Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 16

АШӘА 64 Ҳгәырӷьаҵәа ҭагалара аус ҳалахәуп

Иегова имаҵ аура еиҳаны агәырӷьара ҳзаанагаларц азы иҟаҵалатәу

Иегова имаҵ аура еиҳаны агәырӷьара ҳзаанагаларц азы иҟаҵалатәу

«Шәгәырӷьаҵәа Иегова имаҵ жәула» (АԤС. 100:2).

ЕИЛАҲКААУА

Иегова имаҵ аура еиҳаны агәырӷьара ҳзаанагаларц азы иҟаҵалатәу.

1. Избан шьоукы ажәабжьҳәара уиаҟара бзиа изырымбо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

 ИЕГОВА имаҵзуҩцәа жәҩантәи Раб бзиа дырбоит, насгьы иӡбахә ауаа ирзеиҭарҳәалар рҭахуп. Ажәабжьҳәаҩцәа аӡәырҩы ажәабжьҳәара даара бзиа ирбоит. Егьырҭ уи уиаҟара бзиа ирбаӡом. Избан? Шьоукы аԥхашьара рылоуп, насгьы ишәоит. Даҽа шьоукы ааԥхьара рызымҭаз ауаа рахь анеира иацәыԥхашьоит. Шьоукы ирзымӡырҩыр ма ирацәҳар ҳәа ишәоит. Иҟоуп адинхаҵара иадҳәалоу зҵаарак шьҭыхны ажәа рымакра иалагар ҳәа ишәогьы. Урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи зегьы Иегова даара бзиа дырбоит, аха ирзымдыруа ауаа Абиблиа аӡбахә рзеиҭаҳәара рцәыцәгьоуп. Ус шакәугьы, дара еилыркаауеит ажәабжьҳәаратә ус шаҟа ихадоу, убри аҟынтә еиԥмырҟьаӡакәа уи рҽаладырхәуеит. Иегова урҭ рыхә ҳаракны ишьоит!

Бзиа ижәбома ажәабжьҳәара? (Шәахәаԥш абзац 1.)


2. Избан ажәабжьҳәара макьана бзиа ишәымбацзар, агәкажьра изаԥсам?

2 Шәара мчыла ажәабжьҳәара шәанцо ҟалалома? Ааи акәзар, шәгәы кашәмыжьын. Шәара ахынраалара ахьшәылоу азы акәзар ауеит шәзыԥхашьаҩу. Ҳәарада, иануацәҳауа ма ианузымӡырҩуа, уи угәы иахәо ак акәӡам, еиҳараӡак ибзиоу акы ауаа рзеиҭаҳәара уҭахызар. Жәҩантәи Шәаб идыруеит ишәхыжәго ауадаҩрақәа, дышшәыцхраауагьы ажәа шәиҭоит (Ис. 41:13). Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит угәы казыжьуа ацәаныррақәа риааиреи ажәабжьҳәара бзиа абареи иҳацхраауа хә-идеиак.

АНЦӘА ИАЖӘА ШӘЫМЧ ҬАНАҴАЛААИТ

3. Ицхраазеи аԥааимбар Иеремиа ажәабжьҳәара ахьымариамыз аҭыԥ аҿы амаҵ аура?

3 Ажәытәангьы Иегова имаҵуҩцәа иуадаҩыз адҵақәа роуан. Ирыцхраауазеи урҭ рынагӡара? Дара Анцәа иажәақәа амч рнаҭон. Иаҳҳәап Иеремиа даҳгәалаҳаршәар ҳалшоит Иегова ажәабжь аҳәара идиҵеит. Аха Иеремиа уи адҵа изынагӡаӡом ҳәа иԥхьаӡон. Иара иҳәеит: «Сара сызцәажәаӡом, сқәыԥшцәоуп» (Иер. 1:6). Ицхраазеи иара аԥхашьара аиааира? Анцәа Иажәа. Иеремиа иҳәеит: «Иажәа сыбаҩқәа рҿы иҭаку амца иаҩызан, сааԥсеит ишысҵәахуаз, уаҳа исзычҳауамызт» (Иер. 20:8, 9). Ааи, Иеремиа ажәабжь аҳәара ахьымариамыз аҭыԥ аҿы амаҵ иулар акәын. Аха ауаа ираҳәала ҳәа Иегова иеиҳәаз ажәабжь амчи агәымшәареи инаҭеит.

4. Иҟалои Анцәа Иажәа ҳанаԥхьо, насгьы ҳзыԥхьо ҳаназхәыцуа? (Колоссаа 1:9, 10).

4 Анцәа Иажәа иану ажәабжь актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәагьы амч рнаҭон. Павел Колосс иҟаз аизара асаламшәҟәы анырзиҩуаз, иҳәеит ииашоу адыррақәа рыбзоурала аишьцәа «Иегова имаҵзуҩцәа ишрықәнагоу еиԥш [р]хы [шымҩаԥыргало], аус бзиақәа ҟаҵо». (Шәаԥхьа Колоссаа 1:9, 10.) Ажәабжь бзиа аҳәара урҭ аус бзиақәа рахь иаҵанакуеит. Ҳара Анцәа Иажәа ҳанаԥхьо, насгьы ҳзыԥхьо ҳаназхәыцуа, Иегова иахь иҳамоу ахаҵара ӷәӷәахоит, насгьы Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь ауаа рзеиҭаҳәара шаҟа ихадоу еиҳа еиӷьны еилаҳкаауеит.

5. Иҟаҵатәуи Абиблиа аԥхьареи аҭҵаареи еиҳаны ахәарҭа ҳзааргаларц азы?

5 Анцәа Иажәа шхәарҭоу аилкааразы уи шәаԥхьала, иҭышәҵаала, насгьы шәмыццакӡакәа шәзыԥхьаз шәазхәыцла. Абиблиа шәанаԥхьо ишәзеилымкаауа жәеинраалак шәԥылар алшоит. Уи шәахысны ацара аҭыԥан, уа шәаангыл. «Индекс публикаций Сторожевой башни» ма «Аҭҵаара амҩаԥгаразы амыруга» шәхы иархәаны уи ажәеинраала ҭышәҵаа. Шәмыццакӡакәа Анцәа Иажәа ҭышәҵаалар, уа иану зегьы шиашоу еиҳагьы агәра жәгалоит (1 Фес. 5:21). Уи ус шакәу агәра шәгацыԥхьаӡа, Абиблиа аӡбахә ауаа рзеиҭаҳәара еиҳагьы ишәҭаххалоит.

АЖӘАБЖЬҲӘАРА ИБЗИАНЫ ШӘҼАЗЫҞАШӘҴАЛА

6. Избан ажәабжьҳәара ибзиан ҳҽазыҟаҳҵалар зҳахәҭоу?

6 Ажәабжьҳәара ибзианы шәҽазыҟашәҵар? уиаҟара шәшәалаӡом, ауаҩы иацәажәарагьы еиҳа ишәзымариахоит. Иисус иҵаҩцәа ажәабжьҳәара ишьҭаанӡа ирҳәаша-шырҳәаша реиҳәеит (Лука 10:1—11). Дара ишыдирҵазҵәҟьа иҟарҵеит. Уи алҵшәа бзиақәа аанагеит, аҵаҩцәагьы зеиԥшыҟам агәырӷьара рнаҭеит (Лука 10:17).

7. Ишԥаҳалшо ажәабжьҳәара ҳҽазыҟаҳҵар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

7 Ишԥаҳалшо ажәабжьҳәара ҳҽазыҟаҳҵар? Ишәҳәаша, насгьы уи шәажәақәа рыла ишышәҳәаша шәазхәыц. Шәажәақәа ирхырҳәаар алшо ҩба-хԥа гәаанагара шәхаҿы иааганы, шәҽазыҟашәҵа. Уажәшьҭа шәгәы рҭынчны ауаҩы шәиацәажәар шәылшоит. Шәхааӡа, шәԥышәарччо уи аԥсшәа иашәҳәа.

Ибзианы шәҽазыҟашәҵала. (Шәахәаԥш абзац 7.)


8. Избан апостол Павел ақьырсианцәа анышәаԥшь иалху амаҭәарқәа изрыҿирԥшыз?

8 Апостол Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи абас рзиҩит: «Ҳара ари ахазына анышәаԥшь иалху амаҭәарқәа ирҭаҵаны иныҟәаҳгоит» (2 Кор. 4:7). Иарбан хазыноу зыӡбахә имаз? Зыхә ҳараку ҳмаҵзура (2 Кор. 4:1). Избанзар Аҳра иазку ажәабжь анаҳҳәо, ауаа еиқәҳархоит. Изусҭцәада анышәаԥшь иалху амаҭәарқәа? Анцәа имаҵзуҩцәа. Избан Павел уи аҩыза аиҿырԥшра ихы изаирхәаз? Избанзар иара ихаан ахәаахәҭыҩцәа анышәаԥшь иалхыз амаҭәарқәа рыла зыхә ҳаракыз акы ларгаҩаргон, иаҳҳәап, афатә, аҩы, аԥара. Ҳаргьы ауаа зыхә ҳараку ак рызнаҳгоит — Иегова ҳагәра ганы ҳнапы ианиҵаз агәырӷьажәабжь. Иара уи адҵа анагӡаразы амч ҳамазарц дҳацхраауеит.

АНЦӘА АГӘЫМШӘАРА ШӘИҬАРЦ ШӘИҲӘАЛА

9. Иҟаҳҵар ҳалшои, ауаа рацәажәара ҳзымгәаӷьуазар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

9 Зны-зынла ауаа рацәажәара ҳзыгәаӷьӡом, иҽеим ак ҳзырҳәар ма иаҳзырур ҳәа ҳшәаны. Иҳацхраауеи уи аҩыза ашәара аиааира? Ишәгәалашәыршәа апостолцәа ажәабжь шәымҳәалан ҳәа анрарҳәа Анцәа изызиҳәоз. Дара ашәара риааир муӡакәа, Иегова абас иҳәон: «Ҳуҳәоит, уҳацхраа, ҳара, умаҵуцәа, ҳамшәа-ҳмырҳа уажәа ауаа ирылаҳҳәаларц». Анцәа иаразнак рыҳәара аҭак ҟаиҵеит (Аус. 4:18, 29, 31). Зны-зынла ауаа рҿаԥхьа иҳамоу ашәара ҳиааиуеит. Убасҟан ҳаргьы Иегова ҳиҳәалароуп, ашәара аиааира иҳацхраауа абзиабара ӷәӷәа еизҳарҳарц азы.

Анцәа агәымшәара шәиҭарц шәиҳәала. (Шәахәаԥш абзац 9.)


10. Дышԥаҳацхраауеи Иегова иара ишаҳаҭцәа ҳакәны аҟазаара? (Исаиа 43:10—12).

10 Иегова аҳаҭыр ҳаҭәеишьеит ишаҳаҭцәа ҳакәны ҳаҟазарц. Иара ажәабжьҳәараҿы агәымшәара аарԥшра дышҳацхраало ала ажәа ҳаиҭеит. (Шәаԥхьа Исаиа 43:10—12.) Ҳахәаԥшып уи шыҟаиҵо ҳаилзыркаауа ԥшь-знеишьак. Актәи, агәырӷьажәабжь анаҳҳәо ҳамацара ҳаҟаӡам, Иисус дҳацуп (Матф. 28:18—20). Аҩбатәи, Иегова имаалықьцәа ҳацхрааларц иаҳзааишьҭуеит (Аат. 14:6). Ахԥатәи, Иегова иԥшьоу идоуҳа ҳаиҭоит, уи иаҳдыруа ҳгәаланаршәар ауеит (Иоанн 14:25, 26). Насгьы аԥшьбатәи, ҳара ажәабжьҳәараҿы узықәгәыӷыртә иҟоу ацхырааҩцәа ҳамоуп, урҭ ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи роуп. Иеговеи бзиа ҳазбо аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхыраарала ҳара уи адҵа анагӡара ҳалшоит!

АУАА РҬАХРАҚӘА ШӘРЫЗХӘЫЦЛА, АГӘЫРӶЬАРАГЬЫ ШӘМЫРӠЛАН

11. Иҟаҳҵар ҳалшозеи, аучасток аҿы имаҷны ауаа ҳақәшәозар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

11 Шәгәы каҳауама, аучасток аҿы аӡәгьы даншәықәымшәо? Шәхы шәазҵаа: «Иабаҟоу уажәы урҭ ауаа? Макьана аусураҿы иҟазар, ма ихәаахәҭуазар?» (Аус. 16:13). Ус акәзар, адәахьы ажәабжь аҳәара еиҳа еиӷьхоит — уа аучасток аҿы аасҭа еиҳаны ауаа шәԥылар ауеит. Џьо́шуа зыхьӡу аиашьа иҳәоит: «Сара ахәаахәҭратә центрқәеи амашьынақәа ахьдыргыло аҭыԥқәеи рҿы ажәабжь аҳәара сгәаԥхоит». Иԥшәма Бри́џьити иареи аучасток ахь хәылбыҽхалеи мҽышала шьыбжьонлеи ицаларц рыграфик шьақәдыргылоит, избанзар убри аамҭа азы ауп еиҳарак ауаа рықәшәар аналшо (Еф. 5:15, 16).

Аҭагылазаашьа шәҽақәшәыршәала: ажәабжь ахьышәҳәо аучасток аҿы ауаа ыҟамзар, урҭ ахьыҟоу шәца. (Шәахәаԥш абзац 11.)


12. Иҟаҳҵар ҳалшозеи, ауаа уиаҟара аинтерес аадмырԥшуазар?

12 Ауаа иаҳҳәо ажәабжь ахь уиаҟара аинтерес аадмырԥшуазар, урҭ зыгәра рго ма ргәы иҵхо аилкаара шәҽазышәшәала. Абар уи азы Џьошуеи Бриџьити иҟарҵо. Дара икьыԥхьны иҟоу абуклетқәа раԥхьатәи адаҟьаҿы иану азҵаара ала иалагоит. Иаҳҳәап, абуклет «Изакәызеи шәара шәзы Абиблиа?» рхы иархәаны абас рҳәоит: «Шьоукы Абиблиа Анцәа иҟынтә шәҟәуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Егьырҭ уи агәра ргаӡом. Шәара шәгәы ишԥаанаго?» Уи абзоурала ауаҩы ибзианы иацәажәоит.

13. Избан ауаа ҳзымӡырҩуазаргьы ҳгәы зкаҳмыжьуа? (Ажәамаанақәа 27:11).

13 Ҳара ажәабжьҳәараҿы ақәҿиара ҳамоу-иҳамаму злеилукаауа, ауаа ҳзыӡырҩуоу-иаҳзымӡырҩуоу ала акәӡам. Ҳара Иеговеи Иԥеи ишҳарҳәаз еиԥш ажәабжь ҳҳәоит, уи ауп зегь раасҭа ихадоу (Аус. 10:42). Аӡәгьы ҳзимацәажәазаргьы, ҳгәы каҳажьӡом, избанзар жәҩантәи Ҳаб игәы шыҟаҳҵо ҳдыруеит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 27:11.)

14. Избан аинтерес аазырԥшуа ауаҩы дзыԥшааз ҳара ҳакәымкәа даҽаӡә иакәзаргьы, уи ҳзеигәырӷьо?

14 Избан аинтерес аазырԥшуа ауаҩы дзыԥшааз ҳара ҳакәымкәа даҽаӡә иакәзаргьы, уи ҳзеигәырӷьо? Ҳазҿу аус «Ахьчаратә бааш» аҿы иӡыз ахәыҷы иԥшаара иаҿырԥшын. Зегьы ахәыҷы ишьҭоуп. Дара хәыцхәыц аҭыԥқәа зегьы еимырдоит. Ахәыҷы дзыԥшаауа аӡә шиакәугьы зегьы уи еигәырӷьоит. Убас еиԥшҵәҟьа аҵаҩы иазыҟаҵара — уи зегьы еицаҳбо џьабаауп. Аизараҿы зегьы уи аус рыхәҭаа аларҵоит. Ажәабжьҳәаҩцәа зегьы аизара атерриториа аус адырулоит. Убри аҟынтә аизарахь иҿыцу аӡә данаауа, уи зегьы ҳаигәырӷьоит.

ИЕГОВАГЬЫ АУААГЬЫ БЗИА ИЖӘБАЛА

15. Ишԥаҳацхраауеи Матфеи 22:37—39 иану апринцип ажәабжьҳәараҿы еиҳа агәырӷьара аиура? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

15 Ажәабжьҳәара еиҳаны агәырӷьара ҳзаанагалоит, Иеговеи иаҳзааигәоу ауааи рахь иҳамоу абзиабара ҳазхәыцлар. (Шәаԥхьа Матфеи 22:37—39.) Шәхаҿы иаажәг Иегова ажәабжь шаҳҳәо анибо шаҟа дгәырӷьо! Шаҟа игәырӷьозеи ауаа Абиблиа аҵара ианалаго! Уи адагьы, ишәхашәмыршҭлан аҵабырг здызкыло ауаа наӡаӡа анхаразы алшара шроуа (Иоанн 6:40; 1 Тим. 4:16).

Иеговеи ауааи бзиа иаҳбозар, ажәабжьҳәара еиҳаны агәырӷьара ҳзаанагалоит. (Шәахәаԥш абзац 15.)


16. Иҟаҳҵар ҳалшои, аҩны ҳаздәылымҵуазаргьы, ажәабжьҳәара агәырӷьара ҳзаанагаларц азы? Иаажәга аҿырԥштәы.

16 Иҟалап уажәы шәара мзызқәак ирыхҟьаны аҩны шәыздәылымҵуазар. Ус акәзаргьы, Иеговеи ишәзааигәоу ауааи рахь абзиабара аашәырԥшлар шәылшоит. Апандемиа ковид аан Самве́ли Да́ниеи аҩны иҩнахеит. Иуадаҩыз урҭ аамҭақәа рзы дара еиԥмырҟьаӡакәа ҭелла ажәабжь рҳәон, асаламшәҟәқәа рыҩуан, насгьы зум ала Абиблиа аҵарақәа мҩаԥыргон. Самвел акьыбачымазара аҟынтә иҽахьихәышәтәуаз ахәышәтәырҭаҿы иԥылоз ауаа драцәажәон. Иара иҳәоит: «Ауадаҩрақәа ҳемоциатә, ҳдоуҳатә, насгьы ҳцәеижьтә гәабзиара аԥырхага анамҭарц азы Иегова имаҵзураҿы агәырӷьара ҳмырӡроуп». Уи азмырхаӡакәа, Даниа дкаҳан, хымз аиарҭа даман. Уи ашьҭахь шықәсыбжак аинвалидцәа рколиаска дантәалан. Лара илҳәоит: «Сара сҭагылазаашьаҿы исылшоз схы азысышьҭуан. Ҳаҩныҟа иаауаз амедиаҳәшьа ажәабжь лзеиҭасҳәон, насгьы акурьиерцәа срацәажәон. Уи адагьы, сара ахәышәтәырҭатә фирма аусуҩцәа руаӡәки сареи ҭелла ибзианы ҳаицәажәалон». Самвели Даниеи уаанӡа иҟарҵоз рзыҟаҵаӡомызт, убри аҟынтә ирылшоз рхы азышьҭны, уи иалагәырӷьон.

17. Еиҳараӡак ахәарҭа анбаҳзааргало ари астатиаҿы иҳауз алабжьарақәа?

17 Ари астатиа аҟны иҳауз алабжьарақәа зегьы ҳхы ианаҳархәалак ауп еиҳараӡак ахәарҭа анаҳзаарго. Уи арецепт иаҩызоуп: афатә хааны иҟауҵарц азы акгьы ухамыршҭӡакәа амарҭхәқәа зегь ауҭароуп. Ари астатиа аҟны иаагоу алабжьарақәа зегьы ҳхы иаҳархәар, ҳгәы казыжьуа ацәаныррақәа рҿагылара ҳзымариахоит, насгьы ажәабжьҳәара еиҳаны агәырӷьара ҳзаанагалоит.

ИШԤАҲАЦХРААУЕИ АЖӘАБЖЬҲӘАРАҾЫ ЕИҲАНЫ АГӘЫРӶЬАРА АИУРА...

  • аҽазыҟаҵара бзиа?

  • агәымшәаразы Анцәа иҳәара?

  • Иеговеи ауааи рахь абзиабара?

АШӘА 80 «Ижәдыр, иагьеилышәкаа шаҟа дразу Иегова»