Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Уазыҟоума уара арыжәтә Анцәа дшазыҟоу еиԥш?

Уазыҟоума уара арыжәтә Анцәа дшазыҟоу еиԥш?

ИЕГОВА аҳамҭақәа рацәаны иҳаиҭеит. Урҭ ҳхы ишаҳархәалаша ҳхаҭа иҳаӡбалар ахьҳалшо ахә ҳаракны иаҳшьоит. Урҭ аҳамҭақәа руак аҩы ауп. Абиблиаҿы иануп: «Афатә — аччареи агәырӷьареи рзы ауп, аҩгьы уԥсҭазаара гәырӷьарала иарҭәуеит» (Еккл. 10:19; Аԥсал. 104:15). Аха уара иудыруазар ҟалап арыжәтә аганахьала ауадаҩрақәа змоу ауаа. Уи адагьы, еиуеиԥшым атәылақәеи акультурақәеи рҿы ауаа арыжәтә ишазыҟоу еиԥшӡам. Ицхраауазеи, нас, ақьырсиан арыжәтә аганахьала иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара?

Аӡбарақәа анҳадаҳкыло ауаа ргәаанагара акәымкәа, Анцәа игәаанагара ҳазхәыцлар ҳҭахуп. Ҳара иаҳдыруеит: Анцәа ҳара ҳзы абзиара ауп ииҭаху, убри аҟынтә ахәарҭа ҳзаазго ауп иҳабжьиго.

Ишаҳдыруа еиԥш, ари адунеи аҿы ауаа ирацәаны, насгьы лассы-лассы арыжәтә ржәуеит. Шьоукы рыԥсы ршьарц азы иржәуеит. Егьырҭ рыуадаҩрақәа рхадыршҭырц азы. Тәылақәак рҿы абас рыԥхьаӡоит: уԥсҭазаара ԥшӡазарц азы ма хаҵаҵас уҟазарц азы, ирацәаны арыжәтә ужәлароуп.

Аха ақьырсианцәа раҳасабала ҳара бзиа ҳазбо Ҳазшаз ҳаизыӡырҩуеит. Иара амцхә арыжәтә ажәра алҵшәа бааԥсқәа шаанаго ҳаиҳәоит. Уи атәы Ажәамаанақәа 23:29—35 a аҿы ибзианы аӡбахә ҳәоуп. Европа инхо аизара ахылаԥшҩыс амаҵ зуа Де́ниел игәалаиршәоит Иегова деиликаанӡа иԥсҭазаара зеиԥшраз: «Сара амцхә арыжәтә зжәуан. Уи иахҟьаны ахьаа ӷәӷәа сзаазгоз ииашамыз аӡбарақәа рацәаны исыдыскылон! Уи исзыннажьыз ахәрақәа уажәгьы имӷьаӡац».

Иҟарҵар рылшозеи ақьырсианцәа, амцхә арыжәтә ажәра иаанагар алшо ауадаҩрақәа рҽырцәырыхьчарц азы? Уи азы аӡбарақәа анҳадаҳкыло Анцәа Иажәа иану ҳақәныҟәалароуп.

Шәааи ҳалацәажәап Абиблиа аҿы арыжәтә иазкны иану, насгьы шьоукы уи зыржәуа.

АБИБЛИА АҾЫ АРЫЖӘТӘ ИАЗКНЫ ИАНУ

Анцәа Иажәа арыжәтә иахмырҟьацәакәа ажәра иақәыӡбаӡом. Абиблиа аҿы иануп аҩы агәахәара узаанагар шалшо. Уа ҳара ҳаԥхьоит: «Гәырӷьарыла иф уча, угәы лахҿыхны ижә аҩы» (Еккл. 9:7). Иисуси гәыкала Иегова имаҵ зуаз егьырҭ ауааи зны-зынла аҩы ржәуан (Матф. 26:27—29; Лука 7:34; 1 Тим. 5:23).

Аха Анцәа Иажәа иахмырҟьацәакәа арыжәтә ажәреи аҽаршьреи шеиԥшым бзианы иаҳнарбоит. Уа еилыкка иануп: «Иҟашәҵо шәзымдыруа аҟынӡа аҩы шәҽашәмыршьлан» (Еф. 5:18). Уи инеиҳангьы, уа иануп «арыжәтә зҽазыршьуа... Анцәа Иаҳра рбараны иҟаӡам» ҳәа (1 Кор. 6:10). Ааи, Иегова амцхә арыжәтә ажәреи аҽаршьреи дақәыӡбоит. Убри аҟынтә ҳамхәыцӡакәа егьырҭ иҟарҵо ҟаҳамҵалароуп. Ҳара ҳзы ихадоу — иҳадаҳкыло аӡбарақәа рыла Иегова иргәырӷьара ауп.

Шьоукы ирацәаны иржәуеит, аха иашьӡом. Уи ашәарҭара аҵоуп. Абиблиа аҿы иануп «мыцхәы аҩы ажәра» шьцыларас иҳамамзарц, избанзар уи агха ӷәӷәа ҳнарҟаҵар, насгьы Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара бжьнахыр алшоит ҳәа (Тит 2:3; Ажәам. 20:1). Иисус иҳәеит амцхә ҳажәлар, Анцәа идунеи ҿыц ахь ҳашзымнеиуа (Лука 21:34—36). Ишаҳбаз еиԥш, арыжәтә ауадаҩрақәа ҳазцәырнагар ауеит. Ицхраауазеи ақьырсиан урҭ рҽырцәыхьчара?

ИЗАКӘАЗЫ, ШАҞА, НАСГЬЫ ИАНБА?

Акультурақәа зегьы арыжәтә ажәра аганахь ала рхатә ҵасқәа рымоуп. Аха ақьырсианцәа ирфаша-иржәша анырыӡбо изызхәыцуа урҭ аҵасқәа ракәымкәа, Иегова игәаанагара ауп. Абиблиа иаҳгәаланаршәоит: «Акрышәфома, акрыжәжәуама, иҟашәҵо зегьы Анцәа дҳаранаклааит» (1 Кор. 10:31). Абар ҳзызхәыцыр ҳахәҭоу зҵаарақәаки библиатә принципқәаки.

Арыжәтә зызжәуа ауаа ргәы ҟасҵарц азоума? Ақәҵымҭа 23:2 аҿы иануп: «Ацәгьа ауразы аиҳараҩык шәрышьҭамлан». Иегова иҭахӡамызт израильаа игәы иақәымшәо ауаа иреиԥшхарц. Иара игәаанагара имԥсахӡеит. Ари алабжьара ҳаргьы иҳаҵанакуеит. Ҳара арыжәтә ҳшазыҟоу иааҳакәыршаны иҟоу ауаа анырлартә рылҳаршозар, хәыҷы-хәыҷла Иегова ҳаицәыхарахар, инормақәа рыла анхарагьы ҳаҟәыҵыр алшоит (Рим. 12:2).

Арыжәтә зызжәуа дуаҩы ӷәӷәоуп ҳәа сзырҳәаларц азоума? Культурақәак рҿы лассы-лассы, насгьы ирацәаны арыжәтә ажәра акгьы амаӡам ҳәа ргәы иаанагоит, уимоу арҽхәарагьы иаԥсоуп ҳәа рыԥхьаӡоит (1 Пиотр 4:3). Аха иазгәашәҭ 1 Коринфаа рахь 16:13 аҿы иану: «Шәгәышәҽаныз, шәхаҵара́ шәырӷәӷәала, агәымшәара аашәырԥшла, шәыҽшәырӷәӷәа». Дҟанаҵаҵәҟьома арыжәтә ауаҩы дуаҩы ӷәӷәаны? Ҳәарада мап. Арыжәтә ауаҩы ихы изымдыруа дҟанаҵоит. Ус акәзар, ирацәаны арыжәтә зжәуа дуаҩы ӷәӷәаны акәымкәа, дыхшыҩданы дыччархәны дҟанаҵоит. Исаиа 28:7 аҿы ус еиԥш иҟоу ауаа ишьақәҟьаз ииашаны ахәыцра злымшо ҳәа рызҳәоуп.

Ауаҩы дуаҩы ӷәӷәаҵәҟьаны дҟазҵо Иегова иоуп, уи злоубарҭоу иара агәҽанызаара ахьааирԥшуа, насгьы ахаҵара ӷәӷәа ахьимоу ала ауп (Аԥсал. 18:32). Ҳара ус ҳҟалар ҳалшоит агәҽанызаара ааҳарԥшлар, насгьы Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бжьызхыр алшо изакәызаалак ҳҽацәыҳахьчалар. Иисус дуаҩы ӷәӷәаҵәҟьан, избанзар агәымшәара илан, насгьы еснагь ииашаны ихы мҩаԥигон.

Арыжәтә зызжәуа сыуадаҩрақәа схасыршҭырц азоума? Иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала аԥсаломшәаҳәаҩ иҩит: «Схәыцрақәа сандыргәаҟлоз, уара сгәы урҭынчуан» (Аԥсал. 94:19). Уара ауадаҩра ӷәӷәақәа умазар, арыжәтә аҿы акәымкәа, Иегова иҿы ацхыраара уашьҭаз. Агәҭынчра уоурц азы лассы-лассы Анцәа уиҳәала. Иара убас доуҳала иӷәӷәоу қьырсианк угәы иҵхо изеиҭоуҳәар улшоит, — иара лабжьара бзиак уиҭар ауеит. Аха ауаҩы иуадаҩрақәа ихаиршҭырц азы арыжәтә ижәуазар, ииашаны ахымҩаԥгара агәаҳәара ицәыӡыр ауеит, насгьы изгәамҭаӡакәа агәнаҳа ҟаиҵар илшоит (Ос. 4:11). Хыхь зыӡбахә ҳәаз Дениел иҳәоит: «Сара астресс ансымамыз, насгьы схы ахара анадсымҵоз ыҟамызт. Схьаа сыртәарц азы изжәуан. Аха сыуадаҩрақәа ирыцлон. Сара ҩызада саанхеит, акгьы саԥсамызшәагьы схы збон». Иҟаиҵазеи Дениел? «Сара еилыскааит сыуадаҩра саиааирц азы исҭахыз арыжәтә акәымкәа, Иегова ицхыраара шакәыз. Анцәа ицхыраарала, ҽнак ала акәымзаргьы, сыуадаҩра саиааит». Ҳара ибзианы иаҳдыруеит, уаҳа царҭа ҳамамшәа ҳбозаргьы, Иегова еснагь ҳацхраара дшазхиоу (Флп. 4:6, 7; 1 Пиотр 5:7).

Уара арыжәтә ужәуазар, ирацәаны, насгьы лассы-лассы иужәуоу-иумжәуоу еилукаарц азы абарҭ азҵаарақәа ухы иаҭ. Исарҳәома сҭаацәара иатәу ма сҩызцәа гәакьақәа амцхә ма лассы-лассы иужәуеит, насгьы уи ҳгәаԥхаӡом ҳәа? Ааи акәзар, уи иаанагозар ауеит иузгәамҭаӡакәа ашьцылара узцәырҵра ишаҿу. Уаанӡа аасҭа еиҳаны изжәуама? Уи иаанагозар ауеит арыжәтә ада ԥсыхәа умамкәа уҟаларц акгьы шугым. Исзычҳауама мышқәак (ма еиҳаны) арыжәтә ада? Мап акәзар, уи иаанагозар ауеит арыжәтә ада ԥсыхәа умамкәа ушыҟалахьоу. Ус акәзар, аҳақьымцәа рыцхыраара уҭаххар алшоит.

Абарҭ ашәарҭарақәа зегьы ирызхәыцны ақьырсианцәа шьоукы арыжәтә зынӡа рҿахьы иаарымгаларц рыӡбеит. Даҽа шьоукы уи агьама ахьыргәамԥхо азы иржәӡом. Иахуҳәаауазеи, уҩызцәа рҟынтә аӡәы ус еиԥш иҟоу аӡбара идикылазар? Уи иӡбара пату ақәҵала, насгьы акритика изумулан.

Иҟалап уара шаҟа ужәло, насгьы шаҟа лассы-лассы иужәло ашьақәыргылара уҭаххар. Шьоукы мчыбжьык ахь знык, ма акранырфо маҷк ржәырц рыӡбоит. Даҽа шьоукы иарбан рыжәтәу иржәло, иарбан ирымжәло ӡбаны ирымоуп. Иаҳҳәап, шьоукы ирыӡбеит аҩы ма ауараш ржәларц, аха иџьбароу арыжәтә, акоктельгьы уахь иналаҵаны, зынӡа ирымжәларц. Ауаҩы аԥҟарақәа шьақәыргыланы имазар, урҭ рықәныҟәара еиҳа изымариахоит. Доуҳала иӷәӷәоу ақьырсиан арыжәтә аганахь ала ихазы ишьақәиргылаз аԥҟарақәа егьырҭ ауаа иахырҳәаауа хьаас имамзароуп.

Ҳзызхәыцыр ҳахәҭоузеи иҵегьы? Егьырҭ ауаа рцәаныррақәа. Римаа рахь 14:21 аҿы иануп: «Уашьа ихаҵара́ урԥсыҽыр аасҭа, акәац умфар, аҩы умжәыр ма даҽак ҟаумҵар еиҳа еиӷьуп». Ухы иаурхәар шԥаулшо ари алабжьара? Уашьцәа бзиа ибала. Аӡәы арыжәтә аганахь ала ауадаҩрақәа шимоу удыруазар, уи уааигәа даныҟоу арыжәтә ужәлаӡом. Убас уара иааурԥшуеит ухы аасҭа егьырҭ ушрызхәыцуа (1 Кор. 10:24).

Уи адагьы, ақьырсианцәа иахьынхо атәылаҿы иҟоу азакәанқәа ирықәныҟәоит. Лассы-лассы аҳәынҭқарра ауаҩы шаҟа шықәса инаркны ажәра азин имоу шьақәнаргылоит, иара убас ижәны уаныҟоу амашьына ақәтәара ма даҽа техникак аныҟәцара азин унаҭаӡом (Рим. 13:1—5).

Иегова хкы рацәала иҳаиҭаз аҳамҭақәа ҳхы ишаҳархәалаша ҳхаҭа иҳаӡбалартә алшара ҳаиҭеит. Иаҳфалашеи иаҳжәлашеи ҳхаҭа иалаҳхлар ахьҳалшо урҭ аҳамҭақәа ируакуп. Шәааи уи ахақәиҭра жәҩантәи Ҳаб игәы иаҳмырхьлартә еиԥш ҳхы иаҳархәалап.

a Еиду Аштатқәа рҿы иҟоу агәабзиарахьчаратә организациа ишаҳәо ала, знык иадамзаргьы ирацәаны арыжәтә ажәра ауаҩшьрахьы, аҽшьрахьы, аӡәы ицәа аԥҽрахьы, аҭаацәараҿы ақәымчрахьы, ишәарҭоу ихәымгоу ахымҩаԥгашьахь унанагар алшоит, насгьы зцәа зтәым аԥҳәыс дыбгар ауеит.