Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 17

Иегова шәызқәымгәыӷкәа шәзықәшәо ауадаҩрақәа рыхгара дшәыцхраауеит

Иегова шәызқәымгәыӷкәа шәзықәшәо ауадаҩрақәа рыхгара дшәыцхраауеит

«Ауаҩ иаша игәаҟрақәа рацәоуп, аха урҭ зегь рҟынтә Иегова деиқәирхоит» (АԤСАЛ. 34:19).

АШӘА 44 Згәы каҳаны иҟоу Анцәа дышиҳәо

АХҲӘАА a

1. Зыгәра ганы ҳаҟоузеи ҳара?

 ИЕГОВА имаҵзуҩцәа раҳасабала ҳара иаҳдыруеит иара даараӡа бзиа ҳшибо, насгьы аԥсҭазаара агәырӷьара ҳзаанагаларц шиҭаху (Рим. 8:35—39). Уи адагьы, ҳара агәра ганы ҳаҟоуп абиблиатә принципқәа еснагь ахәарҭа шаҳзаарго (Ис. 48:17, 18). Аха иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳшымгәыӷуаз ауадаҩрақәа ҳрықәшәазар?

2. Иарбан уадаҩрақәоу ҳзықәшәар алшо, насгьы иарбан зҵаарақәоу иҳазцәырҵыр ауа?

2 Иегова имаҵзуҩцәа зегьы ауадаҩрақәа ирықәшәоит. Иаҳҳәап, ҳҭаацәара иатәу аӡәы ҳгәы ҳирхьит. Амаҵзураҿы шаҟа ҳҭаху аҟаҵара ҳалзмыршо ачымазара ӷәӷәа ҳахьит. Аԥсабаратә рыцҳара ҳақәшәеит. Мамзаргьы ҳхаҵаразы иҳашьҭашәарыцоит. Ус еиԥш иҟоу аԥышәарақәа ҳанрықәшәо, иаҳзеилымкаауазар алшоит: «Избан абри аҩыза сзақәшәаз? Ииашамкәа ак ҟасҵама? Иаанагома уи Иегова дысзылԥхаӡом ҳәа?» Ишәызцәырҵхьоума шәара ус еиԥш иҟоу ацәаныррақәа? Ааи акәзар, шәгәы кашәмыжьын. Убас еиԥш иҟаз агәҭыхақәа Иегова гәыкала изыҟаз имаҵзуҩцәагьы аӡәырҩы ирыман (Аԥсал. 22:1, 2; Авв. 1:2, 3).

3. Иаҳнарҵозеи Аԥсалом 34:19 иану?

3 Шәаԥхьа Аԥсалом 34:19. Иазгәашәҭ ари аԥсалом аҿы иаагоу ихадоу ҩ-зхәыцрак: 1) ауаа иашақәагьы ауадаҩрақәа ирықәшәоит; 2) Иегова аԥышәарақәа ҳрылигоит. Ишԥаҟаиҵо уи Иегова? Иара ари адунеи аҿы аԥсҭазаара ус ишыҟоу аилкаара дҳацхраауеит. Иегова имаҵ аура агәырӷьара шаҳзаанагало ажәа ҳаиҭоит, аха хьаада-баада ҳанхалоит ҳәа имҳәаӡеит (Ис. 66:14). Иара ҳгәазҭеиҵоит ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ҳхы азыҳашьҭларц. Избанзар адунеи ҿыц аҿы анасыԥҵәҟьа змоу аԥсҭазаара наӡаӡа ҳалагәырӷьалоит (2 Кор. 4:16—18). Аха ари адунеи ыҟанаҵы Иегова ҳгәы камыжькәа ԥхьаҟа ацара есыҽны дҳацхраауеит (Аҵә. 3:22—24).

4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

4 Шәааи ҳрылацәажәап абиблиатә аамҭақәа раан гәыкала Иегова имаҵ зуаз, насгьы иахьа имаҵ зуа ауаа рҿырԥштәқәа. Ҳара иаҳбоит Анцәа имаҵ зуа ишымгәыӷуа ауадаҩрақәа ирықәшәар шалшо. Аха ауаҩы Иегова игәра игозар, уи хымԥада дицхраауеит (Аԥсал. 55:22). Урҭ аҿырԥштәқәа ҳанрыхцәажәало шәхы шәазҵаала: «Схы шԥамҩаԥызгарыз сара ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа сақәшәазҭгьы? Ишԥарӷәӷәо ари аҿырԥштәы Иегова иахь сыгәрагара? Иснарҵозеи сара уи, насгьы ишԥасылшо уи сыԥсҭазаараҿы схы иасырхәар?»

АБИБЛИАТӘ ААМҬАҚӘА РААН

Иаков 20 шықәса рыҩныҵҟа дызжьоз, ҩ-хаҿрак змаз ианшьа Лаван иҿы аус иуан. Аха Иегова урҭ ашықәсқәа раан Иаков диқәныҳәон. (Шәахәаԥш абзац 5.)

5. Иарбан уадаҩрақәоу Иаков Лаван ихҟьаны дзықәшәаз? (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)

5 Абиблиатә аамҭақәа раан инхоз Иегова имаҵзуҩцәа зынӡа иззыԥшымыз ауадаҩрақәа ирықәшәон. Даҳгәалаҳаршәап Иаков. Иара иаб Исаак иеиҳәеит Анцәа имаҵ зуаз рыуа Лаван иԥҳацәа руаӡәк ԥҳәысс дигарц. Исаак иԥа агәра ииргеит, Иегова меигӡарахда дшизылԥхо (Аҟаз. 28:1—4). Иаков иаб ииҳәаз ҟаиҵеит. Иара Ханаан ааныжьны, ҩыџьа аԥҳацәа — Лиеи Рахильи — змаз Лаван иахь дцеит. Иаков Лаван иԥҳаиҵбы Рахиль бзиа дибеит. Уи ԥҳәысс дигарц азы быжьшықәса лаб имаҵ аура дақәшаҳаҭхеит (Аҟаз. 29:18). Аха аҭагылазаашьа иаалырҟьаны аҽаԥсахит. Лаван Иаков джьаны, Рахиль лакәымкәа, иԥҳа аиҳабы Лиа дииҭеит. Лаван Иаков азин ииҭеит мчыбжьык ашьҭахь Рахильгьы ԥҳәысс дигарц, аха уи азы Иаков даҽа быжьшықәса Лаван имаҵ иулар акәын (Аҟаз. 29:25—27). Уи адагьы, Лаван аусура азҵаарақәа рҿы Иаков ииашаӡамкәа дизныҟәон. Иааизакны иуҳәозар, иара рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа 20 шықәса Иаков аус иируан! (Аҟаз. 31:41, 42).

6. Иарбан уадаҩрақәоу иҵегь Иаков дзықәшәаз?

6 Иаков егьырҭ ауадаҩрақәагьы дрықәшәон. Иара иҭаацәара дуун, аха иԥацәа анымааибуазгьы ыҟан. Дара рашьа гәакьаҵәҟьа Иосиф дырҭиит. Иаков иԥацәа ҩыџьа — Симеони Левии — рҭаацәа ахьымӡӷ ддыргеит, насгьы Иегова ихьӡ дырԥхашьеит. Уи адагьы, Иаков зегь раасҭа бзиа иибоз иԥҳәыс Рахиль аҩбатәи рыҷкәын иаан ахшароура дахыԥсааит. Уи зегь азмырхаӡакәа, амлакра ӷәӷәа иахҟьаны, Иаков иқәрахь даннеихьаз Египетҟа нхара диасыр акәхеит (Аҟаз. 34:30; 35:16—19; 37:28; 45:9—11, 28).

7. Ишԥаиирбоз Иегова Иаков дшизыразыз?

7 Иаков абриаҟара ауадаҩрақәа дышрықәшәозгьы, Иегова дзықәиргәыӷыз шынаигӡо еснагь агәра игон. Иеговагьы иара дшизыразыз иирбон. Иаҳҳәап, Лаван амц данижьоз, Иегова Иаков дизылԥхон, абарақьаҭрагьы ииҭон. Шәхаҿы иаажәг, дыԥсхьеит ҳәа акыршықәса ирыԥхьаӡоз Иосиф даниба, Иаков Иегова ҭабуп ҳәа шиеиҳәоз! Ицхраазеи Иаков арҭ аԥышәарақәа зегь рыхгара? Иеговеи иареи реиҩызара бзиа (Аҟаз. 30:43; 32:9, 10; 46:28—30). Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ахә ҳаракны иаҳшьозар, ҳаԥсҭазаара иаалырҟьаны аҽаԥсахыргьы, ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зегь рыхгара ҳалшоит.

8. Ииҭахызи аҳ Давид зегь раасҭа?

8 Аҳ Давид Иегова изы иҟаиҵарц ииҭахыз зегь изынамыгӡаӡеит. Иаҳҳәап, Давид даара иҭахын Инцәа изы аныҳәарҭа иргылар. Уи аԥааимбар Нафан иеиҳәеит. Убасҟан Нафан Давид абас иеиҳәеит: «Угәы иҭоукыз зегь ҟаҵа, избанзар Ҳазшаз Анцәа дуцуп» (1 Аш. 17:1, 2). Ҳәарада, урҭ ажәақәа Давид игәы шьҭырхит. Иҟалап иара иаразнак аныҳәарҭа аргылара аҽазыҟаҵара далагазар.

9. Иахиҳәаазеи Давид угәы иамыхәашаз ажәабжь аниаҳа?

9 Аха иаарласны Иегова иԥааимбар угәы иамыхәашаз ажәабжь иманы дхынҳәит. Уи аухаҵәҟьа Иегова Нафан иеиҳәеит, аныҳәарҭа зыргыло Давид иакәымкәа, иԥацәа руаӡәк шиакәхо (1 Аш. 17:3, 4, 11, 12). Иахиҳәаазеи уи Давид? Иара ихықәкы иԥсахит. Давид даалаган, иԥа Соломон аныҳәарҭа аниргылало иҭаххар алшоз амаҭәахәқәеи аԥареи аизгара инапы аиркит (1 Аш. 29:1—5).

10. Дышԥаизылԥхеи Иегова Давид?

10 Аныҳәарҭа зыргыло Давид шиакәым шиҳәазгьы, Иегова урҭ ажәақәа рышьҭахь Давиди иареи рыбжьара аиқәшаҳаҭра бжьеиҵеит. Иегова Давид ажәа ииҭеит ихылҵуа руаӡәк наӡаӡа напхгара шиуло (2 Сам. 7:16). Зқьышықәсатәи анапхгара аан Давид еиликаауеит, иара ишьҭра иатәу Аҳ Иисус инапхгара аҵаҟа дшынхо. Шәхаҿы иаажәг уи шаҟа деигәырӷьо! Иаҳнарҵозеи ҳара Абиблиа иану ари ахҭыс? Ҳара иаҳҭахыз зегь Иегова имаҵзураҿы иаҳзыҟамҵозаргьы, Анцәа ҳхаҿы иаҳзаамго даҽа ҳамҭақәак ҳара ҳзы ирхианы имоуп.

11. Дышԥарзылԥхоз Иегова актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа, урҭ аназыԥшыз аамҭазы Анцәа Иаҳра шымааизгьы? (Аусқәа 6:7).

11 Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа Анцәа Иаҳра анааиуа шырзымдыруазгьы, уи даара иазыԥшын (Аус. 1:6, 7). Иҟарҵози дара? Рхы зегьы ажәабжьҳәара иазырышьҭит. Ажәабжь бзиа амҽхак аҽарҭбаацыԥхьаӡа Иегова дшырзылԥхоз рбон. (Шәаԥхьа Аусқәа 6:7.)

12. Иҟарҵазеи актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа амлакра ӷәӷәа аныҟала?

12 Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа даҽа уадаҩракгьы иақәшәеит — «адгьыл зегь аҿы амлакра ӷәӷәа» ҟалеит (Аус. 11:28). Шәхаҿы иаажәг, урҭ шаҟа ирцәыцәгьаз! Ҳәара аҭахума, аҭаацәара ахадацәа рҭаацәа ирҿарҵо рмоур ҳәа ишәон. Иаҳҳәар ҳалшозеи, змаҵзура зырҭбаар зҭахыз, иқәыԥшыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы? Иҟалап дара рхықәкы аамҭала иахыргар акәхоит ҳәа ихәыцуазҭгьы. Аҭагылазаашьа шыцәгьазгьы, ақьырсианцәа уи рҽақәдыршәеит. Дара изларылшоз ала ажәабжь рҳәон, насгьы Иудеиа инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирымаз игәырӷьаҵәа ирыцеиҩыршон (Аус. 11:29, 30).

13. Дышԥарзылԥхеи Иегова ақьырсианцәа амлакра аныҟаз?

13 Дышԥарзылԥхеи Иегова ақьырсианцәа амлакра аныҟаз? Агуманитартә цхыраара зауз рхатә ԥышәала еилыркааит Иегова дшырхылаԥшуаз (Матф. 6:31—33). Урҭ ацхыраара рызҭоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи дареи еиҳагьы еизааигәахазар ҟалап. Хатәгәаԥхарала аԥара алазҵоз, ма даҽакала ацхыраара рызҭоз ракәзар, уи агәырӷьара рзаанагеит (Аус. 20:35). Иегова урҭ зегьы дырзылԥхеит, зҽызыԥсахыз аҭагылазаашьақәа рҽахьрықәдыршәаз азы.

14. Изықәшәазеи Варнавеи Павели, насгьы иарбан лҵшәоу уи иаанагаз? (Аусқәа 14:21, 22).

14 Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа лассы-лассы ирышьҭашәарыцон, зны-зынла уи зынӡа ианазыԥшымыз акәын ианақәшәоз. Ҳалацәажәап Варнавеи апостол Павели Листра ажәабжь анырҳәоз изықәшәаз ахҭыс. Уа инхоз ауаа раԥхьа урҭ гәыкала ирыдыркылеит. Аха ԥыҭрак ашьҭахь, аҿагылаҩцәа ирыхҟьаны, шьоукы ауаа Павел ахаҳә дадырган, дыԥсуеит ҳәа иԥырҵны ицеит (Аус. 14:19). Аха Варнавеи Павели даҽа ҭыԥк аҿы ажәабжьҳәара иацырҵеит. Иарбан лҵшәоу уи иаанагаз? Дара «имаҷҩымкәа ауаа ҵаҩцәаны аҟалара» ирыцхрааит, насгьы ражәақәеи рҿырԥши ала аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭырхуан. (Шәаԥхьа Аусқәа 14:21, 22.) Павели Варнавеи ашьҭашәарыцарақәа ианрықәшәагьы ажәабжьҳәара иахьаҟәымҵыз аӡәырҩы ахәарҭа ду рзаанагеит. Ҳаргьы Иегова иҳадиҵаз аус анынаҳагӡо ҳгәы каҳмыжьуазар, азылԥхара дуқәа ҳауеит.

ИАХЬАТӘИ ААМҬАЗЫ

15. Ишәнарҵозеи аиашьа Макмиллан иҿырԥшы?

15 1914 шықәса ааиаанӡа шықәсқәак шагыз Иегова имаҵзуҩцәа агәыӷра дуқәа рыман. Абар аиашьа Александр Макми́ллан иҿырԥшы. Усҟан аӡәырҩы ргәы ишаанагоз еиԥш, аиашьа Макмиллангьы иаарласны ажәҩан ахь дцоит ҳәа игәы иаанагон. Сентиабр мза, 1914 шықәсазы, иара ажәахә иманы данықәгылаз, абас иҳәеит: «Ари аҵыхәтәантәи сықәгылара акәзар ауеит». Ҳәарада, уи ус акәӡамызт. Ԥыҭрак ашьҭахь Макмиллан иҩит: «Ҳара ҳҟынтә шьоукы ииашамыз агәаанагара ҳаман иаарласны ажәҩан ахь ҳцоит ҳәа». Иара иациҵеит: «Ҳара гәыкала Иҳақәиҭу имаҵ ҳаулароуп». Аиашьа Макмиллан ишиҳәазҵәҟьа иҟаиҵеит. Иара ихы дамеигӡаӡакәа ажәабжь иҳәон. Арра ацара мап ахьацәыркыз азы абахҭа иҭакыз аишьцәа аӡәырҩы ргәы шьҭихуан. Иара убас, иара иқәрахь даннеигьы аизарақәа дырҭаауан. Иарбан хәарҭоу аиашьа Макмиллан изаанагаз иҳамҭа дазыԥшнаҵы амаҵзураҿы ирацәаны аџьабаа ахьибоз? 1966 шықәсазы, иԥсра маҷк шагыз, иара иҩит: «Иахьа схаҵара шыӷәӷәоу еиԥш ахаан иӷәӷәамызт». Ари ҳара зегь ҳзы зеиԥшыҟам ҿырԥшуп — еиҳараӡак абриаҟара аԥшра ҳақәшәоит ҳәа ҳгәы иаанамгозҭгьы! (Аур. 13:7).

16. Иарбан иззыԥшымыз ԥышәароу аиашьа Херберт Џьеннингс иԥҳәыси иареи зықәшәаз? (Иаков 4:14).

16 Иегова имаҵзуҩцәа аӡәырҩы ргәабзиара иадҳәалоу ауадаҩрақәа иаалырҟьаны ианрықәшәо ыҟоуп. Абар аиашьа Хе́рберт Џье́ннингс иҿырԥшы b. Ибиографиаҿы иара еиҭеиҳәеит, иԥҳәыси иареи Гана миссионерс амаҵ шыруаз. Дара рмаҵзура даараӡа бзиа ирбон, аха аамҭак ашьҭахь иара апсихика иадҳәалоу ачымазара ӷәӷәа изцәырҵит. Аиашьа Џьеннингс иҳәеит, Иаков 4:14 аҿы «уаҵәы» ҳәа зыӡбахә ҳәоу аамҭа дара рзы ишазыԥшымыз ишааиз (шәаԥхьа). Иара иҩит: «Ҳзықәшәаз ҳхы анрааланы, ҳара иҳаӡбеит Ганеи уа иҳарҳаз ҳҩызцәа гәакьақәеи ааныжьны Канадаҟа [аҽыхәышәтәразы] ҳхынҳәырц». Иегова аиашьа Џьеннингс иԥҳәыси иареи аԥышәара ӷәӷәақәа ишрықәшәазгьы, анаҩсгьы иара имаҵ аура дрыцхрааит.

17. Ишԥарныри егьырҭ аиашьа Џьеннингс иҿырԥшы?

17 Аиашьа Џьеннингс ибиографиаҿы зегь аартны иахьеиҭеиҳәаз егьырҭ ахәарҭа ду рзаанагеит. Иаҳәшьак илҩит: «Херберт Џьеннингс ибиографиа акгьы исзадкылом. [...] Аиашьа Џьеннингс имаҵзура ааныжьны игәабзиара дахьашьҭалаз сыцхрааит аҭышәынтәалара аарԥшны сҭагылазаашьақәа рыхәаԥшра». Иашьак иҳәеит: «Сара 10 шықәса аизара аиҳабыс амаҵ зуан, аха апсихикатә чымазара иахҟьаны, даараӡа зыхә сшьоз аҭакԥхықәрақәа рынагӡара уаҳа исылшомызт. Сара убриаҟара акгьы саԥсамшәа схы збон, абиографиақәа рҿы Иегова имаҵзуҩцәа иҟарҵоз ақәҿиарақәа ртәы санаԥхьоз, лассы-лассы сгәы каҳауан. Аха уи астатиаҿы аиашьа Џьеннингс ачҳара шааирԥшуаз санаԥхьа, сымч ҭалеит». Убас еиԥш иҟоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ражәақәа иаҳгәаладыршәоит, ҳаззыԥшымыз ауадаҩрақәа ҳанрықәшәогьы, егьырҭ ргәы шьҭаҳхлар шҳалшо. Ҳаԥсҭазаараҿы ишаҳҭахыз еиԥш зегь ҟамлозаргьы, ҳара иҳалшоит ахаҵареи ачҳареи раарԥшраҿы ҳҿырԥшыганы ҳаҟазар (1 Пиотр 5:9).

Ҳара Иегова ҳиқәгәыӷуазар, иаалырҟьаны ҳзықәшәо ауадаҩрақәа еиҳагьы Иегова ҳаизааигәартәыр рылшоит. (Шәахәаԥш абзац 18.)

18. Иаҳнарҵозеи Нигериа инхо ԥҳәысеибак лҿырԥшы? (Шәрыхәаԥш иара убас аишьцәа иқәдыргылаз асахьақәа.)

18 Иегова имаҵзуҩцәа аӡәырҩы еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ирыхҟьаны игәаҟуеит. Абар апандемиа COVID-19 аан иҟалаз хҭыск. Нигериа инхо ԥҳәысеибак илымаз аԥареи афатәи нҵәеит. Шьыжьымҭанк лыԥҳа хәыҷы длазҵааит, ирзаанхаз напык абрынџь анырфалак ашьҭахь ирфалои ҳәа. Ҳаҳәшьа илҳәеит аԥареи афатәи уаҳа ишрымам, аха Сарепта инхоз аԥҳәысеиба илҿыԥшыр шрылшо — ирзаанхаз афатә ҟаҵаны, Иегова иқәгәыӷыр (1 Аҳ. 17:8—16). Шьыбжьон ирфаша азхәыцра иахьӡаанӡа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҟынтә агуманитартә цхыраара рзааит. Убас ҩымчыбжьа инареиҳаны ирызхашаз афатә роуит. Ҳаҳәшьа илҳәеит лыԥҳаи лареи еибырҳәоз Иегова абасҵәҟьа ихшыҩ азышьҭны дазыӡырҩуан ҳәа дшыҟамыз. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит: Иегова ҳиқәгәыӷуазар, иаалырҟьаны ҳзықәшәо ауадаҩрақәа еиҳагьы Иегова ҳаизааигәартәыр шрылшо (1 Пиотр 5:6, 7).

19. Дзықәшәазеи аиашьа Алексеи Ершов?

19 Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аӡәырҩы изқәымгәыӷуаз ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәеит. Ҳахәаԥшып, Урыстәыла инхо аиашьа Алексеи Ершов иҿырԥшы. Иара 1994 шықәсазы аӡы иҽӡааихит. Усҟан Иегова ишаҳаҭцәа уи атәылаҿы ҭынч ажәабжь рҳәалар рылшон. Аха ԥыҭрак ашьҭахь Урыстәыла аҭагылазаашьа аҽаԥсахит. 2020 шықәсазы азинхьчаратә усзуҩцәа Алексеи иуаҭах иҩналаны еимырдеит. Имаҭәақәа рацәаны имхны иргеит. Мызқәак рышьҭахь ахара идырҵеит. Идырҵаз ахара шьаҭас иаман, шықәсык инеиҳаны Абиблиа ахь аинтерес имазшәа зхы аазырԥшуаз ауаҩы иҟаиҵоз авидеонҵамҭақәа. Шаҟа иламысдароузеи!

20. Ишԥаирӷәӷәо Алексеи Ершов Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа?

20 Аха ашьҭашәарыцарақәа Алексеи Ершов ихаҵара дмырԥсыҽӡеит. Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа еиҳагьы иӷәӷәахеит. Алексеи иҳәоит: «Схатә ҩызеи сареи еиҳа лассы-лассы Анцәа ҳаициҳәо ҳалагеит. Ари аԥышәара Иегова ицхыраара ада ишсызхымго еилыскаауеит». Иара иациҵоит: «Сара схатә ҭҵаара даара исыцхраауеит. Ажәытәан инхоз гәыкала Анцәа имаҵ зуаз ауаа рҿырԥштәқәа срызхәыцуеит. Абиблиаҿы иануп, ҳгәы рҭынчны Иегова иқәгәыӷра шаҟа ихадоу узырбо ирацәаны ахҭысқәа».

21. Иаҳнарҵозеи ари астатиа?

21 Иаҳнарҵозеи ари астатиа? Ари адунеи аҿы ҳаԥсҭазаара иаалырҟьаны аҽаԥсахыр алшоит. Аха Иегова иқәгәыӷуа еснагь дрыцхраауеит. Ари астатиа иазалху ажәеинраалаҿы ишану еиԥш, «ауаҩ иаша игәаҟрақәа рацәоуп, аха урҭ зегь рҟынтә Иегова деиқәирхоит» (Аԥсал. 34:19). Шәааи анаҩсгьы ауадаҩрақәа ракәым Иегова иҳаиҭо амч ҳхы азыҳашьҭлап. Убасҟан апостол Павел иеиԥш иаҳҳәар ҳалшоит: «Амч сызҭо ибзоурала сара зегь схызгар сылшоит»! (Флп. 4:13).

АШӘА 38 Анцәа амч уиҭоит

a Ари адунеи аҿы иаалырҟьаны ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо ыҟоуп. Аха ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова гәыкала изыҟоу дышрыцхраауа. Дышԥарыцхраауаз иара ажәытәан имаҵзуҩцәа, насгьы ишԥаҟаиҵо уи иахьа? Шәааи Абиблиа аҟынтә ҿырԥштәқәак, насгьы ҳаамҭазы инхо Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәак ҳрылацәажәап. Урҭ аҿырԥштәқәа Иегова ҳиқәгәыӷуазар дышҳацхраауа ала ҳхаҵара дырӷәӷәоит.