АҴАРАЗЫ АСТАТИА 1
АШӘА 2 Уара иухьӡуп Иегова
Иегова дҳарашәкла
2025-ТӘИ АШЫҚӘС ИАЗАЛХУ АЖӘЕИНРААЛА: «Ишәҭ Иегова ихьӡ зыԥсоу ахьӡ-аԥша» (АԤСАЛ. 96:8).
ЕИЛАҲКААУА
Иегова дзыԥсоу ахьӡ аԥша иаҳҭалар шҳалшо.
1. Рхы ззырышьҭуазеи иахьа аӡәырҩы ауаа?
ИҞАЛАП шәаргьы игәашәҭазар иахьа аӡәырҩы ауаа рхы мыцхәы бзиа ишырбо. Иаҳҳәап, шьоукы асоциалтә каҭақәа рҿы рхи реихьӡарақәеи ирхыҽхәоит, уи раамҭеи рымчи рацәаны иазыркуеит. Анцәа Иегова дзырҽхәо рацәаҩӡам. Ари астатиаҿы еилҳаргоит Иегова ирҳаракра иаанаго, уи аҟаҵара ҳгәазҭазҵалар акәу, насгьы уи шыҟаҵалатәу. Иара убас еилаҳкаауеит иаарласны Анцәа ихаҭа ихьӡ шҳареикуа.
ИААНАГОЗЕИ ИЕГОВА ИРҲАРАКРА?
2. Ишԥааирԥши Иегова ихьӡ-иԥша ашьха Синаи ашьапаҿы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
2 Изакәызеи ахьӡ-аԥша? Абиблиаҿы «ахьӡ-аԥша» аӡәы дҳаразкуа акы аанарԥшуазар алшоит. Иегова израильаа Египет ианалигоз, уаҩ ишимбацыз ихьӡ-иԥша ааирԥшит. Шәхаҿы иаажәг миллионҩыла ауаа Анцәа ииҳәарц ииҭахыз раҳарц азы Синаи ашьха ашьапаҿы ишеизаз. Ашьха аԥҭа еиқәаҵәа ахаԥеит. Иаалырҟьаны адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит, авулкангьы тҟәацзар ҟалап. Адгьыл ҵысит, имацәысит, идыдит, улымҳа ҭызҟьоз абыкь бжьы геит (Ақәҵ. 19:16—18; 24:17; Аԥсал. 68:8). Шәхаҿы иаажәг, Иегова абас ихьӡ-иԥша анааирԥш, уи израильаа шаҟа иаршанхаз.
3. Иаанагозеи Иегова ахьӡ-аԥша иҭара?
3 Иҳалшома ҳара ауаа Иегова ахьӡ-аԥша иҭара? Ааи. Ишԥа? Иаҳҳәап, ҳара иҳалшоит зеиԥшыҟам иусқәеи иҟазшьақәеи рыӡбахә егьырҭ ирзеиҭаҳҳәалар. Иара убас ахьӡ-аԥша иаҳҭоит ҳаихьӡарақәа иара ишибзоуроу еилаҳкаауазар (Ис. 26:12). Уи адагьы, ҳара аҳ Давид ҳаиҿыԥшуеит. Иара еснагь ахьӡ-аԥша Иегова ииҭон. Зны иара ауаа рацәа рҿаԥхьа Анцәа даниҳәоз абас иҳәеит: «Иегова, уара уоуп Анцәа ду, уара уоуп амчи, аԥшӡареи, ахьӡ-аԥшеи змоу, избанзар ажәҩан аҿи адгьыл аҿи иҟоу зегь зтәу уара уоуп». Анцәа даниҳәа ашьҭахь «зегьы Иегова ирҽхәара иалагеит» (1 Аш. 29:11, 20).
4. Дышԥаҳареикуаз Иисус Иегова?
4 Иисус адгьыл аҿы даныҟаз, Иаб дҳареикуан: иара иҳәон иҟаиҵоз аџьашьахәқәа зегьы злаҟаиҵо Анцәа имч ала шакәыз (Марк 5:18—20). Уи адагьы, Иисус ауаа иреиҳәон Иаб шаҟа дыбзиоу. Иара ауаа дшырзыҟаз алагьы Анцәа дҳареикуан. Ҽнак зны Иисус асинагогаҿы ауаа аҵара аныдирҵоз, ԥҳәыск дгәеиҭеит. Лара адемон дылхаԥаны дахьыҟаз иахҟьаны 18 шықәса ачымазара даргәаҟуан. Уи аԥҳәыс лыбӷа хәан азы, лҽылзеиҵыхӡомызт. Шаҟа дгәаҟуази лара! Иисус дрыцҳаишьан, лааигәа днеин, абас леиҳәеит: «Уажәшьҭа быбзиахеит. Уаҳа бычмазаҩӡам». Анаҩс Иисус данлылакьыс иаразнак лыбӷа ааиҵылхит, «Анцәа ирҽхәарагьы далагеит». Уи аԥхәыс Иегова дахьихәышәтәыз ахә ҳаракны илшьон (Лука 13:10—13). Ҳаргьы уи аԥҳәыс леиԥш Иегова дҳарҽхәалар зҳалшо рацәоуп.
ҲГӘАЗҬАЗҴОЗЕИ ИЕГОВА ИРҲАРАКРА?
5. Пату зиқәаҳҵои Иегова?
5 Ҳара Иегова дҳараҳкуеит, избанзар даараӡа пату иқәаҳҵоит. Ҳара Анцәа пату зызиқәаҳҵо даара ирацәоуп. Иегова Зегьзымчу иоуп — имч ҳәаа амаӡам (Аԥсал. 96:4—7). Анцәа ишамҭақәа зегьы иҟәыӷара рнубаалоит. Иегова аԥсҭазаара ҳаиҭеит, ҳанхаларц азгьы иахәҭоу зегь ҳаиҭеит (Аат. 4:11). Анцәа ижәлар дрызиашоуп (Аат. 15:4). Иара иҟаиҵо зегь бзианы иҟаиҵоит, иажәагьы еснагь инаигӡоит (Иис. Н. 23:14). Иџьашьатәӡам аԥааимбар Иеремиа Иегова изкны абас ахьиҳәаз: «Ажәларқәеи аҳрақәеи зегьы рҿы иҟоу аҟәыӷацәа рыбжьара уара иуеиԥшу аӡәгьы дыҟаӡам» (Иер. 10:6, 7). Ҳара жәҩантәи Ҳаб пату зызиқәаҳҵо мзызқәак роуп еиқәаҳаԥхьаӡаз. Иегова пату иқәаҳҵоит, аха уи адагьы даара бзиа даҳбоит.
6. Бзиа дзаҳбозеи Иегова?
6 Ҳара Иегова дҳараҳкуеит, избанзар даара бзиа даҳбоит. Еиқәаҳаԥхьаӡап Анцәа бзиа ибара ҳгәазҭазҵо илоу ҟазшьақәак. Иара арыцҳашьара илоуп (Аԥсал. 103:13; Ис. 49:15). Иегова зегь гәеиҭоит, ак ҳгәы анҳнархьуа, иаргьы игәы ихьуеит (Зах. 2:8). Иара иҩызахара дҳацхраауеит (Аԥсал. 25:14; Аус. 17:27). Уи адагьы, Анцәа ахынраалара илоуп — «иара ажәҩани адгьыли дрыхәаԥшырц азы ихы лаирҟәуеит, иӷару асаба далигоит» (Аԥсал. 113:6, 7). Ас еиԥш иҟоу Анцәа дҳароумклар залшом! (Аԥсал. 86:12).
7. Избан Иегова иӡбахә ауаа ирзеиҭаҳҳәалар заҳҭаху?
7 Ҳара Иегова дҳараҳкуеит, избанзар дзеиԥшроу ауаа ирдыруазарц ҳҭахуп. Аӡәырҩы ауаа Иегова изку аиаша рыздырӡом. Избан? Избанзар Аҩсҭаа Анцәа амц изиҳәоит, дара уи агәра ргоит (2 Кор. 4:4). Аҩсҭаа ауаа агәра диргеит Иегова ишьа иуеит ҳәа, ауаа хьаас имаӡам ҳәа, насгьы адунеи аҿы иҟоу агәаҟрақәа рацәаны изхароу иара иоуп ҳәа. Аха ҳара иаҳдыруеит уи зегь шымцу! Ҳара Иегова дзеиԥшроу ауаа ирзеиҭаҳҳәалар ҳалшоит. Убасала, Анцәа дҳараҳклоит (Ис. 43:10). Аԥсалом 96 ҳгәазҭанаҵоит Иегова ахьӡ-аԥша иҭара. Шәааи уи Аԥсалом иану зхәыцрақәак ҳрылацәажәап, насгьы Иегова дзыԥсоу ахьӡ-аԥша иҭара шҳалшо ҳазхәыцып.
ИШԤАҲАЛШО ИЕГОВА ДҲАРАҲКЛАР?
8. Ишԥаҳалшо Иегова ирҳаракра? (Аԥсалом 96:1—3).
8 Шәаԥхьа Аԥсалом 96:1—3. Ҳара Иегова дҳараҳкуеит ауаа иӡбахә анырзеиҭаҳҳәо. 96-тәи Аԥсалом раԥхьатәи ажәеинраалақәа ҳгәазҭарҵоит: «Иегова ашәа изышәҳәала», «ихьӡ шәырҽхәала», «иҳаиҭо аиқәырхара иазку ажәабжь бзиа есыҽны ишәҳәала», «ажәларқәа рыбжьара ихьӡ-иԥша аӡбахә шәҳәала». Арҭ зегьы жәҩантәи Ҳаб ирҳаракразы иҳамоу алшарақәа иреиуоуп. Ажәытәан Анцәа изиашаз имаҵзуҩцәа Иегова дзеиԥшроу, иарбан ҟазшьақәоу илоу, насгьы ирзыҟаиҵаз ауаа ирзеиҭарҳәон (Дан. 3:16—18; Аус. 4:29). Ишԥаҳалшо урҭ ҳарҿыԥшлар?
9, 10. Ишәнарҵозеи Анџьелина лыхҭыс? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
9 Ҳахәаԥшып Еиду Аштатқәа рҿы инхо Анџьели́на a зыхьӡу ҳаҳәшьак лыхҭыс. Лара аусураҿы дымшәаӡакәа Иегова иӡбахә рзеиҭалҳәеит. Аусура дахьалагаз кампаниак аҿы ҿыц аусура иалагаз ибзианы еибадырырц азы аиԥылара еиҿыркааит. Уа дасу иааркьаҿны иҭоурых еиҭеиҳәар илшон. Анџьелина Иегова имаҵзура шаҟа агәырӷьара лзаанаго еиҭалҳәарц азы апатреҭқәа лхы иархәаны апрезентациа кьаҿк лырхиеит. Аха лаԥхьаҵәҟьа хаҵак ажәа ирҭеит. Иара иҳәеит Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәараҿы ишизҳаз, нас Иегова ишаҳаҭцәа дырхыччо далагеит. Анџьелина илгәаларшәаны илҳәоит: «Сгәы ҭыҵны ицон убриаҟара еисуан. Аха сара ус схәыцит: „Ари ауаҩ Иегова изкны ииҳәаз мцуп. Сара ҿымҭӡакәа сызтәаӡом. Зегьы еилыркаароуп Иегова дзеиԥшраҵәҟьоу“».
10 Анџьелина ажәа анлырҭа, иааркьаҿны гәаныла Анцәа диҳәеит. Нас хаала уи ахаҵа ус иалҳәеит: «Шәареи сареи иаҳзеиԥшу рацәоуп. Саргьы Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәараҿы исызҳаит, схаҭагьы Иегова ишаҳаҭ соуп». Анџьелина лгәы шхыҭ-хыҭуазгьы, ҭынч лыпрезентациа дырбара далагеит, насгьы зыгәра лго рзеиҭалҳәеит (1 Пиотр 3:15). Иҟалазеи анаҩс? Анџьелина лажәа ҳәаны даналга, ахаҵа зынӡа даҽакала дцәажәо далагеит. Иара еиҭеиҳәеит, даныхәыҷыз Иегова ишаҳаҭцәа рацәажәара шигәаԥхоз. Анџьелина илҳәоит: «Ҳара Иегова дзеиԥшроу зегьы ирзеиҭаҳҳәалароуп, иара уи даԥсоуп. Иегова ихьӡ бзиа ахьчара ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп». Аӡәы ииашамкәа Иегова данихцәажәо, ҳаргьы ихьӡ ҳахьчалар, иҳараҳклар ҳалшоит. Ҳара ҳзы уи ҳаҭыр дууп.
11. Ишԥақәныҟәо жәытәнатә аахыс Иегова имаҵзуҩцәа Аԥсалом 96:8 иану апринцип?
11 Шәаԥхьа Аԥсалом 96:8. Ҳара Иегова дҳараҳкуеит хатәгәаԥхарала аԥара аналаҳҵо. Жәытәнатә аахыс Анцәа имаҵзуҩцәа ирымоу ала Иегова дҳараркуеит (Ажәам. 3:9). Иаҳҳәап, израильаа аныҳәарҭа аргылареи ахылаԥшреи рзы хатәгәаԥхарала аԥара аларҵон, насгьы зыхә ҳаракыз амаҭәарқәа наргон (2 Аҳ. 12:4, 5; 1 Аш. 29:3—9). Христос иҵаҩцәа рҟынтә шьоукы «ирымаз иамеигӡакәа» Иисуси иапостолцәеи ирыцхраауан (Лука 8:1—3). Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәагьы амамзаара иаргәаҟуаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцхраауан (Аус. 11:27—29). Ҳаргьы иахьа хатәгәаԥхарала аԥара аналаҳҵо, Иегова дҳараҳкуеит.
12. Дышԥаҳаранакуеи Иегова хатәгәаԥхарала аԥара ахьалаҳҵо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
12 Абар хатәгәаԥхарала аԥара ахьалаҳҵо Иегова дышҳаранакуа узырбо хҭыск. 2020-тәи ашықәс азы Зимбабве аарҩара ӷәӷәа ыҟан. Уи иахҟьаны миллионҩыла ауаа афатә рзымхо аҟынӡа инеит. Урҭ рыбжьара При́ска зыхьӡу ҳаҳәшьагьы дыҟан. Аарҩара ӷәӷәа шыҟазгьы, Приска хашалеи хәашалеи ианцәаӷәатәызгьы ианлаҵатәызгьы ажәабжьҳәара дныҟәон. Приска лгәылацәа лхыччон, абасгьы ларҳәон: «Ак анылаҵатәу, ак анрашәатәу, бара бныҟәо ажәабжь бҳәоит. Бҭаацәа амла иаганы ишыԥсуа уажә еиԥш иаҳбоит». Приска гәыҩбарак лымамкәа абас ралҳәон: «Иегова имаҵзуҩцәа ахаан иаанижьӡом». Иаарласны аишьцәа Приска афатәқәа лзааргеит. Адунеи зегь аҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи хатәгәаԥхарала аԥара ахьаларҵо абзоурала, ҳорганизациа абас еиԥш иҟоу ацхыраара аҟаҵара рылшоит. Уи Приска лгәылацәа даара иџьаршьеит, абасгьы ларҳәеит: «Аиашаҵәҟьа, Бынцәа баанимыжьӡеит. Бынцәа иӡбахә еиҳаны еилаҳкаар ҳҭахуп». Быжьҩык Приска лгәылацәа аизарақәа рахь аныҟәара иалагеит.
13. Дышԥаҳаранакуеи Иегова ҳхымҩаԥгашьа? (Аԥсалом 96:9).
13 Шәаԥхьа Аԥсалом 96:9. Ҳара Иегова дҳараҳкуеит ҳхымҩаԥгашьала. Иегова иныҳәарҭаҿы амаҵ зуаз аԥшьаҩцәа ирыдыз аҭакԥхықәрақәа рынагӡара иалагаанӡа рнапқәеи ршьапқәеи рыӡәӡәалар акәын (Ақәҵ. 40:30—32). Аха иҟоуп цәеижьла ацқьара аасҭа ихадоу акы. Уи ицқьоу ҳхымҩаԥгашьа ауп (Аԥсал. 24:3, 4; 1 Пиотр 1:15, 16). Ҳара «ажәытә цәаҩа» ҳшәыхны «цәаҩа ҿыцла» ҳҽеилаҳҳәалароуп. Даҽакала иуҳәозар, Анцәа ицәымӷу ахәыцрақәеи, ашьцыларақәеи, ахымҩаԥгашьеи аанҳажьроуп. Ҳара иаҳҭахуп Иегова ихәыцшьа иҿаҳҵаалар, ихы шымҩаԥиго еиԥш ҳхы мҩаԥаҳгалар, насгьы илоу аҟазшьақәа ҳалаҳааӡалар (Кол. 3:9, 10). Иегова ицхыраарала ламысдарала, насгьы гәымбылџьбарала зхы мҩаԥызго ауаагьы рҽыԥсахны цәаҩа ҿыцла рҽеиларҳәар рылшоит.
14. Ишәнарҵозеи Џьек ихҭыс? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
14 Џьек игәымбылџьбараз, рыцҳашьарак зламыз, ацәгьоурақәа рацәаны иҟазҵоз ишәарҭаз уаҩын. Иара Адемон ҳәагьы иарҳәон. Иҟаиҵаз ацәгьоурақәа рзы ашьра иқәҵаны абахҭа дҭаркит. Дахьҭакыз ажәабжь аҳәаразы инеиуаз иашьак диабадырит. Џьек Абиблиа аҵара далагеит. Уаанӡа дышуаҩы цәгьазгьы, Џьек ажәытәтәи ицәаҩа ишәихит, насгьы ԥыҭраамҭак ашьҭахь аӡы иҽӡааихит. Иара даараӡа иҽиԥсахит. Даныршьуаз аҽны абахҭахьчаҩцәа шьоукы рылаӷырӡқәа хажжылон. Абахҭаҿы аус зуаз хаҵак ус иҳәеит: «Џьек арахь данааи, абахҭаҿы иеицәаз уаҩ дыҟамызт. Уажәы зегь иреиӷьу дреиуоуп». Џьек даныршь ашьҭахь мчыбжьык анҵы, аишьцәа ишыҟарҵац еиԥш абахҭаҿы аизара анымҩаԥыргоз, уаанӡа ахаан ирымбацыз иҭакыз хаҵак дырбеит. Игәазҭазҵазеи иара аизарахь анеира? Џьек иҽахьиԥсахыз игәаҵанӡа инеит, насгьы Иегова имаҵ аура далагарц азы иҟаҵатәу еиликаарц иҭаххеит. Ари ахҭыс иаҳнарбоит ҳхымҩаԥгашьала жәҩантәи Ҳаб дҳараҳклар шҳалшо (1 Пиотр 2:12).
ИШԤАҲАРЕИКУЕИ ИААРЛАСНЫ ИЕГОВА ИХЬӠ?
15. Ишԥаҳареикуеи иаарласны Иегова ихьӡ? (Аԥсалом 96:10—13).
15 Шәаԥхьа Аԥсалом 96:10—13. 96-тәи Аԥсалом аҵыхәтәантәи ажәеинраалақәа рҿы Иегова Аӡбаҩ, насгьы Аҳ ҳәа изҳәоуп. Ишԥаҳареикуеи иаарласны Иегова ихьӡ? Аиашара шьақәиргылоит. Иаарласны иара амцдинхаҵарақәа аазырԥшуа Вавилон Ду ықәигоит, уи иԥшьоу ихьӡ ахьарџьо азы (Аат. 17:5, 16; 19:1, 2). Иҟалап уи збо шьоукы иҳавагыланы Иегова имҵахырхәара иалагар. Анаҩс Армагеддон аан Иегова Аҩсҭаа идунеи зегь аҵыхәтәа ԥиҵәоит. Анцәа дызцәымӷу, насгьы дзырџьо ахаан иҟамызшәа иқәгахоит. Иегова бзиа дызбо, изыӡырҩуа, насгьы гәыкала дҳаразкуа ракәзар, еиқәирхоит (Марк 8:38; 2 Фес. 1:6—10). Христос Зқьышықәсатәи инапхгара анынҵәалак, насгьы ауаа аҵыхәтәантәи аԥышәара анырхыргалак ашьҭахь, Анцәа ихьӡ аҵыхәтәанынӡа иԥшьахоит (Аат. 20:7—10). Убасҟан «аӡы амшын шарҭәуа еиԥш, адгьыл Иегова ихьӡ-иԥшала иҭәуеит» (Авв. 2:14).
16. Иҟаҳҵалар акәзеи ҳара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
16 Шаҟа ҳазыԥшузеи Иегова ишамҭақәа зегьы дзыԥсоу ахьӡ-аԥша анирҭало аамҭа! Уи аамҭа аиаанӡа ҳажәақәеи ҳусқәеи рыла Ҳанцәа дҳараҳкларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп. Уи шаҟа ихадоу ҳхаҳмыршҭларц азы Анапхгаратә хеилак аҟынтә аишьцәа 2025-тәи ашықәс азы Аԥсалом 96:8 аҟынтә ажәеинраала алырхит, уа иануп: «Ишәҭ Иегова ихьӡ зыԥсоу ахьӡ-аԥша».
АШӘА 12 Анцәа ду Иегова
a Хьыӡқәак ԥсахуп.