Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 52

Иқәыԥшу аиҳәшьцәа, доуҳала шәеизҳала

Иқәыԥшу аиҳәшьцәа, доуҳала шәеизҳала

«Аҳәса... рышьцыларақәа ирыцклаԥшлароуп, насгьы зегь рыла Анцәа гәыкала ишизыҟоу аадырԥшлароуп» (1 ТИМ. 3:11).

АШӘА 133 Иегова имаҵ ула уанқәыԥшу инаркны

АХҲӘАА a

1. Иҳацхраауазеи доуҳала иӷәӷәоу уаҩны аҟалара?

 ШАҞА ирласны ирызҳауазеи ахәыҷқәа! Урҭ ирызҳаларц азы акгьы ҟарҵаӡом. Аха доуҳала аизҳара ус имариам (1 Кор. 13:11; Аур. 6:1) b. Доуҳала ҳаизҳарц азы Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ӷәӷәазароуп. Иара убас ҳара иԥшьоу адоуҳа ҳҭахуп ақьырсиантә ҟазшьақәеи аԥсҭазаараҿы иҳахәаша адыррақәеи реизырҳаразы, насгьы аԥхьаҟа иҳаур алшо аҭакԥхықәрақәа ҳҽырзыҟаҳҵарц азы (Ажәам. 1:5).

2. Еилаҳкаауазеи Аҟазаара 1:27 аҟынтә, насгьы еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

2 Иегова дишеит ахаҵа, дишеит аԥҳәыс. (Шәаԥхьа Аҟазаара 1:27.) Еилкаауп урҭ ԥшрала ишеиԥшым. Аха дара злеиԥшым ԥшрала мацара акәӡам. Иегова урҭ ириҭаз адҵақәагьы еиԥшӡам. Урҭ нарыгӡаларц азы, дара иахәҭоу аҟазшьақәеи адыррақәеи рымазароуп (Аҟаз. 2:18). Ари астатиаҿы ҳара ҳалацәажәоит иқәыԥшу аиаҳәшьа доуҳала дыӷәӷәахарц азы иҟалҵалар лылшо. Анаҩстәи астатиаҿы ҳалацәажәоит иқәыԥшу аишьцәа иҟарҵалар рылшо.

АНЦӘА ИГӘАԤХО АҞАЗШЬАҚӘА ЕИЗЫРҲАЛА

Ревеккеи, Есфири, Авигеиеи, Иегова бзиа дызбоз егьырҭ аҳәсеи бырҿыԥшла. Уи доуҳала иӷәӷәоу қьырсианԥҳәысны аҟалара ибыцхраауеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 3, 4.)

3, 4. Изҿыԥшлар рылшода иқәыԥшу аиҳәшьцәа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

3 Абиблиаҿы Иегова бзиа дызбоз, насгьы имаҵ зуаз ирацәаҩны аҳәса хазынақәа рыӡбахә ануп. Ҳара урҭ ирҿаҳҵаар ҳалшо рацәоуп. (Шәахәаԥш асаит jw.org аҿы астатиа «Женщины в Библии: чему учит их пример?».) Дара, ари астатиа иазалху абиблиатә жәеинраалаҿы Павел аҳәса ишрабжьеиго еиԥш, рышьцыларақәа ирыцклаԥшуан, насгьы зегь рыла Анцәа гәыкала ишизыҟоу аадырԥшуан. Уи адагьы, иқәыԥшу аиҳәшьцәа реизараҿы иҟоу доуҳала иӷәӷәоу аиҳәшьцәа ирҿыԥшлар рылшоит.

4 Иқәыԥшу аиҳәшьцәа, шәызҿыԥшлар шәылшо доуҳала иӷәӷәоу аиҳәшьцәа жәдыруама? Игәашәҭ урҭ иаадырԥшуа аҟазшьа бзиақәа, насгьы шәара урҭ аашәырԥшлар шшәылшо шәазхәыц. Анаҩстәи абзацқәа рҿы доуҳала аизҳара иҳацхраауа ихадоу х-ҟазшьак ҳрылацәажәоит.

5. Избан доуҳала иӷәӷәоу аиаҳәшьа ахынраалара лылазар захәҭоу?

5 Доуҳала ишәу ауаҩы илоу ахынраалара ала дудыруеит. Ахынраалара злоу аиаҳәшьа Иеговеи лареи, насгьы егьырҭ ауааи лареи аизыҟазаашьа бзиақәа рыбжьоуп (Иак. 4:6). Иаҳҳәап, Иегова бзиа дызбо аԥҳәыс ахынраалара аарԥшны, жәҩантәи Лаб ишьақәиргылаз ахадара апринцип дықәныҟәоит (1 Кор. 11:3). Ари апринцип аизараҿгьы аҭаацәараҿгьы аус ауеит c.

6. Ишԥарылшо иқәыԥшу аиҳәшьцәа ахынраалара злаз Ревекка илҿыԥшлар?

6 Ҳлыхцәажәап Ревекка. Лара дыԥҳәыс ҟәышын, агәымшәара лылан, иҟаҵатәу аныҟаҵатәугьы лдыруан (Аҟаз. 24:58; 27:5—17). Убри аамҭазгьы, лара егьырҭ пату рықәылҵон, аҳәатәхаҵарагьы лылан (Аҟаз. 24:17, 18, 65). Баргьы ахынраалара аабырԥшлар, насгьы Иегова амчра зиҭаз бырзыӡырҩлар, бҭаацәара иатәу рзгьы, беизаразгьы бҿырԥшыгахоит.

7. Ишԥарылшо иқәыԥшу аиҳәшьцәа ахӡырымгара злаз Есфирь илҿыԥшлар?

7 Ақьырсианцәа ирылазар рыхәҭоу даҽа ҟазшьак — уи ахӡырымгара ауп. Абиблиа аҿы иануп: «Зхы ҳаразымкуа — ҟәышқәоуп» (Ажәам. 11:2). Ҳахәаԥшып Есфирь лҿырԥшы. Лара ахӡырымгара лылан, данаҳкәажәхагьы лхы ҳаралкӡомызт. Есфирь лаб иашьа иԥа Мардохеи илабжьигоз ҟалҵон (Есф. 2:10, 20, 22). Ишԥабылшо Есфирь блеиԥшхар? Егьырҭ алабжьаразы брыҳәала, насгьы урҭ алабжьарақәа бхы иархәала (Тит 2:3—5).

8. Иарбан 1 Тимофеи иахь 2:9, 10 аҿы иаагоу принципқәоу аиаҳәшьа ақьырсианԥҳәыс ишлықәнагоу еиԥш аҽеилаҳәара илыцхраауа?

8 Излоубарҭоузеи иҵегьы Есфирь ахӡырымгара шлылаз? Лара дҭыԥҳа еинаалан, даараӡагьы дыԥшӡан, аха лхы аӡыргара дашьҭаӡамызт (Есф. 2:7, 15). Ишԥарылшо аиҳәшьцәа Есфирь илҿыԥшлар? Шәааи ҳахәаԥшып 1 Тимофеи иахь 2:9, 10 (шәаԥхьа) аҿы иану. Апостол Павел аҳәса ргәазҭеиҵоит ламысла-патула ииашаны ихәыцуа реиԥш рҽеиларҳәаларц. Ара Павел ихы иаирхәаз абырзен ажәақәа иаадырԥшуеит, аиҳәшьцәа ақьырсиан ҳәсақәа ишрыхәҭоу еиԥш рҽеиларҳәалар шакәу, насгьы егьырҭ рцәаныррақәа ирызхәыцлар шрыхәҭоу. Акыр иаҳзаԥсоу аиҳәшьцәа, шәара ари алабжьара шәахьықәныҟәо азы шәҳарҽхәар ҳҭахуп.

9. Иаҳнарҵозеи Авигеиа лҿырԥшы?

9 Ақьырсиан ҳәсақәа ирылазар акәу зыхә ҳараку даҽа ҟазшьак — уи аҟәышра ауп. Иҟәышу ауаа ацәгьеи-абзиеи реиҩдыраашьа рдыруеит. Даҳгәалаҳаршәап Авигеиа. Лыԥшәма идикылаз ииашамыз аӡбара рҭаацәара зегь ықәнаххьан. Авигеиа аамҭа мгакәа уи аус аҭыԥ иқәылҵеит. Илылаз аҟәышра ауаа рыԥсҭазаара еиқәнархеит (1 Сам. 25:14—23, 32—35). Уи адагьы, ари аҟазшьа ианцәажәатәу, насгьы ианҿымҭтәу аилкаара иҳацхраауеит. Иара убас аҟәышра ҳацхраауеит ауаҩы ушԥаҟоу ҳәа ҳаниазҵаауа, ҳус злам аламцәажәара (1 Фес. 4:11).

АԤСҬАЗААРАҾЫ ИБЫХӘО АДЫРРАҚӘА ЕИЗЫРҲАЛА

Избан ибзианы аԥхьашьеи аҩышьеи шәҵар зхадоу? (Шәахәаԥш абзац 11.)

10, 11. Аԥхьашьеи аҩышьеи бзианы ибҵар, иарбан хәарҭоу уи баргьы егьырҭгьы ишәзаанаго? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

10 Аӡӷаб данхәыҷу илҵо дандухо илыцхраауеит. Шәааи ҿырԥштәқәак ҳрыхәаԥшып.

11 Ибзианы аԥхьашьеи аҩышьеи ҵала. Культурақәак рҿы аҳәса аԥхьашьеи аҩышьеи рзымдыруазаргьы егьаурым ҳәа рыԥхьаӡоит. Аха ақьырсианцәа зегьы аԥхьашьеи аҩышьеи рдыруазар бзиоуп (1 Тим. 4:13) d. Убри аҟынтә, уи бзымариамзаргьы, ибзианы аԥхьашьеи аҩышьеи ҵала. Ишԥабыхәо уи аԥсҭазаараҿы? Аусура аԥшаара бзымариахоит, еиҳа еиӷьны Анцәа Иажәа аҭҵаареи егьырҭ уи аҿы рыцхраареи былшоит. Аха зегь раасҭа ихадоу, Абиблиа бахьаԥхьало, насгьы уи инарҵауланы бахьазхәыцло абзоурала Иеговеи бареи шәеиҩызара бырӷәӷәоит (Иис. Н. 1:8; 1 Тим. 4:15).

12. Ибнарҵозеи Ажәамаанақәа 31:26 аҿы иану?

12 Ибзианы аӡырҩшьеи хаала ацәажәашьеи ҵала. Уи ақьырсианцәа зегьы рзы ихадоуп. Абар, Иаков исаламшәҟәаҿы иану лабжьарак: «Ауаҩы еснагь аӡырҩра дазхиазароуп, ак аҳәара дахымццаклароуп» (Иак. 1:19). Бара егьырҭ ибзианы банырзыӡырҩуа, урҭ хьаас ишбымоу дбырбоит (1 Пиотр 3:8). Бзацәажәо ауаҩы ииҳәарц ииҭаху ма игәы иҵхо цқьа ианыбзеилымкаауа, азҵаарақәа иҭала. Банцәажәо, раԥхьа бхахьы иааиуа бымҳәалан (Ажәам. 15:28). Бхы базҵаа: «Уажәы исҳәарц исҭаху иашоума? Уи егьырҭ ргәы шьҭнахуама? Исҳәарц исҭаху апатуқәҵареи ақьиареи аныԥшуама?» Ибзианы аӡырҩшьеи хаала ацәажәашьеи здыруа доуҳала иӷәӷәоу аиҳәшьцәа бырҿыԥшла. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 31:26.) Урҭ злацәажәо, насгьы ишцәажәо гәаҭала. Ибзианы аӡырҩшьеи хаала ацәажәашьеи шаҟа ибзианы ибҵо аҟара, убриаҟара ауааи бареи шәеизыҟазаашьақәа бзиазаауеит.

Зыҩны ибзианы иахылаԥшуа аԥҳәыс лҭаацәара азгьы аизара азгьы дҳамҭоуп ҳәа уҳәар алшоит. (Шәахәаԥш абзац 13.)

13. Ибыцхраар алшозеи аҩнусқәа ибзианы рынагӡашьа аҵара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

13 Аҩнусқәа ибзианы рынагӡашьа ҵала. Атәылақәа жәпакы рҿы аҩнусқәа зду аԥҳәыс лоуп. Бара бан ма аизара аҟынтә егьырҭ аиҳәшьцәа ирҿыбҵаар былшо рацәоуп. Абар Си́нди илҳәо: «Сан аџьабаа абара бзиа илбоит, саргьы уи сылалааӡеит. Убри аҟынтә афатә ҟаҵашьеи, аҩны аилыргашьеи, аӡахышьеи, ииашаны аԥара аныхшьеи здыруеит. Ари зегьы сыԥсҭазаараҿгьы Иегова имаҵ аураҿгьы даараӡа исыхәоит. Иара убас ҳаҩн ашәқәа асасцәа рзы есымша иаартын. Саргьы, сан леиԥш, асасдкылара аарԥшра сашьҭоуп. Уи абзоурала аишьцәеи аиҳәшьцәеи хазынақәа рацәаҩны срабадырит» (Ажәам. 31:15, 21, 22). Аџьабаа иацәымшәо, асасдкылара злоу, аҩнусқәа бзианы иназыгӡо аԥҳәыс лҭаацәара азгьы аизара азгьы дҳамҭа дууп (Ажәам. 31:13, 17, 27; Аус. 16:15).

14. Ибнарҵозеи Кристал лҿырԥшы, насгьы иарбан хықәкқәоу иқәбыргылар былшо?

14 Ахныҟәгашьа ҵала. Уи ақьырсианцәа зегьы рзы ихадоуп (Флп. 4:11). Кри́стал илҳәоит: «Аиҳабыратә классқәа рҿы аҵара анысҵоз, сҭаацәа иалсхша амаҭәарқәа сыҵарҳәеит. Дара ирҭахын исҵо аԥхьаҟа сыԥсҭазаараҿы исыхәарц. Саб абухгалтерра сҵарц сеиҳәеит. Уи даара исыхәеит». Аха аԥара арҳара мацара азхаӡом. Иҟоуп иҵатәу даҽакгьы. Абиуџьет ашьақәыргылашьеи уи ақәныҟәашьеи удыруазароуп (Ажәам. 31:16, 18). Адоуҳатә хықәкқәа ықәыргылала. Урҭ набыгӡарц азы ауал ҟабымҵалан, насгьы ибымоу бзырхала (1 Тим. 6:8).

АԤХЬАҞА ИБЗЫԤШУ АҬАКԤХЫҚӘРАҚӘА БҼЫРЗЫҞАҴАЛА

15, 16. Иарбан рольу аҭаацәара иалам аиҳәшьцәа аизараҿы инарыгӡо? (Марк 10:29, 30).

15 Избан Анцәа игәаԥхо аҟазшьақәеи аԥсҭазаараҿы ибыхәаша адыррақәеи реизырҳара абас изхадоу? Ус бара аԥхьаҟа ибоуа аҭакԥхықәрақәа бҽырзыҟабҵоит. Урҭ зеиԥшрахо зхьыԥшу иарбан ԥсҭазааратә мҩоу иалыбхуа ауп. Абар вариантқәак.

16 Бара аҭаацәара алалара ахымццакра быӡбар былшоит. Аиҳәшьцәа шьоукы Иисус иажәақәа ирызхәыцны аҭаацәара иаламларц рыӡбеит, ркультураҿы ус иаԥымзаргьы (Матф. 19:10—12). Егьырҭ аҭаацәара иалаларц рҭахуп, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны аҭаацәара иаламлаӡацт. Иеговеи Иисуси аԥҳәыс аҭаацәара даламзар, ак лыгуп ҳәа рыԥхьаӡаӡом. Адунеи ахьынӡанаӡааӡо аизарақәа зегь рҿы аҭаацәара иалам аиҳәшьцәа даара ихадоу ароль нарыгӡоит. Дара гәыкала егьырҭ ирыцхраауеит, насгьы бзиа ирбоит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы рзы дара аиҳәшьцәеи анацәеи реиԥш иҟалеит (шәаԥхьа Марк 10:29, 30; 1 Тим. 5:2).

17. Ишԥалылшо иқәыԥшу аиаҳәшьа лаамҭа зегь Анцәа имаҵ аура азкра лҽазыҟалҵар?

17 Бара баамҭа зегь Анцәа имаҵ аура иазыбкыр былшоит. Адунеи ахьынӡанаӡааӡо ажәабжьҳәаратә ус абжеиҳара назыгӡо аиҳәшьцәа роуп (Аԥсал. 68:11). Ибылшома уажәнатә ибыӡбар баамҭа зегь Анцәа имаҵ аура азкра баналаго? Бара ибылшоит пионерс бҟалар, аргылараҿы ма Вефиль аҿы амаҵ булар. Ахықәкы ықәыргыланы, уи азы Анцәа биҳәала. Пионерс иҟоу, аргылараҿы ма Вефиль аҿы амаҵ зуа брацәажәа, насгьы уи бҽазыҟабҵар шбылшо бразҵаа. Анаҩс бымч зықәхо аплан шьақәыргыл. Бара баамҭа зегь Анцәа имаҵ аура азкра балагар, ахаан уи бахьхәӡом. Убасҟан бара ибзаатуеит Иегова аус ицуразы зеиԥшыҟам алшара ҿыцқәа.

Аҭаацәара алалара базхәыцуазар, ахатә ҩыза иалхра хшыҩла базнеи. (Шәахәаԥш абзац 18.)

18. Избан аиаҳәшьа аҭаацәара алалара хшыҩла дазнеир злыхәҭоу? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

18 Иҟалап аҭаацәара алалара быӡбар. Ҳазлацәажәаз аҟазшьақәеи иухәаша адыррақәеи быԥшәма изы ԥҳәыс бзианы аҟалара ибыцхраауеит. Ҳәарада, аҭаацәара алалара хшыҩла иазнеитәуп, избанзар уи быԥсҭазаараҿы ибыдыбкыло зегь раасҭа ихадоу аӡбарақәа иреиуоуп. Ибхабмыршҭын, аҭаацәара бызцалало бхада иакәны дшыҟало, насгьы уи бизыӡырҩлар шакәхо (Рим. 7:2; Еф. 5:23, 33). Убри аҟынтә бхы базҵаа: «Иҽазишәома иара Христос иҿыԥшра? Иубарҭоума иԥсҭазаараҿы Иегова зегь раасҭа дышхадоу? Идикылома иҟәыӷоу аӡбарақәа? Агхақәа анихьуа, агха шихьыз иҳәома? Пату рықәиҵома аҳәса? Илшома Иеговеи сареи ҳаиҩызара анаҩсгьы арӷәӷәара дсыцхраалар? Сизныҟәгалома, насгьы ҩыза бзианы дысзыҟалома? Уиқәгәыӷыртә дыҟоума иара? Иаҳҳәап, иарбан дҵақәоу аизараҿы иду, насгьы ишԥанаигӡо урҭ?» (Лука 16:10; 1 Тим. 5:8). Ҳәарада, бара бзызхәыцша ахаҵа бзиа дшыбыԥшааша мацара акәӡам, бхаҭагьы ԥҳәыс бзианы бҟалар шбылшо базхәыцроуп.

19. Избан ацхырааҩ лроль ахә зыҳараку?

19 Абиблиаҿы иануп аԥҳәыс бзиа лыԥшәма изы дшыцхырааҩу, насгьы дышхалырҭәаауа (Аҟаз. 2:18, албаага). Уи аԥҳәыс дланарҟәуама? Мап! Ацхырааҩ лроль даара ахә ҳаракуп. Абиблиаҿы Иегова ихаҭагьы акырынтә ацхырааҩ ҳәа изҳәоуп (Аԥсал. 54:4; Аур. 13:6). Ацхырааҩ бзиа лыԥшәма дивагылоуп. Иаҳҳәап, иара аҭаацәара зегь ирныруа аӡбарақәа анидикыло, лара игәы иҭеикыз анагӡара дицхраауеит. Иегова бзиа дылбоит азы, егьырҭ рҿаԥхьа лыԥшәма ихьӡ лыхьчоит, насгьы есымша абзиа ауп изылҳәо (Ажәам. 31:11, 12; 1 Тим. 3:11). Ишԥабылшо ԥҳәыс бзианы бҟалар? Бара ибылшоит уажәнатә Иегова иахь ибымоу абзиабара бырӷәӷәалар, насгьы бҭаацәара иатәугьы аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы брыцхраалар.

20. Иарбан рольу аҭаацәараҿы ан иналыгӡо?

20 Иҟалап, бара ахшара боур. Аҭаацәара баналалалак ашьҭахь быԥшәмеи бареи ахшара шәоур ауеит (Аԥсал. 127:3). Ари астатиаҿы еилҳаргаз быԥшәма изгьы ԥҳәыс бзианы, бхәыҷқәа рзгьы ан бзианы аҟалара ибыцхраауеит. Быбзиабареи, бқьиареи, бычҳареи рыбзоурала шәҭаацәараҿы зегьы анасыԥ рымазаауеит, ахәыҷқәа бзиа ишыжәбо рбалоит, насгьы акгьы иацәшәалаӡом (Ажәам. 24:3).

Аиҳәшьцәа аӡәырҩы ианхәыҷыз аахыс Абиблиа рҵон, еилыркаауаз рхы иадырхәон, убас ала дара доуҳала иӷәӷәоу қьырсианҳәсақәахеит. (Шәахәаԥш абзац 21.)

21. Ишәҳәа иқәыԥшу аиҳәшьцәа рыхә ҳаракны изышәшьо. (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)

21 Иқәыԥшу ҳаҳәшьцәа, шәара Иегова изы, насгьы ижәлар рзы иҟашәҵо даара ирацәоуп! (Аур. 6:10). Шәара аҟазшьа бзиақәеи аԥсҭазаараҿы иухәо адыррақәеи еизшәырҳарц азы аџьабаа жәбоит. Уи шәаргьы шәааигәара иҟоу ауаагьы анасыԥ шәнаҭоит. Анаҩсгьы убас ҟашәҵалар, иалшәхуа аԥсҭазааратә мҩа зеиԥшразаалакгьы, ақәҿиара шәымазаауеит. Ҳара даараӡа бзиа шәаҳбоит!

АШӘА 137 Азиашара аазырԥшуа аҳәса

a Иқәыԥшу ҳаҳәшьцәа, аизараҿы зегьы даараӡа бзиа шәырбоит. Иегова иҭахуп шәара доуҳала иӷәӷәоу уааны шәҟаларц. Уи азы аҟазшьа бзиақәеи шәыԥсҭазаараҿы ишәыхәаша адыррақәеи еизшәырҳалароуп. Убасҟан, иалшәхуа аԥсҭазааратә мҩа зеиԥшразаалакгьы, агәырӷьара шәымазаауеит.

b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Доуҳала иӷәӷәоу ақьырсиан ари адунеи аҟәыӷара акәымкәа, Анцәа идоуҳа анапхгара дықәныҟәоит. Иара Иисус диҿыԥшуеит, Иеговеи иареи реиҩызара ахә ишьоит, насгьы феидас исоуазеи ҳәа акәымкәа, гәыкала ауаа бзиа ибоит.

c Шәахәаԥш 2021 шықәса, февраль мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьақәа 14—19.