АҴАРАЗЫ АСТАТИА 3
АШӘА 124 Еснагь Анцәа ҳизиашоуп
Иегова аамҭа цәгьақәа рыхгара дшәыцхраауеит
Иара шәзықәгәыӷыртә иҟоу иоуп (ИС. 33:6).
ЕИЛАҲКААУА
Иуадаҩу аамҭақәа раан Иегова ицхыраара ҳаурц азы иҟаҳҵалар ҳалшо.
1, 2. Иарбан уадаҩрақәоу гәыкала Иегова имаҵ зуа ауаа зықәшәар алшо?
ХҬЫС бааԥск уԥсҭазаара зегь аанарҳәыр ауеит. Иаҳҳәап, Луи́с a зыхьӡу аиашьа шамахамзар иуԥымло акьыба чымазара хкы идырбалеит. Аҳақьым иҳәеит мызқәак ауп изынхаз ҳәа. Мо́ника аизара ахылаԥшҩыс амаҵ зуаз лыԥшәмеи лареи гәацԥыҳәарала Анцәа имаҵ руан. Аха нас лара еилылкааит лыԥшәма акыршықәса рыҩныҵҟа агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵоз. Аҭаацәара иалам аиаҳәшьа Оли́виа аамҭа мгакәа лыҩны ааныжьны дцар акәхеит, избанзар дахьынхоз аҭыԥахь афырҭын ӷәӷәа ааигәахара иаҿын. Даныхынҳә, лыҩны еилаҳаны иҟан. Луиси, Моникеи, Оливиеи иаалырҟьаны рыԥсҭазаара аҽаԥсахит. Шәхаҿы ишәзаагома урҭ рхы шырбоз? Шәақәшәахьоума шәара зныкыр шәыԥсҭазаара зегь аазырҳәыз хҭыск?
2 Ҳара гәыкала Иегова имаҵ ҳуеит, аха ауаа зегь реиԥш ауадаҩрақәа ҳрықәшәоит, насгьы ҳачмазаҩхоит. Уи адагьы, Анцәа ижәлар зцәымӷу ауаа ҳҿагылалар, ма иҳашьҭашәарыцалар ауеит. Иегова ус еиԥш иҟоу ауадаҩрақәа ҳшырцәимыхьчогьы, дышҳацхраало агәра ҳиргоит (Ис. 41:10). Уи ицхыраарала ҳара иҳалшоит агәырӷьара амырӡра, ииашоу аӡбарақәа рыдкылара, насгьы аҭагылазаашьа даара ианыцәгьоугьы, анаҩсгьы гәыкала имаҵ аура. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит иуадаҩу аамҭақәа раан Иегова дҳацхраарц азы ихы иаирхәо ԥшь-знеишьак. Иара убас ҳара еилаҳкаауеит ицхыраара ҳаурц азы ҳара иҟаҳҵалар ҳахәҭоу.
ИЕГОВА ШӘИХЬЧАЛОИТ
3. Иаҳцәыуадаҩхар алшои, ҳаԥсҭазаараҿы гәаҟрак ҳанақәшәо?
3 Ауадаҩра. Ҳаԥсҭазаараҿы хҭыс бааԥск аныҟалалак, ҳшьара ҳақәҟьар ауеит, насгьы аӡбарақәа рыдкылара ҳцәыцәгьахар алшоит. Избан? Избанзар ҳгәы тҟәацны ианцо ҳемоциақәа еилыкка ахәыцра иаҳԥырхагоуп. Абар хыхь зыӡбахә ҳҳәаз ҩыџьа аиҳәшьцәа рхы шырбоз. Оливиа илҳәоит: «Афырҭын сыҩны анарбга, схы ахьызгара сыздыруамызт». Моника лыԥшәма дшиԥсахуаз анеилылкаа ашьҭахь илҳәеит: «Абри аҩыза сақәшәоит ҳәа ахаан сыгәгьы иаанагомызт. Схы шызбоз ажәала исызҳәом. Ахы сгәыдырҵазшәа сгәы ахьаа ҭан. Сара иҟасҵара сыздыруамызт, сыԥсы зҭоу сзеилкаауамызт». Дышԥаҳацхраауеи Иегова ҳцәаныррақәа анаҳиааиуа?
4. Филиппаа 4:6, 7 иану инақәыршәаны, ҳзықәиргәыӷуазеи Иегова?
4 Иегова иҟаиҵо. Иара Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу «Анцәа иҭынчра» шҳаиҭо агәра ҳиргоит. (Шәаԥхьа Филиппаа 4:6, 7.) Уи аҭынчрахь иаҵанакуеит Иеговеи ҳареи иҳабжьоу зыхә ҳараку аизыҟазаашьақәа рыбзоурала иҳамоу аҭынчра. Уи аҭынчра «ауаа ирзеилымкаауа» ауп, даҽакала иаҳҳәозар, уи ҳхаҿы иааҳгар алшо аасҭа акырӡа еиӷьуп. Шәӷьаҵәы-ӷәаҵәуа Иегова шәаниҳәа ашьҭахь зныкыр зеиԥшыҟам агәҭынчра шәоухьома? Убри ауп «Анцәа иҭынчра».
5. Ишԥахьчо Анцәа иҳаиҭо аҭынчра ҳгәи ҳахшыҩи?
5 Уи ажәеинраалаҿы иҳәоуп Анцәа иҭынчра «[ҳ]гәи [ҳ]ахшыҩи ахьчоит» ҳәа. «Ахьчара» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа аибашьцәа рхы иадырхәоз терминуп. Уи рхы иадырхәон ақалақь зыхьчоз асолдатцәа рыӡбахә анырҳәоз. Ус еиԥш иҟаз ақалақь аҿы инхоз ауаа ибзианы ишырыхьчоз рдыруан аҟынтә, ргәы рҭынчны ицәан. Убас еиԥшҵәҟьа Анцәа иҭынчра ҳгәи ҳахшыҩи анахьчо, акгьы ҳацәшәаӡом (Аԥсал. 4:8). Ҳҭагылазаашьа иаразнак еиӷьымхаргьы, агәҭынчра ҳауеит. Иаҳҳәап, аԥааимбар Самуил иан Аннагьы уи аҩыза ахҭыс дақәшәеит (1 Сам. 1:16—18). Агәҭынчра анҳамоу ииашаны ахәыцреи иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылареи еиҳа иаҳзымариоуп.
6. Иҟаҵалатәузеи Анцәа иҭынчра ҳаурц азы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
6 Ҳара иҟаҳҵалар ҳахәҭоу. Шәгәы ак аныҵхо ацхыраара шәашьҭал. Ишԥашәылшо уи ҟашәҵар? Анцәа ишәиҭо аҭынчра шәоуаанӡа Анцәа шәиҳәала (Лука 11:9; 1 Фес. 5:17). Абар Луис иԥшәма А́неи иареи мызқәак рышьҭахь иара дшыԥсуа анеилыркаа иҟарҵоз. Иара еиҭеиҳәеит: «Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҿы аҽыхәышәтәра иадҳәалоу аӡбарақәа, ма даҽа ӡбарақәак рыдкылара мариаӡам. Ҳара Анцәа ҳахьиҳәоз абзоурала апаника ҳҽаҳамҭаӡеит». Луис иԥшәмеи иареи Иегова ргәи рыхшыҩи ирҭынчырц, насгьы ҟәыӷарала рхы мҩаԥыргаларц азы иҳәон. Дара ирбон Иегова рыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵоз. Шәара даара иуадаҩу ҭагылазаашьак шәақәшәазар, шәааҟәымҵӡакәа Анцәа шәиҳәала. Убасҟан шәгәи шәыхшыҩи зыхьчо Иегова иҭынчра шшәиҭо шәымбар ауӡом (Рим. 12:12).
ИЕГОВА АГӘҬЫНЧРА АИУРА ДШӘЫЦХРААУЕИТ
7. Ишԥарныруеи аԥышәара ӷәӷәа ҳемоциақәа?
7 Ауадаҩра. Зны-зынла аԥышәара ӷәӷәақәа ҳшьара ҳақәдырҟьоит. Ҳара ахаан иҳамҳәарыз, иҟаҳамҵарыз ҳҳәар ма иҟаҳҵар ауеит. Ацәқәырԥақәа анеисуа аӷба шаҟьо еиԥш, ҳемоциақәа ҳарҟьалар алшоит. Ане лыԥшәма данԥсы ашьҭахь есааира зҽызыԥсахуаз ацәаныррақәа ҭаха лырҭомызт. Лара илҳәоит: «Раԥхьа сыԥсҭазаара ҭацәызшәа збон, нас схы арыцҳашьара салагеит. Луис дахьсыгхаз сгәы ԥжәон». Ане лхы заҵәны илбон. Уи адагьы, уаанӡа лыԥшәма ииӡбоз азҵаарақәа уажәшьҭа лара ӡбатәыс иахьлоуз лгәы канажьуан. Зны-зынла лемоциақәа ицәқәырԥоз амшын иаҩызан. Дышԥаҳацхраауеи Иегова, ҳцәаныррақәа ацәқәырԥақәа ианырҩызоу?
8. Зыгәра ҳиргозеи Иегова Исаиа 33:6 аҿы?
8 Иегова иҟаиҵо. Иара дышҳавагыло, насгьы агәҭынчра шҳаиҭо ҳақәиргәыӷуеит. (Шәаԥхьа Исаиа 33:6.) Аӷба афырҭын ианақәшәо, ацәқәырԥақәа уи ӷәӷәала ирҟьоит. Аӷба мааҳәырц азы аҵаҿы наҟ-ааҟ астабилизаторқәа арҭоит. Уи абзоурала ацәқәырԥақәа аӷба уиаҟара ирызҟьаӡом, насгьы аӷба иҭоу ауаа акгьы иацәшәаӡом. Аӷба амшын ихыланы ианцо астабилизаторқәа еиҳагьы еиӷьны аус руеит. Убас еиԥшҵәҟьа, иуадаҩу аамҭақәа раан ҳаанымгылаӡакәа ԥхьаҟа ҳцозар, Иегова агәҭынчра ҳаиҭоит.
9. Ишԥаҳацхраауеи аҭҵааразы иҟоу амыругақәа агәҭынчра аиура? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
9 Ҳара иҟаҳҵалар ҳахәҭоу. Иҳацхраауазеи зҽызыԥсахуа ҳцәаныррақәа риааира? Анцәа иҳәареи, аизарақәа рҭаареи, ажәабжь аҳәареи шәаҟәымҵын. Ҳәара аҭахума уаанӡа иҟашәҵоз аҟара шәзыҟамҵалар алшоит. Аха ишәхашәмыршҭлан, Иегова уи дагьазыԥшӡам. (Иаҿшәырԥш Лука 21:1—4.) Шәхатә ҭҵаарази шәзыԥхьаз азхәыцрази аамҭа алшәхла. Избан уи зхадоу? Иегова иорганизациа ала агәҭынчра ҳазҭо зеиԥшыҟам астатиақәеи авидеонҵамҭақәеи ҳаиҭоит. Шәара ишәҭаху шәыԥшаарц азы аҭҵааразы иҳамоу амыругақәа шәхы иашәырхәа, иаҳҳәап, апрограмма JW Library®, «Индекс публикаций Сторожевой башни», насгьы «Аҭҵаара амҩаԥгаразы амыруга». Моника лцәаныррақәа ацәқәырԥақәа реиԥш ишлыжәлоз анылбоз убас ҟалҵон. Иаҳҳәап, лара ажәақәа «агәыԥжәара», «уанырҭиуа», ма «азиашара» ҭылҵаауан. Нас лара лхы еиҳа еиӷьны илбо далагаанӡа даԥхьон. Лара илҳәоит: «Лассы-лассы сара сгәы ԥыжәжәо исҭахыз ажәа аԥшааратә цәаҳәа ианысҵон, аҵыхәтәаны Иегова сигәыдиҳәҳәалозшәа збон. Санаԥхьоз сара избон Иегова ибзианы сшидыруа, сцәаныррақәа шеиликаауа, насгьы дышсыцхраауа». Иегова ицхыраара шәаргьы афырҭын еиқәтәаанӡа агәҭынчра амырӡра ишәыцхраауеит (Аԥсал. 119:143, 144).
ИЕГОВА ДШӘЫЦХРААЛОИТ
10. Ҳхы ҳбалар шԥаҳалшо, хҭыс бааԥск ҳақәшәазар?
10 Ауадаҩра. Хҭыс бааԥск ҳшьара ҳақәнарҟьар, ҳамчгьы ҳалнахыр алшоит. Ҳара ахәра зауз аспортсмен ҳаиҩызоуп. Уаанӡа иара ирласны дыҩуан, аха уажәшьҭа аныҟәара ауп илшо, уигьы аарла ҳәа. Иҟалап ҳара уаанӡа џьабаада иҟаҳҵоз уажәы аарла ҳәа инаҳагӡозар. Мамзаргьы уаанӡа ҳгәырӷьаҵәа иҟаҳҵоз, уажәы мчыла иҟаҳҵозар. Аԥааимбар Илиа иеиԥш ҳаргьы агылара ҳалымшозшәа ҳбозар ауеит, насгьы ацәара ада уаҳа акгьы ҳҭахымзар алшоит (1 Аҳ. 19:5—7). Зыгәра ҳиргозеи Иегова ҳамч ҳалӡааны ҳаныҟоу?
11. Дышԥаҳацхраауеи Иегова, Аԥсалом 94:18 иану инақәыршәаны?
11 Иегова иҟаиҵо. Иара дышҳацхраало агәра ҳиргоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 94:18.) Даҳгәалаҳаршәап ааха зауз аспортсмен. Иара аӡә ицхыраарада дызныҟәаӡом. Ҳаргьы анаҩсгьы гәацԥыҳәарала Иегова имаҵ ҳауларц азы ацхыраара ҳҭахуп. Бзиа ҳазбо Ҳаб агәра ҳиргоит: «Сара, Унцәа Иегова, уарӷьа напы скуп, иагьуасҳәоит: „Умшәан, сара суцхраауеит“» (Ис. 41:13). Аҳ Давид уи ихатә ԥышәала еиликааит. Иаӷацәа анишьҭаз иуадаҩыз аамҭазы иара Иегова иеиҳәеит: «Уара уарӷьа напала усыцхраауеит» (Аԥсал. 18:35). Аха дышԥаҳацхраауеи Иегова?
12. Ихы иаирхәар илшода Иегова дҳацхраарц азы, акгьы ҳалымшошәа анаҳбо?
12 Лассы-лассы Иегова егьырҭ ауаа рыла дҳацхраауеит. Иаҳҳәап, Давид имч илӡааны даныҟаз, иҩыза Ионафан дизнеины, ажәа ҟәандақәа рыла игәы шьҭихит (1 Сам. 23:16, 17). Илиа иакәзар, Иегова уи цхырааҩыс Елисеи дииҭеит (1 Аҳ. 19:16, 21; 2 Аҳ. 2:2). Иахьагьы Иегова ҳҭынхацәа, ҳҩызцәа, ма аизара ахылаԥшыҩцәа рыла дҳацхраалар ауеит. Аха ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу аӡәгьы ибара ҳҭахымзар, насгьы зегь ҳҟәаҵырц ҳҭахызар ауеит. Уи еилкаауп, аха Иегова ицхыраарада ԥсыхәа ҳамаӡам. Иҟаҵатәузеи уи ҳаурц азы?
13. Иҟаҵатәузеи, Иегова ҳацхраара илшарц азы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
13 Ҳара иҟаҳҵалар ҳахәҭоу. Аӡәгьы ибара шәҭахымкәа шәҟалазар, уи шәҽашәымҭан. Аӡәгьы ибара анаҳҭахым, ҳхы мацара ҳазхәыцуа, насгьы ҳауадаҩрақәа рыда акгьы ҳамбо ҳҟалар алшоит. Уи иахҟьаны иҽеим аӡбарақәа ҳадаҳкылар ауеит (Ажәам. 18:1). Ҳәара аҭахума, зны-зынла, еиҳараӡак гәаҟрак ҳанақәшәо, маҷк ҳамацара ҳаанхарц ҳҭахызар алшоит. Аха акыраамҭа аӡәгьы ҳаимацәажәозар, Иегова ҳигәҭасуеит, насгьы ицхыраара мап ацәаҳкуеит. Убри аҟынтә иагьа ишәцәыцәгьазаргьы, шәҭаацәеи, шәҩызцәеи, аизара ахылаԥшыҩцәеи рыцхыраара мап ацәышәымклан. Ишәхашәмыршҭлан: лассы-лассы Иегова урҭ рыла ауп ацхыраара шҳаиҭо (Ажәам. 17:17; Ис. 32:1, 2).
ИЕГОВА ШӘГӘЫ ИРҬЫНЧЛОИТ
14. Избан ашәара ҳамазар залшо?
14 Ауадаҩра. Зны-зынла акы ҳацәшәозар ауеит. Абиблиаҿы иануп гәыкала Анцәа имаҵ зуаз ауаа ражәақәа, урҭ аншәаӡыӡозгьы ыҟан, иаҳҳәап, раӷацәа анрышьҭашәарыцоз (Аԥсал. 18:4; 55:1, 5). Ҳаргьы аҵара ҳацызҵо, аус ҳацызуа, ҳҭаацәа, ма аҳәынҭқарцәа ҳҿагылар ауеит. Мамзаргьы хәышәтәышьа змам ачымазара ҳадырбалар алшоит. Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа раан ахәыҷ иеиԥш акгьы ҳалымшошәа ҳбозар ауеит. Иҟаиҵозеи Иегова урҭ рҩызцәа аамҭақәа раан?
15. Ҳзықәиргәыӷуазеи Иегова, Аԥсалом 94:19 иану инақәыршәаны?
15 Иегова иҟаиҵо. Иара ҳгәы шьҭихуеит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 94:19.) Шәхаҿы даажәг адыдмацәыс ӷәӷәа дацәшәаны измыцәо аӡӷаб хәыҷ. Лаб дналыдгыланы дышьҭихуеит, нас дыцәаанӡа ашьшьыҳәа дирҵысуеит. Адәахьы амш шыцәгьац еиԥш ишыцәгьоугьы, ахәыҷы лаб дикуп азы акгьы дацәшәаӡом. Ҳаргьы акы ҳанацәшәо жәҩантәи Ҳаб, инықәырԥшны иуҳәозар, ҳашьҭихырц, насгьы еиҳа ҳеиӷьхаанӡа ҳаикызарц ҳҭахуп. Иҟаҵатәузеи Иегова хаала ҳшигәыдиҳәҳәало ҳбарц азы?
16. Иҟаҵалатәузеи, Иегова ҳгәы ширҭынчуа ҳбарц азы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
16 Ҳара иҟаҳҵалар ҳахәҭоу. Иегова аамҭа ицышәхыжәгала. Еснагь Анцәа шәиҳәала, насгьы Иажәа шәаԥхьала (Аԥсал. 77:1, 12—14). Уи аҩыза ашьцылара шәоур, уадаҩрак шәанақәшәалак жәҩантәи Шәаб ацхырааразы иҳәара шәҭаххар алшоит. Шәгәы иҵхо, насгьы шәзыршәо Иегова изеиҭашәҳәала. Анаҩс Абиблиа ала аҭак шшәиҭо шәазыӡырҩла. Убасҟан шәгәы ширҭынчуа жәбоит (Аԥсал. 119:28). Иҟалап ашәара аиааира ишәыцхраауа, шәгәы шьҭызхло абиблиатә цыԥҵәахақәа шәыԥшаар. Шьоукы рзы Иов ишәҟәы, Аԥсаломқәа, Ажәамаанақәа, иара убас Матфеи 6-тәи ахаҿы иану Иисус иажәақәа гәырҭынчгахеит. Шәара Иегова шәаниҳәо, Иажәа шәанаԥхьо шәгәы арҭынчразы алшара ишәҭоит.
17. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшои?
17 Зегь раасҭа ицәгьоу аамҭақәа раангьы Иегова ҳааигәара дыҟазаауеит. Иара ахаангьы ҳаанижьӡом (Аԥсал. 23:4; 94:14). Иегова ҳшихьчало, ҳгәы ширҭынчло, дышҳацхраало, насгьы ҳгәы шышьҭихло агәра ҳиргоит. Исаиа 26:3 аҿы Иегова изкны абас ануп: «Уара иуқәгәыӷуа ухьчалоит. Инымҵәаӡо аҭынчра руҭалоит, избанзар дара уқәгәыӷуеит». Убри аҟынтә Иегова игәра жәгала. Дшәыцхраарц азы инапы рхханы ианшәиҭо, уи мап ацәышәымклан. Иара даншәыцу зегь раасҭа ицәгьоу аамҭақәагьы шәхыжәгоит.
АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?
-
Ианбаҳҭаху еиҳараӡак Иегова ицхыраара?
-
Иегова дҳацхрааларц азы аамҭа цәгьақәа раан ԥшь-знеишьак ихы иаирхәоит. Иарбанқәоу урҭ?
-
Иҟаҳҵалар акәзеи, Иегова ацхыраара ҳаҭара илшарц азы?
АШӘА 12 Анцәа ду Иегова
a Хьыӡқәак ԥсахуп