АҴАРАЗЫ АСТАТИА 4
АШӘА 30 Сыхьчаҩ, Саб, Сҩыза
Иегова игәы шәзыбылуеит
«Иегова... дгәыбылҩуп» (ИАК. 5:11).
ЕИЛАҲКААУА
Иегова ибзиабара иара изааигәахара ишҳацхраауа, насгьы агәҭынчреи амчи шаҳнаҭо.
1. Шәхаҿы дышԥаажәго Иегова?
ШӘХАҾЫ иааиуазеи Иегова шәанизхәыцуа? Иара шәаниҳәо шәхаҿы дышԥаажәго? Ҳара Анцәа дшаҳамбогьы Абиблиа аҟынтә иара изкны еилаҳкаауа рацәоуп. Иаҳҳәап, уа иануп Иегова «амра даҩызоуп, аԥырак деиԥшуп», иара убас «зегь ықәыццышәаа иқәызҵо мцоуп» ҳәа (Аԥсал. 84:11; Аур. 12:29). Иезекииль ибеит Анцәа асапфир иалху атәарҭаҿы дыштәаз, иара зыхә ҳараку аметаллқәа еилаарцыруа рылашара шихылҵуаз, насгьы иааикәыршаны ацәаҟәа еиԥшу алашара шыҟаз (Иез. 1:26—28). Абиблиа Иегова абас иахьихцәажәо ҳгәы архыҭхыҭыр ма Анцәа игәаԥхо ашәара ҳазцәырнагар алшоит.
2. Избан шьоукы Иегова иҩызахара зырцәыцәгьоу?
2 Ҳара Иегова даҳбаӡом, убри аҟынтә бзиа ҳшибо агәрагара ҳцәыуадаҩзар алшоит. Шьоукы Анцәа ибзиабара иаԥсаӡам ҳәа рыԥхьаӡоит, избанзар ахаан аӡәгьы бзиа ибаӡомызт — рҭаацәараҿгьы абзиабара ыҟаӡамызт. Иегова ус еиԥш иҟоу ҳцәаныррақәа бзианы еиликаауеит. Иара идыруеит игәрагара ҳцәыуадаҩзар шалшо. Аха Иегова иҭахуп иареи ҳареи аԥхарра зҵоу аизыҟазаашьа бзиақәа ҳамазарц. Убри аҟынтә шаҟа дқьиоу, насгьы шаҟа ахаара иҵоу Абиблиа ала иҳаилиркаауеит.
3. Избан Иегова ибзиабара иазкны еиҳаны еилаҳкаар зыбзиоу?
3 Иегова зегь раасҭа еиӷьны инаало ажәа — абзиабара ауп (1 Иоанн 4:8). Уи иара иусқәа зегьы ирнубаалоит. Иара убриаҟара абзиабара илоуп, бзиа дзымбо рахьгьы уи гәыҭбаарала иааирԥшуеит (Матф. 5:44, 45). Ари астатиаҿы Иеговеи иара ибзиабареи еиҳа инарҭбааны ҳалацәажәоит. Анцәа шаҟа еиӷьны деилаҳкаауа аҟара, убриаҟара иаргьы бзиа ибара ҳҭаххоит.
ИЕГОВА ДААРА БЗИА ҲАИБОИТ
4. Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырҵуа Иегова ибзиабара шәаназхәыцуа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
4 «Иегова... дгәыбылҩуп» (Иак. 5:11). Абиблиаҿы Анцәа ахаара аазырԥшуа, зхәыҷы ихылаԥшуа ан диҿырԥшуп (Ис. 66:12, 13). Шәхаҿы иаажәг ан лхәыҷы дшышьҭылхуа, дшылгәыдлыҳәҳәало, насгьы ашьшьыҳәа лыбжьы рмаҷны дышиацәажәо. Ахәыҷы дшааҵәыуаз еиԥш, дыҩны иара иахь днеиуеит. Ҳаргьы ҳгәы ак аныҵхо, Иегова ибзиабара ҳақәгәыӷлар ҳалшоит. Аԥсаломшәаҳәаҩ иҩит: «Схәыцрақәа сандыргәаҟлоз, уара сгәы урҭынчуан» (Аԥсал. 94:19).
5. Избан Иегова гәыкала иааирԥшуа абзиабара ахә ҳаракны изышәшьо?
5 Иегова гәыкала даҳзыҟоуп (Аԥсал. 103:8). Ҳара агәнаҳа ӷәӷәақәа аныҟаҳҵогьы, ҳкаижьӡом. Израильаа иааҟәымҵӡакәа Иегова игәы идырхьуан. Аха иҟарҵаз иахьхәны иара иахь ианыхынҳәлак, уаанӡа еиԥш бзиа ишибо агәра диргон. Абар урҭ бзиа ишибо дшахцәажәаз: «Уара сара сзы ухә ҳаракуп аҟынтә, аҳаҭыр уаԥсоуп, сара бзиа узбоит» (Ис. 43:4, 5). Иегова ибзиабара аҽаԥсахӡом. Аамҭа царгьы, уи ииасӡом, иагьхьшәашәаӡом. Ҳара агәнаҳа ӷәӷәақәа аныҟаҳҵогьы, Иегова ҳкаижьӡом. Иҟаҳҵаз ҳахьхәны иара иахь ҳхынҳәыр, уаанӡа еиԥш бзиа ҳшибо ҳбоит. Иара агәра ҳиргоит гәыҭбаарала ишҳанаижьуа (Ис. 55:7). Абиблиаҿы иануп Иегова ианҳанаижьуа, ҳамч шҭало (Аус. 3:19, албаага).
6. Еилаҳкаауазеи Захариа 2:8 аҟынтә Иегова изкны?
6 Шәаԥхьа Захариа 2:8. Иегова ҳара бзиа ҳаибоит. Убри аҟынтә ҳцәаныррақәа ибоит, ҳахьчарагьы еснагь дазхиоуп. Ҳара акы ҳанаргәаҟуа, уи иаргьы даргәаҟуеит. Убри аҟынтә абас ҳиҳәалар ҳалшоит: «Ублаҷыц еиԥш сыхьчала» (Аԥсал. 17:8). Иегова ҳаҳәара аҭак ҟаимҵар ауӡом. Абла — даара иԥшқоу цәеижьхәҭоуп. Убри аҟынтә Иегова иблаҷыц ҳанаҿирԥшуа, абас иҳәошәа иаҩызоуп: «Шәара ак шәзызуа дарбанзаалак сара исзиуеит».
7. Избан Иегова бзиа ҳшибо ала ҳагәрагара ҳарӷәӷәалар зҳахәҭоу?
7 Иегова иҭахуп бзиа ҳшибо агәра ганы ҳаҟазарц. Иара идыруеит иаҳхаҳгахьоу ауадаҩрақәа ирыхҟьаны уи агәрагара ҳцәыцәгьазар шалшо. Ма иҟалап уажәы Иегова бзиа ҳшибо агәрагара иаҳԥырхагоу ԥышәарак ҳамазар. Иҟаҳҵар ҳалшозеи ус ҳмыхьырц азы? Шәааи ҳалацәажәап Иегова Иисуси доуҳала иалху ақьырсианцәеи ҳареи бзиа ҳшибо шьақәзырӷәӷәо.
ИЕГОВА БЗИА ҲШИБО ШЬАҚӘЗЫРӶӘӶӘО
8. Избан Иисус Иаб бзиа дшибо агәра ганы дзыҟаз?
8 Иеговеи Иисуси ԥхьаӡашьа змам ашықәсқәа рыҩныҵҟа еицын. Убасҟан дара уаҳа џьаргьы иуԥымло аизыҟазаашьа бзиақәа еиздырҳаит. Иегова Иисус бзиа дшибоз иаартны иеиҳәон. Уи аӡбахә Матфеи 17:5 аҿы ҳаԥхьоит. Иегова абас иҳәар илшон: «Ари сгәы иахәо ҟазҵо иоуп». Аха иара иҭахын Иисус шаҟа бзиа дибо ҳдыруазарц. Убри аҟынтә абас иҳәеит: «Ари бзиа избо... Сԥа иоуп». Иегова Иисус иҟаиҵахьаз ахә ҳаракны ишьон, аԥхьаҟагьы диқәгәыӷлар шилшо агәра ганы дыҟан (Еф. 1:7). Иисус Иаб бзиа дшибо ала секундкгьы агәыҩбара изцәырымҵӡацызт. Иара Иаб бзиа дшибо агәра игаҵәҟьон, убри аҟынтә уи аӡбахә лассы-лассы иҳәон (Иоанн 3:35; 10:17; 17:24).
9. Иарбан жәақәоу иаҳзырбо Иегова доуҳала иалху ақьырсианцәа шаҟа бзиа ибо? Иҳаилшәыркаа (Римаа 5:5).
9 Иегова доуҳала иалху ақьырсианцәагьы бзиа ишибо аартны иҳәоит. (Шәаԥхьа Римаа 5:5.) Шәрызхәыц «бзиа ҳшибо ааирԥшуеит» ҳәа иҳәоу ажәақәа. Абар еилыркаагатә усумҭак аҿы уи ишахцәажәо: иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа рыгәқәа рахь абзиабара «арҩаш еиԥш идәықәлеит». Шаҟа ибзианы иаадырԥшуазеи арҭ ажәақәа Иегова иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа абык иаҳасабала бзиа ишибо! Дара Анцәа бзиа ишибо рдыруеит (Иуда 1). Абар апостол Иоанн урҭ рцәаныррақәа дышрыхцәажәаз: «Шәахәаԥш Ҳаб ибзиабара ҳара ҳахь шаҟа иӷәӷәоу — иара ихәыҷқәа ҳакәны ҳҟалартә алшара ҳаиҭеит» (1 Иоанн 3:1). Аха Иегова иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа мацара роума бзиа иибо? Мап. Ҳара зегьы бзиа ҳшибо ҳаилзыркаауа ашьақәырӷәӷәарақәа ҳамоуп.
10. Зегь раасҭа ишьақәзырӷәӷәои Иегова бзиа шәшибо?
10 Зегь раасҭа ишьақәзырӷәӷәои Анцәа бзиа ҳшибо? Аҿыхра. Уи еиҳау акрыҟоума? (Иоанн 3:16; Рим. 5:8). Иегова ауаа зегь рзы акыр изаԥсоу Иԥа дыԥсыртә иуит. Уи зыҟаиҵаз ҳагәнаҳақәа ҳанажьхарц, насгьы иара иҩызахара ҳалшарц азоуп (1 Иоанн 4:10). Иеговеи Иисуси рхы иамеигӡаӡакәа иаҳзыҟарҵаз шаҟа ҳазхәыцуа аҟара, убриаҟара еиӷьны еилаҳкаауеит хаҭала бзиа ҳшырбо (Гал. 2:20). Иегова ҳазҿихыз ус ахьаҭахыз мацаразы акәӡам. Уи бзиа ҳазбо Анцәа иҳамҭоуп. Иегова иара изы зегь раасҭа зыхә ҳаракыз Иисус иԥсы ҳахҭынҵаны, бзиа ҳшибо шьақәирӷәӷәеит. Иара Иԥа ҳара ҳзы дгәаҟны дыԥсыртә иуит.
11. Еилаҳкаауеи Иеремиа 31:3 аҟынтә?
11 Ишаҳбаз еиԥш, Иегова бзиа ҳшибо иҵәахӡом. Уи аартны иҳаиҳәоит. (Шәаԥхьа Иеремиа 31:3.) Иегова бзиа ҳаибоит, убри азоуп иара деилаҳкаартә алшара зҳаиҭаз. (Еиҿшәырԥш Ҩынтәзакәан 7:7, 8.) Иара ибзиабара ҳаҟәызыҭхо акгьы ыҟаӡам, насгьы аӡәгьы дыҟаӡам (Рим. 8:38, 39). Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырнаго Иегова шәара шәахь иааирԥшуа абзиабара? Шәаԥхьа Аԥсалом 23, насгьы иазгәашәҭ, Давид Иегова бзиа дахьибоз, насгьы дахьиеиҷаҳауаз иахиҳәаауаз. Шәаргьы Иеговеи шәареи агәреибагареи аԥхарра зҵоу аизыҟазаашьақәеи шәыбжьалар ауеит.
ИАРБАН ЦӘАНЫРРАҚӘОУ ИЕГОВА ИБЗИАБАРА ИШӘЫЗЦӘЫРНАГО?
12. Зыӡбахә ҳәоузеи Аԥсалом 23 аҟны?
12 Шәаԥхьа Аԥсалом 23:1—6. Аԥсалом 23 — уи Давид Иегова бзиа дшибо, насгьы дышиеиҷаҳауа ибзианы иуеилзыркаауа ашәоуп. Аԥсаломшәаҳәаҩ Иеговеи иареи ирыбжьоу агәыбылра ӷәӷәа аӡбахә иҳәоит, насгьы Иегова Сыхьчаҩ ҳәа изиҳәоит. Давид Анцәа игәра игоит аҟынтә амҩа ирбара азин ииҭоит. Уи амҩа данану иара агәҭынчра имоуп. Давид идыруан Иегова ибзиабара иԥсы ахьынӡаҭоу ишицзаало. Избан уи агәра ганы дзыҟаз?
13. Избан Давид агәра ганы дзыҟаз Иегова ихылаԥшра ахаан дшаҟәымҵуа?
13 «Сара акгьы сыгхаӡом». Давид ибон Иегова ибзианы дшихылаԥшуа, насгьы зда ԥсыхәа ыҟам есыҽны ишииҭо. Иара идыруан Иеговеи иареи шеиҩызцәоу, иԥсҭазааралагьы дыширгәырӷьо. Убри азоуп агәра ганы дзыҟаз: иҟалалакгьы Иегова ахаан ихылаԥшра даҟәыҵӡом. Давид идыруан Иегова гәыкала бзиа дшибоз, убри аҟынтә акгьы дацәшәаӡомызт. Иара насыԥ иман, насгьы имаз изирхон (Аԥсал. 16:11).
14. Излоубарҭоузеи Иегова ахаара аарԥшны дышҳаиҷаҳауа?
14 Иегова абзиабара аарԥшны даҳхылаԥшуеит, еиҳараӡак ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳанрықәшәо. 20 шықәса инареиҳаны Вефиль аҿы амаҵ зуа Клер a лҭынхацәа еиқәырццакны ауадаҩрақәа ианрықәшәа, иҟалҵара лыздыруамызт. Лаб аинсульт исит. Лаҳәшьеиҵбы аизара далырцеит. Лҭаацәара ирымаз абизнес хәыҷ рцәыӡит, нас ҩныдагьы иаанхеит. Дышԥареиҷаҳауаз Иегова Клер лҭаацәара? Лара илҳәоит: «Сара избон есыҽны сҭынхацәа зда ԥсыхәа ыҟам шрымаз. Иегова уи инеиҳангьы ириҭон. Иуадаҩыз урҭ аамҭақәа раан Иегова дышҳаиҷаҳауаз лассы-лассы сазхәыцуеит. Уи ахаан исхашҭӡом, насгьы амч сынаҭоит. Сыԥсҭазаараҿы дырҩегь уадаҩрақәак санрықәшәалак сгәы касыжьӡом, агәырӷьарагьы мырӡкәа Иегова имаҵ зуеит».
15. Ҵакыс ирымои «иара сгәы шьҭихуеит» ҳәа Давид ииҳәаз ажәақәа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
15 «Иара сгәы шьҭихуеит». Давид дзықәшәоз ауадаҩрақәеи аԥышәарақәеи зны-зынла игәы карыжьуан (Аԥсал. 18:4—6). Аха Иегова уи игәы шьҭихуан. Анцәа уаҳа злымшоз иҩыза «ибарақьаҭу аҳәырҭақәа рахь» днеигон, насгьы аӡы азааигәара иԥсы ииршьон. Уи Давид имч ҭанаҵон, анаҩсгьы Иегова имаҵ аура ицхраауан (Аԥсал. 18:28—32).
16. Ишԥашәнаҭоз амч Иегова ибзиабара?
16 Аԥсҭазаараҿы ҳшьара ҳақәзырҟьар алшо аҭагылазаашьақәа ҳрықәшәар ауеит. Аха Иегова урҭ ҳҭадырхар иуӡом (Аҵә. 3:22; Кол. 1:11). Абар Ре́ичел лҿырԥшы. Апандемиа COVID-19 аан лыԥшәма Иегова имаҵ аура даҟәыҵит, ларгьы дкаижьит. Усҟан лара лхы ахьылгара лыздыруамызт. Дышԥалыцхрааи Иегова Реичел? Лара илҳәоит: «Иегова исирбон зегьы бзиа сшырбо. Сҩызцәа еснагь сааигәа иҟан, дара аамҭа сыцырхыргон, схәы ҟарҵон, насгьы ажәа ҟәандақәеи Абиблиа аҟынтә азхәыцрақәеи зныз СМС-аацҳарақәа сзаарышьҭуан. Дара еснагь иҿаԥха-ҿаччо исацәажәон, насгьы Иегова бзиа сшибоз схадыршҭӡомызт. Сара сааҟәымҵӡакәа Иегова ҭабуп ҳәа иасҳәоит агәыбылра ахьыҟоу аҭаацәара ду ахьсиҭаз азы».
17. Избан Давид «сара акгьы сацәшәаӡом» ҳәа зиҳәаз?
17 «Сара акгьы сацәшәаӡом, избанзар уара усыцуп». Давид зныкымкәа аԥсра дахыԥахьан. Иара даара иӷәӷәаз аӷацәа рацәаҩны иман. Аха Иегова ибзиабара агәҭынчра инаҭон. Давид ибон Иегова есымша дышицыз. Уи агәҭынчра изҭоз хәшәын. Убри аҟынтә абас Иегова ашәа изиҳәон: «Иара сшәарақәа зегь сԥыригеит» (Аԥсал. 34:4). Давид дзыршәоз ыҟан, аха Иегова ибзиабара ӷәӷәа ашәара аиааира ицхраауан.
18. Иаажәга Иегова бзиа ҳшибо ахьаҳдыруа ашәара аиааира ишҳацхраауа узырбо аҿырԥштәқәа.
18 Аԥсҭазаараҿы ахҭыс бааԥсқәа ҳрықәшәалар ауеит. Аха Иегова бзиа ҳшибо ахьаҳдыруа ҳахьчоит. Ишԥа? Абар пионерс амаҵ зуа Сиу́зи лҭоурых. Лара илҳәоит рԥа иҽанишь лыԥшәмеи лареи рхы шырбоз: «Уи аҩыза ахгара даара ицәгьоуп. Агәырҩеи агәаҟреи ада акгьы ахьузыԥшым тыша дук уҭаҳазшәа убоит. Аха Иегова ибзиабара ҳахьчон, ҳара инапы ӷәӷәа ҳшану ҳбон». Абар Реичел, лхаҵа данкаижь ашьҭахь илҳәаз: «Уахык цәгьалаҵәҟьа сҟалеит. Сгәы тҟәацны ицон, шәарак сызцәырҵит. Сара сыбжьы рдуны сҵәыуон, Иеговагьы сиҳәон. Уи ашьҭахь гәҭынчрак соуит. Ан лнапы иану ахәыҷ иеиԥш сгәы ҭынчхеит, нас сыцәеит. Ахаан уи схашҭӡом». Аизара ахылаԥшҩыс амаҵ зуа Та́сос захьӡу аиашьа арра ацара мап ахьацәикуаз азы ԥшьышықәса абахҭа дҭакын. Ишԥеибоз иара Иегова бзиа дшибо, насгьы дышиеиҷаҳауа? Иара иҳәоит: «Сара зда ԥсыхәа ыҟам аасҭа еиҳангьы исыман. Уи Иегова иахь сыгәрагара арӷәӷәеит. Иегова иԥшьоу адоуҳа сиҭон, насгьы адепрессиа узцәырызгар алшоз аҭагылазаашьаҿы сшыҟазгьы, агәырӷьара сыман. Сара даҽазныкгьы избеит Иегова шаҟа сизааигәахо аҟара, убриаҟара еиӷьны иҳамҭақәа шызбо. Убри аҟынтә абахҭаҿы пионерс амаҵ аура салагеит».
АГӘЫБЫЛРА ЗЛОУ ШӘЫНЦӘА ШӘИЗААИГӘАХАЛА
19. а) Ишԥарныԥшуеи ҳаҳәарақәа Анцәа бзиа ҳшибо ала иҳамоу агәрагара? б) Иарбан Иегова ибзиабара зеиԥшроу узырбо жәақәоу еиҳараӡак шәгәаҵанӡа инеиуа? (Шәахәаԥш арамка « Иегова бзиа ҳшибо ҳзырбо ажәақәа».)
19 Ҳзыхцәажәоз ахҭысқәа ишьақәдырӷәӷәоит «абзиабара Анцәа» Иегова ҳара дышҳацу! (2 Кор. 13:11). Иара ҳаиҭахуп, насгьы гәыкала бзиа ҳаибоит (Аԥсал. 32:10). Анцәа ҳара ҳахь абзиабара шааирԥшуа шаҟа ҳазхәыцуа аҟара, убриаҟара иара ҳаизааигәахоит. Ҳара ҳамшәаӡакәа ҳиҳәалар ҳалшоит, насгьы ибзиабара ада ԥсыхәа шҳамам иаҳҳәалар ауеит. Ҳаизеилымкаар ҳәа ҳамшәаӡакәа, ҳгәы иҵхо изеиҭаҳҳәалар ҳалшоит, насгьы хымԥада дышҳацхраауа агәра ганы ҳаҟазар ауеит (Аԥсал. 145:18, 19).
20. Избан Иегова изааигәахара заҳгәаԥхо?
20 Ахьҭа уанакуа амца уҽҳәатәарц шуҭаххо еиԥш, зыбзиабара ҳарԥхо Иегова ҳаизааигәахалар ҳҭахуп. Иара игәыбылра ӷәӷәоуп. Шаҟа насыԥ дуузеи — Иегова ихаҭа бзиа ҳахьибо! Шәааи, аԥсаломшәаҳәаҩ иеиԥш ҳаргьы иаҳҳәап: «Сара Иегова бзиа дызбоит!» (Аԥсал. 116:1).
АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?
-
Шәышԥахцәажәарыз Иегова ибзиабара?
-
Ишԥашьақәирӷәӷәеи Иегова даараӡа бзиа шәшибо?
-
Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырнаго, Иегова бзиа шәшибо ахьыжәдыруа?
АШӘА 108 Анцәа гәыкала бзиа ҳаибоит
a Хьыӡқәак ԥсахуп.