Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аԥсҭазаара аҟынтә ахҭыс

Аԥсҭазаара аҟынтә ахҭыс

Арыцҳашьара зҭахым дыҟаӡам

Зны Зеландиа Ҿыц инхо иаҳәшьак «Заботьтесь друг о друге» захьӡу авидеонҵамҭа дахәаԥшит. Уа иҳәоуп Иегова ауаа ррыцҳашьара адагьы, уи аус аҿы ишааирԥшуа (Ис. 63:7—9). Лара илаҳаз лхы иархәаны аӡәы дицхраарц лыӡбеит. Ԥыҭрак ашьҭахь уи аҽны хәаахәҭра данцоз, аҩны змамыз ԥҳәыск дылбан, илфаша ак лзаалхәарц лыдылгалеит. Аԥҳәыс уи дақәшаҳаҭхеит. Аиаҳәшьа афатә лыманы уи аԥҳәыс лахь даннеи илалҳәеит, иаарласны аԥсҭазаара шеиӷьхо, насгьы абуклет «Иҟалома знымзар-зны агәаҟрақәа рҵыхәтәа?» ллырбеит.

Аԥҳәыс инеимаҭәаны аҵәыуара далагеит. Лара илҳәеит Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәараҿы ишлызҳаз, аха акыршықәса раԥхьа аҵабырг шаанлыжьыз. Ааигәа лара Иегова диҳәон иара иахь ахынҳәра длыцхраарц. Аиаҳәшьа уи аԥҳәыс Абиблиа лылҭеит, насгьы Абиблиа аҵара иалагарц еибырҳәеит a.

Иегова иеиԥш, ҳаргьы ауаа рыцҳаҳшьалар ҳалшоит, ҳҭынхацәагьы ҳаизара иатәу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеигьы уахь иналаҵаны. Иара убас арыцҳашьара ҳгәазҭанаҵоит Абиблиа иану Анцәа иқәыргәыӷрақәа рыӡбахә ауаа рзеиҭаҳәаразы алшарақәа рыԥшаара.

a Иегова ицәыхарахаз шәрыцхраар шшәылшо еилышәкаарц азы, шәахәаԥш 2020 шықәса, ииун мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу астатиа «Шәхынҳәы сара сахь».