Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 50

Ахаҵаре́и аусқәеи ууаҩ иашаны уҟарҵоит

Ахаҵаре́и аусқәеи ууаҩ иашаны уҟарҵоит

«Авраам Иегова игәра игеит азы, иара уи дуаҩ иашаны диԥхьаӡеит» (РИМ. 4:3).

АШӘА 119 Ҳара ахаҵара ҳамазароуп

АХҲӘАА a

1. Иарбан зҵаароу иҳазцәырҵыр алшо, Авраам ихаҵара ҳаназхәыцуа?

 АӠӘЫРҨЫ ауаа Авраам иӡбахә раҳахьеит, аха еиҳараҩык уи изкны ирдыруа маҷуп. Аха шәара уи ибзианы дыжәдыруеит. Иаҳҳәап, шәара ижәдыруеит Авраам ахаҵара змоу зегь раб ҳәа шизҳәоу (Рим. 4:11). Убри аамҭазгьы шәара абри аҩыза азҵаара шәызцәырҵуазар алшоит: «Исылшома сара Авраам имаз ахаҵара аҩыза сымазар?» Ааи, ишәылшоит.

2. Избан Авраам иҿырԥшы ҭаҳҵаар зхадоу? (Иаков 2:22, 23).

2 Ҳара Авраам иҿырԥшы ҭаҳҵаауазар, имаз ахаҵара аҩыза еизҳарҳар ҳалшоит. Авраам Анцәа дизыӡырҩны ихараз атәылахь дцеит, ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа ақьалақәа рҿы дынхон, насгьы бзиа иибоз иԥа Исаак Анцәа кәырбанс изнагара дазхиан. Арҭ аусқәа зегьы ихаҵара ӷәӷәа рнубаалон. Авраам ихаҵареи иусқәеи рыбзоурала Анцәа игәы дақәшәон. Анцәа уи иҩыза иакәынгьы диԥхьаӡон. (Шәаԥхьа Иаков 2:22, 23.) Иегова иҭахуп ҳара зегьы, уаргьы, игәы ҳақәшәаларц, насгьы ҳаиҩызахарц. Убри азоуп иара Павели Иакови Авраам иӡбахә рҩырц ргәы зазҭеиҵаз. Шәааи ҳахәаԥшып Римаа рахь 4-тәи ахаҿи Иаков 2-тәи ахаҿи уи изкны иану. Арҭ аҩхык рҟынтә ҳара Авраам изкны даара ихадоу ак еилаҳкаауеит.

3. Иарбан библиатә жәеинраалоу Павели Иакови зыӡбахә рҳәаз?

3 Павелгьы Иаковгьы рысаламшәҟәқәа рҿы Аҟазаара 15:6 аҿы иану ажәақәа ааргеит. Уа иануп Авраам «Иегова игәра игеит азы, иара уи дуаҩ иашаны диԥхьаӡеит» ҳәа. Дызусҭада «ауаҩ иаша»? Уи Иегова игәы иақәшәо вба змам ҳәа ииԥхьаӡо иоуп. Иџьоумшьар залшом: Анцәа инаӡам агәнаҳа иаҵоу ауаа вба змам реиԥш иԥхьаӡалар илшоит! Анцәа шәаргьы убас шәиԥхьаӡаларц шәҭахызар акәхап. Уи ҟалашьа змам ак акәӡам. Уи ус шакәу агәра жәгарц азы, шәааи Иегова Авраам дуаҩ иашаны дзиԥхьаӡоз ҳалацәажәап.

ХАҴАРАДА УАҨ ИАШАНЫ УЗЫҞАЛАӠОМ

4. Ирԥырхагоузеи ауаа уаа иашақәаны аҟазаара?

4 Павел Римаа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы иҳәеит ауаа зегьы агәнаҳа ишаҵоу (Рим. 3:23). Ишԥаилшо, нас, Анцәа иара игәы иақәшәо реиԥш дҳахәаԥшлар, насгьы вба змам уаа иашақәаны ҳиԥхьаӡалар? Павел згәы аарту ақьырсианцәа зегьы ари азҵаара аҭак аҟаҵара дрыцхраарц азы Авраам иҿырԥшы ихы иаирхәеит.

5. Избан Иегова Авраам ауаҩ иаша ҳәа зизиҳәаз? (Римаа рахь 4:2—4).

5 Иегова Авраам дуаҩ иашоуп ҳәа изиҳәеит, уи Ханаан данынхоз. Избан Иегова ус зыҟаиҵаз? Авраам Моисеи изакәан ак агмыжькәа иахьынаигӡоз азы акәызма? Ҳәарада, мап! (Рим. 4:13). Уи азакәан 400 шықәса рышьҭахь ауп ианцәырҵ. Избан, нас, Анцәа уи дуаҩ иашоуп ҳәа зизиҳәаз? Иегова Авраам иахь дзыԥсамыз ақьиара ааирԥшит, насгьы ахаҵара ахьимаз азы дуаҩ иашаны диԥхьаӡеит. (Шәаԥхьа Римаа рахь 4:2—4.)

6. Избан Иегова агәнаҳа иаҵоу ауаҩы дуаҩ иашаны диԥхьаӡар зилшо?

6 Павел иҳәеит аӡәы Анцәа дхеиҵозар, Анцәа «уи ахаҵара́ ахьааирԥшуа азы дуаҩ иашаны диԥхьаӡар илшоит» ҳәа (Рим. 4:5). Анаҩс апостол иҩит: «Анцәа ауаҩы иҟаиҵо аусқәа дырмыхәаԥшӡакәа дуаҩ иашаны диԥхьаӡозар, уи насыԥ имоуп. Давидгьы убри ауп ииҳәаз: „Насыԥ рымоуп зыгхақәа занажьу, зыгәнаҳақәа зхыху ауаа. Насыԥ имоуп Иегова зыгәнаҳақәа гәнимкыло ауаҩы“» (Рим. 4:6—8; Аԥсал. 32:1, 2). Ауаҩы Анцәа дхеиҵозар, Анцәа уи игәнаҳақәа ианаижьуеит, мамзаргьы урҭ хиҩоит, насгьы уаҳа ахаан урҭ игәалаиршәаӡом. Анцәа ус еиԥш иҟоу ауаҩы ахаҵара ахьимоу азы акгьы зхарам уаҩ иашаны диԥхьаӡоит.

7. Избан иаҳҳәар зҳалшо ажәытәан Анцәа имаҵ зуаз ауаа уаа иашақәан ҳәа?

7 Авраам, Давид, насгьы Анцәа гәыкала имаҵ зуаз егьырҭ ауаа уаа иашақәаны ишыԥхьаӡазгьы, урҭ наӡаӡамызт, насгьы агәнаҳа иаҵан. Аха урҭ ахаҵара ахьрымаз абзоурала Анцәа иҿаԥхьа вба рымамызт, еиҳараӡак Анцәа игәра зымгоз ауаа ирыҿурԥшуазар (Еф. 2:12). Павел иажәақәа еилыкка иудырбоит: Анцәа уиҩызахарц уҭахызар, ахаҵара умазароуп. Авраамгьы Давидгьы ахаҵара рымазар акәын. Ҳаргьы уи ада ԥсыхәа ҳамаӡам.

ИШԤЕИДҲӘАЛОУ АХАҴАРЕИ АУСҚӘЕИ?

8, 9. Ишԥеилыркаауеи шьоукы Павели Иакови ражәақәа, насгьы еимаркуазеи урҭ?

8 Еиҳа ихадоузеи — ахаҵара акәу аусқәа ракәу? Апапцәа ари азҵаара еимаркуеижьҭеи ашәышықәсақәа ҵуеит. Урҭ рҟынтә шьоукы ирҳәоит, уеиқәхарц азы иаҭаху Иҳақәиҭу Иисус игәра агара мацара ауп ҳәа. Дара ирҳәоит: «Иисус дхауҵар, уеиқәхоит». Зны-зынла дара ражәақәа шьақәдырӷәӷәарц азы апостол Павел иажәақәагьы ааргоит: «Анцәа ауаҩы иҟаиҵо аусқәа дырмыхәаԥшӡакәа дуаҩ иашаны [диԥхьаӡоит]» (Рим. 4:6). Аха егьырҭ ирҳәоит иԥшьоу аҭыԥқәа рахь умныҟәалар, насгьы ауахәама аҵасқәа наумыгӡалар, уеиқәхаӡом ҳәа. Ражәақәа шьақәдырӷәӷәарц азы дара Иаков 2:24 аҿы иану ажәақәа ааргоит: «Аӡәы Анцәа иҿаԥхьа дуаҩ иашаны дыԥхьаӡахарц азы ахаҵара́ мацара азхаӡом, аусқәагьы аҭахуп».

9 Адинхаҵаратә шәҟәыҩҩцәа шьоукы алкаа ҟарҵеит Павели Иакови ргәаанагарақәа еиқәшәаӡомызт ҳәа — аӡәы еиҳа ихадоу ахаҵара ауп ҳәа иԥхьаӡон, егьи — аусқәа роуп ҳәа. Апапцәа шьоукы изларҳәо ала, Павел ауаҩы дуаҩ иашаны дҟазҵо иусқәа ракәымкәа, ихаҵара ауп ҳәа иԥхьаӡон. Иаков иакәзар, аусқәа рыда Анцәа игәы узыҟаҵом ҳәа ауаа идирҵон. Адинхаҵаратә профессорк уи абас дахцәажәеит: «Иаков изеилкааӡомызт Павел изиҳәоз ауаҩы дуаҩ иашазарц азы аусқәа ракәымкәа, ахаҵара мацара ауп ииҭаху ҳәа». Аха Павелгьы Иаковгьы рысаламшәҟәқәа Анцәа идоуҳала ирҩит — Иегова иоуп уи ргәазҭазҵаз (2 Тим. 3:16). Ус анакәха, урҭ ирҳәаз уеилзыркаауа ак ыҟазароуп. Уи иагьыҟоуп: аконтекст бзианы иҭҵаатәуп.

Павел Рим инхоз иауриаз ақьырсианцәа иреилиркааит ауаҩы Анцәа иҿаԥхьа дуаҩ иашаны дҟазҵо Моисеи изакәан ахьынаигӡо шакәым, имоу ахаҵара шакәу. (Шәахәаԥш абзац 10.) b

10. Иарбан усқәоу Павел раԥхьаӡа иргыланы зыӡбахә иҳәоз? (Римаа рахь 3:21, 28). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

10 Иарбан усқәоу Павел Римаа рахь 3-тәи 4-тәи ахқәа рҿы дызлацәажәоз? Иара еиҳараӡак зыӡбахә имаз израильаа ашьха Синаи ашьапаҿы Моисеи ила ирыҭаз азакәан ирыднаҵоз аусқәа ракәын. (Шәаԥхьа Римаа рахь 3:21, 28.) Павел ихаан инхоз иауриацәаз ақьырсианцәа шьоукы Моисеи изакәани уи иаҳәози анагӡара уаҳа ишаҭахымыз аилкаара рцәыцәгьазҭгьы ҟаларын. Убри аҟынтә Павел Авраам ҿырԥшыс дааганы иреилиркааит, ауаҩы Анцәа иҿаԥхьа дуаҩ иашаны дҟазҵо азакәан ахьынаигӡо акәымкәа, ахаҵара ахьимоу шакәу. Шаҟа ҳгәы арҭынчуазеи ари азхәыцра! Уи агәра ҳнаргоит Анцәеи Христоси хаҳҵозар, Анцәа игәы ҳшақәшәало.

Иаков ақьырсианцәа ргәазҭеиҵеит рхаҵара аусқәа рыла иаадырԥшларц — ауаа еилымхӡакәа аус бзиақәа рзыҟарҵаларц. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 12.) c

11. Иарбан усқәоу Иаков зыӡбахә иҩуаз?

11 Иаков исаламшәҟәы 2-тәи ахаҿы дзыхцәажәо аусқәа, — уи Моисеи изакәан израильаа ирыднаҵоз аусқәа ракәӡам. Иаков зыӡбахә иҳәо ақьырсиан еснагь иҟаиҵо аус бзиақәа роуп. Урҭ роуп иузырбо ауаҩы ахаҵара имаҵәҟьоу-имаму. Ҳрыхәаԥшып Иаков ихы иаирхәаз ҩ-ҿырԥштәык.

12. Излеидҳәалоузеи ахаҵареи аусқәеи, Иаков излеиҳәаз ала? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

12 Актәи аҿырԥштәаҿы Иаков иҳәоит ақьырсианцәа ауаа еилырымхлар шрыхәҭоу. Уи ҳаилиркаарц азы Иаков еиҭеиҳәоит ибеиоу дицәнымхошәа ҟазҵо, аха иӷару дзаҭәазымшьо ауаҩы иӡбахә. Уи ауаҩы ахаҵара сымоуп ҳәа иҳәалар шалшогьы, иусқәа иудырбо даҽакуп (Иак. 2:1—5, 9). Аҩбатәи аҿырԥштәаҿы Иаков иҳәоит, «аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟынтә аӡәы ишәиҵаша иифаша» шимам збо, аха уи имыцхраауа ауаҩы иӡбахә. Иара ахаҵара сымоуп ҳәа шиҳәогьы, уи аусқәа рыла ишьақәирӷәӷәаӡом. Убри аҟынтә ихаҵара акгьы иаԥсаӡам. Иаков ишиҳәаз еиԥш «усла ишьақәырӷәӷәам ахаҵара ԥсуп» (Иак. 2:14—17).

13. Ҿырԥштәыс иааигада Иаков ахаҵарагьы аусқәагьы шхадоу ҳаилиркаарц азы? (Иаков 2:25, 26).

13 Ахаҵара аусқәа рыла ишышьақәырӷәӷәалатәу ҳирбарц азы Иаков Раав ҿырԥштәыс дааигеит. (Шәаԥхьа Иаков 2:25, 26.) Лара Иегова иӡбахә лаҳаит, насгьы уи израильаа дышрыцхраауа еилылкааит (Иис. Н. 2:9—11). Лара ахаҵара аус аҿы иаалырԥшит: зыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылаз ҩыџьа израильтәи аԥшыхәцәа дрыцхрааит. Уи абзоурала Израиль иатәымыз инаӡамыз уи аԥҳәыс Авраам иеиԥш дуаҩ иашаны дыԥхьаӡан. Раав иҟалҵаз иаҳнарҵоит ахаҵара аусқәа ацзар шахәҭоу.

14. Избан Павели Иакови ирҳәоз еиҿагылаӡом ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

14 Ишаҳбаз еиԥш, Павел ахаҵареи аусқәеи рызҵаара ганкахьала дазнеит, Иаков — даҽа ганкахьала. Павел иауриаз ақьырсианцәа иреиҳәон Моисеи изакәан ирыднаҵоз аусқәа рынагӡара мацарала Иегова иргәырӷьара шрылымшоз. Иаков иакәзар, ақьырсианцәа зегьы аус қьиақәа рыла рхаҵара шьақәдырӷәӷәалароуп ҳәа ауп ииҳәаз.

Шәгәазҭанаҵома ахаҵара Иегова игәы иақәшәо аусқәа рыҟаҵара? (Шәахәаԥш абзац 15.)

15. Иарбан знеишьақәоу ҳхаҵара аус аҿы аарԥшразы иҳамоу? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

15 Иегова ауаҩ иаша ҳәа ззиҳәаз Авраам итәыла гәакьа аанижьит, ақьалақәа рҿы дынхон, насгьы бзиа иибоз иԥа кәырбанс инагара дазхиан. Аха уи иаанагаӡом Анцәа ҳара ҳҟынтәгьы уи дазыԥшуп ҳәа. Ҳаргьы ахаҵара шҳамоу усла аарԥшразы алшарақәа рацәаны иҳамоуп. Ҳара иҳалшоит аизарахь ҿыц иааз хаала аԥсшәа раҳҳәалар, ацхыраара зҭаху аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрыцхраалар, насгьы ҳҭаацәарақәа ҳреиҷаҳалар (Рим. 15:7; 1 Тим. 5:4, 8; 1 Иоанн 3:18). Ахаҵара шҳамоу аазырԥшуа ихадоу даҽа уск — уи гәацԥыҳәарала ажәабжь аҳәара ауп (1 Тим. 4:16). Ҳара зегьы ҳусқәа рыла иааҳарԥшыр ҳалшоит Иегова иқәыргәыӷрақәа хымԥада ишынаигӡо, насгьы иара иҟаиҵо еснагь зегьы ишреиӷьу агәра шаҳго. Убасҟан Анцәа ҳуаа иашақәаны, насгьы иҩызцәа ҳакәны ҳиԥхьаӡалоит.

ГӘЫӶРАДА АХАҴАРА ЗЫҞАЛОМ

16. Дзықәгәыӷуази Авраам, насгьы зыгәра игози иара?

16 Римаа рахь 4-тәи ахаҿы Авраам иҿырԥшы иаҳнарҵо ихадоу даҽакгьы ануп. Уи ахы иҳаилнаркаауеит агәыӷра шаҟа ихадоу. Иегова иҳәеит Авраам ила «ажәлар ду» дшырзылԥхо. Шәазхәыц изакәытә гәыӷра џьашьахәу Анцәа Авраам ииҭаз! (Аҟаз. 12:3; 15:5; 17:4; Рим. 4:17). Авраам 100 шықәса ихыҵит, Саррагьы — 90 шықәса, аха изқәыргәыӷыз аԥа дырмоуӡацызт. Ауаҩы ихәаԥшышьала Авраами Сарреи ахшара дроур рылшомызт. Авраам ихаҵаразы уи ԥышәара ӷәӷәахеит. Аха иара «ажәлар рацәа абыс дшырзыҟало... дақәгәыӷуан, агәрагьы игон» (Рим. 4:18, 19). Ҳара ишаҳдыруа еиԥш, иара игәыӷра наӡеит. Акыршықәса дыззыԥшыз аԥа, Исаак, диоуит (Рим. 4:20—22).

17. Иабантәиаадыруеи Анцәа ҳуаа иашақәаны, насгьы ҩызцәас ҳиԥхьаӡар шилшо?

17 Авраам иҭоурых иаҳнарбоит ҳара Анцәа иразра ҳаур, иҿаԥхьа ҳуаа иашақәаны, насгьы иҩызцәа ҳакәны ҳҟалар шҳалшо. Павелгьы уи ауп зыӡбахә иҩуаз: «Анцәа уи „дуаҩ иашаны диԥхьаӡеит“ ҳәа занҵаз иара [Авраам] изы мацара акәӡам, ҳара ҳзгьы ианҵан. Ҳаргьы ҳуаа иашақәаны ҳаԥхьаӡахоит, избанзар Иҳақәиҭу Иисус иԥсы ҭазҵаз игәра ҳгоит» (Рим. 4:23, 24). Авраам иеиԥш, ҳаргьы ахаҵарагьы, аусқәагьы, агәыӷрагьы ҳҭахуп. Павел Римаа рахь 5-тәи ахаҿы агәыӷра аӡбахә иҵегьы далацәажәоит. Уи анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит.

АШӘА 28 Иегова уиҩызаха

a Ҳара иаҳҭахуп Анцәа даҳзыраззарц, насгьы ҳуаа иашақәаны ҳиԥхьаӡаларц. Ари астатиа аҟны еилҳаргоит Иегова иразра ҳаурц азы иҟаҵалатәу, насгьы уи азы ахаҵарагьы аусқәагьы заҭаху. Уи аҿы Павели Иакови рысаламшәҟәқәа ҳацхраауеит.

b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Павел иауриаз ақьырсианцәа иреилиркааит урҭ Анцәа иҿаԥхьа уаа иашақәаны иҟазҵо ахаҵара шакәу, азакәан анагӡара акәымкәа. Амаҭәа иадырӡахылоз ашашәа иаҵәеи, Мшаԥныҳәа азгәаҭареи, анапыӡәӡәара иазкыз ақьабзи уаҳа аҵакы рымаӡамызт.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иаков ақьырсианцәа ргәазҭеиҵон аус бзиақәа ҟаҵо — иаҳҳәап, иӷару ирыцхраауа — ахаҵара аадырԥшларц.