Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

ИХӘАРҬОУ АЛАБЖЬАРАҚӘА

Ухатә ҭҵаареи аҭаацәаратә мҵахырхәареи раан иҭуҵаалар улшо

Ухатә ҭҵаареи аҭаацәаратә мҵахырхәареи раан иҭуҵаалар улшо

Ҳара Иегова ҳанимҵахырхәо аизарақәеи аконгрессқәеи рҿы агәыԥ дуқәа рыла ҳанеизо мацара акәӡам, ҳамацара ма ҭаацәаныла Абиблиа анҭаҳҵаауагьы ҳимҵахырхәоит. Абар уи аамҭа ухы иаурхәар шулшо:

  • Аизара шәҽазыҟашәҵа. Иара убас ашәа шәҵар, насгьы шәҭаацәара иатәу зегьы аҭак архиара шәрыцхраар шәылшоит.

  • Абиблиа аҟынтә ацыԥҵәаха шәаԥхьа. Анаҩс шәзыԥхьаз шәхаҿы иааганы иҭышәх, мамзаргьы уи ишәнарҵаз џьара ианышәҵа.

  • Абиблиа иану Анцәа иҳәарақәа руак ҭышәҵаа, насгьы шәыҳәарақәа реиӷьтәра излашәыцхраауа шәалацәажәа.

  • Асаит jw.org аҟны авидеонҵамҭа шәахәаԥш, нас уи шәалацәажәа, мамзаргьы ишәгәаԥхаз џьара ианышәҵа.

  • Ажәабжьҳәара шәҽазыҟашәҵа, иаҳҳәап, шәҭаацәара иатәу аӡәы ажәабжь ззеиҭашәҳәо иакәушәа шәиацәажәа.

  • Аԥсабара шәахәаԥшны, уи Иегова изкны ишәнарҵо шәазхәыц. Ус ҟашәҵалар шәылшоит шәхала шәаныҟоугьы, ҭаацәаныла шәанеицугьы a.

a Шәахәаԥш 2023 шықәса, март мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Иегова ишамҭақәа рыла еиҳа еиӷьны деилышәкаала».