Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ихәарҭоу алабжьарақәа. Иҭуҵаалар улшо

Ихәарҭоу алабжьарақәа. Иҭуҵаалар улшо

Шәхы иашәырхәома шәара «Аҭҵаара амҩаԥгаразы амыруга» аҿы абиблиатә жәеинраалақәа ҳаилзыркаауа аҟәша?

Уи Абиблиа еиҳа инарҵауланы аҭҵаара иҳацхраауеит. Иаҳҳәап, ҳара еилаҳкаар ҳалшоит ажәеинраалаҿы зыӡбахә ҳәоу ахҭыс аан иҟаз егьырҭ ахҭысқәа, уи ажәеинраала занырҵаз, уа зыӡбахә ҳәоу, насгьы уа иану ажәақәа ҵакыс ирымоу.

«Ахьчаратә бааш онлаин-абиблиотека» аҿгьы апрограмма JW Library® аҿгьы библиатә жәеинраалак ҳанаԥхьо «Аҭҵаара амҩаԥгаразы амыруга» ахь азхьарԥшқәа уа иааҳартыр ҳалшоит. Урҭ шәыԥшаар шәылшоит арыӷьарахьтәи аган аҿы, уа иаагоу Абиблиа аиҭагақәа рҟынтә шәхы иашәырхәозаалакгьы. (Аҭҵааразы иҟоу урҭ аматериалқәа шәыԥшаарц азы арыӷьараҿы, ҵаҟа, адәыкрынԥшшәы змоу алмаз зҭаку агьежь шәақәыӷәӷәа.)

Урҭ азхьарԥшқәа рҿы иаагоу аматериалқәа шәанрыԥхьо арыцхәқәа шәрыхәаԥшла. Раԥхьа иану аматериалқәа еиҳа иҿыцуп, анаҩс ицо еиҳа иажәхьеит; урҭ ҭыҵижьҭеи ажәеинраалақәа шеилаҳкаауа еиҭарҿыцызҭгьы ҟалар алшоит.

  • «Ахьчаратә бааш онлаин-абиблиотека» аҿы «Аҭҵаара амҩаԥгаразы амыруга» ахь азхьарԥшқәа рхала ицәырҵуеит.

  • Апрограмма JW Library аҿы «Аҭҵаара амҩаԥгаразы амыруга» ахь азхьарԥшқәа аатларц азы уи хҩылаатәуп, насгьы еиҭарҿыцлатәуп. Уи хыжәҩылаарц азы, Абиблиаҿы иаарту иарбан хызаалакгьы, аҭҵааразы аматериал ахьаагоу хыхь иҟоу акнопка шәақәыӷәӷәа.