Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АБИОГРАФИА

Санԥсыҽу Анцәа имч шсыцхраауа збоит

Санԥсыҽу Анцәа имч шсыцхраауа збоит

1985 ШЫҚӘСАЗЫ сыԥшәмеи сареи Колумбиаҟа ҳанааи, уи атәыла ацәгьаурақәа ахыҵәан иҟан. Аҳәынҭқарцәа акгьы рылшомызт. Ақалақьқәа рҿы амчра змаз анаркотикқәа зҭиуаз ракәын, ашьхақәа рҿы — аҿагылаҩцәа. Ԥыҭрак ашьҭахь ҳахьырышьҭыз ақалақь Медельин аҿы, амҩадуқәа рҟны ахбыџцәа абџьар рыманы игылан. Анаркотикқәа рыҭиреи, арекетиорцәа рус бааԥсқәеи, ауаҩшьрақәеи изышьцылахьаз усын. Урҭ реиҳараҩык ишқәыԥшыз иԥсуан. Ҳара даҽа планетак ахь ҳаанагазшәа ҳбон.

Ҳазгеи ҳара, ҩыџьа иаабац афинцәа, Аладатәи Америкаҟа? Насгьы исдырҵазеи Иегова имаҵзура иазыскыз ашықәсқәа?

ФИНЛИАНДИА ИМҨАСЫЗ СХӘЫҶРЕИ СҚӘЫԤШРЕИ

Сара сиит 1955 шықәсазы, насгьы хҩык аҷкәынцәа среиҵбын. Ҳара иҳазҳауан уажәы ақалақь Ва́нтаа ахьыҟоу Финлиандиа аладатәи ахәҭаҿы.

Сиира шықәсқәак шагыз сан аӡы лыҽӡаалхын, Иегова ишаҳаҭ лакәны дҟалеит. Аха саб аҵабырг иҭахӡамызт. Иара иуӡомызт сан Абиблиа иану ҳлырҵалар, насгьы аизарақәа рахь ҳалгалар. Убри аҟынтә иара даныҟамыз, сан Абиблиа ианыз ҳлырҵон.

Быжьшықәса анысхыҵуаз, Иегова иган ааныскылахьан

Санхәыҷыз Иегова сизыӡырҩларц сыӡбеит. Бжь-шықәса анысхыҵуаз ашкол аҿы ве́рилиатиут (ашьа злоу финтәи ачаџьқәа) афара мап ацәыскит. Арҵаҩы деилашәан, мчыла исҿалҵарц далагеит. Лызнапык ала сҿы аалыртырц лҭахын, егьи ала ачаџь авилка иахаҵаны илкын. Аха сара авилка лымсырҟьеит.

12 шықәса анысхыҵуаз саб дыԥсит. Уи ашьҭахь ақьырсиантә еизарақәа рҭаара алшара соуит. Аизараҿы иҟаз аишьцәа аамҭа рацәаны исзыркуан, уи доуҳала аизҳара сгәазҭанаҵеит. Сара есыҽны Абиблиа аԥхьареи ибзианы ҳлитература аҭҵаареи салагеит. Шаҟа ибзиоузеи даараӡа исыхәаз арҭ ашьцыларақәа ахьышьҭысхыз. Урҭ рыбзоурала сара аҽӡаахра сҭаххеит, 1969 шықәса, август 8 азы убас иагьыҟасҵеит. Усҟан сара 14 шықәса схыҵуан.

Ашкол саналга ашьҭахь хара имгакәа пионерс амаҵ аура салагеит, нас мчыбжьқәак рышьҭахь Финлиандиа иҟаз ҭыԥ кҿахак ахь, Пи́елавесиҟа, сиасит. Уа ажәабжьҳәаҩцәа аҭахын.

Пиелавеси сара акыр исзаԥсоу Си́ркка слабадырит. Сара иаразнак игәасҭеит лара ахӡырымгара шлылаз, насгьы гәыкала Иегова бзиа дшылбоз. Лара ахьӡ-аԥшеи амали дрышьҭаӡамызт. Ҳара ҳҩыџьагьы иаҳҭахын ҳахьырышьҭуазаалакгьы, насгьы иҳарҭо адҵа зеиԥшразаалакгьы, ҳамчқәа зегьы Иегова имаҵ аура иазаҳклар. 1974 шықәса, март 23 азы ҳара ҳаибагеит. Уи ашьҭахь џьара ԥсшьара ацара аҭыԥан, ҳара Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа еиҳа иахьаҭахыз ақалақь хәыҷ Ка́ртуллаҟа ҳаиасит.

Карттула (Финлиандиа) аԥара шәаны ҳзыҩназ аҩны

ИЕГОВА ДАҲХЫЛАԤШУАН

Сашьа иаҳзынижьыз амашьына

Ҳчара ашьҭахь Иегова иаразнак иҳаилиркааит Аҳра аус ҳаԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иҳаргылалар, зда ԥсыхәа ыҟам зегь шҳамазаауа (Матф. 6:33). Иаҳҳәап, Карттула ҳара амашьына ҳамаӡамызт. Раԥхьа амаланыҟәақәа рыла ҳныҟәон. Аха уа аӡынра аҵаа бааԥсқәа ыҟоуп. Аизара иаҵакуаз атерриториаҿы ажәабжь ҳҳәаларц азы ҳара амашьына ҳҭахын. Аха уи ахә ҳамамызт.

Иаалырҟьаны сашьеиҳаб ҳара ҳахь дааит, насгьы имашьына ҳзааныжьны дцеит. Астраховка ахә ахшәааны иҟан. Иаҭахыз абылтәы аахәара мацара акәын. Убас амашьына аахәара азҵаара ӡбахеит.

Иегова иҳаилиркааит аԥара иадҳәалаз азҵаарақәа ихахьы ишигаз. Ҳара ҳҟынтә иаҭахыз Анцәа Иаҳра аус анагӡара акәын.

ГАЛААД АШКОЛ

Апионерцәа рышкол аҿы. 1978-тәи ашықәс

1978 шықәсазы апионерцәа рышкол аҿы аҵара анаҳҵоз, арҵаҩцәа руаӡәк, Ра́имо Куо́кканен a, Галаад ашкол аҿы аҵара ҳахысырц азы арзаҳал хаҳарҭәаарц ҳгәазҭеиҵеит. Убри аҟынтә ҳара англыз бызшәа аҵара ҳалагеит. Аха 1980 шықәсазы арзаҳалқәа хаҳарҭәаанӡа финлиандиатәи афилиал ахь ааԥхьара ҳарҭеит. Усҟантәи аамҭазы Вефиль аҿы амаҵ зуаз Галаад ахь иаарыԥхьаӡомызт. Аха ҳара Иегова игәра ганы инапы ҳҽанаҳҵеит: еиҳа ҳахьаҭаху иара иӡбааит. Убри аҟынтә Вефиль ахь ҳаиасит. Аха англыз бызшәа аҵара ҳаҟәымҵӡеит. Издыруада уеизгьы Галаад ахь ҳаарыԥхьар ҳәа, анаҩсгьы уи аҵара ҳаҿын.

Шықәсқәак рышьҭахь Вефиль аҿы амаҵ зуаз Галаад ашкол ахь ааԥхьара рырҭо иалагеит. Ҳара иаразнак арзаҳалқәа хаҳарҭәааит. Аха уи зыҟаҳҵаз Вефиль аҿы амаҵ аура ахьаҳгәамԥхоз азы акәӡам. Ҳара уа даараӡа иаҳгәаԥхон! Аха ҳара иаҳҭахын еиҳараӡак ахәарҭа ааҳгар ахьҳалшоз аҭыԥ аҿы Иегова изы аџьабаа ҳбалар. Ҳара Галаад 79-тәи акласс ахь ааԥхьара ҳарҭеит. 1985 шықәса сентиабр мзазы уи ашкол ҳалгеит, анаҩс Колумбиаҟа ҳрышьҭит.

РАԤХЬАТӘИ ҲМИССИОНЕРТӘ МАҴЗУРА

Раԥхьа Колумбиа Вефиль аҿы амаҵ ҳуан. Сара смаҵзура анагӡаразы исылшоз зегь ҟасҵон, аха шықәсык ашьҭахь аишьцәа ҳмаҵзура рыԥсахырц срыҳәеит. Уи аҩыза аҳәара сыԥсҭазаараҿы знызаҵәык иҟасҵеит, уаҳа ахаан уи аҩыза аҳәара сыманы аишьцәа рахь сымнеиӡацызт. Ҳара адепартамент Уи́ла аҿы иҟоу ақалақь ду Не́иваҟа миссионерцәас амаҵ аура ҳрышьҭит.

Сара ажәабжь аҳәара есымша исгәаԥхон. Финлиандиа пионерс саныҟала, шьыжьы инаркны хәлаанӡа ажәабжь анысҳәоз ыҟан. Сирккеи сареи ҳанеибага ашьҭахь ҳҩыџьагьы иахьахәлаанӡа ажәабжь ҳҳәон. Ихараз атерриториа ахь ажәабжь аҳәара ҳанцоз, зны-зынла амашьынаҿы ҳацәон. Уи абзоурала адырҩаҽны амҩа аамҭа ақәмырӡӡакәа иаразнак ажәабжь аҳәара ҳалагон.

Амиссионертә маҵзура пионерцәас ҳаныҟаз иҳамаз агәацԥыҳәара дырҩегь иҳазцәырнагеит. Ҳаизара еизҳауан, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳара ҳахь апатуқәҵареи абзиабареи аадырԥшуан, иҟаҳҵозгьы ахә ҳаракны иршьон.

АНЦӘА ИҲӘАРА ИАМОУ АМЧ

Неива азааигәара иҟаз ақалақьқәа рҿы Иегова ишаҳаҭыз ҳәа аӡәгьы дыҟамызт. Уа инхоз ауаа ажәабжь бзиа злараҳауеи ҳәа сгәырҩон. Апартизанцәа ирыхҟьаны атәымтәылауаа рзы уахь ацара шәарҭан. Убри аҟынтә сгәыӷуан, уа инхоз рҟынтә аӡәы аҵабырг идикылап ҳәа. Сара исҭахын ҳара ҳҿы, Неива, ус аӡә дҟаларц. Иара доуҳала дыӷәӷәахап, аӡы иҽӡааихып, нас иқалақь гәакьа ахь дхынҳәны уа ажәабжь аҳәара далагап ҳәа схәыцуан. Сара уи азы Иегова сиҳәон. Аха иара еиҳа еиӷьыз ак иӡбахьазаарын.

Хара имгакәа сара Ферна́ндо Гонса́лес зыхьӡыз иқәыԥшыз хаҵак Абиблиа ирҵара салагеит. Иара Иегова ишаҳаҭцәа ахьыҟамыз урҭ ақалақьқәа руак аҿы, Альхеси́рас, дынхон. Фернандо аус иурц азы Неиваҟа даауан, уанӡа 50 километра бжьан. Иара Абиблиа аҵарақәа зегьы ибзианы иҽырзыҟаиҵон, насгьы иаразнак аизарақәа дырҭаауа далагеит. Абиблиа аҵара даналага раԥхьатәи амчыбжь инаркны Фернандо иқалақь гәакьаҿы инхоз ауаа еизганы, ихаҭа ииҵоз рзеиҭеиҳәон.

Фернандои сареи, 1993-тәи ашықәс

Фернандо Абиблиа аҵара даналага ашьҭахь фымз анҵы, 1990 шықәса, ианвар мзазы иҽӡааихит. Анаҩс иара пионерс дҟалеит. Уажәшьҭа Альхесирас аҭыԥантәи Иегова ишаҳаҭ дыҟан. Убри азы афилиал аҟынтә аишьцәа уахь иҷыдоу апионерцәа рышьҭит. Уажәшьҭа уи уиаҟара ишәарҭаӡамызт. 1992 шықәса, февраль мзазы уи ақалақь аҿы аизара еиҿкаан.

Фернандо иқалақь гәакьаҿы мацара акәӡамызт ажәабжь ахьиҳәоз. Ԥҳәыс данига, иԥшәма Ольгеи иареи Иегова ишаҳаҭцәа ахьыҟамыз Сан-​Висе́нте-​дель-​Кагуа́нҟа ииасит. Уа дара аизара аиҿкааразы ацхыраара ҟарҵеит. 2002 шықәсазы Фернандо араион ахылаԥшҩы иаҳасабала амаҵ аура далагеит. Иԥшәмеи иареи иахьа уажәраанӡа уи амаҵзура нарыгӡоит.

Фернандо ихҭыс иснарҵаз рацәоуп. Сара еилыскааит еснагь ацхырааразы Иегова иҳәара шаҟа ихадоу, насгьы иаҳҭаху инҭкааны ишиаҳәалатәу. Иегова ҳара иҳалымшо ҟаиҵар илшоит, аҽаҩра Зтәу ҳара ҳакәымкәа, иара иами (Матф. 9:38).

ИЕГОВА «АГӘАҲӘАРЕИ АМЧИ [ҲА]ИҬОИТ»

1990 шықәсазы ҳара араион маҵзура ҳалагарц иҳаҳәеит. Раԥхьатәи ҳраион аҳҭнықалақь Богота́ акәын. Ҳара уи адҵа ҳзынамыгӡар ҳәа ҳшәон, избанзар сыԥшәмеи сареи иҷыдоу ҟазарак злам, иаабац уаауп. Иара убас ур-сыр ҳәа ауаа ахьеилоу амегаполис ҳашьцылаӡамызт. Аха Филиппаа рахь 2:13 аҿы иануп: «Анцәа шәирӷәӷәоит, иара ииҭаху ҟашәҵаларц азы агәаҳәареи амчи шәиҭоит». Ҳара иаҳбеит арҭ ажәақәа ҳара ҳҿы ишынаӡаз.

Анаҩстәи ҳраион сҭоурых аиҭаҳәара саналагоз зыӡбахә сымаз ақалақь Медельин ауп. Уа инхо ауаа ақалақь иалаҵәаны иҟаз ацәгьоурақәа убриаҟара ирышьцылахьан, уи хьаасгьы ирымамызт. Ҽнак Абиблиа аҵара анымҩаԥызгоз, ҳаҩны азааигәара ахысра иалагеит. Сара адашьмахьы сыҽкасыжьырц егьсыгмызт. Аха Абиблиа зсырҵоз дахьтәаз дыгьымқәацеит, абзац дшаԥхьац даԥхьон. Даԥхьан даналга, аҭамзаара шьҭеиҵан, адәахьы дындәылҵит. Ԥыҭрак ашьҭахь ихәыҷқәа иманы дааҩналан, ҭынч иҳәеит: «Саҭамыз, арҭ ҩыџьа аҩныҟа иҩнасцалар акәын».

Ҳара ишәарҭаз егьырҭ ахҭысқәагьы ҳрықәшәон. Ҽнак зны ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь ҳҳәон. Ус Сиркка дыҩны дааит, лара дцәышӡа дыҟан, исеихсуан ҳәа салҳәеит. Сахьгылаз сааилышшеит. Ԥыҭрак ашьҭахь ҳара еилаҳкааит лара лакәымкәа даҽаӡәы ишиеихсуаз, — лара убри аамҭазы уа дақәшәеит.

Хәыҷы-хәыҷла уи аҩыза аԥсҭазаара ҳашьцылеит. Ҳара аҭыԥантәи аишьцәеи аиҳәшьцәеи иаадырԥшуаз агәымшәара џьаҳшьон, урҭ еиҳа еицәаз аҭагылазаашьақәагьы ирықәшәон. Ҳара абас ҳхәыцуан: Иегова урҭ дрыцхраауазар, ҳаргьы дҳацхраалоит. Ҳара аҭыԥантәи аизара ахылаԥшыҩцәа иҳабжьыргоз ҟаҳҵон, иахьынӡалшоз ашәарҭарақәа ҳҽырцәаҳахьчон, егьи зегь Иегова инапы ианаҳҵон.

Ажәабжьҳәараҿы иччархәыз ахҭысқәагьы ыҟан. Иаҳҳәап, зны адәахьы аҳәҳәабжьқәа шгоз саҳаит. Сгәы иаанагеит ҩыџьа аҳәса ажәа еимаркит ҳәа. Сара уи сбар зынӡа исҭахӡамызт, аха аҩны зтәыз аԥҳәыс адәахьы сдәыллымгар лымуит. Еибарҳәҳәоз ҩ-рупапк ракәзаарын, дара иеигәылацәаз ҩыџьа аҳәса рыҟаҵашьа ҟарҵон.

ИҾЫЦУ АДҴАҚӘЕИ АУАДАҨРАҚӘЕИ

1997 шықәсазы Амаҵзура аиӷьтәразы ашкол b ахь рҵаҩыс сҟаларц саарыԥхьеит. Сара есымша исгәаԥхон атеократиатә школқәа рҿы аҵара аҵара. Аха сара схаҿгьы исзаагомызт урҭ ашколқәа руак аҿы рҵаҩыс сҟалоит ҳәа.

Ԥыҭрак ашьҭахь аобласт ахылаԥшҩыс амаҵ аура салагеит. Уи амаҵзура анаҟәырх араионтә маҵзурахьы схынҳәит. Убас ала рҵаҩыс, насгьы араион ахылаԥшҩыс, иааизакны иуҳәозар, 30 шықәса инареиҳаны амаҵ зуеит. Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа Иегова ирацәаны дысзылԥхон. Аха зегьы ус имариаӡамызт. Исҳәарц исҭахузеи?

Сара иӷәӷәоу уаҩуп. Уи ауадаҩрақәа рыхгара исыцхраауеит. Аха зны-зынла шьоукы рыгхақәа сыриашарц анысҭахыз, иахсырҟьацәон. Исгәалашәоит аишьцәа абзиабареи аҟәышреи аашәырԥшлароуп ҳәа инақәырӷәӷәаны ишрасҳәоз. Уажәы еилыскаауеит схымҩаԥгашьа шаҟа иԥшӡамыз! Абзиабара ззымхоз сара схаҭа сакәын (Рим. 7:21—23).

Сыгхақәа ирыхҟьаны зны-зынла зынӡа сгәы каҳауан (Рим. 7:24). Зны убраанӡа снеит, Иегова иасҳәеит амиссионертә маҵзура ааныжьны Финлиандиаҟа схынҳәыр еиҳа еиӷьхоит ҳәа. Уи аҽныҵәҟьа ахәылбыҽха аизара ҳаман. Уа Иегова агәра сиргеит иахьахәҭоу сшыҟоу: смаҵзура аанысмыжьыр, насгьы анаҩсгьы схы аус адызулалар шсыхәҭоу. Сара сгәаҵанӡа инеит Иегова сыҳәара аҭак еилыкка иахьсиҭаз, уи ахаан исхашҭӡом. Иегова ҭабуп ҳәа иасҳәоит арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа ачҳареи ақьиареи аарԥшны сыгхақәа аус рыдулара дахьсыцхраауа.

СЫМШӘАӠАКӘА ԤХЬАҞА СЫԤШУЕИТ

Ажәала исызҳәом Сирккеи сареи шаҟа ахә ҳаракны иаҳшьо Иегова ҳаԥсҭазаара абжеиҳара ҳаамҭа зегьы имаҵ аура азкра ахьҳалиршаз. Иара убас сааҟәымҵӡакәа Иегова ҭабуп ҳәа иасҳәоит бзиа сызбо, гәыкала исзыҟоу, насгьы арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа есымша исывагылоу сыԥшәма лзы.

Иаарласны сара 70 шықәса схыҵуеит, убри аҟынтә рҵаҩыс, насгьы араион ахылаԥшҩыс амаҵ аура саҟәыҵуеит. Аха сара уи хьаас иҟасҵаӡом. Избан? Сара агәра ганы сыҟоуп: Иегова изы ихадоу ҳхы ӡырымгаӡакәа гәыкала имаҵ ҳауларц ауп. Иара даараӡа игәы иахәоит бзиа дшаҳбо, насгьы иаҳзыҟаиҵо ахә ҳаракны ишаҳшьо инибо (Мих. 6:8; Марк 12:32—34). Иегова иорганизациаҿы аҭакԥхықәрақәа удымзаргьы, иара дҳарауклар улшоит.

Сыԥсҭазаара саназхәыцуа, еилыскаауеит Иегова еиуеиԥшым адҵақәа зсыдиҵоз егьырҭ сахьреиӷьу азы ма иҷыдоу ҟазарак ахьсылоу азы шакәым. Иара сыгхақәа дырмыхәаԥшӡакәа, сзыԥсам ақьиара аарԥшны арҭ адҵақәа сиҭон. Сара издыруеит Иегова иакәмызҭгьы, исыду аҭакԥхықәрақәа рынагӡара шсылымшоз. Даҽакала иуҳәозар, санԥсыҽу ауп Анцәа имч нагӡаны ианааԥшуа (2 Кор. 12:9).

a «Полны решимости служить Иегове» захьӡу Раимо Куокканен ибиографиа шәаԥхьар шәылшоит 2006 шықәса, апрель 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» (аурыс) аҿы.

b Уажәы уи Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол ауп.