Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 17

АШӘА 111 Агәырӷьаразы амзызқәа

Ахаан адоуҳатә џьанаҭ аанышәмыжьлан

Ахаан адоуҳатә џьанаҭ аанышәмыжьлан

«Шәгәырӷьала, шәгәырӷьала наӡаӡа, сара исшо шәахәаԥшны» (ИС. 65:18).

ЕИЛАҲКААУА

Ҳара ҳалацәажәоит адоуҳатә џьанаҭ аҿы аҟазаара заҳгәаԥхо, насгьы егьырҭгьы уахь анеира рҭаххарц азы иҟаҳҵалар ҳалшо.

1. Изакәызеи адоуҳатә џьанаҭ, насгьы ирҭахузеи уа инхо ауаа?

 ИАХЬА адгьыл аҿы џьанаҭ ыҟоуп. Уа миллионҩыла аҭынчра бзиа избо, насгьы аус бзиақәа ҟазҵо ауаа нхоит. Уи џьанаҭ аҿы инхо ауаа еснагь уа иҟазарц рҭахуп. Уи адагьы, дара уахь егьырҭ ауаагьы ааԥхьара рырҭоит. Уи агәашәқәа зегьы рзы иаартуп. Зыӡбахә ҳамоу адоуҳатә џьанаҭ ауп! a

2. Избан иахьа иҟоу адоуҳатә џьанаҭ џьашьахәуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

2 Иахьа ари адунеи цәымӷралеи гәымбылџьбаралеи иҭәуп (1 Иоанн 5:19; Аат. 12:12). Ишәарҭоу ари адунеи аҿы ишәарҭам аҭыԥ ахьыҟоу џьоумшьар залшом. Бзиа ҳазбо Анцәа уи ишеит, ҳара доуҳала ҳаизҳазыӷьаларц азы. Абиблиа аҿы адоуҳатә џьанаҭ «ахыҵакырҭа», насгьы «ӡыла ирԥсаҳәоу абаҳча» ҳәа азҳәоуп (Ис. 4:6; 58:11). Иегова уа инхо ауаа дырзылԥхоит, убри аҟынтә дара ицәгьоу аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ишынхогьы, акгьы иацәшәаӡом (Ис. 54:14; 2 Тим. 3:1).

3. Ишԥанаӡеи Исаиа 65-тәи ахаҿы иану аԥааимбаражәа раԥхьаӡа?

3 Иегова иҳәеит адоуҳатә џьанаҭ аҿы аԥсҭазаара зеиԥшрахо. Уи аԥааимбаражәа Исаиа 65-тәи ахаҿы иануп. Раԥхьаӡа уи наӡеит 537 шықәса ҳ. ҟ. азы. Усҟан зыгәнаҳақәа ирыхьхәыз Вавилон итҟәаны иҟаз ауриацәа ахақәиҭра роун рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит. Иегова урҭ дырзылԥхеит. Иара урҭ дрыцхрааит еилыбганы иҟаз Иерусалими ицқьаз амҵахырхәара ахьыҟаз аныҳәарҭеи реиҭашьақәыргылара (Ис. 51:11; Зах. 8:3).

4. Анаӡара ишԥаҿу ҳаамҭазы Исаиа 65-тәи ахаҿы иану аԥааимбаражәа?

4 Исаиа аҿы иану аԥааимбаражәа дырҩегь инаӡеит 1919 шықәсазы. Усҟан Иегова имаҵзуҩцәа Вавилон ду аҟынтә ахақәиҭра роуит. Уи ашықәс инаркны адоуҳатә џьанаҭ аҳәаақәа рыҽдырҭбаауа иалагеит. Аҳра иазку ажәабжь еиҳа-еиҳа ауаа ирылаҵәон. Адунеи ахьынӡанаӡааӡо аизарақәа еиҿыркаауан. Адоуҳатә џьанаҭ аҿы инхоз ауаа еиҳа-еиҳа Христос иеиԥшхон. Уаанӡа гәымбылџьбаралеи ламысдаралеи зхы мҩаԥызгоз ахацәеи аҳәсеи «Анцәа игәы иақәшәо цәаҩа ҿыцла» рҽеиларҳәеит (Еф. 4:24). Ҳәарада, Анцәа ауаа дшырзылԥхо иазку Исаиа аҿы иану аԥааимбаражәақәа рацәаны адунеи ҿыц аҿы ауп ианынаӡо. Аха ҳаамҭазы анаӡара иаҿугьы ыҟоуп. Шәааи еилҳаргап адоуҳатә џьанаҭ ҷыдарақәас иамоу, насгьы уи ахаан иаанҳмыжьлар зҳахәҭоу еилаҳкаап.

АДОУҲАТӘ ЏЬАНАҬ АҾЫ АҞАЗААРА ЗАҲГӘАԤХО

5. Ишԥанаӡо ҳара ҳҿы Исаиа 65:13 иану аԥааимбаражәа?

5 Ҳара ҳгәы ҭәуп, насгьы агәабзиара ҳамоуп. Исаиа иԥааимбаражәа иунарбоит адоуҳатә џьанаҭ аҿы инхои уи анҭыҵ иҟоу ауааи злеиԥшым. (Шәаԥхьа Исаиа 65:13.) Иегова иҳалалу Аб иоуп. Иара дышҳаиҷаҳауа ҳбаларц азы, акгьы ҳагижьӡом. Ҳара акрыҳфаларц, акрыҳажәларц, насгьы ҳгәырӷьаларц азы иԥшьоу адоуҳаи, Абиблиеи, меигӡарахда адоуҳатә фатәи ҳаиҭоит. (Иаҿшәырԥш Аатра 22:17.) Аха иаҳҳәар ҳалшозеи адоуҳатә џьанаҭ анҭыҵ иҟоу ауаа рзы? Урҭ амла иакуеит, аӡба иԥсуеит, насгьы хьымӡӷыла инхоит. Уи зегь зыхҟьо Анцәа дахьырзымдыруа ауп (Ам. 8:11).

6. Ишԥанаигӡо Иегова Иоиль 2:21—24 аҿы иану иҳаиҭаз ажәа?

6 Иоиль зыхьӡыз даҽа ԥааимбарк ачарыци, аҩи, азеиҭынхәшеи рыӡбахә иҳәоит. Урҭ ажәытәан израильаа еиҳараӡак ирфоз фатәқәан. Убасала, Иегова имаҵзуҩцәа агәра диргеит адоуҳатә фатә аганахь алагьы акгьы шрыгимыжьуа (Иоиль 2:21—24). Иарбан фатәқәоу Иегова иахьа иҳаиҭо? Ҳара иҳамоуп Абиблиа, уи шьаҭас измоу апубликациақәа, асаит, аизарақәа, насгьы аконгрессқәа. Ҳара есыҽны ҳазхара ҳфалар ҳалшоит. Убри аҟынтә ҳгәы ҭәуп, агәабзиарагьы ҳамоуп.

7. Избан ҳгәы гәырӷьарыла изҭәу? (Исаиа 65:14).

7 Ҳара анасыԥ ҳамоуп, насгьы иҳамоу ҳалагәырӷьоит. Анцәа имаҵзуҩцәа ргәырӷьабжь гоит, избанзар «ргәы гәырӷьарыла иҭәызаалоит». (Шәаԥхьа Исаиа 65:14.) Ҳара Иегова ҭабуп ҳәа иаҳәара ахаан ҳаҟәыҵӡом аҵабырг азы, Иажәа иану ақәыргәыӷрақәа рзы, насгьы Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара абзоурала иҳамоу агәыӷра ӷәӷәа азы. Ари зегь ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи ианеибаҳҳәо, шаҟа насыԥ ҳамоу еиҳагьы еиӷьны еилаҳкаауеит! (Аԥсал. 34:8; 133:1—3).

8. Шәрыхцәажәа адоуҳатә џьанаҭ аԥшӡара уеилзыркаауа ихадоу ҩ-ганк.

8 Адоуҳатә џьанаҭ аԥшӡара ҳзырбо ихадоу ҩ-ганк — уи Иегова ижәлар рыбжьара иҟоу абзиабареи акзаареи роуп. Ҳара иахьа уажәнатә ҳаизарақәа рҿы аԥхарра ыҟазарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, адунеи ҿыц аҿы уи еиҳагьы еиӷьны иҟаҳҵалоит (Кол. 3:14). Раԥхьаӡа акәны Иегова ишаҳаҭцәа ирабадырыз иаҳәшьак илбаз абас дахцәажәоит: «Сара сҭаацәараҿы насыԥ сыманы ахаан схы сбаӡомызт. Иегова ишаҳаҭцәа рҿы ауп раԥхьаӡа акәны ианызба гәыкала бзиа еибабо ауаа». Ауаа адоуҳатә џьанаҭ аҿы иҟоу аԥхарра анырбалак ауп, анасыԥҵәҟьа амазаареи аԥсҭазаара алагәырӷьареи закәу анеилыркаауа. Иҟалап дара уаанӡа Иегова ишаҳаҭцәа иҽеимкәа ишрыхцәажәоз зныкымкәа ираҳахьазҭгьы. Аха ҳаизарақәа рҿы ианааи, дара Иегова дшаҳзылԥхо рбеит, уи аҩыза џьаргьы иҟаӡам (Ис. 65:15).

9. Исаиа 65:16, 17 аҿы иану инақәыршәаны, агәра шԥаҳирго Иегова ҳгәаҟрақәа шаҳԥыриго?

9 Ҳара агәҭынчра ҳамоуп, насгьы ҳамшәаӡакәа ԥхьаҟа ҳаԥшуеит. Исаиа 65:14 аҿы адоуҳатә џьанаҭ аҟны анхара зҭахым ауаа рзы абас ануп: «Шәара шәҵәаалоит, избанзар шәгәы гәырҩала иҭәызаалоит». Аха иахьа Анцәа имаҵзуҩцәагьы мгәаҟуеи?!. Ааи, уи ус ауп. Аха ҳара агәра ганы ҳаҟоуп: аамҭак ашьҭахь «уаанӡа иҟаз агәаҟрақәа [ҳ]хашҭуеит, уаҳа и[аҳ]баӡом». (Шәаԥхьа Исаиа 65:16, 17.) Иегова ҳгәы иҭоу ахьаа ҳхаиршҭуеит, уимоу, уи аӡбахәгьы ахаан иаҳгәалашәаӡом.

10. Избан аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыбжьара аҟазаара зышәгәаԥхо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

10 Ҳара ауадаҩрақәеи астресси рҟынтә уажәнатә ҳаԥсы ҳгоит, ҳаизарақәа рахь ҳаннеиуа. Уа ҳара ҳгәы ҭынчуп, насгьы ҳауадаҩрақәеи ҳхьаақәеи ҳхашҭуеит. Аизарақәа ҳнервқәа зырҭынчуа ахәшә иаҩызоуп. Аизараҿы аҭынчра ыҟазаауеит, иԥшьоу адоуҳа еизнарҳауа аҟазшьақәа ааҳарԥшуазар, бзиа ҳаибабозар, агәырӷьара ҳамазар, аҭынчра ҳабжьазар, ҳқьиазар, насгьы ҳҟәымшәышәзар (Гал. 5:22, 23). Шаҟа насыԥ дуузеи Анцәа иорганизациа аҿы ҳахьыҟоу! Адоуҳатә џьанаҭ аанызмыжьуа рыблала ирбоит Иегова «ажәҩан ҿыци адгьыл ҿыци» ирызкны ҳзықәиргәыӷыз зегь шынаигӡо.

Иегова иҭаацәара уанахәҭаку, насгьы адоуҳатә џьанаҭ аҿы уанынхо аасҭа еиӷьу ак ыҟам. (Шәахәаԥш абзац 10.) c


11. Исаиа 65:18, 19 аҿы иану инақәыршәаны, ҳхы шԥаҳбо Иегова идоуҳатә џьанаҭ аҿы?

11 Ҳара иҳамоу ахә ҳаракны иаҳшьоит, агәырӷьарагьы ҳамоуп. Анаҩс Исаиа иҳаилиркаауеит адоуҳатә џьанаҭ аҿы ҳахьыҟоу аигәырӷьаразы амзызқәа шҳамоу. Уи џьанаҭ зшаз Иегова иоуп. (Шәаԥхьа Исаиа 65:18, 19.) Убри аҟынтә иџьашьатәӡам Иегова доуҳала ицәыббылны иҟоу, ацәҳәыра иаҩызоу, иажәхьоу ари адунеи алҵра ауаа дахьрыцхраауа. Адоуҳатә џьанаҭ аҿы ҳара ишәҭыкакаҷуа зеиԥшыҟам абаҳчаҿы ҳаҟоушәа ҳхы ҳбоит, убри аҟынтә егьырҭгьы уахь ааԥхьара раҳҭалар ҳҭахуп (Иер. 31:12).

12. Иарбан қәыргәыӷрақәоу Исаиа 65:20—24 аҿы иану аҟынтә еиҳараӡак ишәгәаԥхо, насгьы избан?

12 Адоуҳатә џьанаҭ аҿы инхо ауаа ҭабуп ззырҳәалаша, насгьы изеигәырӷьалаша даҽа мзызкгьы рымоуп — уи адунеи ҿыц аҿы анхаразы ирымоу агәыӷра ауп. Шәхаҿы иаажәг закәытә ԥсҭазаароу усҟан иҟало! Абиблиа ҳақәнаргәыӷуеит: «Уаҟа уаҳа иԥслаӡом мышқәак зхыҵуа асабицәа, зымшқәа нызымҵыз абыргцәагьы». Ҳара «аҩнқәа [ҳа]ргылалоит, [ҳ]агьынхалоит уаҟа, аӡахәаҭрақәа [ҳ]ааӡалоит, урҭ ирҿалогьы [ҳ]фалоит». Ҳара «баша аџьабаа [ҳ]балаӡом», избанзар Иегова даҳзылԥхалоит. Иара ажәа ҳаиҭоит усҟан акгьы ҳшацәымшәало, ҳаԥсҭазаара насыԥла ишҭәызаауа, насгьы аҵакы шамазаауа. Анцәа аказы ҳиҳәаанӡа иаҳҭаху идыруазаауеит. Иара «зыԥсы ҭоу зегьы ргәазыҳәарақәа на[и]гӡоит» (Ис. 65:20—24; Аԥсал. 145:16).

13. Исаиа 65:25 аҿы иану инақәыршәаны, аҽшԥаԥсахуеи ауаа рыԥсҭазаара, Иегова имаҵ аура ианалаго?

13 Ҳара аҭынчра бзиа иаҳбоит, насгьы акгьы ҳацәшәаӡом. Анцәа идоуҳа ацхыраарала аӡәырҩы шьаҭанкыла рҽырыԥсахит. Уаанӡа дара агыгшәыгқәа реиԥш игәымбылџьбараз, рыцҳашьарак зламыз уаан, ма амц рҳәон. (Шәаԥхьа Исаиа 65:25.) Аха дара иҽеим урҭ аҟазшьақәа аанрыжьит (Рим. 12:2; Еф. 4:22—24). Ҳәарада, ҳара ҳнаӡаӡам, убри аҟынтә уеизгьы агхақәа ҳахьлоит. Аха Иегова ҳшеиԥшымгьы, абзиабареи аҭынчреи ҳабжьаҵаны ҳаидикылеит (Тит 2:11). Уи аҩыза аџьашьахәы зылшо Зегьзымчу Анцәа заҵәык иоуп!

14. Ишԥашьақәнарӷәӷәо иашьак иҭоурых Исаиа 65:25 иану ажәақәа шиашоу?

14 Илшаҵәҟьома ауаҩы иҽиԥсахыр? Ҳахәаԥшып ҿырԥштәык. Иқәыԥшыз ҷкәынак дгәымбылџьбаран, насгьы нкылашьа имамкәа ихы иааҭашәоз ҟаиҵон, 20 шықәса анихыҵуаз зныкымкәа абахҭа дҭашәахьан. Иара амашьынақәа иӷьычуан, ауаа дрықәланы ирҳәуан, иҽеимыз егьырҭ аусқәагьы ҟаиҵон. Иара дааҟәымҵӡакәа дықәԥон. Ԥыҭрак ашьҭахь абиблиатә ҵабырг аӡбахә иаҳаит, насгьы Иегова ишаҳаҭцәа реизарақәа рахь аныҟәара далагеит. Убасҟан иара еиликааит аԥсҭазаараҿы аҵакы змоу ак шиԥшааз — адоуҳатә џьанаҭ. Аӡы иҽанӡааих ашьҭахь иара лассы-лассы Исаиа 65:25 ианыз ажәақәа иҽшиԥсахыз ибзианы ишаанарԥшуа дазхәыцуан. Ицхлымуа алым еиԥшыз ауаҩы ауаса даҩызахеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит.

15. Избан ҳара изаҳҭаху иахьынӡалшо ирацәаҩны ауаа ҳдоуҳатә ҭаацәара рҽадыркыларц, насгьы ҳрыцхраар шԥаҳалшо уи аҿы?

15 Исаиа 65:13 абарҭ ажәақәа рыла иалагоит: «Абас иҳәоит Зегьирхаку Иҳақәиҭу Иегова». Ари ахы 25-тәи ажәеинраала анҵәамҭаҿы иануп: «Иҳәоит Иегова». Анцәа иқәыргәыӷрақәа еснагь инаӡоит (Ис. 55:10, 11). Адоуҳатә џьанаҭ ҟалахьеит. Иегова зеиԥшыҟам ажәлар еиҿикааит. Иара имаҵзуҩцәа рыбжьара ҳаныҟоу, аҭынчра ҳамоуп, насгьы акгьы ҳацәшәаӡом, аӡәгьы уахьиҭахым адунеи аҿы ҳшынхогьы (Аԥсал. 72:7). Убри аҟынтә ҳара иаҳҭахуп иахьынӡалшо ирацәаҩны ауаа ҳдоуҳатә ҭаацәара рҽадыркыларц. Уи азы ҳара аҵаҩцәа азыҟаҳҵалар ауп (Матф. 28:19, 20).

АУАА АДОУҲАТӘ ЏЬАНАҬ АХЬ ААИРА РҬАХХАРЦ АЗЫ ИҞАҲҴАЛАР ҲАЛШО

16. Иргәазырԥхозеи ауаа адоуҳатә џьанаҭ ахь ааира?

16 Ҳара зегьы иҳалшоит ауаа адоуҳатә џьанаҭ ахь ааира ргәаҳарԥхарц азы ак ҟаҳҵалар. Уи азы ҳара Иегова ҳаиҿыԥшлароуп. Иара мчыла аӡәгьы иорганизациа ахь дааигаӡом. Уи хаала ауаа иара иахь иааиԥхьоит (Иер. 31:3; Иоанн 6:44). Згәы цқьоу ауаа Иегова дзакә Нцәоу анеилыркаалак, рхаҭа иара иахь ааира рҭаххоит. Ишԥаҳалшо ауаа адоуҳатә џьанаҭ ахь ааира рҭаххарц азы ҳҟазшьақәеи ҳхымҩаԥгашьеи рыла уи ҳарԥшӡалар?

17. Ирбозеи ауаа ҳаизарақәа рахь ианааиуа?

17 Ауаҩы ҳаизарахь данааиуа раԥхьаӡа иргыланы иибо ҳара-ҳара ҳахь иааҳарԥшуа абзиабареи ақьиареи роуп. Рхы шԥарбо раԥхьаӡа акәны Аҳратә зал ахь иааиуа ауаа? Ҳара иаҳҭахуп даргьы ажәытә Коринф инхоз ауаа реиԥш ирҳәарц: «Ииашаҵәҟьаны, шәара Анцәа дшәыцуп!» (1 Кор. 14:24, 25; Зах. 8:23). Ус анакәха, ҳара анаҩсгьы ҳақәныҟәалароуп абри абиблиатә мҩақәҵара: «Шәыбжьара аҭынчра ыҟаз» (1 Фес. 5:13).

18. Избан ауаа Анцәа иорганизациа рҽадыркыларц зырҭаху?

18 Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи Иегова дышрыхәаԥшуа еиԥш рыхәаԥшра ҳҽазаҳшәоит. Убри аҟынтә ирыгу акәымкәа, ирылоу аҟазшьа бзиақәа роуп ҳазхәаԥшуа, избанзар аамҭак ашьҭахь урҭ ирыгу ҳәа акгьы ҟалаӡом. Ҳәарада, ҳҳәоу анеиқәымшәогьы ыҟоуп. Аха урҭ аилибамкаарақәа абзиабара аарԥшны иҳаӡбоит, «шәқьиаз шәрыцҳаибашьала» гәыҭбаарыла аӡәи-аӡәи шәыгхақәа шәанеибажьла ҳәа Абиблиаҿы иану ажәақәа ҳрықәныҟәаны (Еф. 4:32). Уи абзоурала бзиабаралеи қьиаралеи изызныҟәаларц зҭаху ауаа адоуҳатә џьанаҭ ахь ааира ргәаҳарԥхоит b.

АХААН АДОУҲАТӘ ЏЬАНАҬ ААНЫШӘМЫЖЬЫН

19. а) Рхы шԥарбо адоуҳатә џьанаҭ ахь ихынҳәуа? (Шәахәаԥш арамка « Урҭ адоуҳатә џьанаҭ ахь ихынҳәит».) б) Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо адоуҳатә џьанаҭ ахә ҳаракны ишаҳшьо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

19 Ҳара адоуҳатә џьанаҭ даара иаҳгәаԥхоит! Уи есыҽны еиҳа-еиҳа иԥшӡахоит, насгьы уа Иегова дҳаразкуа ауаа рхыԥхьаӡара еизҳауеит. Ҳара Иегова иҳаиҭаз зеиԥшыҟам уи аҳамҭазы еснагь ҭабуп ҳәа иаҳҳәалоит. Ҳара адоуҳатә џьанаҭ ахь ҳаннеиуа анасыԥи, агәырӷьареи, аҭынчреи, ашәарҭадареи ҳауеит, уи аанҳажьыр ҟалаӡом. Аха ҳара ҳгәаҳҽанызароуп, избанзар Аҩсҭаа адоуҳатә џьанаҭ аанҳажьырц иҭахуп (1 Пиотр 5:8; Аат. 12:9). Уи ҳхы иаҳамҭароуп. Шәааи адоуҳатә џьанаҭ аҿы иҟоу аԥшӡареи, ацқьареи, аҭынчреи ҳахьчалап.

Адоуҳатә џьанаҭ аанзмыжьуа џьанаҭ дгьыл аҿы инхалоит. (Шәахәаԥш абзац 19.)


АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Изакәызеи адоуҳатә џьанаҭ?

  • Избан адоуҳатә џьанаҭ аҿы аҟазаара заҳгәаԥхо?

  • Иҟаҳҵалар алшозеи егьырҭ ауаагьы адоуҳатә џьанаҭ ахь ааира ргәаҳарԥхарц азы?

АШӘА 144 Аҳамҭа улаԥш ахыз!

a ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Адоуҳатә џьанаҭ — уи Иегова ҳахьимҵахырхәо, аҭынчра ахьыҟоу зеиԥшыҟам ҭагылазаашьоуп. Уи џьанаҭ аҿы Иеговеи ҳареи ҳабжьара, иара убас ҳара-ҳара ҳабжьара аҭынчра ыҟоуп.

b Шәахәаԥш асаит jw.org аҿы авидеонҵамҭа «Как сложилась их жизнь? Алена Житникова. Сбылась моя мечта», насгьы еилышәкаа уи аиаҳәшьа адоуҳатә џьанаҭ ахә ҳаракны изылшьо.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аҳратә зал аҿы зегьы аџьџьаҳәа еицәажәоит, аиашьа хазы дтәеит, иара аӡәгьы иацәажәара иҭахӡам.