Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 51

Шәгәыӷра намӡар ауӡом!

Шәгәыӷра намӡар ауӡом!

«Ҳара уи агәыӷра шҳамаҵәҟьоу агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит» (РИМ. 5:5).

АШӘА 142 Ҳгәыӷра ахаангьы иаҳхашҭӡом

АХҲӘАА a

1. Излоубарҭоузеи Авраам игәыӷра ашьаҭа ӷәӷәа шамаз?

 ИЕГОВА иҩыза Авраам ажәа ииҭеит иара ила ажәларқәа зегьы дшырзылԥхо (Аҟаз. 15:5; 22:18). Авраам ихаҵара ӷәӷәан, убри аҟынтә агәра ганы дыҟан Анцәа иқәыргәыӷра хымԥада ишынаӡо. Аамҭа цон, Авраам 100 шықәса ихыҵхьан, иԥшәмаԥҳәыс — 90 шықәса, аха аԥа дырмоуит (Аҟаз. 21:1—7). Аха Абиблиаҿы иануп: «Авраам ажәлар рацәа абыс дшырзыҟало... дақәгәыӷуан, агәрагьы игон» (Рим. 4:18). Шәара ижәдыруеит Авраам игәыӷра шынаӡаз. Иара акыраамҭа дыззыԥшыз аԥа, Исаак, диоуит. Шьаҭаз иамази Авраам игәыӷра?

2. Избан Авраам агәра ганы дзыҟаз Иегова дзықәиргәыӷыз зегь шынаигӡо?

2 Авраам Иегова ибзианы дидыруан, убри аҟынтә иажәа шынаигӡо агәра ганы дыҟан (Рим. 4:21). Авраам ахаҵара ахьимаз азы Иегова уи дизыразын, насгьы дуаҩ иашаны диԥхьаӡон (Иак. 2:23). Римаа рахь 4:18 аҿы иану инақәыршәаны, Авраам ахаҵарагьы агәыӷрагьы иман. Шәааи ҳалацәажәап апостол Павел Римаа рахь асаламшәҟәы 5-тәи ахаҿы агәыӷра иазкны ииҳәаз.

3. Еилаҳкаауазеи агәыӷра иазкны Павел иажәақәа рҟынтә?

3 Павел иҳаилиркаауеит агәыӷра «шҳамаҵәҟьоу агәра ганы ҳаҟазар [зҳалшо]» (Рим. 5:5). Уи адагьы, иара ҳгәыӷра ӷәӷәахалар шалшо аилкаара дҳацхраауеит. Уи ҟалашьас иамоу Римаа рахь 5:1—5 аҿы иануп. Арҭ ажәеинраалақәа ҳанрыхцәажәало шәхаҿы иаажәг ақьырсиантә мҩа шәананыла инаркны шәгәыӷра еиҳа-еиҳа ишыӷәӷәахоз. Шәара еилышәкаауеит уи анаҩсгьы еизҳалар шалшо. Раԥхьа ҳалацәажәап иарбан зеиԥшыҟам гәыӷроу апостол Павел зыӡбахә имаз.

ЗЕИԤШЫҞАМ ҲГӘЫӶРА

4. Зыӡбахә анузеи Римаа рахь 5:1, 2 аҿы?

4 Шәаԥхьа Римаа рахь 5:1, 2. Павел арҭ ажәақәа Рим инхоз ақьырсианцәа ирзиҩит. Урҭ Иеговеи Иисуси рыӡбахә анеилыркаа рыгәра ргеит, насгьы иқьырсианцәахеит. Дара ахаҵара ахьаадырԥшыз азы Анцәа урҭ уаа иашақәаны иԥхьаӡеит, насгьы иԥшьоу идоуҳала иалихит. Убас дара Анцәа изықәиргәыӷыз шроуа агәра ргеит.

5. Иарбан гәыӷроу доуҳала иалху ақьырсианцәа ирымоу?

5 Ԥыҭрак ашьҭахь Павел Ефес инхоз доуҳала иалхыз ақьырсианцәа ирзиҩит Анцәа ириҭаз агәыӷра аӡбахә — иԥшьоу рзы ирхианы иҟоу амазара ду шроуа (Еф. 1:18). Колосс инхоз ақьырсианцәа ирзиҩит дара рзы ирхианы иҟоу ажәҩан аҿы ишроуа (Кол. 1:4, 5). Ус акәзар, иарбан гәыӷроу доуҳала иалху ақьырсианцәа ирымоу? Дара наӡаӡа ажәҩан аҿы инхаларц азы рыԥсы ҭалоит, насгьы уа Христос аҳра ицрулоит (1 Фес. 4:13—17; Аат. 20:6).

Аиашьа Фредерик Френц иажәақәа иудырбоит иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа ргәыӷра шынаӡо агәра ганы ишыҟоу. (Шәахәаԥш абзац 6.)

6. Ииҳәазеи агәыӷра иазкны доуҳала иалху ақьырсианцәа руаӡәк?

6 Доуҳала иалху ақьырсианцәа ирымоу агәыӷра ахә ҳаракны иршьоит. Абар урҭ руаӡәк, аиашьа Фредерик Френц, уи дшахцәажәаз: «Ҳара ҳгәыӷра ашьаҭа ӷәӷәа амоуп. Аԥсаса маҷ ахь иаҵанакуа 144 000-ҩык ирымоу агәыӷра хымԥада инаӡоит. Урҭ рахьтә згәыӷра намӡо ҳәа аӡәгьы дҟалаӡом. Уи инеиҳангьы уи ҳхаҿы ишаҳзаамго еиԥш иҟалоит». Арҭ ажәақәа аиашьа Френц 1991 шықәсазы иҳәеит. Усҟан иара Анцәа гәыкала имаҵ иуеижьҭеи ажәашықәсақәа ҵхьан. Анаҩс иара иҳәеит: «Ҳара... ҳгәыӷра шаҟа ахә ҳараку ҳхамышҭӡеит. [...] Уи анаӡара шаҟа ҳазыԥшу аҟара, убриаҟара ахә ҳаракны иаҳшьоит. Аԥшра иаԥсоуп, уи азы миллион шықәса аҭаххаргьы. Сара сгәыӷра уажә еиԥш ахаан ахә ҳаракны исымшьацызт».

7, 8. Иарбан гәыӷроу аиҳараҩык иҳамоу? (Римаа рахь 8:20, 21).

7 Иегова имаҵзуҩцәа реиҳараҩык иахьа даҽа гәыӷрак ауп ирымоу. Уи Авраам имаз агәыӷра аҩыза ауп, — Анцәа Иаҳра анапхгара аҵаҟа наӡаӡа џьанаҭ дгьыл аҿы анхара (Аур. 11:8—10, 13). Павел зеиԥшыҟам ари агәыӷра аӡбахәгьы иҩуан. (Шәаԥхьа Римаа рахь 8:20, 21.) Ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара иазкны Абиблиа иану раԥхьаӡа ианеилышәкаа, зегь раасҭа ишәгәаԥхазеи? Ҽнак зны шәнаӡаны шәахьыҟало, насгьы еснагь ииашаны ахымҩаԥгара ахьышәзымариахо аума? Мамзаргьы бзиа ижәбо, иԥсхьоу рыԥсы ахьҭало, насгьы џьанаҭ дгьыл аҿы шәахьеибабо аума? Анцәа ишәызирхиаз аԥсҭазаара бзиа аӡбахә аншәаҳа, шәара еилышәкааит: уи азыԥшра иаԥсоуп!

8 Наӡаӡа анхаразы иҳамоу агәыӷра зеиԥшразаалакгьы — ажәҩан аҿы акәзаргьы, адгьыл аҿы акәзаргьы, — уи ҳгәырӷьаҵәа ҳазыԥшуп. Ҳгәыӷра еиҳагьы иӷәӷәахар ҟалоит. Павел иҳәеит уи зыбзоурахар алшо. Шәааи иажәақәа ҳрылацәажәап. Урҭ ажәақәа ҳгәыӷра шынаӡо еиҳагьы агәра ҳдыргоит.

ҲГӘЫӶРА ШЫӶӘӶӘАХО

Ақьырсианцәа зегьы аԥышәарақәа ирықәшәоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 9, 10.)

9, 10. Ишԥаҳнарбо Павел иҿырԥшы ақьырсианцәа зегьы зықәшәараны иҟоу? (Римаа рахь 5:3). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

9 Шәаԥхьа Римаа рахь 5:3. Павел иҳәоит ҳара ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо ҳгәыӷра еиҳагьы иӷәӷәахар шалшо. Раԥхьа уи уамашәа иубар ауеит. Аха ақьырсианцәа рҟынтә ауадаҩрақәа ирықәымшәо ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Ҳалацәажәап Павел ихаҭа иҿырԥшы. Иара Фессалоника инхоз аишьцәа иреиҳәеит: «Шәара шәҿы ҳаныҟаз, ҳара зныкымкәа иаҳҳәахьан ауадаҩрақәа ҳашрықәшәо, ус иагьыҟалаҵәҟьеит, уи жәдыруеит» (1 Фес. 3:4). Коринф инхоз ақьырсианцәа ракәзар, абас рзиҩит: «Ҳара ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳрықәшәеит. Ҳҭагылазаашьа даараӡа ицәгьан, уи зегь ҳамчала иаҳзыхгарымызт, иара ҳаԥсы ҭаны ҳаанхоугьы ҳаздыруамызт» (2 Кор. 1:8; 11:23—27).

10 Ақьырсиан дызну амҩа еиуеиԥшым ауадаҩрақәа рыла иҭәуп (2 Тим. 3:12). Иԥышәшәахьоума шәара уи? Иарбан уадаҩрақәоу шәзықәшәаз, Христос ишьҭа шәхыланы ацара анышәыӡба? Шәҩызцәеи шәыуацәеи шәхыччара иалагазар? Урҭ шәгәаӷ ркызар? Ма амцҳәара мап ахьацәышәкыз азы аусураҿы ауадаҩрақәа шәызцәырҵзар? (Аур. 13:18). Ма шәгәыӷра аӡбахә егьырҭ иахьырзеиҭашәҳәо азы амчра знапаҿы иҟоу шәҿагылазар? Павел излеиҳәаз ала, ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы, ҳара ҳгәырӷьалароуп. Ҟалашьас иамоузеи уи?

11. Избан аԥышәарақәа раан ҳгәы каҳмыжьлар зҳахәҭоу?

11 Ҳара ҳгәырӷьалар ҳалшоит, избанзар аԥышәарақәа аҟазшьа бзиақәа реизырҳара иҳацхраауеит. Римаа рахь 5:3 аҿы иануп: «Ауадаҩрақәа еиҳагьы ҳдырӷәӷәоит». Ақьырсианцәа зегь ауадаҩрақәа рзыԥшуп, убри аҟынтә ҳара зегьы ачҳара ҳамазароуп. Уи абзоурала мацароуп ҳара зегь ҳхаҳгар, насгьы ҳгәыӷра шынаӡо ҳбар злаҳалшо. Ҳара ҳреиԥшхар ҳҭахӡам Иисус ахаҳәраҿы икаҳаз ажәлақәа ирызку ахҭыс анеиҭеиҳәоз зыӡбахә имаз ауаа. Урҭ гәырӷьаҵәа ажәабжь бзиа рыдыркылоит. Аха «ауадаҩрақәа, ма ашьҭашәарыцарақәа [и]анрықәшәалак», иаразнак рхаҵара рцәыӡуеит (Матф. 13:5, 6, 20, 21). Ҳәарада, аҿагыларақәеи аԥышәарақәеи угәы иахәо ак акәӡам. Аха урҭ анаҳхаҳгалак, ахәарҭа ду ҳауеит. Шәааи еилаҳкаап иарбан хәарҭоу.

12. Иарбан хәарҭоу аԥышәарақәа иаҳзаарго?

12 Иаков иаҵшьны иазгәеиҭеит аԥышәарақәа хәарҭас иаҳзаарго. Иара иҩит: «Аԥышәарақәа раан ачҳара ахьаашәырԥшуа абзоурала шәара инаӡоу, зегь рыла ибзиоу, ак згым шәакәны шәҟалоит» (Иак. 1:2—4). Иаков иҩит ачҳара иҟаҵатәу уск, дҵак амоушәа. Иаҵанакуазеи уахь? Ачҳареи, ахаҵареи, Анцәа иахь агәрагареи реиԥш иҟоу аҟазшьақәа еиҳа еиӷьны аизырҳара. Аха уи мацара акәӡам.

13, 14. Ишԥарӷәӷәо ачҳара ҳгәыӷра? (Римаа рахь 5:4).

13 Шәаԥхьа Римаа рахь 5:4. Павел иҳәеит «ауадаҩрақәа анаҳхаҳго, Анцәа [дышҳаргәырӷьо]». Иаанагома уи Иегова ауадаҩрақәа ҳахьрықәшәо игәаԥхоит ҳәа? Ҳәарада, мап. Аха иара игәы ҟанаҵоит аԥышәарақәа шәанрықәшәо гәыкала шәшизыҟоу шәахьаанхо. Убри ауп Анцәа дзыргәырӷьо. Шаҟа ҳгәы ҟанаҵозеи ачҳара анааҳарԥшуа Иегова дышҳаргәырӷьо ахьаҳдыруа! (Аԥсал. 5:12).

14 Дышәгәалашәыршәа Авраам. Иара аԥышәара ӷәӷәақәа иман, аха урҭ ихигеит. Убри азоуп Иегова уи сҩыза иоуп ҳәа зизиҳәаз, насгьы дуаҩ иашаны дзиԥхьаӡаз (Аҟаз. 15:6; Рим. 4:13, 22). Ҳәарада, Анцәа шәаргьы убас шәзиҳәар шәҭахуп. Уи ҟалашьа змам ак акәӡам. Анцәа дҳаргәырӷьаларц азы иҳаду адҵақәа, ма амаҵзураҿы шаҟа ҟаҳҵо акәӡам ихадоу. Иара изы ихадоу аамҭа цәгьақәа раан гәыкала ҳшизыҟоу ҳаанхоу-ҳаанымхоу ауп. Ҳара зегьы ачҳара ааҳарԥшлар ҳалшоит, ҳақәра, ҳҭагылазаашьа, ма ҳалшарақәа зеиԥшразаалакгьы. Ишәхыжәгома шәара уажәы ԥышәарак? Иегова гәыкала шәшизыҟоу шибо жәдыруаз. Анцәа иҿаԥхьа ииашаны ҳхы шымҩаԥаҳго анаҳдыруа, уи иара дышҳаргәырӷьо агәра ҳнаргоит. Ус анакәха, ҳамҭада ҳаанхаӡом. Убас ҳгәыӷра еиҳагьы иӷәӷәахоит.

АԤЫШӘАРАҚӘА ИДЫРӶӘӶӘАЗ ҲГӘЫӶРА

15. Ииҳәазеи Павел Римаа рахь 5:4, 5 аҿы, насгьы избан аӡәы уи уамашәа ибар залшо?

15 Павел иҳәеит аԥышәарақәа раан Иегова гәыкала ҳшизыҟоу ҳаанхозар, уи иара дшаргәырӷьо. Иазгәашәҭ Павел анаҩс ииҳәо: «Анцәа данҳаргәырӷьо, агәыӷра ҳауеит. Ҳара уи агәыӷра шҳамаҵәҟьоу агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит» (Рим. 5:4, 5). Аԥхьаҩ арҭ ажәақәа џьеишьар алшоит. Избан? Избанзар Римаа рахь 5:2 аҿы Павел иҩит Рим инхоз ақьырсианцәа агәыӷра шроухьаз, — Анцәа урҭ аҳаҭыр шраҭәеишьо. Избан нас иара дырҩегь уи аӡбахә зиҳәо?

Иахьа шәгәыӷра ақьырсиантә мҩа шәананылаз аасҭа еиҳа иӷәӷәоуп. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 16, 17.)

16. Иҳаилшәыркаа агәыӷра шеизҳауа. (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

16 Ишеилҳаргаз еиԥш, аамҭа цацыԥхьаӡа ҳгәыӷра ӷәӷәахалар алшоит. Уи Павел иажәақәа реилкаара иҳацхраауеит. Ишәгәалашәыршәа адгьыл џьанаҭны ишыҟало, насгьы наӡаӡа шәынхалар шшәылшо раԥхьаӡа ианшәаҳа. Ҳәарада, иаразнак ус ҟалар шәҭаххеит. Аха уи агәра шәызгомызт. Анаҩс Иеговеи абиблиатә қәыргәыӷрақәеи еиҳа-еиҳа еиӷьны еилышәкаауа шәалагеит. Убас ари агәыӷра ашьаҭа ӷәӷәа шамоу агәра жәгеит.

17. Избан аӡы шәҽанӡаашәх ашьҭахь шәгәыӷра еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон ҳәа шәҳәар зшәылшо?

17 Анцәа шәҽанизышәк, насгьы аӡы шәҽанӡаашәх ашьҭахьгьы, Иегова изку адыррақәеи иара иахь шәыбзиабареи еизҳауан. Уи адагьы, шәгәыӷра шынаӡо ала шәыгәрагара еиҳагьы иӷәӷәахон (Аур. 5:13—6:1). Иҟалап Римаа рахь 5:2—4 аҿы зыӡбахә ану шәхаҭа иԥышәшәазар. Шәара еиуеиԥшым ауадаҩрақәа шәыман, аха урҭ шәыриааицыԥхьаӡа Анцәа дышшәыргәырӷьо жәбон. Шәара ижәдыруеит Анцәа бзиа шәшибо, убри аҟынтә агәра ганы шәыҟоуп шәзықәиргәыӷыз зегь шынаигӡо. Уажәы шәара шәгәыӷра ашьаҭа шыӷәӷәоу агәра агаразы еиҳагьы амзызқәа шәымоуп. Уи уаанӡа аасҭа еиҳагьы ахә ҳаракны ишәшьоит. Шәгәыӷра шынаӡаҵәҟьо агәра ганы шәыҟоуп, убри аҟынтә уи шәыԥсҭазаара зегь ианыԥшуеит: шәҭынхацәа шәшырзыҟоу, ишәыдышәкыло аӡбарақәа, насгьы шәаамҭа шәхы ишашәырхәо.

18. Иарбан мзызқәоу иҳамоу Иегова ҳзықәиргәыӷыз шынаигӡо агәра агаразы?

18 Ҳара еилаҳкааит Анцәа данҳаргәырӷьо ҳгәыӷра еиҳа ишыӷәӷәахо. Анаҩс Павел агәра ҳиргоит уи хымԥада ишынаӡо. Абар иара уи иазкны ииҩуа: «Ҳара уи агәыӷра шҳамаҵәҟьоу агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит, избанзар Анцәа иԥшьоу идоуҳала бзиа ҳшибо ааирԥшуеит» (Рим. 5:5). Арҭ ажәақәа иаадырԥшуеит Иегова ишәиҭаз агәыӷра намӡакәа ишаанымхо агәра агаразы амзызқәа шшәымоу.

19. Иарбан ҳамҭоу иҳауа, ҳгәыӷра ҳмырӡыр?

19 Шәизхәыц Авраам. Иара Анцәа иқәыргәыӷра анаӡара дазыԥшын. Анцәа уи диеигәырӷьон, насгьы ҩызас диԥхьаӡон. Авраам баша дыԥшӡамызт. Абиблиаҿы иануп: «Авраам ачҳара анааирԥш ашьҭахь ауп Анцәа ари данақәиргәыӷ» (Аур. 6:15; 11:9, 18; Рим. 4:20—22). Анцәа Авраам ииҭаз ажәа наигӡеит. Шәаргьы Иегова гәыкала шәшизыҟоу шәаанхар, аҳамҭа шәоуеит. Шәара шәзықәгәыӷуа ахаан иҟамло ак акәӡам! Иаарласны уи наӡоит. Шәара агәкаҳара акәымкәа, агәырӷьара шәзыԥшуп! (Рим. 12:12). Павел иҩит: «Агәыӷра ҳазҭо зыгәра жәго Анцәа агәырӷьареи аҭынчреи шәиҭааит, иԥшьоу адоуҳа абзоурала шәгәыӷра еиҳагьы иӷәӷәахарц азы» (Рим. 15:13).

АШӘА 139 Уазхәыц адунеи ҿыц аҿы ҳаҟоушәа

a Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит ақьырсианцәа раҳасабала иҳамоу агәыӷра иаҵанакуа, насгьы уи шынаӡо агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо. Римаа рахь асаламшәҟәы 5-тәи ахы анҭаҳҵаало ҳара иаҳбоит аамҭа цацыԥхьаӡа ҳгәыӷра аҽшаԥсахуа. Иахьа уи еиҳа иӷәӷәоуп, ақьырсиантә мҩа ҳананылаз аасҭа.