АҴАРАЗЫ АСТАТИА 5
АШӘА 108 Анцәа гәыкала бзиа ҳаибоит
Иегова ибзиабара хәарҭас иаҳзаанаго
«Христос Иисус адунеи ахь дзааз агәнаҳаҟаҵаҩцәа еиқәирхарц азоуп» (1 ТИМ. 1:15).
ЕИЛАҲКААУА
Аҿыхра хәарҭас иаҳзаанагаз, насгьы Иегова ибзиабара ахә ҳаракны ишаҳшьо иҳарбар шҳалшо.
1. Дҳаргәырӷьалар шԥаҳалшо Иегова?
ШӘХАҾЫ иаажәг шәҩыза ҳамҭа бзиак шишәҭаз, уи иагьыԥшӡоуп, иагьхәарҭоуп. Аха иара уи ашьқаԥ иҭаҵаны иҵәахит, нас уи шимоу зынӡагьы ихашҭит! Ҳәарада, уи шәгәы шәнархьуеит. Аха шәҳамҭа пату шақәиҵо, насгьы ихы ишаирхәо жәбар, уи шәгәы ҟанаҵоит. Иаанарԥшуазеи ари аҿырԥштәы? Иеговагьы аҳамҭа ҳзыҟаиҵеит — Иԥа дҳахҭниҵеит. Иҳамҭеи ибзиабареи ахә ҳаракны иаҳшьалар, иара уи даараӡа деигәырӷьалоит! (Иоанн 3:16; Рим. 5:7, 8).
2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
2 Аха аамҭак ашьҭахь аҿыхра ахә ашьара ҳаҟәыҵыр алшоит. Уи зыхә ҳараку Анцәа иҳамҭа ашьқаԥ иҭаҵаны иаҳҵәахызшәа иаҩызахоит. Раԥхьа аҳамҭа ҳаигәырӷьеит, аха нас уи шҳамоу иагьҳгәалашәаӡом. Иҟаҵатәузеи раԥхьаӡа уи ахә ҳаракны ишаҳшьаз еиԥш еснагь ахә ҳаракны иаҳшьаларц? Анцәеи Христоси иаҳзыҟарҵаз еснагь иаҳгәалаҳаршәалароуп. Ари астатиа уи аҿы иҳацхраауеит. Ҳара еилҳаргоит аҿыхра хәарҭас иаҳзаанагаз, насгьы аԥхьаҟа иҵегьы хәарҭас иаҳзаанаго. Иара убас ҳалацәажәоит Иегова ибзиабара ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшыр шҳалшо, еиҳараӡак Иисус Христос иԥсра агәаларшәара апериод аан.
АҾЫХРА ХӘАРҬАС ИАҲЗААНАГАЗ
3. Хәарҭас иаҳзаанагозеи аҿыхра иахьа уажәнатә?
3 Аҿыхра иахьа уажәнатә хәарҭас иаҳзаанаго рацәоуп. Иаҳҳәап, уи абзоурала Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит. Иара уи уалны идӡам, аха уи гәык-ԥсыкала иҭахуп. Аԥсалмшәаҳәаҩ уи ахә ҳаракны ишьон аҟынтә, абас иҳәеит: «Избанзар уара, Иегова, уқьиоуп, насгьы анажьра уазхиоуп» (Аԥсал. 86:5; 103:3, 10—13).
4. Иҿихыда Иегова агәнаҳа аҟынтә? (Лука 5:32; 1 Тимофеи 1:15).
4 Иегова ауаа рыгәнаҳақәа ранаижьуеит. Аха шьоукы ргәы иаанагоит дара уи иаԥсаӡам ҳәа. Аиаша уҳәозар, уи иаԥсоу ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Апостол Павел иҳәеит «апостол ҳәа сзуҳәартә еиԥшгьы сыҟам» ҳәа. Аха нас иациҵеит: «Анцәа иааирԥшыз сзыԥсам ақьиара абзоурала сара сапостолуп» (1 Кор. 15:9, 10). Ҳара ҳагәнаҳақәа ҳанрыхьхәуа, Иегова иҳанаижьуеит. Избан? Уи ҳахьаԥсоу азы акәӡам, аха бзиа ҳахьибо азоуп. Шәара акгьы шәаԥсаӡам ҳәа шәгәы иаанагозар, ишәхашәмыршҭлан: Иегова иҿихыз инаӡоу ауаа ракәӡам, аха зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа агәнаҳаҟаҵаҩцәа роуп. (Шәаԥхьа Лука 5:32; 1 Тимофеи 1:15.)
5. Аӡәыр иҳәар илшома Иегова сыгәнаҳақәа санаижьларц саԥсоуп ҳәа? Иҳаилшәыркаа.
5 Аӡәымзар-аӡәгьы абас дымхәыцлароуп: «Сара Иегова имаҵ зуеижьҭеи акыршықәса ҵуеит, убри аҟынтә сыгәнаҳақәа санаижьларц саԥсоуп». Ҳәарада, Иегова изыҟаҳҵо зегьы ахә ҳаракны ишьоит (Аур. 6:10). Аха аҿыхра ҳамҭас ауп ишҳаиҭаз, изыҟаҳҵо азы ахә ишәарц азы акәымкәа. Ҳара Иегова ирыцҳашьара ҳаԥсоуп, насгьы ҷыдала даҳзыҟазароуп ҳәа ҳҳәозҭгьы, аҿыхра ҳҭахӡам, насгьы Христос баша дыԥсит ҳәа ҳҳәозар иаҩызахон. (Иаҿшәырԥш Галатаа 2:21.)
6. Избан Павел Иегова имаҵ аураҿы ирацәаны аџьабаа зибоз?
6 Павел идыруан иагьа ҟауҵаларгьы, Иегова ианажьра ушзаԥсамхо. Избан, нас, имаҵ аураҿы убриаҟара аџьабаа зибоз? Анажьра даԥсоуп ҳәа иирбарц азы акәӡам, аха Иегова изыҟаиҵаз зегьы ахә ҳаракны ишишьоз иирбарц азоуп (Еф. 3:7). Ҳаргьы гәык-ԥсыкала Иегова имаҵ ҳуеит. Уи зыҟаҳҵогьы, иара иҟынтә ак ҳаурц азы акәӡам, аха ирыцҳашьара ахә ҳаракны иахьаҳшьо азоуп.
7. Иҳамоузеи иҵегьы иахьа уажәнатә аҿыхра абзоурала? (Римаа 5:1; Иаков 2:23).
7 Аҿыхра абзоурала иахьа уажәнатә Иеговеи ҳареи аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьазар алшоит a. Ҳазхысыз астатиаҿы ишҳәаз еиԥш, агәнаҳа иахҟьаны аӡәымзар-аӡәгьы Иегова диҩызаны диӡом. Аха аҿыхра абзоурала Анцәеи ҳареи аҭынчра ҳабжьазар алшоит, иара убас ҳаиҩызахар ауеит. (Шәаԥхьа Римаа 5:1; Иаков 2:23.)
8. Избан Иегова иҳәара алшара ахьҳамоу ахә ҳаракны иаҳшьалар зҳахәҭоу?
8 Ҳазааҭгылап Иегова иҩызцәа ирымоу алшарақәа руак. Уи Анцәа иҳәара ауп. Иегова имаҵзуҩцәа рыҳәарақәа данырзыӡырҩуа ианеициҳәо мацара акәӡам, иаҳҳәап, аизарақәа рҿы, аха ҳара ҳхала ҳаниҳәогьы ҳаҳәарақәа дырзыӡырҩуеит. Анцәа иҳәара ҳгәи ҳахшыҩи арҭынчыр алшоит. Аха уи мацаразы акәӡам иара ҳазиҳәо. Анцәа ҳаниацәажәо, иара ҳаизааигәахоит (Аԥсал. 65:2; Иак. 4:8; 1 Иоанн 5:14). Иисус адгьыл аҿы данынхоз, лассы-лассы Анцәа диҳәон. Иара идыруан Иегова иҳәарақәа дшырзыӡырҩуаз, насгьы уи реиҩызара шарӷәӷәоз (Лука 5:16). Христос иԥсхҭынҵара абзоурала ҳаргьы Зегьзшаз ҳаиҩызахар ҳалшоит, ҳиацәажәаларгьы ауеит. Шаҟа ахә ҳаракны иаҳшьозеи уи!
АҾЫХРА АԤХЬАҞА ХӘАРҬАС ИАҲЗААНАГО
9. Иарбан ԥеиԥшу Анцәа изиашоу имаҵзуҩцәа ирызирхиаз?
9 Иарбан ԥеиԥшу Анцәа изиашоу имаҵзуҩцәа ирызирхиаз? Дара наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуеит. Аӡәырҩы ргәы иаанагоит уи ҟалашьа змам акоуп ҳәа, избанзар ауаа адгьыл иқәынхоижьҭеи зқьышықәсақәа ҵуеит, ианымԥсуаз ҳәагьы аамҭак ыҟамызт. Аха Иегова гәҭакыс имоу ауаа рыԥсҭазаара ҵыхәаԥҵәара амамзарц ауп. Адам агәнаҳа ҟаимҵазҭгьы, уи аҩыза аԥсҭазаара аӡәгьы лакәны иԥхьаӡаӡомызт — уи зегьы ирымазаауан. Уажәы наӡаӡатәи аԥсҭазаара зыҟалом ҳәа угәы иаанагар шалшогьы, уи шыҟало агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит, избанзар Иегова уи ҳаиҭарц азы ахә ду ишәеит — бзиа иибо Иԥа дҳахҭниҵеит (Рим. 8:32).
10. Иарбан ԥеиԥшу доуҳала иалху ақьырсианцәеи егьырҭ ауасақәеи ирзыԥшу?
10 Наӡаӡатәи аԥсҭазаара аԥхьаҟа иҟало акоуп, аха Иегова иҭахуп уи уажәнатә ҳҽазыҟаҳҵаларц. Доуҳала иалху ақьырсианцәа Христос аҳра ахьицруло ажәҩан аҿы аус дуқәа рзыԥшуп (Аат. 20:6). Егьырҭ ауасақәа агәаҟрақәеи, агәырҩеи, ахьааи ахьыҟамло џьанаҭ дгьыл аҿы инхалоит (Аат. 21:3, 4). Шәара егьырҭ ауасақәа шәрыҵанакуазар, адгьыл аҿы иҟало наӡаӡатәи аԥсҭазаара жәҩантәи аԥсҭазаара иаҿурԥшуазар, еиҳа имаҷу ҳамҭоуп ҳәа шәгәы иаанамган. Уи ус акәӡам. Иегова ауаҩы данишоз, адгьыл аҿы дынхаларц азоуп дзишаз! Убри аҟынтә адгьыл аҿы анхара ҳхаҿы иаҳзаамго агәырӷьара ҳзаанагалоит.
11, 12. Иаҳзыԥшузеи адунеи ҿыц аҿы? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
11 Шәхаҿы иаажәг џьанаҭ дгьыл аҿы аԥсҭазаара зеиԥшрахо! Шәара шәычмазаҩхар, мамзаргьы шәыԥсыр ҳәа хьаас аҟаҵара уаҳа иаҭаххаӡом (Ис. 25:8; 33:24). Иегова шәгәаҳәара бзиақәа зегь наигӡоит. Иҟашәҵаларц ишәҭахузеи џьанаҭ дгьыл аҿы? Ишәҭахума аԥстәқәа ирызкны еиҳаны еилышәкаар? Ишәҭахума асахьа аҭыхшьа шәҵар, мамзаргьы амузыкатә инструментк арҳәашьа шәҵар? Мамзаргьы иҟалап афизикеи, ахимиеи, аматематикеи еиҳа инарҵауланы иҭышәҵаар шәҭахызар? Ҳәарада, џьанаҭ дгьыл аҿы архитекторцәеи, аргылаҩцәеи, адгьылқәаарыхыҩцәеи рацәаны иаҭаххоит. Аха инагӡалатәхо егьырҭ аусқәагьы рацәаны иҟалоит, иаҳҳәап: афатә аҟаҵара, адгьыл ақәаарыхразы, насгьы аҩнқәа рыргыларазы амыругақәа рыҟаҵара, абаҳча ԥшӡақәа рыҟаҵареи, урҭ рхылаԥшреи (Ис. 35:1; 65:21). Шәара наӡаӡа шәынхалоит, убри аҟынтә ишәҭаху ҟазарак, мамзаргьы занааҭк шәоурц азы шаҟа шәҭаху аамҭа шәымазаауеит.
12 Шаҟа агәырӷьара ҳаулозеи зыԥсы ҭало ауаа ҳанырԥылало! (Аус. 24:15). Насгьы шаҟа агәахәара ҳзаанагалозеи Иегова ишамҭақәеи иареи ирызкны еиҳаны ианеилаҳкаало! (Аԥсал. 104:24; Ис. 11:9). Иҟауҵо зегь шиашоу, насгьы Анцәа иуанаижьырц иҳәара шаҭахым аилкаара аасҭа еиӷьу акрыҟоума?! Иаҭнышәыԥсахуама ари зегьы «агәнаҳа иунаҭо аамҭалатәи агәахәара»? (Аур. 11:25). Ҳәарада мап! Ари аҩыза аԥсҭазаара ари адунеи иҳаднагалар алшо зегь аасҭа акырӡа еиӷьхоит. Иара убас ишәхашәмыршҭлан адгьыл џьанаҭны ианбаҟало ҳәа еснагь азыԥшра шаҭахымхо. Иааиуеит аамҭа уи лабҿаба ианаҳбо, уа ҳанынхало. Иегова иакәмызҭгьы, ари зегьы зыҟаломызт. Абзиабара дуӡӡа игәазҭанаҵеит Иԥа иԥсы ҳахҭынҵара!
ИЕГОВА ИБЗИАБАРА АХӘ ҲАРАКНЫ ИШАҲШЬО ИҲАРБАР ШҲАЛШО
13. Иҳарбар шԥаҳалшо Иегова ибзиабара ахә ҳаракны ишаҳшьо? (2 Коринфаа 6:1).
13 Иҳарбар шԥаҳалшо Иегова аҿыхра ахә ҳаракны ишаҳшьо? Имаҵ аура ҳаԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иҳаргылалароуп (Матф. 6:33). Избанзар Иисус дзыԥсыз «зыԥсы ҭоу уажәшьҭа рхазы акәымкәа, дара рзы иԥсыз, насгьы зыԥсы ҭалаз изы инхаларц азоуп» (2 Кор. 5:15). Иегова ҳзыԥсам ақьиара шааирԥшуа ахаан иаҳхаҳмыршҭлароуп. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа 6:1.)
14. Иҳарбар шԥаҳалшо Иегова игәра шаҳго, насгьы ҳшизыӡырҩуа?
14 Иара убас Иегова ибзиабара ахә ҳаракны ишаҳшьо иҳарбоит игәра ҳгозар, насгьы ҳаизыӡырҩуазар. Ишԥаҟаҵалатәу уи? Иаҳҳәап, иарбан ҵароу ҳазҭалаша, мамзаргьы иарбан усуроу иалаҳхша анаҳаӡбо Иегова игәаанагара еилаҳкаароуп (1 Кор. 10:31; 2 Кор. 5:7). Иегова ииҭаху ҟаҳҵозар, игәра шаҳго усла иааҳарԥшуеит. Уи еиҳагьы ҳаизааигәанатәуеит, убри аҟынтә ҳгәыӷра еиҳагьы иӷәӷәахоит (Рим. 5:3—5; Иак. 2:21, 22).
15. Ишԥаҳалшо Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш аҽны, уи аԥхьа, насгьы уи ашьҭахь Иегова аҿыхра ахә ҳаракны ишаҳшьо иҳарбар?
15 Иҳарбар шԥаҳалшо Иегова иҵегьы аҿыхра ахә ҳаракны ишаҳшьо? Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш аҽны, уи аԥхьа, насгьы уи ашьҭахь иҟаҳҵо ала. Ҳәарада, ҳара Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара ҳаҭаарц ҳгәы иҭоуп. Уи адагьы, егьырҭгьы уи аиԥылара аӡбахә рзеиҭаҳҳәалар ҳалшоит (1 Тим. 2:4). Ааԥхьара зышәҭо ауаа Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара шымҩаԥысуа реилшәыркаа. Иаҳҳәап, асаит jw.org аҿы иаагоу авидеонҵамҭақәа «Избан Иисус дзыԥсыз?», насгьы «Иисус Христос иԥсра агәаларшәара» дшәырба. Ҳәарада, аизара ахылаԥшыҩцәа аизарақәа рҭаара иаҟәыҵыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ааԥхьара рырҭарц рҽазыршәоит. Шәхаҿы иаажәг Иегова ицәыӡыз иуасақәа аизарахь ихынҳәыр, ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы шаҟа агәырӷьара ҟало! (Лука 15:4—7). Шәааи Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларахь ҳаннеилак, ҳара-ҳара аԥсшәа шеибаҳҳәо еиԥш, раԥхьаӡакәны иааизгьы, акыршықәса имааицызгьы аԥсшәа раҳҳәап. Ҳара иаҳҭахуп зегьы ҳашреигәырӷьо дҳарбар (Рим. 12:13).
16. Избан Иисус Христос иԥсра агәаларшәара апериод аан Иегова изы иҵегьы иҟаҳҵар ҳалшо ҳазхәыцыр зыбзиоу?
16 Ишәылшома Иисус Христос иԥсра агәаларшәара апериод аан еиҳаны ажәабжь шәҳәалар? Убас иаашәырԥшуеит Иегова Иԥеи иареи ишәзыҟарҵаз ахә ҳаракны ишышәшьо. Ажәабжьҳәара шаҟа аамҭа азышәкуа аҟара, убриаҟара Иегова ицхыраара жәбалоит, насгьы еиҳагьы игәра жәгалоит (1 Кор. 3:9). Уи апериод иазалху абиблиатә жәеинраалақәа шәрыԥхьала. Урҭ аброшиура «Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит» аҿы, насгьы аусуратә тетрад «Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» аҿы ишәыԥшаар шәылшоит. Иҟалап шәхатә ҭҵаараан жәеинраалақәак еиҳа инарҵауланы иҭышәҵаар шәҭаххар.
17. Дзыргәырӷьозеи Иегова? (Шәахәаԥш иара убас арамка « Иегова ибзиабара ахә ҳаракны ишушьо ааурԥшыр шулшо».)
17 Шәара ари астатиаҿы иаагоу алабжьарақәа зегьы шәхы иашәырхәарц шәҭаххазар акәхап. Аха иҟалап шәҭагылазаашьа уи шәылнамыршозар. Ишәхашәмыршҭлан Иегова иара изы иҟашәҵо егьырҭ иҟарҵо ишаҿимырԥшуа. Иара идыруеит бзиа дшыжәбо. Ишәзыҟаиҵаз зыхә ҳараку аҳамҭа — аҿыхра — ахә ҳаракны ишышәшьо ахьибо даараӡа игәы ҟанаҵоит (1 Сам. 16:7; Марк 12:41—44).
18. Избан Иеговеи Иисус Христоси иаҳзыҟарҵаз ахә ҳаракны изаҳшьо?
18 Аҿыхра акәмызҭгьы, ҳагәнаҳақәа ҳанажьхаӡомызт, Иеговеи ҳареи ҳабжьара аизыҟазаашьа бзиақәагьы зыҟаломызт, наӡаӡа анхаразы агәыӷрагьы ҳауамызт. Шәааи ҳаԥсҭазаарала иааҳарԥшлап Иегова иаҳзыҟаиҵаз зеиԥшыҟам аҳамҭақәеи ибзиабареи рыхә ҳаракны ишаҳшьо (1 Иоанн 4:19). Иара убас ҳусқәа рыла ишьақәҳарӷәӷәалап иԥсы ҳахҭниҵартә еиԥш бзиа ҳазбо Иисус иаҳзыҟаиҵаз ахә ҳаракны ишаҳшьо! (Иоанн 15:13).
АШӘА 154 Инымҵәаӡо абзиабара