Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 53

Иқәыԥшу аишьцәа, доуҳала шәеизҳала

Иқәыԥшу аишьцәа, доуҳала шәеизҳала

«Сашьцәа, хшыҩла ахәыҷқәа шәырмеиԥшхан. Адуцәа реиԥш шәхәыцла» (1 КОР. 14:20).

АШӘА 135 Иегова гәыкала уааиԥхьоит: «Уҟәышыз, сԥа»

АХҲӘАА a

1. Иҟаиҵалар акәзеи ақьырсиан ақәҿиара имазарц азы?

 АПОСТОЛ Павел коринфаа ирзиҩит: «Сашьцәа, хшыҩла ахәыҷқәа шәырмеиԥшхан. Адуцәа реиԥш шәхәыцла» (1 Кор. 14:20). Арҭ ажәақәа ақьырсиантә еизараҿы иҟоу ахацәа зегьы ирыҵанакуеит. Доуҳала ишәу ақьырсиан Анцәа изакәанқәеи абиблиатә принципқәеи рыла дынхоит (Лука 2:52). Избан иқәыԥшу аишьцәа уи рҽазыршәалар зрыхәҭоу?

2, 3. Избан иқәыԥшу аиашьа доуҳала дыӷәӷәахарц азы илшо зегь ҟаиҵалар зихәҭоу?

2 Ахаҵа аҭаацәараҿгьы аизараҿгьы ихадоу ароль изалхуп. Иқәыԥшу аиашьа, уара аԥхьаҟа иуоур алшо аҭакԥхықәрақәа урызхәыцуазар ауеит. Иҟалап уара пионерс, аизара ацхырааҩыс, нас аизара ахылаԥшҩыс амаҵ аура хықәкыс иумазар. Иҟалап аԥҳәыс дааугар, насгьы ахәыҷқәа уоур уҭахызар (Еф. 6:4; 1 Тим. 3:1). Хықәкыс иумазаалакгьы, уи аҭакԥхықәра ацуп. Иуоуа аҭакԥхықәрақәа ибзианы инаугӡаларц азы доуҳала уӷәӷәазароуп b.

3 Иуцхраауазеи доуҳала иӷәӷәоу уаҩны аҟалара? Аҟазшьа бзиақәеи аԥсҭазаараҿы иухәаша адыррақәеи еизурҳалароуп. Шәааи уи еиҳа инарҭбааны ҳалацәажәап.

ДОУҲАЛА ИӶӘӶӘОУ ҚЬЫРСИАННЫ АҞАЛАРА ИУЦХРААУА

Уазхәыц Иисус илоу аҟазшьақәа рҟынтә иугәаԥхо, насгьы иара иеиԥш ахымҩаԥгара уҽазышәала. Уи доуҳала иӷәӷәоу уаҩны аҟалара иуцхраауеит. (Шәахәаԥш абзац 4.)

4. Узҿыԥшлар улшода уара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

4 Иҿырԥшыгоу ахацәа урҿыԥшла. Абиблиаҿы Иегова бзиа дызбоз, насгьы ижәлар иреиҷаҳауаз ирацәаҩны ахацәа рыӡбахә ҳәоуп. Уара урҭ урҿыԥшлар улшоит. Иара убас иулшоит уеизара иатәу, насгьы уҭынхацәа рыбжьара иҟоу доуҳала иӷәӷәоу ахацәа урҿыԥшлар (Аур. 13:7). Зегь раасҭа еиӷьу аҿырԥшы — Иисус Христос иоуп (1 Пиотр 2:21). Уазхәыц иарбан ҟазшьақәоу урҭ ахацәа рҿы иугәаԥхо, насгьы дара реиԥш ахымҩаԥгара уҽазышәала (Аур. 12:1, 2).

5. Иуцхраауазеи Иегова иеиԥш ахәыцра, насгьы избан уи зхадоу? (Аԥсалом 119:9).

5 Аҟәышра еизырҳала, насгьы уи умырӡын (Ажәам. 3:21). Аҟәышра злоу ауаҩы дымхәыцӡакәа аӡбарақәа идикылаӡом. Иара зегьы ибзианы дазхәыцуеит, насгьы еснагь Анцәа игәы аҟаҵара дашьҭоуп. Уи ари адунеи аҿы иқәыԥшу ауаа рхы шымҩаԥырго зынӡа иеиԥшӡам. Дара ирҭаху, насгьы ииашоуп ҳәа ирыԥхьаӡо ауп иҟарҵо (Ажәам. 7:7; 29:11). Уи адагьы, аинтернети асоциалтә каҭақәеи анырра ӷәӷәа рынаҭоит. Убри аҟынтә ари адунеи анырра унамҭарц азы иулшо зегь ҟаҵала. Ӡбарак анудукыло, раԥхьа Иегова игәаанагара еилкаа. Анаҩс Иегова иуеиҳәо зегьы изреиӷьу уазхәыц. Уи ашьҭахь еилукааз ухы иархәала. Убасҟан иудукыло аӡбарақәа Иегова ддыргәырӷьалоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 119:9.) Уара Иегова дышхәыцуа еиԥш ахәыцшьа уҵар, доуҳала уеизҳарц азы ашьаҿа ду ҟауҵоит (Ажәам. 2:11, 12; Аур. 5:14). Ҳахәаԥшып уи: 1) аиҳәшьцәа ушырзыҟоу ишаныԥшуа, насгьы 2) уеилаҳәашьеи уҭеиҭыԥши ишаныԥшуа.

6. Иааирԥшыр шԥаилшо иқәыԥшу аиашьа аиҳәшьцәа пату шрықәиҵо?

6 Иегова дышхәыцуа еиԥш ахәыцшьа зҵаз аиашьа аҳәса пату рықәиҵоит. Иаҳҳәап, иқәыԥшу иашьак иаҳәшьак еиӷьны длабадырырц иҭахуп. Уи цәгьарас ҳәа акгьы аҵаӡам. Аха Иегова дышхәыцуа еиԥш ахәыцшьа зҵаз аиашьа уи аиаҳәшьа ԥҳәысс дигарц игәы иҭамзар, ихы лгәаирԥхаӡом. Иаҳҳәап, иара уи аиаҳәшьа дигәаԥхошәа лгәы иааназыргаша акгьы леиҳәалаӡом, илзиҩлаӡом, насгьы иҟаиҵалаӡом (1 Тим. 5:1, 2). Аиаҳәшьеи иареи еиқәшәозар, лыхьӡ бзиа ихьчалоит. Иара иаҭаху зегь ҟаиҵоит лареи иареи рхала иаанымхаларц, насгьы аамҭа анеицырхырго доуҳала ишәу ақьырсиан дрыцзарц (1 Кор. 6:18).

7. Ихеимыршҭлар ихәҭоузеи иқәыԥшу аиашьа иҽеилаҳәашьеи иҭеиҭыԥши данрызхәыцуа?

7 Иқәыԥшу аиашьа Иегова дышхәыцуа еиԥш ахәыцшьа иҵазар, уи иҭеиҭыԥш ианыԥшлоит. Имодоу амаҭәақәа зхәыцуа аӡәырҩы Иегова хьаас дызмам, насгьы ламысдарала зхы мԥаҩызго ауаа роуп. Урҭ ауаа бжьысқәа ирхәыцуа амаҭәақәа ма иҭарххацәоуп, ма ахацәа аҳәса иреиԥшны иҟанаҵоит. Дзызхәыцлозеи аиашьа, ишәиҵаша аниӡбо? Иара зегь рыла Христос диеиԥшзарц иҭахызар, абиблиатә принципқәа ихы иаирхәалоит, насгьы иеизараҿы иҟоу доуҳала иӷәӷәоу ақьырсианцәа дырҿыԥшлоит. Иара ихы дазҵаар илшоит: «Исшәысҵарц исҭаху амаҭәа ақьырсианцәа ирықәнагома? Иубарҭоума сеилаҳәашьала егьырҭ ауаа пату шрықәысҵо? Сызбо ауаа Анцәа имаҵзуҩы шсакәу еилыркаартә сеилаҳәоума?» (1 Кор. 10:31—33; Тит 2:6). Иегова игәаанагара иазхәыцуа аиашьа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рпатуқәҵарагьы, жәҩантәи Иаб ипатуқәҵарагьы ирҳауеит.

8. Ишԥаилшо иқәыԥшу аиашьа узықәгәыӷыртә иҟоу уаҩны дҟалар?

8 Узықәгәыӷыртә иҟоу уаҩны уҟаз. Узықәгәыӷыртә иҟоу аиашьа иду адҵақәа зегьы ҭакԥхықәрала дрызнеиуеит (Лука 16:10). Ҳахәаԥшып Иисус иҿырԥшы. Иара аусқәа ишабалак инаигӡаӡомызт. Иара Иегова идиҵоз адҵақәа зегь наигӡон, уи анымариамызгьы. Иисус ауаа бзиа ибон — еиҳараӡак иҵаҩцәа — урҭ иԥсгьы рыхҭниҵеит (Иоанн 13:1). Иисус уиҿыԥшла. Иурҭо адҵақәа зегь гәыкала инагӡала. Дҵак шынагӡатәу узымдыруазар, ахынраалара аарԥшны еиҳа аԥышәа змоу аишьцәа ацхырааразы урыҳәала. Иҟоуп ирыду аасҭа ҟазымҵо ауаа, уигьы зыҟарҵо ирҟәаҵырц азоуп. Урҭ ахаан урмеиԥшхан! (Рим. 12:11). Иуду адҵақәа зегьы «ауаа рзы еиԥш акәымкәа, Иегова изы еиԥш» инагӡала, насгьы узлагаз аус аҵыхәтәанынӡа инагала (Кол. 3:23). Ҳәарада, уара унаӡаӡам, убри аҟынтә агха ухьзар, уацәыԥхамшьакәа иҳәала (Ажәам. 11:2).

АԤСҬАЗААРАҾЫ ИУХӘО АДЫРРАҚӘА ЕИЗЫРҲАЛА

9. Избан иқәыԥшу аиашьа аԥсҭазаараҿы иухәо адыррақәа еизирҳалар зихәҭоу?

9 Доуҳала ишәу уаҩны уҟаларц азы аԥсҭазаараҿы иухәо адыррақәа урҳалароуп. Урҭ уцхраауеит аизараҿы иуду аҭакԥхықәрақәа рынагӡара, ухи уҭаацәеи рныҟәгара иуцхраауа аусура аԥшаара, иара убас егьырҭ ауааи уареи аизыҟазаашьа бзиақәа умазаауеит. Абар урҭ рҟынтә дыррақәак.

Ибзианы аԥхьашьеи аҩышьеи уҵар, уи ухаҭагьы аизарагьы ахәарҭа шәзаанагоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10, 11.)

10, 11. Избан иқәыԥшу аиашьа ибзианы аԥхьашьеи аҩышьеи иҵар зихәҭоу? (Аԥсалом 1:1—3). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

10 Ибзианы аԥхьашьеи аҩышьеи ҵала. Абиблиаҿы иануп есыҽны Анцәа Иажәа иаԥхьо, насгьы иазхәыцуа ауаҩы анасыԥи ақәҿиареи шимазаауа. (Шәаԥхьа Аԥсалом 1:1—3.) Уара есыҽны Абиблиа уаԥхьозар, Иегова дышхәыцуа еиԥш ахәыцшьа уҵалоит. Убасҟан иудукыло аӡбарақәа угәаанагара акәымкәа, абиблиатә принципқәа рныԥшлоит (Ажәам. 1:3, 4). Аизараҿы ус еиԥш иҟоу ахацәа даара иаҭахуп. Избан?

11 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирҭахуп арҵара иазҟазоу, насгьы Абиблиа шьаҭас измоу алабжьарақәа рыҭара зылшо ахацәа рыцхыраара (Тит 1:9). Уара ибзианы аԥхьашьеи аҩышьеи удыруазар, аизараҿы уҭак бзиақәеи уажәахәқәеи рыла аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхаҵара урӷәӷәалоит. Уи адагьы, убасҟан уара иулшоит ухатә ҭҵаара анымҩаԥуго, насгьы аизараҿы, ма аконгрессқәа рҿы ажәахәқәа уанырзыӡырҩуа иугәаԥхо азхәыцрақәа џьара иануҵалар. Уи ухаҵарагьы арӷәӷәоит, егьырҭ ргәы ашьҭыхрагьы иуцхраалоит.

12. Ицхраауазеи аиашьа ибзианы аӡырҩшьеи хаала ацәажәашьеи аҵара?

12 Ибзианы аӡырҩшьеи хаала ацәажәашьеи ҵала. Ақьырсиан ауаа ибзианы рзыӡырҩшьеи хаала рацәажәашьеи идыруазароуп. Иара ауаа ибзианы дырзыӡырҩлароуп, насгьы ргәаанагареи ргәы иҵхои хьаас имазароуп (Ажәам. 20:5). Уи азы дзацәажәо ауаҩы ибжьи, ихаҿсахьеи, итәашьеи-игылашьеи, инапырхахашьеи дахәаԥшлароуп. Уи иҵарц азы ауаа аамҭа рыцихигалароуп. Уара ауаа узларацәажәо СМС-аацҳарақәеи амессенџьерқәеи мацара рыла акәзар, ауаҩы лабҿаба иацәажәара уцәыцәгьахоит. Убри аҟынтә ауаа лабҿаба рацәажәаразы алшарақәа ԥшаала (2 Иоанн 12).

Аԥхьаҟа аусура аԥшаара иуцхраауа занааҭк уоур бзиоуп. (Шәахәаԥш абзац 13.)

13. Ииҵар акәзеи иҵегьы иқәыԥшу аиашьа? (1 Тимофеи иахь 5:8). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

13 Ахныҟәгашьа ҵала. Доуҳала ишәу ақьырсиан ихгьы иҭаацәарагьы ныҟәигалароуп. (Шәаԥхьа 1 Тимофеи иахь 5:8.) Тәылақәак рҿы иқәыԥшу аишьцәа раб ма рыуак иҿы ҟазарак рҿырҵаар рылшоит. Даҽа тәылақәак рҟны ашкол аҿы занааҭк роуртә алшара рымоуп. Ишқәыԥшу занааҭк зауа ауаа ԥхьаҟа ихәыцуеит. Уи аԥхьаҟа аусура аԥшаара иуцхраауеит (Аус. 18:2, 3; 20:34; Еф. 4:28). Аџьабаа уацәымшәалан, насгьы узлаго аус аҵыхәтәанынӡа анагӡара уҽаршьцылала. Убасҟан узықәгәыӷыртә иҟоу ауаҩ иеиԥш уеицырдырлоит. Ус еиԥш иҟоу ауаа усурада ахаан иаанхаӡом! Ҳазлацәажәаз аҟазшьақәеи аԥсҭазаараҿы иухәо адыррақәеи аԥхьаҟа иуоур алшо аҭакԥхықәрақәа урзыҟанаҵоит.

АԤХЬАҞА ИУОУА АҬАКԤХЫҚӘРАҚӘА УҼЫРЗЫҞАҴАЛА

14. Ицхраауазеи иқәыԥшу аиашьа иаамҭа зегь амаҵзура азкра?

14 Заамҭа зегь амаҵзура иазызкуа. Доуҳала иӷәӷәоу ақьырсианцәа аӡәырҩы ианқәыԥшыз раамҭа зегь амаҵзура иазыркит. Иқәыԥшу аиашьа апионертә маҵзура еиуеиԥшым ауаа рацәажәашьа инарҵоит. Иара убас уи аԥара ииашаны аныхшьа инарҵоит (Флп. 4:11—13). Ицхырааҩу пионерс амаҵ уулар, уи апионертә маҵзура алагара иуцхраауеит. Аӡәырҩы убриала ауп излалагаз. Нас дара апионертә маҵзурахьы ииасит. Уи иҿыцу алшарақәа рзаанартит, иаҳҳәап, аргыларатә программа аҽалархәра ма Вефиль аҿы амаҵ аура.

15, 16. Ицхраауеи иқәыԥшу аиашьа аизара ацхырааҩыс ма аизара ахылаԥшҩыс аҟалара?

15 Аизара ацхырааҩцәа, ма аизара ахылаԥшыҩцәа. Аишьцәа зегьы аизара ахылаԥшыҩцәас аҟалара агәаҳәара рымазароуп. Уи азы дара Абиблиа иану аҭахрақәа ирықәшәалароуп. Абиблиа ус еиԥш иҟоу ахықәкы ықәзыргыло ахацәа ибзианы ирыхцәажәоит (1 Тим. 3:1). Аиашьа аизара ахылаԥшҩыс дҟалаанӡа аамҭак аҩныҵҟа аизара ацхырааҩыс амаҵ иуроуп. Аизара ацхырааҩцәа еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбараҿы ирацәаны аџьабаа рбоит. Аизара ахылаԥшыҩцәагьы, аизара ацхырааҩцәагьы аԥагьара аамырԥшӡакәа Иегова иуасақәа иреиҷаҳауеит, насгьы ажәабжьҳәаратә ус гәацԥыҳәарала рҽаладырхәуеит. 17 шықәса зхыҵуа иқәыԥшу аиашьа аизара ацхырааҩыс дҟалар илшоит. Аизара ацхырааҩ иду аҭакԥхықәрақәа ибзианы инаигӡозар, 20 шықәса анихыҵлак аизара ахылаԥшҩыс дҟалар илшоит.

16 Иҟаҵатәузеи аизара ацхырааҩыс, ма аизара ахылаԥшҩыс уҟаларц азы? Абиблиаҿы уи азы иҟоу аҭахрақәа зегь ануп. Урҭ шьаҭас ирымоуп Иегова иахь, уҭаацәа рахь, насгьы аизарахь абзиабара (1 Тим. 3:1—13; Тит 1:6—9; 1 Пиотр 5:2, 3). Анцәа уара уҟынтә дыззыԥшу еилукаарц азы ари абзац аҿы иаагоу ажәеинраалақәа уеиҭарыԥхьа. Иегова иаҭаху аҟазшьақәа реизырҳара дуцхраарц азы уиҳәала c.

Иегова иҭахуп ақьырсиан иԥшәмеи ихәыҷқәеи бзиа ибаларц, иныҟәигаларц, ҩыза бзианы дырзыҟазарц, насгьы, зегь реиҳа ихадоу, Анцәеи дареи реиҩызара арӷәӷәара дрыцхрааларц. (Шәахәаԥш абзац 17.)

17. Иҽазыҟаиҵар шԥаилшо иқәыԥшу аиашьа ахаҵа ироль, насгьы аҭаацәара ахада ироль? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

17 Ахаҵа, насгьы аҭаацәара ахада. Иисус иазгәеиҭеит доуҳала иӷәӷәоу ақьырсианцәа шьоукы аҭаацәара ишаламло (Матф. 19:12). Аха уара аԥҳәыс дааугарц уӡбар, уи иадҳәалоу аҭакԥхықәрақәа уоуеит: уԥшәма лзы хатә ҩызаны уҟалоит, насгьы аҭаацәара ахада уакәхоит (1 Кор. 11:3). Иегова иҭахуп ахаҵа иԥҳәыс бзиа дибаларц, насгьы лҭахрақәа дреиҷаҳаларц. Уи адагьы, иԥҳәыс ҩыза гәакьаны дылзыҟалароуп, насгьы Иеговеи лареи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара длыцхраалароуп (Еф. 5:28, 29). Ари астатиаҿы ҳара ҳалацәажәеит Иегова дышхәыцуа еиԥш ахәыцшьа аҵареи, аҳәса пату рықәҵареи, узықәгәыӷыртә иҟоу уаҩны аҟалареи шаҟа ихадоу. Уи зегь хатә ҩыза бзианы, насгьы аҭаацәара ахада бзианы аҟалара иуцхраауеит.

18. Иҽазыҟаиҵар шԥаилшо иқәыԥшу аиашьа аб ироль?

18 Аб. Уара аԥҳәыс данааугалак ашьҭахь, уԥшәмеи уареи ахәыҷқәа шәоур ауеит. Аб бзиа уакәны уҟаларц азы Иегова уиҿыԥшла. Уахь иаҵанакуа рацәоуп (Еф. 6:4). Иегова Иԥа, Иисус, бзиа дшибо, насгьы игәы дшақәшәо иаҳәара дацәыԥхашьаӡомызт (Матф. 3:17). Уара ахшара уоур, ухәыҷқәа бзиа ишубо есымша ираҳәала. Урҭ иҟарҵо аус бзиақәа рзы ирҽхәала, уи имаҷу ак акәзаргьы. Иегова иҿыԥшуа абацәа рхәыҷқәа доуҳала иӷәӷәоу уааны аҟалара ирыцхраауеит. Уи ароль уажәнатә уҽазыҟауҵар улшоит. Уҭаацәара иатәу, насгьы уеизара иатәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи уреиҷаҳала. Урҭ бзиа ишубо, насгьы рыхә ҳаракны ишушьо раҳәашьа ҵала (Иоанн 15:9). Убас уара иузыԥшу ахаҵа ирольи аб ирольи уҽазыҟауҵоит, уажәнатә Иегова дургәырӷьалоит, насгьы уааигәа иҟоу ауаа зегьы агәырӷьара рымазаауеит.

ИҞАУҴАЛОИ УАРА?

Аишьцәа аӡәырҩы ихәыҷаахыс Абиблиа рҵон, еилыркаауаз рхы иадырхәон, убри аҟынтә доуҳала иӷәӷәоу уааны иҟалеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 19, 20.)

19, 20. Ирыцхраауазеи иқәыԥшу аишьцәа доуҳала иӷәӷәоу қьырсианцәаны аҟалара? (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)

19 Аџьабаа мбаӡакәа доуҳала иӷәӷәоу уаҩны узыҟалаӡом. Иқәыԥшу аишьцәа, шәара иҿырԥшыгоу ахацәа шәырҿыԥшлароуп, Иегова дышхәыцуа еиԥш ахәыцшьа шәҵалароуп, узықәгәыӷыртә иҟоу уаҩны шәыҟазароуп, аԥсҭазаараҿы иухәо адыррақәа еизшәырҳалароуп, насгьы аԥхьаҟа ишәзыԥшу аҭакԥхықәрақәа шәҽырзыҟашәҵалароуп.

20 Уара шаҟа ус узыԥшу уаназхәыцуа, ашәара узцәырҵыр алшоит. Аха акы уацәымшәан! Иегова дышуцхраало ажәа уиҭоит (Ис. 41:10, 13). Уеизара аҟынтә аишьцәагьы аиҳәшьцәагьы уааигәа иҟазаауеит, урҭ рыцхыраара уақәгәыӷлар ауеит. Иегова иҭахуп уара доуҳала иӷәӷәоу ақьырсиан уакәны уҟаларц. Иара идыруеит убасҟан уԥсҭазаара еиҳа агәырӷьареи аинтереси шаҵазаауа. Иқәыԥшу ҳашьцәа, ҳара даара, даара бзиа шәаҳбоит! Доуҳала аизҳара шәҽазышәшәала, убасҟан Иегова иҟынтә аҳамҭа шәмоур ауӡом (Ажәам. 22:4).

АШӘА 65 Уеихала, нас, ԥхьаҟа!

a Ақьырсиантә еизараҿы доуҳала иӷәӷәоу ахацәа аҭахуп. Ари астатиа аҟынтә еилаҳкаауеит шәара, иқәыԥшу аишьцәа, доуҳала иӷәӷәоу хацәаны шәҟалар шшәылшо.

b Шәахәаԥш ҳазхысыз астатиаҿы «Жәақәак рҵакы».