Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 15

Иаҳдырҵозеи Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа?

Иаҳдырҵозеи Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа?

«[Иисус] ауаа абзиарақәа рзыҟаҵо, Аџьныш иргәаҟуаз хәышәтәуа, атәыла зегь [далсуан]» (АУС. 10:38).

АШӘА 13 Христос — ҳара ҳҿырԥшы

АХҲӘАА a

1. Иарбан ҭагылазаашьаз иҟаз Иисус раԥхьатәи аџьашьахәы аныҟаиҵаз?

 ҬАГАЛАН. Ицоит 29-тәи ашықәс ҳера ҟалаанӡа. Иисус имаҵзура далагеит. Хара имгакәа иан Мариеи иҵаҩцәа ԥыҭҩыки иареи ачара рарҳәеит. Уи Иисус иқалақь гәакьа, Назарет, аҩадахьы ишьҭоу Кана аҿы имҩаԥысуеит. Ачара зуа аҭаацәареи, аҭаца лҭаацәареи Мариа лҩызцәа роуп. Убри аҟынтә лара ари ачараҿы амаҵ луазар ҟалап. Ачара аилашымҭазы, аԥшәмацәа зырԥхашьар алшоз уадаҩрак цәырҵуеит — рҩы нҵәоит b. Иҟалап дара абриаҟара ауаа ҟалоит ҳәа иҟамызҭгьы. Мариа уи иаразнак лԥа иалҳәоит: «Аҩы рымаӡам» (Иоанн 2:1—3). Иҟаиҵозеи Иисус? Иара аџьашьахәы ҟаиҵоит: аӡы «аҩ бзиа» алихуеит (Иоанн 2:9, 10).

2, 3. а) Иарбан џьашьахәқәоу Иисус иҟаиҵоз? б) Избан Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа ҳрылацәажәар зыбзиоу?

2 Иисус имаҵзураан ирацәаны егьырҭ аџьашьахәқәагьы ҟаиҵеит c. Иара имч ихы иархәаны жәанызқьла ауаа дрыцхраауан. Иаҳҳәап, зны Иисус 5 000-ҩык ахацәа акрырҿеиҵеит, ԥыҭрак ашьҭахь даҽа 4 000-ҩык. Иҟалап арҭ аҩ-хҭыск раан, аҳәсагьы ахәыҷқәагьы уԥхьаӡозар, Иисус иааизакны 27 000-ҩык инареиҳаны ауаа акрырҿеиҵазар (Матф. 14:15—21; 15:32—38). Иара убас арҭ аҩ-хҭыск раан Иисус ичмазаҩыз ауаагьы рацәаҩны ихәышәтәит (Матф. 14:14; 15:30, 31). Шәхаҿы иаажәг, Иисус ауаа акрынырҿеиҵоз, насгьы ианихәышәтәуаз дара уи шаҟа иџьаршьоз!

3 Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа ҳара ҳзы аҵак ду рымоуп. Урҭ ҳхаҵара дырӷәӷәар ауеит. Ари астатиаҿы еилҳаргоит урҭ аџьашьахәқәа иаҳдырҵар рылшо. Иара убас ҳалацәажәоит Иисус ҳаиҿыԥшны аԥагьара ҳҽацәыҳахьчалар, насгьы арыцҳашьара ааҳарԥшлар шҳалшо.

ЕИЛАҲКААУАЗЕИ ИЕГОВЕИ ИИСУСИ ИРЫЗКНЫ?

4. Иҳаилдыркаауазеи Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа Иегова изкны?

4 Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа иара иахь адагьы, Иаб иахьгьы ҳхаҵара дырӷәӷәоит. Избанзар Иегова иоуп урҭ аџьашьахәқәа зегь зыбзоураз. Аусқәа 10:38 аҿы иануп: «Анцәа назареттәи Иисус иԥшьоу адоуҳала [далихит], амч [ииҭеит], уи ауаа абзиарақәа рзыҟаҵо, Аџьныш иргәаҟуаз хәышәтәуа, атәыла зегь [далсит]. Анцәа дицын азоуп уи зегь зилшоз». Иара убас ишәхашәмыршҭлан: Иисус ииҳәоз-ииуаз зегьы, иҟаиҵоз аџьашьахәқәагьы уахь иналаҵаны, Иаб ихәыцшьеи ицәаныррақәеи рныԥшуан (Иоанн 14:9). Ҳахәаԥшып Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа иаҳдырҵар алшо х-урокк.

5. Игәазҭазҵози Иисус аџьашьахәқәа рыҟаҵара? (Матфеи 20:30—34).

5 Актәи аурок. Иисус Иаби иареи даараӡа бзиа ҳарбоит. Иисус Анцәа иҟынтә иоуз амч игәаҟуаз ауаа дрыцхраарц азы ихы иахьаирхәоз, урҭ бзиа ишибоз аанарԥшуан. Ҽнак зны зыла иамбоз ҩыџьа ауаа Иисус дрыцхраарц азы иҳәон. (Шәаԥхьа Матфеи 20:30—34.) Иазгәашәҭ Иисус урҭ рыцҳаишьан, ихәышәтәит ҳәа шану. «[И]рыцҳаишьан» ҳәа еиҭагоу абырзен ҟаҵарба аӡә ихьаа угәаҵанӡа ишнеиз аанарԥшуеит. Иисус иааирԥшуаз арыцҳашьара абзиабара аныԥшуан. Уи ауп амла иакуаз ауаа акрырҿаҵареи ацәеилабаара змаз ауаҩы ихәышәтәреи игәазҭазҵазгьы (Матф. 15:32; Марк 1:41). Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит гәыкала ҳрыцҳазшьо Анцәа Иԥеи иареи даараӡа бзиа ҳшырбо, насгьы ҳашгәаҟуа анырбо уи ахьаа шырзаанаго (Лука 1:78; 1 Пиотр 5:7). Дара агәаҟрақәеи арыцҳарақәеи рҵыхәтәа анԥырҵәо аамҭа даара иазыԥшуп!

6. Иарбан мчу Анцәа Иисус ииҭаз?

6 Аҩбатәи аурок. Анцәа Иисус амч ииҭеит ауаа рыуадаҩрақәа зегь иӡбарц. Иисус аџьашьахәқәа аныҟаиҵоз ишьақәирӷәӷәеит ҳхала иаҳзымыӡбо ауадаҩрақәа зегь иӡбар шилшо. Иаҳҳәап, иара амч имоуп ауаатәыҩса рыуадаҩрақәа зегь зыхҟьо ирҭынхаз агәнаҳа аҟынтә рхы иақәиҭитәырц. Иара убас Иисус агәнаҳа алҵшәақәагьы ықәигоит, иаҳҳәап, ачымазарақәеи аԥсреи (Матф. 9:1—6; Рим. 5:12, 18, 19). Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа ишьақәдырӷәӷәеит иара еиуеиԥшым ачымазарақәа змоу ауаа рыхәышәтәра шилшо, иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵаргьы шилшо (Матф. 4:23; Иоанн 11:43, 44). Уи адагьы, иара илшоит афырҭын ӷәӷәақәа ааникылалар, насгьы адемонцәа идыргәаҟуа ауаа урҭ рхицалар (Марк 4:37—39; Лука 8:2). Шаҟа ҳгәы ҟанаҵозеи Иегова Иԥа абри аҩыза амч шииҭаз ахьаҳдыруа!

7, 8. а) Зыгәра ҳдыргозеи Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа? б) Иарбан џьашьахәу адунеи ҿыц аҿы иҟало рҟынтә еиҳараӡак шәыззыԥшу?

7 Ахԥатәи аурок. Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова ҳзықәиргәыӷыз зегьы Иаҳра абзоурала ишынаӡо. Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа иаҳдырбоит жәҩантәи Аҳра Аҳ иаҳасабала иара аԥхьаҟа иҟаиҵо. Шәазхәыц ҳара иаҳзыԥшу. Ҳара зегьы инаӡоу агәабзиара ҳамазаауеит, избанзар иара иахьа ауаа зыргәаҟуа ачымазарақәа зегь ықәигоит (Ис. 33:24; 35:5, 6; Аат. 21:3, 4). Ҳара ахаан амла ҳакӡом, насгьы аԥсабаратә рыцҳарақәа иаарго ауадаҩрақәа ҳрықәшәалаӡом (Ис. 25:6; Марк 4:41). Уи адагьы, зыԥсы ҭало ҳҭынхацәа ҳанырԥылало ҳгәы гәырӷьарала иҭәызаауеит (Иоанн 5:28, 29). Иарбан џьашьахәу шәара адунеи ҿыц аҿы еиҳараӡак шәыззыԥшу?

8 Иисус аџьашьахәқәа аныҟаиҵоз аԥагьара иҽацәихьчон, насгьы арыцҳашьара ааирԥшуан. Ҳаргьы убас ҟаҳҵалароуп. Шәааи ҩ-хҭыск ҳрылацәажәап. Ҳалагап Кана иҟаз ачара ала.

ИИСУС АԤАГЬАРА ҲҼАЦӘЫҲАХЬЧАЛАР ШҲАХӘҬОУ ҲИРБЕИТ

9. Избан Иисус Кана иҟаз ачараҿы аџьашьахәы зыҟаиҵаз? (Иоанн 2:6—10).

9 Шәаԥхьа Иоанн 2:6—10. Акыр ҟаиҵар акәызма Иисус ачараҿы аҩы анынҵәа? Мап. Абиблиаҿы ԥааимбаражәаны ианӡам Мессиа џьашьахәыла аӡы аҩы алихыр ауп ҳәа. Аха шәхаҿы иаажәг шәхы шыжәбарыз шәчараҿы арыжәтә нҵәазҭгьы. Иҟалап Иисус ачара змаз арԥыси аҭацеи рыцҳаишьазар. Урҭ ԥхашьар иҭахӡамызт. Убри аҟынтә астатиа алагамҭаҿы ишаҳҳәаз еиԥш, Иисус аџьашьахәы ҟаиҵеит. Иара 390 литра раҟара аӡы уаҳа назҭахымыз аҩы алихит. Иҟалап иара уиаҟара аҩы зыҟаиҵаз ҿыц аҭаацәара иалалаз ачара ашьҭахьгьы ирзынхарц азы акәызҭгьы. Дара уи ҭиины ԥара хәыҷык алаҟарҵар рылшон. Шаҟа ирыхәази уи ҿыц аҭаацәара иалалаз хаҵеи-ԥҳәыси!

Иисус шәиҿыԥшла — шәеихьӡарақәа шәырхымыҽхәалан. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10, 11.) e

10. Иарбан кәамаҵамарақәоу Иоанн 2-тәи ахаҿы иану? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

10 Иазгәашәҭ Иоанн 2-тәи ахаҿы иану акәамаҵамарақәа. Игәашәҭама Иисус ихала аԥҳалқәа ӡыла ишимырҭәыз? Иара уи амаҵуцәа иҟарҵарц реиҳәеит (ажәеинраалақәа 6, 7). Избан? Иисус иҭахӡамызт дызҿыз аӡәы ибар. Аӡы аҩы аналих ашьҭахьгьы, ачара иахылаԥшуаз уи ихаҭа изнеимгаӡеит. Иисус дырҩегь уи амаҵуцәа иҟарҵарц реиҳәеит (ажәеинраала 8). Ҳхаҿгьы иаҳзаагаӡом Иисус аҩы зҭаз аҵәца кны зегьы дрылагыланы абас шиҳәо: «Агьама жәба абыржәы иҟасҵаз аҩы!»

11. Иаҳнарҵозеи Иисус Кана иҟаиҵаз аџьашьахәы?

11 Иаҳнарҵозеи Иисус иҟаиҵаз аџьашьахәы? Ҳара аԥагьара ҳаламзароуп. Иисус аӡы аҩы ахьалихыз дахыҽхәаӡомызт. Иара ахаангьы иқәҿиарақәа дырхыҽхәаӡомызт. Иисус аԥагьара илаӡамызт, насгьы еснагь ахьӡ-аԥша Иаб ииҭон (Иоанн 5:19, 30; 8:28). Ҳара Иисус иеиԥш аԥагьара ҳаламзар, ҳақәҿиарақәа ҳархыҽхәалаӡом. Иегова имаҵзураҿы иҟаҳҵозаалакгьы, шәааи ҳхы арҽхәара аҭыԥан, зымаҵ аура ҳаҭәашьоу Анцәа дҳарҽхәалап (Иер. 9:23, 24). Шәааи иара дзыԥсоу ахьӡ-аԥша иаҳҭалап. Акыр ҳалшарызма ҳара Иегова ицхыраара ада? (1 Кор. 1:26—31).

12. Ишԥаҳалшо иҵегь Иисус иеиԥш аԥагьара ҳҽацәыҳахьчалар? Иаажәга аҿырԥштәы.

12 Ишԥаҳалшо иҵегь Иисус иеиԥш аԥагьара ҳҽацәыҳахьчалар? Шәхаҿы иаажәг абри аҩыза аҭагылазаашьа. Аизара аиҳабык, иқәыԥшу аизара ацхырааҩ ажәахә аҽазыҟаҵара дицхраарц азы ирацәаны аџьабаа ибеит. Иқәыԥшу уи аиашьа ибзиаӡаны ажәахә иман дықәгылеит. Иара аизара зегь иеигәырӷьоит. Аизара ашьҭахь аӡәы уи аиашьа ицхраауаз аизара аиҳабы днаидгыланы абас иеиҳәоит: «Шаҟа ибзианы дықәгылазеи!» Иҳәома аизара аиҳабы абас: «Ааи. Шаҟа аамҭа иқәсырӡыз удыруандаз!», мамзаргьы аԥагьара аамырԥшӡакәа абас иҳәоу: «Ааи. Даараӡа сиеигәырӷьоит!»? Ҳара аԥагьара ҳаламзар, егьырҭ ирзыҟаҳҵо азы ҳдырҽхәалоит ҳәа ҳазыԥшлаӡом. Иегова иҟаҳҵо ахьибо, насгьы ахә ахьишьо ҳазхалоит (иаҿшәырԥш Матфеи 6:2—4; Аур. 13:16). Ҳәара аҭахума, Иегова даараӡа деигәырӷьоит Иисус иеиԥш аԥагьара шҳалам анибо (1 Пиотр 5:6).

ИИСУС АРЫЦҲАШЬАРА ШААРԤШЛАТӘУ ҲИРБЕИТ

13. Иибазеи Иисус ақалақь Наин азааигәара, насгьы иҟаиҵазеи иара? (Лука 7:11—15).

13 Шәаԥхьа Лука 7:11—15. Шәааи ҳалацәажәап Иисус имаҵзура далагеижьҭеи ԥыҭк ҵхьан еиԥш иҟалаз хҭыск. Иисус галилеиатәи ақалақь Наин ахь дцоит, уи 900 шықәса раҟара раԥхьа аԥааимбар Елисеи ԥҳәыск лԥа иԥсы ахьҭеиҵаз Шунем азааигәара иҟоуп (2 Аҳ. 4:32—37). Иисус ақалақь агәашәқәа данырзааигәаха, аԥсы дшааргоз ибоит. Уи угәы иалымсыр ауӡом, избанзар иԥсыз аԥҳәысеиба лԥазаҵә иоуп. Уи аԥҳәысеиба ақалақь аҟынтә ирацәаҩны ауаа лыцны ицоит. Иисус аԥсыжра ицоз ааникылан, уи аԥҳәыс лзы даараӡа иџьашьахәу ак ҟаиҵоит — лԥа иԥсы ҭеиҵоит! Уи Аевангелиеқәа рҿы иану Иисус ауаа рыԥсы анҭеиҵоз х-хҭыск рҟынтә раԥхьатәи ауп.

Иисус шәиҿыԥшла — згәы каҳаны иҟоу рыцҳашәшьала. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14—16.)

14. Иарбан ихадоу кәамаҵамарақәоу Лука 7-тәи ахаҿы иану? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

14 Иазгәашәҭ Лука 7-тәи ахаҿы иану акәамаҵамарақәа. Игәашәҭама Иисус згәы гәырҩала иҭәыз ан даниба «[дышрыцҳаишьаз]»? (ажәеинраала 13). Даҽакала иуҳәозар, Иисус иибаз, — иҟалап иҵәыуоз аԥҳәыс лԥа дызныз асакаса аԥхьа дгыланы дышцоз, — игәы рыцҳашьарала иарҭәит. Аха Иисус уи баша лрыцҳашьара адагьы, уи аус аҿгьы иааирԥшит. Ибжьы хааӡа Иисус «бымҵәыуан ҳәа леиҳәеит». Нас аҷкәын иԥсы ҭеиҵан, «иан длиҭеит» (ажәеинраалақәа 14, 15).

15. Иаҳнарҵозеи Иисус Наин азааигәара иҟаиҵаз аџьашьахәы?

15 Иаҳнарҵозеи Иисус иҟаиҵаз аџьашьахәы? Игәырҩо ррыцҳашьара. Ҳәарада, ҳара иԥсхьоу рыԥсы ҳазҭаҵаӡом, Иисус уи шыҟаиҵоз еиԥш. Аха ҳара иҳалшоит уи ҳаиҿыԥшны зҭынха дыԥсыз рыцҳаҳшьалар. Уи азы игәырҩо гәаҳҭалароуп. Гәаныла урҭ ррыцҳашьара адагьы, ҳрыцхраалароуп, насгьы ргәы шьҭаҳхлароуп (Ажәам. 17:17; 2 Кор. 1:3, 4; 1 Пиотр 3:8) d. Жәа хаак раҳҳәар, насгьы џьара акы рзыҟаҳҵар, дара рзы уи акраҵанакыр алшоит.

16. Ишәнарҵозеи зыԥҳа дыԥсыз иаҳәшьак илҳәаз? (Шәахәаԥш иара убас аишьцәа иқәдыргылаз асахьа.)

16 Абар ҿырԥштәык. Шықәсқәак раԥхьа еизарак аҿы ашәа анырҳәоз, иаҳәшьак игәалҭеит даҽа иаҳәшьак аҵәыуара дшаҿу. Ашәа аԥсҭалара иазкын, аҵәыуара иаҿыз аиаҳәшьа ааигәа лыӡӷаб хәыҷ дыԥсит. Егьи аиаҳәшьа уи лдыруан, убри аҟынтә лара лахь днеины дылгәыдлыҳәҳәалеит, насгьы ашәа лыцылҳәеит. Зыԥҳа дыԥсыз аиаҳәшьа ԥыҭрак ашьҭахь илҳәеит: «Сара аишьцәеи аиҳәшьцәеи даараӡа бзиа ишызбо еилыскааит». Лара даараӡа лгәы иахәеит уи аҽны аизарахь дахьнеиз. Иара убас лара илҳәеит: «Аҳратә зал аҿы ауп ҳара ацхыраара ҳаур ахьҳалшо». Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит игәырҩо, насгьы згәы каҳаны иҟоу рыцҳаҳшьарц азы иҟаҳҵо зегь Иегова ишгәеиҭо, насгьы ахә ҳаракны ишишьо (Аԥсал. 34:18).

ИИСУС ИҞАИҴОЗ АЏЬАШЬАХӘҚӘА РЫӠБАХӘ ЕИҲА ЕИӶЬНЫ ЕИЛЫШӘКААЛА

17. Еилаҳкаазеи ари астатиа аҟынтә?

17 Аевангелиеқәа рҿы иану Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа рыӡбахә еиҳа еиӷьны ианеилаҳкаауа, ҳхаҵара ҳарӷәӷәоит. Урҭ аџьашьахәқәа иаҳдырбоит Иеговеи Иисуси даара бзиа ҳшырбо, насгьы Иисус ауаа рыуадаҩрақәа зегь рыӡбаразы амч шимоу. Уи адагьы урҭ агәра ҳдыргоит Иегова ҳзықәиргәыӷыз иаарласны ишынаӡо. Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа шәанрызхәыцуа, иааирԥшуаз аҟазшьақәа рҩызцәа шәаргьы иаашәырԥшлар шшәылшо шәазхәыцла. Ишәылшома шәхатә ҭҵаараан, мамзаргьы шәҭаацәаратә мҵахырхәараан Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа ҭышәҵаар? Ҳәара аҭахума, шәара ирацәаны адоуҳатә бырлашқәа шәыԥшаауеит. Урҭ егьырҭ ирзеиҭашәымҳәакәа шәымун. Шәхаҿы иаажәг ус еиԥш иҟоу аицәажәарақәа шәаргьы шәхаҵара шарӷәӷәо, уи ззеиҭашәҳәогьы шаҟа рхаҵара арӷәӷәо! (Рим. 1:11, 12).

18. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

18 Абиблиаҿы Иисус ауаа рыԥсы шҭеиҵоз иазку х-хҭыск ануп. Ахԥатәи ахҭыс Иисус адгьыл аҿы имаҵзура хиркәшаанӡа маҷк шагыз иҟалеит. Уи егьырҭ ахҭысқәа иреиԥшӡамызт, избанзар иара ԥшьымш раԥхьа иԥсыз иҩыза иԥсы ҭеиҵеит. Иаҳнарҵозеи Иисус иҟаиҵаз уи аџьашьахәы? Насгьы иарӷәӷәар шԥалшо уи аԥсҭалара шыҟало ала ҳагәрагара? Арҭ азҵаарақәа рҭак анаҩстәи астатиаҿы иҳауеит.

АШӘА 20 Угәы ззыбылуа Уԥа дҳауҭеит

a Иара афырҭын ӷәӷәа ааникылеит. Иара ачымазцәа ихәышәтәуан, насгьы иԥсыз рыԥсы ҭеиҵон. Иисус иҟаиҵаз аџьашьахәқәа рыӡбахә уанаԥхьо, урҭ џьоумшьар залшом! Аха урҭ ахҭысқәа Абиблиа изану ҳгәы дырҿыхарц азы акәымкәа, ак ҳдырҵарц азоуп. Шәааи Иисус иҟаиҵаз џьашьахәқәак ҳрылацәажәап. Иеговеи Иисуси ирызкны урҭ аџьашьахәқәа иҳаилдыркаауа ҳхаҵара арӷәӷәоит, насгьы еизҳарҳалар ҳахәҭоу аҟазшьақәа ҳдырбоит.

b Абиблиа ҭҵааҩык иҳәоит: «Мрагылара асасдкылара уалԥшьаны ирыԥхьаӡон. Аишәа асасцәа ирызхашаз афатә ақәҵара мацара азхаӡомызт. Асасдкылараҵәҟьа иаанагоз, меигӡарахда афатә ақәҵара акәын, еиҳараӡак уи ачара акәызҭгьы».

c Аевангелиеқәа рҿы Иисус иҟаиҵаз 30 џьашьахәы инареиҳаны рыӡбахә ануп. Аха Абиблиаҿы иара иҟаиҵаз аџьашьахәқәа зегьы хаз-хазы рыӡбахә анӡам. Ҽнак зны Иисус ақалақь зегь идеизалеит, усҟан иара еиуеиԥшым ачымазарақәа змаз аӡәырҩы ауаа ихәышәтәит (Марк 1:32—34).

d Зҭынха дыԥсыз ауаҩы иашәҳәар шәылшо, ма изыҟашәҵар шәылшо иазкны алабжьарақәа аагоуп 2010 шықәса, ноиабр 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Утешайте скорбящих, как это делал Иисус» аҟны.

e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Ҿыц еибагаз хаҵеи-ԥҳәыси рысасцәеи дареи аҩ бзиа иеигәырӷьоит. Иисус ашьҭахьҟа дгылоуп.