).

10 Шәаԥхьа Иоанн 11:1—3. Шәхаҿы иаажәг 32 шықәса анҵәамҭазы ҳара ҳера аан Вифаниа имҩаԥысуа ахҭысқәа. Ари ақыҭаҿы Иисус иҩызцәа нхоит: Лазарьи иаҳәшьцәа Мариеи Марфеи (Лука 10:38—42). Лазарь дычмазаҩхан, иаҳәшьцәа уи даараӡа хьаас иркит. Дара Иисус уи иарҳәарц азы ауаҩы дрышьҭуеит. Уи аамҭазы Иисус Иордан нырцә дыҟоуп. Вифаниа аҟынтә уанӡа ҩымш амҩа уқәхоит (Иоанн 10:40). Мариеи Марфеи Иисус иахь ирышьҭыз ауаҩы иара иахь даннеиуа, Лазарь дыԥсуеит. Иисус Лазарь дшыԥсыз шидыруагьы, ҩымш рышьҭахь ауп Вифаниаҟа данцо. Убри аҟынтә уахь даннеи Лазарь дыԥсижьҭеи ԥшьымш ҵхьан. Иисус иҩызцәа ргәы шьҭызхуа, насгьы Анцәа дҳаразкуа ак аҟаҵара игәы иҭоуп (Иоанн 11:4, 6, 11, 17).

11. Иаҳнарҵозеи Абиблиа иану ари ахҭыс аиҩызара иазкны?

11 Ари ахҭыс аиҩызара бзиа закәу ҳаилнаркаауеит. Шәазхәыц, Мариеи Марфеи Иисус Вифаниаҟа даарц имыҳәаӡеит. Уи иҩыза гәакьа дшычмазаҩхаз мацара ауп изынарыцҳаз (Иоанн 11:3). Лазарь данԥсы Иисус иара иахь дмааӡакәа иԥсы ҭеиҵар илшон. Аха иара Вифаниаҟа даарц иӡбеит, избанзар иҩызцәа Мариеи Марфеи рааигәа дыҟазар иҭахын. Дшәымоума шәара шәимыҳәаргьы, шәыцхраара иазхиоу аҩыза? Ус еиԥш иҟоу аҩыза ауадаҩраҿы уиқәгәыӷыр ауеит (Ажәам. 17:17). Шәааи ҳаргьы Иисус иеиԥш егьырҭ рзы ҩызцәа бзиақәаны ҳҟалап! Иҟалазеи уи ашьҭахь Вифаниа? Ҳхынҳәып ҳазлацәажәоз ахҭыс ахь.

12. Илеиҳәозеи Иисус Марфа, насгьы избан иажәақәа рыгәра угартә изыҟаз? (Иоанн 11:23—26).

12 Шәаԥхьа Иоанн 11:23—26. Марфа Иисус Вифаниа дшазааигәахаз еилылкааит. Лара иаразнак уи диԥылоит, иагьиалҳәоит: «Иҳақәиҭу! Уара абра уҟазҭгьы, сашьа дыԥсуамызт» (Иоанн 11:21). Ааи, Иисус Лазарь дихәышәтәыр илшаҵәҟьон. Аха иара еиҳа иџьоушьаша ак аҟаҵара игәы иҭоуп. Иара иҳәоит: «Башьа дгылоит». Марфа Иисус иажәақәа рыгәра лзырго даҽакгьы леиҳәоит: «Сара соуп аԥсҭаларагьы аԥсҭазаарагьы». Ааи, Анцәа Иисус ауаа рыԥсы аҭаҵаразы амч ииҭеит. Уи аԥхьа Иисус ӡӷабк данԥсы ашьҭахь иаразнак лыԥсы ҭеиҵахьан. Уи адагьы, рԥыскгьы иԥсы ҭеиҵеит, иҟалап уи данԥсыз аҽныҵәҟьа акәзар ианыҟаиҵаз (Лука 7:11—15; 8:49—55). Аха илшома Иисус ԥшьымш зхыҵхьоу, зцәеижь абаара иалагахьоу ауаҩы иԥсы ҭеиҵар?

«ЛАЗАРЬ, УҬЫҴ!»

Иисус игәырҩоз иҩызцәа рхьаа игәаҵанӡа инеиуан. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13, 14.)

13. Ихы шԥамҩаԥигеи Иисус Мариа илыцыз ауааи лареи шҵәыуоз аниба, Иоанн 11:32—35 иану инақәыршәаны? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

13 Шәаԥхьа Иоанн 11:32—35. Иҟалазеи анаҩс? Лазарь егьи иаҳәшьа Мариагьы, Иисус диԥылоит. Ларгьы Марфа леиԥш илҳәоит: «Иҳақәиҭу! Уара абра уҟазҭгьы, сашьа дыԥсуамызт». Мариа илыцны инеизи лареи аҵәыуара иаҿуп. Иисус урҭ шҵәыуоз аниба, илахь еиқәнаҵеит. Иара иҩызцәа рыцҳаишьан, ихаҭагьы аҵәыуара далагеит. Иисус еиликаауеит бзиа иубо ауаҩы данԥсуа, уи шаҟа ахьаа узаанаго. Иара даара иҭахуп урҭ ауаа рылаӷырӡ аазго уаҳа иҟамларц!

14. Иҳаилнаркаауазеи Иегова изкны Иисус Мариа дышҵәыуоз аниба ихы шымҩаԥигаз?

14 Иисус Мариа дышҵәыуоз аниба ихы шымҩаԥигаз иҳаилнаркаауеит Иегова арыцҳашьара ду злоу Анцәа шиакәу. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Ҳазхысыз астатиа аҟынтә ишеилаҳкааз еиԥш, Иисус ихымҩаԥгашьа Иаб ихәыцшьеи ицәаныррақәеи аадырԥшуан (Иоанн 12:45). Иисус иҩызцәа ргәы тҟәацны ишцоз аниба, убриаҟара игәы инархьит, дагьамхаҵәыуеит. Ус анакәха Иеговагьы ҳалаӷырӡқәа анибо, убасҵәҟьа игәы инархьуеит (Аԥсал. 56:8). Ҳгәазҭанамҵаӡои уи арыцҳашьара злоу Ҳанцәа еиҳагьы изааигәахара?

Иисус аԥсра аҵыхәтәа аԥҵәаразы амч шимоу ҳирбеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15, 16.)

15. Иаҳзеиҭашәҳәа Лазарь идамра азааигәара иҟалаз (Иоанн 11:41—44). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

15 Шәаԥхьа Иоанн 11:41—44. Иисус Лазарь идамра днадгылан, иадыз ахаҳә адырхырц реиҳәоит. Марфа иаҭалкуеит: «Ифҩы ҵысхьазар акәхап». Иисус иҳәоит: «Ибасымҳәаӡацзи, агәра бгалар, Анцәа ихьӡ-иԥша ббоит ҳәа?» (Иоанн 11:39, 40). Нас Иисус ажәҩан днаҵаԥшны, ибжьы ҭыганы Анцәа диҳәоит. Иара иҭахуп уажәы иҟаиҵо Иегова дҳаранакырц. Анаҩс Иисус ҿиҭуеит: «Лазарь, уҭыҵ!» Лазарь адамра дааҭыҵуеит. Иисус шьоукы ҟалашьа змам акоуп ҳәа ирыԥхьаӡоз аџьашьахәы ҟаиҵеит c.

16. Ишԥарӷәӷәо аԥсҭалара шыҟало ала ҳхаҵара Иоанн 11-тәи ахаҿы иану аацҳара?

16 Иоанн 11-тәи ахаҿы иану аацҳара аԥсҭалара шыҟало ала ҳхаҵара арӷәӷәоит. Ишԥа? Иаҳгәалаҳаршәап Иисус Марфа илиҭаз ажәа: «Башьа дгылоит» (Иоанн 11:23). Иегова иеиԥш Иисусгьы иԥсхьоу рыԥсы аҭаҵаразы агәаҳәарагьы амчгьы имоуп. Иисус дахьамхаҵәыуаз иаҳнарбоит аԥсреи уи иаҳзаанаго ахьааи рҵыхәтәа ԥиҵәар даараӡа ишиҭаху. Лазарь адамра данҭыҵ Иисус даҽазнык ишьақәирӷәӷәеит иара иԥсхьоу рыԥсы аҭаҵаразы амч шимоу. Уи адагьы, шәазхәыц Иисус Марфа ишылгәалаиршәаз: «Ибасымҳәаӡацзи, агәра бгалар, Анцәа ихьӡ-иԥша ббоит ҳәа?» (Иоанн 11:40). Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵо ала иҳаиҭаз ажәа шынаӡо. Аха ишԥаҳалшо иԥсхьоу рыԥсы шҭало ала ҳгәыӷра иҵегьы иҳарӷәӷәар?

АԤСҬАЛАРА ШЫҞАЛО АЛА ҲГӘЫӶРА ИҴЕГЬЫ ИҲАРӶӘӶӘАР ШҲАЛШО

17. Ҳзызхәыцлар акәзеи Абиблиаҿы иану аԥсҭалара иазку ахҭысқәа ҳанрыԥхьо?

17 Аԥсҭалара иазку ажәытәан иҟалахьоу ахҭысқәа шәрыԥхьала, насгьы шәрызхәыцла. Абиблиаҿы иануп адгьыл аҿы анхаразы зыԥсы ҭалаз ааҩык ауаа рыхҭысқәа d. Ишәылшома урҭ ахҭысқәа акакала иҭышәҵаар? Урҭ анҭышәҵаало ишәхашәмыршҭын, урҭ иҟаҵәҟьаз ауаа шракәыз: ахацәа, аҳәса, ахәыҷқәа. Урҭ ахҭысқәа ишәдырҵо шәазхәыцла. Иара убас шәазхәыцла урҭ ахҭысқәа ишышәдырбо Анцәа иԥсхьоу рыԥсы аҭаҵаразы агәаҳәарагьы амчгьы шимоу. Насгьы, зегь раԥхьаӡа иргыланы, зегь раасҭа ихадоу аԥсҭалара — Иисус иԥсҭалара — шәазхәыцла. Ишәхашәмыршҭлан уи шыҟалаҵәҟьаз шьақәзырӷәӷәоз шәҩыла ауаа шыҟаз. Уи аԥхьаҟа миллиардҩыла ауаа рыԥсы шҭаҵахо ала ҳхаҵара еиҳагьы иарӷәӷәоит (1 Кор. 15:3—6, 20—22).

18. Иҟашәҵалар шәылшозеи аԥсҭалара шыҟало ала ҳгәыӷра иазку ашәақәа амч шәырҭаларц азы? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)

18 Аԥсҭалара шыҟало ала ҳгәыӷра аӡбахә ахьаҳәо ашәақәа шәҳәала, насгьы шәырзыӡырҩла (Еф. 5:19) e. Урҭ ашәақәа рыбзоурала аԥсҭалара еиҳагьы еиӷьны ҳхаҿы иааҳгалоит. Урҭ зеиԥшыҟам Анцәа иқәыргәыӷрахь ҳхаҵара дырӷәӷәалоит. Урҭ ашәақәа шәырзыӡырҩла, ибзианы рҳәашьа шәҵала, аҭаацәаратә мҵахырхәараҿы ашәақәа ражәақәа рҵакы шәахцәажәала. Урҭ шәгәи шәыхшыҩи рҿы иаанхарц азы ҿырҳәала ишәҵала. Убасҟан, иӷәӷәоу аԥышәарақәа шәрықәшәар, мамзаргьы ишәзааигәоу аӡә дыԥсыр, Иегова идоуҳа урҭ ашәақәа шәгәаланаршәоит. Урҭ шәгәы дырҭынчуеит, насгьы амч шәырҭоит.

19. Ҳхаҿы иааҳгалар ҳалшозеи аԥсҭалара ҳаназхәыцуа? (Шәахәаԥш арамка « Иарбан зҵаарақәоу шәара урҭ ирышәҭарыз?».)

19 Шәхаҿы иаажәгала. Иегова адунеи ҿыц аҿы ҳшынхало ҳхаҿы иааҳгалартә алшара ҳалаҵаны ҳаишеит. Иаҳәшьак илҳәоит: «Сара адунеи ҿыц аҿы сыҟоушәа убриаҟара лассы-лассы схаҿы иаазгоит, џьанаҭ аҿы изызҳало агәилқәа рыфҩы саҳауашәа збоит». Шәазхәыцла абиблиатә аамҭақәа раан инхоз Анцәа гәыкала изыҟаз имаҵзуҩцәа шыжәбо. Еиҳараӡак ижәбарц ишәҭахыда? Иарбан зҵаароу ишәҭарыз, ма илышәҭарыз? Иара убас шәхаҿы иаажәгала шәҭынхацәа шыжәбо, насгьы уи хыхь-хыхь акәымкәа, шәеиԥылара ибзианы шәхаҿы иаажәгала: раԥхьа ишәҳәо ажәақәа, ишышәгәыдшәыҳәҳәало, насгьы шәреигәырӷьаны шәышҵәыуало.

 

20. Ҳгәы зызҭанаҵазеи ари астатиа?

20 Шаҟа ахә ҳаракны иаҳшьозеи Иегова иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵо ҳахьақәиргәыӷыз! Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит уи ақәыргәыӷра шынаӡо. Избанзар Иегова уи азы агәаҳәареи амчи имоуп. Шәааи аԥсҭалара шыҟало ала ҳхаҵара ҳарӷәӷәалап. Уи ҳацхраауеит Ҳанцәа еиҳагьы изааигәахара. Иара ҳара зегьы хаҭала ҳақәиргәыӷуеит: «Уҭынхацәа рыԥсы ҭалоит!»

АШӘА 147 Анцәа наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳақәиргәыӷуеит

a Ишәзааигәоу аӡә дыԥсызар, ҳәарада, Иегова аԥсҭалара иазкны иҳаиҭаз агәыӷра шәгәы арҭынчуеит. Аха ишԥарзеиҭашәҳәарыз егьырҭ ауаа аԥсҭалара шыҟало агәра зыжәго? Насгьы ишԥашәылшо аԥсҭалара шыҟало ала шәыгәрагара шәырӷәӷәар? Ари астатиа ҳара зегьы иҳацхраауеит Анцәа иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵо ҳагәрагара арӷәӷәара.

b Амузыка зцу ари авидеонҵамҭа иахьӡуп «Этот день очень близко!». Уи 2016 шықәса, ноиабр мзазы иҭыҵыз JW Broadcasting аҿы иҟан.

c Шәахәаԥш 2008 шықәса, ианвар 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», арубрика «Ижәдыруама шәара?» аҿы иану астатиа «Почему Иисус пришёл к склепу Лазаря только через четыре дня?», адаҟьа 31.

d Шәахәаԥш 2015 шықәса, август 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану арамка «Аԥсҭалара иазкны Абиблиаҿы иану аа-хҭыск», адаҟьа 4.

e Ашәҟәы «Гәырӷьарыла Иегова ашәа изышәҳәала» аҿы шрыхәаԥш абарҭ ашәақәа: «Уазхәыц адунеи ҿыц аҿы ҳаҟоушәа» (ашәа 139), «Аҳамҭа улаԥш ахыз!» (ашәа 144), насгьы «Иара дрыԥхьоит» (ашәа 151). Иара убас асаит jw.org аҿы шәрыхәаԥш ашәақәа «Этот день очень близко!», «Мы ждём новый мир», насгьы «Мир любви и гармонии».