Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 19

Иҟаҵалатәузеи Иегова ҳзықәиргәыӷуа адунеи ҿыц шааиуа еиҳагьы агәра ҳгаларц азы?

Иҟаҵалатәузеи Иегова ҳзықәиргәыӷуа адунеи ҿыц шааиуа еиҳагьы агәра ҳгаларц азы?

«[Иегова] ак иҳәазар, ииҳәаз шԥаҟаимҵо?» (АХЫԤ. 23:19).

АШӘА 142 Ҳгәыӷра ахаангьы иаҳхашҭӡом

АХҲӘАА a

1, 2. Иҟаҳҵалар акәзеи адунеи ҿыц ҳазыԥшнаҵы?

 ИЕГОВА ари адунеи ииашоу адунеи ҿыц ала иԥсахуеит ҳәа иҳаиҭаз ақәыргәыӷра ҳаназхәыцуа, ҳгәы ԥхаррак ныҵалоит (2 Пиотр 3:13). Уи аныҟало амш шаҳзымдыруагьы, иааҳакәыршаны имҩаԥысуа ахҭысқәа иаҳдырбоит рацәак аамҭа шнымхаз (Матф. 24:32—34, 36; Аус. 1:7).

2 Уи аамҭа ҳазыԥшнаҵы ҳара зегьы иҳахәҭоуп ари ақәыргәыӷрахь ҳхаҵара ҳарӷәӷәалар, аҵабырг ҳдыруеижьҭеи шаҟа шықәса ҵуазаалакгьы. Избан? Избанзар ҳхаҵара егьа иӷәӷәазаргьы, уи ԥсыҽхар алшоит. Апостол Павел агәрамгара «ҳашьаҳара ззымариоу агәнаҳа» ҳәа азиҳәеит (Аур. 12:1). Ҳхаҵара мԥсыҽхарц азы, ҳара ҳхаҿы иааҳгалароуп иаарласны адунеи ҿыц шыҟало агәра ҳзырго ашьақәырӷәӷәарақәа (Аур. 11:1).

3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

3 Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Иегова адунеи ҿыц шыҟаиҵо ала иҳаиҭаз ақәыргәыӷрахь ҳхаҵара арӷәӷәара иҳацхраауа х-шьаҿак: 1) аҿыхра азхәыцра, 2) Иегова имч азхәыцра, насгьы 3) адоуҳатә усқәа рыҽрылархәра. Уи ашьҭахь еилҳаргоит Иегова Аввакум иеиҳәаз ажәақәа ҳхаҵара шдырӷәӷәо. Аха раԥхьа шәааи ҳрылацәажәап Иегова адунеи ҿыц шыҟаиҵо ала иҳаиҭаз ақәыргәыӷра агәра шаҳго ааҳарԥшыр ахьҳалшо есыҽны ҳзықәшәо ҭагылазаашьақәак.

АХАҴАРА ӶӘӶӘА АХЬАҲҬАХУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА

4. Ианбаҳҭаххар алшо ахаҵара ӷәӷәа?

4 Ҳара ахаҵара ӷәӷәа ахьаҳҭаху аӡбарақәа есыҽны иҳадаҳкылоит. Иаҳҳәап, ҳара ҳзыҿцәажәо, иалаҳхуа агәырҿыхагақәа, аҵара аҵара, аҭаацәалазаара, ахәыҷқәа, насгьы аусура иадҳәалоу аӡбарақәа ҳадаҳкылоит. Ибзиахон абас ҳхы ҳазҵаалар: «Иубарҭоума исыдыскыло аӡбарақәа рыла ари адунеи аҵыхәтәа шааигәоу, насгьы иаарласны Анцәа адунеи ҿыц шыҟаиҵо агәра шызго? Мамзаргьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара шыҟало агәра зымго, насгьы знык ауп ҳанынхо ҳәа згәы иаанаго ауаа анырра сырҭоу?» (Матф. 6:19, 20; Лука 12:16—21). Ҳара зегь раасҭа иҟәыӷоу аӡбарақәа ҳадаҳкылалоит, адунеи ҿыц шааигәоу гәыкала агәра ҳгозар.

5, 6. Избан иуадаҩу аамҭақәа раан ахаҵара ӷәӷәа ҳамазар зҳахәҭоу? Иаажәга аҿырԥштәы.

5 Иара убас ахаҵара ӷәӷәа ҳҭахуп аԥышәарақәа ҳанрықәшәо: ашьҭашәарыцарақәа, иузымхәышәтәуа ачымазара, мамзаргьы ҳгәы казыжьыр алшо даҽа уадаҩрак. Иҟалап ауадаҩра ҳанақәшәо раԥхьа уи аиааира ҳзымариахоит ҳәа ҳгәы иаанагозар. Аха ҳауадаҩра ахи-аҵыхәеи ҳамбозар — лассы-лассы ус ауп ишыҟалогьы, — ҳара агәырӷьара мырӡкәа анаҩсгьы Иегова имаҵ ҳауларц азы ахаҵара ӷәӷәа ҳҭахуп (Рим. 12:12; 1 Пиотр 1:6, 7).

6 Ҳзықәшәо ауадаҩрақәа ҵыхәаԥҵәара анрымам, Иегова ҳзықәиргәыӷыз адунеи ҿыц ахаан иааиуам ҳәа ҳгәы иаанагар алшоит. Аха уи иаанагаӡом ҳхаҵара ԥсыҽуп ҳәа. Ҳахәаԥшып ҿырԥштәык. Аӡынра уахынла аҷҷаҳәа ианҵаауа, аԥхынра ахаан иааиӡом ҳәа ҳгәы иаанагар алшоит. Аха ҳара иаҳдыруеит аԥхынра есышықәса ишааиуа. Убас еиԥшҵәҟьа ӷәӷәала ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу, адунеи ҿыц ахаан иааиӡом ҳәа ҳгәы иаанагар алшоит. Аха ҳхаҵара ӷәӷәазар, Анцәа ҳзықәиргәыӷыз шынаигӡо ҳдырлоит (Аԥсал. 94:3, 14, 15; Аур. 6:17—19). Уи агәрагара ҳацхраауеит Иегова имаҵ аура ҳаԥсҭазаараҿы еснагь раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргылара.

7. Иарбан гәазыҟашьоу ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоу?

7 Ҳахәаԥшып ахаҵара ӷәӷәа ахьаҳҭаху даҽа ганкгьы — уи ажәабжьҳәара ауп. Ажәабжь заҳҳәо аӡәырҩы ауаа ргәы иаанагоит Анцәа иҟаиҵо адунеи ҿыц иазку «ажәабжь бзиа» иашазарц азы уи бзиацәоуп ҳәа (Матф. 24:14; Иез. 33:32). Ҳара иаҳҭахӡам ииашам урҭ рхәыцшьа ҳара ҳахь ииасырц. Убри аҟынтә есааира ҳхаҵара ҳарӷәӷәалароуп. Шәааи уи аҿы иҳацхраауа х-шьаҿак ҳрылацәажәап.

АҾЫХРА ШӘАЗХӘЫЦЛА

8, 9. Ишԥарӷәӷәо ҳхаҵара аҿыхра азхәыцра?

8 Ҳхаҵара арӷәӷәаразы актәи ашьаҿа — уи аҿыхра азхәыцра ауп. Аҿыхра агәра ҳнаргоит Анцәа ҳзықәиргәыӷыз хымԥада ишыҟаиҵо. Ҳара инарҵауланы ҳазхәыцлароуп Иегова Иԥа даашьҭны ҳазҿихыз, насгьы уи иара изы шаҟа имариамыз. Уи зеиԥшыҟам адунеи аҿы наӡаӡа ҳшынхало ала Анцәа иҳаиҭаз ажәа шынаигӡо еиҳагьы агәра ҳнаргоит. Избан ус ҳҳәар зҳалшо?

9 Иҟаиҵазеи Иегова ҳҿихырц азы? Иара раԥхьаӡа иишаз, бзиа иибоз, ҩыза бзианы изыҟаз Иԥа адгьыл ахь дааишьҭит ауаҩ иеиԥш дирц азы. Адгьыл аҿы данынхоз Иисус еиуеиԥшым ауадаҩрақәа дрықәшәон. Иара ихигаз рацәоуп, насгьы дгәаҟны дыԥсит. Шаҟа иҳаракузеи Иегова иаҳхишәааз ахә! Бзиа ҳазбо Ҳанцәа ахаан иалиршарымызт Иԥа дыԥсыртә, уи аамҭала акәызҭгьы ахәарҭа ахьаҳзаанагоз (Иоанн 3:16; 1 Пиотр 1:18, 19). Иегова абас иҳараку ахә ҳхишәаазар, адунеи ҿыц аҿы наӡаӡа хымԥада ҳанирхоит.

ИЕГОВА ИМЧ ШӘАЗХӘЫЦЛА

10. Иҟаиҵар илшозеи Иегова, Ефесаа рахь 3:20 иану инақәыршәаны?

10 Ҳхаҵара арӷәӷәаразы аҩбатәи ашьаҿа — уи Иегова имч азхәыцра ауп. Иара иқәыргәыӷрақәа зегь рынагӡаразы амч имоуп. Ҳара еилаҳкаауеит аӡәырҩы ауаа адунеи ҿыц аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҟалашьа змам ак еиԥш ишахәаԥшуа. Аха Иегова лассы-лассы ауаа рымч зқәымхо ҳақәиргәыӷуеит. Иара Зегьзымчу Анцәа иоуми! (Иов 42:2; Марк 10:27). Убри аҟынтә иара ҳхаҿы иаҳзаамго акы ҳанақәиргәыӷуа, уи џьаҳшьаӡом. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 3:20.)

11. Иаҳзеиҭашәҳәа иџьоушьартә иҟоу Анцәа иқәыргәыӷрақәа руак. (Шәахәаԥш арамка « Иџьоушьартә иҟоу инаӡахьоу Иегова иқәыргәыӷрақәак».)

11 Ҳарзааҭгылап Иегова ажәытәан имаҵзуҩцәа ириҭоз қәыргәыӷрақәак. Урҭ зегьы рыгәра агара цәгьан. Иара зықәрахь инеихьаз Авраами Сарреи агәра диргеит, аԥа дышроуа (Аҟаз. 17:15—17). Иара убас иара Авраам иеиҳәеит, ихылҵуа адгьыл Ханаан шыртәхо. Акыршықәса рыҩныҵҟа Авраам ихылҵыз израильаа Египет ахәура иҭан. Убри аҟынтә угәы иаанагар алшон, уи ақәыргәыӷра ахаан инаӡаӡом ҳәа. Аха уи наӡеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Иегова зықәрахь инеихьаз Елизавета аԥа дышлоуа агәра лиргеит. Ахаҵа дзымбацыз Мариагьы илеиҳәеит, иара Иԥа дышлоуа. Уи иира аӡбахә зқьышықәсақәа раԥхьа Едемтәи абаҳчаҿгьы иҳәахьан. Уи ақәыргәыӷрагьы наӡеит! (Аҟаз. 3:15).

12. Агәра шԥаҳдырго Иисус Навин 23:14, насгьы Исаиа 55:10, 11 ирну ажәақәа Иегова ҳзықәиргәыӷыз анагӡаразы амч шимоу?

12 Хәарҭас иаҳзаанагозеи Иегова имаҵзуҩцәа ириҭоз ақәыргәыӷрақәеи урҭ шынаигӡози рызхәыцра? Уи Иегова адунеи ҿыц ашьақәыргыларазы амч шимоу еиҳагьы агәра ҳнаргоит. (Шәаԥхьа Иисус Навин 23:14; Исаиа 55:10, 11.) Иӷәӷәоу ахаҵара ҳацхраауеит адунеи ҿыц баша шхыҭҳәаам егьырҭ ауаа рзеиҭаҳәара. Иегова ихаҭа ажәҩан ҿыци адгьыл ҿыци ирызкны абас ҳақәиргәыӷуеит: «Арҭ ажәақәа иашоуп, урықәгәыӷыртә иҟоуп» (Аат. 21:1, 5).

АДОУҲАТӘ УСҚӘА РЫЛА ШӘЫԤСҬАЗААРА ШӘЫРҬӘЛА

АИЗАРАҚӘА

Ишԥарылшо урҭ шәхаҵара дырӷәӷәар? (Шәахәаԥш абзац 13.)

13. Ҳхаҵара шԥадырӷәӷәо аизарақәа? Иҳаилшәыркаа.

13 Ҳхаҵара арӷәӷәара иҳацхраауа ахԥатәи ашьаҿа — адоуҳатә усқәа рыҽрылархәра ауп. Ҳахәаԥшып аизарақәа ҳхаҵара шдырӷәӷәо. Ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа еиуеиԥшым амаҵзура хкқәа заамҭа зегь азызкуаз Анна b илҳәоит: «Аизарақәа схаҵара арӷәӷәара исыцхраауеит. Аизараҿы иқәгыло аиашьа уиаҟара аԥышәа имамзаргьы, ма иҿыцу ак имҳәозаргьы, сара лассы-лассы исаҳауеит абиблиатә ҵабырг еиҳа еиӷьны аилкаара исыцхраауа, насгьы схаҵара зырӷәӷәо акы». Иара убас аизарақәа рҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи иҟарҵо аҭакқәа рыбзоурала ҳхаҵара еиҳа иӷәӷәахоит (Рим. 1:11, 12; 10:17).

АЖӘАБЖЬҲӘАРА

Ишԥалшо уи шәхаҵара арӷәӷәар? (Шәахәаԥш абзац 14.)

14. Ишԥаӷәӷәахо ҳхаҵара ажәабжь анаҳҳәо?

14 Иара убас ажәабжь анаҳҳәо ҳхаҵара ӷәӷәахоит (Аур. 10:23). 70 шықәса инареиҳаны Иегова имаҵ зуа Ба́рбара илҳәоит: «Ажәабжьҳәара еснагь схаҵара арӷәӷәон. Иссиру Иегова иқәыргәыӷрақәа рыӡбахә ауаа шаҟа ирзеиҭасҳәо аҟара, убриаҟара схаҵара ӷәӷәахоит».

АХАТӘ ҬҴААРА

Ишԥалшо уи шәхаҵара арӷәӷәар? (Шәрыхәаԥш абзац 15.)

15. Ишԥарӷәӷәо ҳхатә ҭҵаара ҳхаҵара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

15 Иҟоуп ҳхаҵара арӷәӷәара иҳацхраауа даҽакгьы — уи ахатә ҭҵаара ауп. Сьиу́зан лхатә ҭҵааразы заа аграфик шьақәлыргылоит, иҭылҵааша, насгьы уи анҭылҵааша анылҵоит. Лара илҳәоит: «Мҽышала сара иааиуа амчыбжь азы ҳазхысло „Ахьчаратә бааш“ ҭысҵаауеит. Ашәахьалеи, ҩашалеи аусурамшқәа рзы имҩаԥысуа аизара сҽазыҟасҵоит. Егьырҭ амшқәа рзы схатә ҭҵаара аҳасабала еиҳа зинтерес сымоу атемақәа ҭысҵаауеит». Сьиузан еснагь ари аграфик дахьықәныҟәо абзоурала, еиҳа-еиҳа лхаҵара лырӷәӷәоит. Ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа адунеизегьтәи ихадоу аусбарҭаҿы амаҵ зуа Аири́н лхаҵара лырӷәӷәарц азы абиблиатә ԥааимбаражәақәа ҭылҵаауеит. Лара илҳәоит: «Иегова иԥааимбаражәақәа ирыдҳәалоу акәамаҵамарақәа зегь шынаӡо анызбо саршанхоит!» c

«УИ ХЫМԤАДА ИНАӠОИТ»

16. Избан Иегова Аввакум зыгәра ииргаз ҳаргьы изҳаҵанакуа? (Ауриацәа рахь 10:36, 37).

16 Иегова имаҵзуҩцәа шьоукы ари адунеи аҵыхәтәа иазыԥшуижьҭеи акыр ҵуеит. Ауаҩы ихәаԥшышьала уи агхошәа убар алшоит. Иегова имаҵзуҩцәа рцәаныррақәа шеиликаауа аԥааимбар Аввакум иеиҳәаз ажәақәа ишьақәдырӷәӷәоит: «Избанзар ари абара иазалху аамҭазы инаӡараны иҟоуп. Уи анагӡара иахыццакуеит, уагьажьаӡом. Иадхалазшәа убозаргьы, уазыԥшыз, избанзар уи хымԥада инаӡоит, иагхаӡом» (Авв. 2:3). Арҭ Анцәа иажәақәа зҵазкуа Аввакум имацара иоума? Мамзаргьы ҳара зегь иҳаҵанакуоу? Анцәа иԥшьоу идоуҳала апостол Павел игәазҭеиҵеит арҭ ажәақәа згәы хыҭ-хыҭуа адунеи ҿыц иазыԥшу ақьырсианцәа рахь ирхарц. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 10:36, 37.) Ааи, ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит: ҳаиқәырхара амш агхошәа ҳбозаргьы, Иегова иқәыргәыӷра «хымԥада инаӡоит, иагхаӡом»!

17. Лхы ишԥалырхәеи иаҳәшьак Иегова Аввакум иеиҳәаз ажәақәа?

17 Иегова имаҵзуҩцәа аӡәырҩы «Уазыԥшыз» ҳәа Иегова Аввакум иеиҳәаз ажәақәа ирықәныҟәоит, урҭ рҟынтә шьоукы уи амш иазыԥшуижьҭеи ажәашықәсақәа шыҵуагьы. Иаҳҳәап, 1939 шықәсазы Иегова имаҵ аура иалагаз Луиза илҳәоит: «Усҟан сара сгәы иаанагон, ашкол салгаанӡа Армагеддон ааиуеит ҳәа. Аха уи ус акәымхаӡеит. Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа сара исыцхраауеит „азыԥшра ашәҟәы“ ҳәа сзышьҭоу — Ноии, Авраами, Иосифи, гәыкала Анцәа имаҵ зуаз егьырҭ имаҵзуҩцәеи ирызку абиблиатә хҭысқәа. Даргьы Анцәа изықәиргәыӷыз акыраамҭа иазыԥшын. Анцәа иқәыргәыӷрақәа шынаигӡо агәра ахьаҳго саргьы егьырҭгьы иҳацхраауеит адунеи ҿыц шааигәоу аилкаара». Акыршықәса Иегова имаҵ зуа егьырҭ ақьырсианцәагьы Луиза лажәақәа ирықәшаҳаҭуп.

18. Ишԥарӷәӷәо Анцәа ишамҭақәа рыхәаԥшра адунеи ҿыц шыҟало ала ҳхаҵара?

18 Ҳәарада, адунеи ҿыц макьана иҟаӡам. Аха шәааи иҟоу ҳазхәыцып — иаҳҳәап, аеҵәақәа, аҵлақәа, аԥстәқәа, насгьы ауаа. Ҳәарада, урҭ шыҟаҵәҟьоу зегьы иаҳдыруеит. Аха иҟан урҭ аныҟамыз аамҭа. Урҭ зегь иахьа изыҟоу Иегова иахьишаз азоуп (Аҟаз. 1:1, 26, 27). Иара убас, Ҳанцәа агәра ҳиргоит адунеи ҿыцгьы шыҟало, иажәагьы хымԥада инаигӡоит. Усҟан ауаа агәабзиара рыманы наӡаӡа инхалоит. Ҳахьынхо Адунеи шыҟалаз еиԥш, Анцәа иалихыз аамҭазы адунеи ҿыцгьы ҟалоит (Ис. 65:17; Аат. 21:3, 4).

19. Ишԥашәылшо шәхаҵара шәырӷәӷәалар?

19 Аха уи амш ааиаанӡа шәхаҵара арӷәӷәаразы ишәымоу алшарақәа зегь шәхы иашәырхәала. Аҿыхра шәазхәыцла, насгьы уи азы Анцәа ҭабуп ҳәа иашәҳәала. Иегова имч шәазхәыцла. Адоуҳатә усқәа рыла шәыԥсҭазаара шәырҭәла. Усҟан «зхаҵареи зычҳареи рыла изқәыргәыӷыз аиура заҭәашьахо ауаа» шәреиуахоит (Аур. 6:11, 12, АУ; Рим. 5:5).

АШӘА 139 Уазхәыц адунеи ҿыц аҿы ҳаҟоушәа

a Иахьа аӡәырҩы ауаа Абиблиа ҳзықәнаргәыӷуа адунеи ҿыц шыҟало агәра ргаӡом. Дара ргәы иаанагоит уи иҟамло акоуп ҳәа, насгьы иҟалартә еиԥш амцхә ибзиацәоуп, алакә иеиԥшуп ҳәа. Аха ҳара агәра ҳгоит Иегова ҳзықәиргәыӷыз зегь шынаӡо. Аха ҳхаҵара ҳцәымӡырц азы уи ҳарӷәӷәалароуп. Иҟаҵалатәузеи уи азы? Шәааи уи ҳалацәажәап.

b Хьыӡқәак ԥсахуп.

c Абиблиатә ԥааимбаражәақәа ирызку астатиақәа рацәаны ишәыԥшаар шәылшоит «Индекс публикаций Сторожевой башни», ихадоу ахеиҵа «Пророчества» аҿы. Иаҳҳәап, шәахәаԥш 2008 шықәса, ианвар 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу астатиа «Всё предсказанное Иеговой сбывается».