Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ишәгәалашәома шәара?

Ишәгәалашәома шәара?

Шәыхшыҩ азышьҭны шәрыԥхьозма ари ашықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҭыжьымҭақәа? Игәашәҭ анаҩстәи азҵаарақәа рҭак шыҟашәҵо:

Иаа́нагозеи ҳахшыҩ арҿыцра? (Рим. 12:2).

Аус бзиақәа рыҟаҵара мацара азхаӡом. Ҳара ҳгәаҭа зеиԥшроу есымша игәаҳҭалароуп, насгьы ҳаԥсҭазаара Анцәа инормақәа еиҳа еиӷьны ирықәшәаларц азы ҳҽыҳаԥсахлароуп (w23.01, адаҟьақәа 8—9).

Ишԥаҳалшо аҟәышра ааҳарԥшлар, адунеи аҿы иҟоу ахҭысқәа анаҳбо?

Ҳара адунеи аҿы иҟоу ахҭысқәа ринтерес ҳамоуп, избанзар урҭ Абиблиа аҿы иану аԥааимбаражәақәа рынаӡара иадҳәалоуп. Аизараҿы акзаара зырӡыр алшо ҳгәаанагара аҭыԥан, Иегова иорганизациа иаҳнаҭо аинформациа аҳәара ҳҽазаҳшәоит (1 Кор. 1:10) (w23.02, адаҟьа 16).

Излеиԥшымзеи Иисус иӡӡаахреи ишьҭанеицәа рыӡӡаахреи?

Иисус Иегова иҽизикыр акәӡамызт, избанзар Анцәа иитәыз ажәлар рыбжьара диит. Иисус инаӡаз, гәнаҳа змамыз уаҩын. Иара игәнаҳақәа дрыхьхәыр акәӡамызт (w23.03, адаҟьа 5).

Ҳрыцхраар шԥаҳалшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аизарақәа рҿы аҭак аҟаҵара?

Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ахцәажәара рҽаладырхәырц азы аҭакқәа кьаҿны иҟаҳҵалар ҳалшоит. Ҳҭак аҿы азхәыцрақәа рацәаны иҳамҳәалар, егьырҭгьы ирҳәаша рымазаауеит (w23.04, адаҟьа 23).

Изакәызеи «Иԥшьоу амҩа» ҳәа Исаиа 35:8 аҿы зыӡбахә ҳәоу?

Уи, инықәырԥшны иуҳәозар, ауриацәа Вавилонынтәи рыԥсадгьыл ахь излахынҳәуаз амҩа акәын. Аха уи мацара акәӡам. 1919 шықәсазы иахьатәи «Иԥшьоу амҩа» аатит. Уаанӡа ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа «аҽазыҟаҵаратә усурақәа» ирҿын. Уахь иаҵанакуеит Абиблиа аиҭагареи акьыԥхьреи. Иахьа Анцәа ижәлар адоуҳатә џьанаҭ аҿы иҟоуп, насгьы Аҳра иаанаго ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара бзиа ахь уназго «Иԥшьоу амҩа» иануп (w23.05, адаҟьақәа 15—19).

Иазусҭцәада Ажәамаанақәа 9-тәи ахаҿы зыӡбахә ҳәоу асимволтә ҵакы змоу аҳәса?

Ажәамаанақәа рҿы «ихшыҩдоу аԥҳәыс» лыӡбахә ануп. Уи лааԥхьара здызкыло «анышәынҭра» рзыԥшуп. Егьи аԥҳәыс — «ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара» ауп. Лара аԥсҭазаарахь уназго «аҟәыӷара амҩа» ала ацара ҳадылгалоит (Ажәам. 9:1, 6, 13, 18) (w23.06, адаҟьақәа 22—24).

Ишԥаныԥши Анцәа Лот иҳәара аҭак шыҟаиҵаз иара ахынраалара шилоу, иҳәатәы аргарагьы дшашьҭам?

Иегова Лот иеиҳәеит Содомынтәи ашьхарахь аамҭа мгакәа дцарц. Лот Цоарҟа ацара азин ииҭарц Иегова иҳәара даналага, Анцәа Лот дзызиҳәаз дақәшаҳаҭхеит (w23.07, адаҟьа 21).

Иҟалҵар лылшозеи аԥҳәыс, лхатә ҩыза апорнографиа дахәаԥшуазар?

Лара лхы ахара адлымҵалароуп. Еиҳа еиӷьуп Анцәеи лареи реизыҟазаашьақәа лырӷәӷәалар, насгьы Анцәа згәы ирҭынчуаз Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу аҳәса рыхҭысқәа дрызхәыцлар. Лара лхатә ҩыза дырҩегь апорнографиа ахәаԥшра агәаҳәара изцәырызго аҭагылазаашьақәа рҽырцәыхьчара дицхраар лылшоит (w23.08, адаҟьақәа 14—17).

Ишԥаҳацхраауеи аҟәышра, аӡәы зыгәра ҳго аҵәы алхны дахцәажәозар, ататара аарԥшны аҭак иҭара?

Ибзиахоит уи азҵаара акритика еиԥш ма аҿагылара еиԥш акәымкәа, ауаҩы игәы иҵхо аилкааразы алшара еиԥш ҳахәаԥшыр. Уи хаала аҭак иҭара иҳацхраауеит (w23.09, адаҟьа 17).

Иаҳнарҵозеи Мариа амч шлоуз?

Мариа Мессиа иан шлакәхо еилылкааит. Аҭакԥхықәра ду зҵаз уи адҵа анагӡаразы лара егьырҭ рҿы ацхыраара дашьҭан. Амаалықь Гавриили Елизаветеи Иегова иахь илымаз агәрагара дырӷәӷәеит. Ҳаргьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыцхыраара ҳақәгәыӷлар ауеит (w23.10, адаҟьа 15).

Ишԥаилшо Иегова ҳаҳәарақәа рҭак ҟаиҵар?

Анцәа агәра ҳиргоит ҳаҳәарақәа дшырзыӡырҩло, насгьы уи игәҭакы ишадҳәалоу дазхәыцуеит (Иер. 29:12). Еиԥшу аҳәарақәа рҭак еиԥшӡамкәа иҟаиҵар ауеит, аха цхыраарада ҳаанижьӡом (w23.11, адаҟьақәа 21—22).

Римаа рахь 5:2 аҿы иануп ақьырсианцәа агәыӷра шрымоу. Избан Павел Римаа рахь 5:4 аҿы уи ҿыц дзалацәажәо?

Ауаҩы ажәабжь бзиа аниаҳалак, џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа анхаразы агәыӷра иоуеит. Аха ауадаҩрақәа данрықәшәалак, урҭ анихигалак, насгьы Анцәа дшизыразу анибалак, иҟалап игәыӷра еиҳагьы иӷәӷәахар, ахәгьы уаанӡа аасҭа еиҳагьы иҳаракны ишьалар (w23.12, адаҟьақәа 12—13).