АҴАРАЗЫ АСТАТИА 3
АШӘА 35 Еиҳа ихадоу еилышәкаала
Ишәыдышәкыло аӡбарақәа Иегова ддыргәырӷьалааит
«Иегова иахь иааурԥшуа апатуқәҵара зныԥшуа ашәара ала ауп аҟәыӷара злалаго, Иԥшьоу Анцәа изку адыррақәа аилкаара змоу уакәны уҟарҵоит» (АЖӘАМ. 9:10).
ЕИЛАҲКААУА
Аӡбара бзиақәа рыдкылара иҳацхраауа.
1. Иҟаҳҵозеи ҳара зегьы есыҽны?
ҲАРА зегьы есыҽны аӡбарақәа ҳадаҳкылоит. Иҟоуп уи анымариоу, иаҳҳәап ашьыжь ҳангыло иаҳфаша анаҳаӡбо, мамзаргьы шаҟа рзы ҳашьҭалаша анаҳаӡбо. Аха иҟоуп зыӡбара мариам азҵаарақәагьы. Урҭ ҳҭаацәареи ҳареи агәабзиареи анасыԥи ҳамазааоу-иҳамамзааоу, насгьы Анцәа ҳашимҵахырхәало ианыԥшуеит. Ҳара иаҳҭахуп иҳадаҳкыло аӡбарақәа ҳҭаацәарагьы ҳаргьы ахәарҭа ҳзааргаларц. Аха зегь раԥхьаӡа иргыланы, иҳадаҳкыло аӡбарақәа рыла Иегова дҳаргәырӷьалар ҳҭахуп (Рим. 12:1, 2).
2. Иарбан шьаҿақәоу аӡбара бзиақәа рыдкылара иҳацхраауа?
2 Аӡбара бзиа ҳадаҳкыларц азы: 1) акәамаҵамарақәа еилаҳкаароуп 2) Иегова игәаанагара ҳазхәыцроуп, насгьы 3) авариантқәа зегьы ҳрызхәыцроуп. Шәааи арҭ ашьаҿақәа еилҳаргап, насгьы ҳахшыҩ аус аруны аӡбара бзиа адкылара иҳацхраауа ҳахәаԥшып (Ажәам. 2:11).
АКӘАМАҴАМАРАҚӘА ЕИЛЫШӘКАА
3. Избан уск ҳаӡбаанӡа уи иадҳәалоу акәамаҵамарақәа зегь зеилкаатәу? Иаажәга аҿырԥштәы.
3 Аӡбарақәа анҳадаҳкыло раԥхьаӡа иргыланы акәамаҵамарақәа еилкаатәуп. Избан уи зхадоу? Ҳхаҿы иааҳгап ӷәӷәала ичмазаҩу ауаҩы аҳақьым иахь дышнеиз. Аҳақьым ауаҩы дгәамҭаӡакәа, зҵааракгьы имҭаӡакәа ахәшә изылиҩаауама? Ҳәарада мап! Убас еиԥш ҳаргьы аӡбара анҳадаҳкыло, уи иадҳәалоу акәамаҵамарақәа зегь еилаҳкаароуп. Ишԥаҟаҵатәу уи?
4. Ажәамаанақәа 18:13 иану инақәыршәаны, иҳацхраауазеи акәамаҵамарақәа реилкаара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
4 Азҵаарақәа акәамаҵамарақәа реилкаара иҳацхраауеит. Иаҳҳәап, шәара еиԥыларак ахь шәаарыԥхьеит. Шәара уахь шәцару-шәымцару шәыӡбароуп. Уи аиԥылара еиҿызкааз дышәзымдыруазар, насгьы уи шымҩаԥысуа шәзымдыруазар, абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа ишәҭар шәылшоит: «Иаба, насгьы ианбамҩаԥысуеи аиԥылара? Шаҟаҩы ҟалода уа? Зегь еиҿкааны имҩаԥысырц иахылаԥшуа аӡәыр дҟалома? Иҟалода уа иҵегьы? Иарбан программоу иҟало? Иҟалома уа арыжәтә?» Арҭ азҵаарақәа ииашоу аӡбара адкылара ишәыцхраауеит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 18:13.)
5. Иҟаҵатәузеи акәамаҵамарақәа зегь анеилышәкаалак ашьҭахь?
5 Акәамаҵамарақәа зегь анеилышәкаа ашьҭахь, уи аиԥылара зеиԥшрахо шәхаҿы иаажәгар шәылшоит. Иаҳҳәап, шәара еилышәкааит аиԥылараҿы иҟало рыбжьара Иегова инормақәа пату рықәзымҵо ауаагьы шыҟало, мамзаргьы асасцәа амцхә рымжәырц аӡәгьы дшахыламԥшло. Заанаҵы шәазхәыцыр шәылшоит: иҟалар алшома аиԥылараҿы дасу ихы иааҭашәаз ҟаҵо дықәлар, насгьы уи иҽеим акы ахылҿиаар? (1 Пиотр 4:3). Иҟоуп изызхәыцтәу даҽакгьы. Иҟалап уи аамҭазы аизара шәымазар, мамзаргьы ажәабжьҳәара аӡәы шәиццарц шәиацәажәахьазар. Абарҭқәа зегьы шәанрызхәыцлак ашьҭахь ииашоу аӡбара адкылара еиҳа ишәзымариахоит. Уажәшьҭа аҩбатәи ашьаҿа шәазхәыцыр шәылшоит. Шәара аиԥылара зеиԥшрахо аганахь ала шәхатә гәаанагара шәымоуп, аха дышԥахәаԥшуеи уи Иегова? (Ажәам. 2:6).
ИЕГОВА ИГӘААНАГАРА ШӘАЗХӘЫЦ
6. Иаков 1:5 иану инақәыршәаны, избан Иегова аҟәыӷара ҳаиҭарц азы ҳиҳәалар зҳахәҭоу?
6 Иегова шәҭагылазаашьа дшахәаԥшуа аилкаара дшәыцхраарц шәиҳәа. Анцәа аҟәыӷара шҳаиҭало ҳақәиргәыӷит. Уи иҳадаҳкыларц ҳгәы иҭоу аӡбара игәаԥхоу-игәамԥхоу аилкаара иҳацхраауеит. Ус еиԥш иҟоу аҟәыӷара Иегова «зегьы ҽԥныҳәа рымҭаӡакәа, гәыҭбаарала ириҭоит». (Шәаԥхьа Иаков 1:5.)
7. Еилаҳкаар шԥаҳалшо Иегова игәаанагара? Иаажәга аҿырԥштәы.
7 Анцәа шәаниҳәалак ашьҭахь аҭак шәиҭартә алшара ишәҭ. Шәхаҿы иаажәг ишәзымдыруа қалақьк аҿы шәҟьаланы уа инхо аӡәы амҩа шәирбарц шәиҳәазшәа. Аха уи ауаҩ амҩа шәыҵеиҳәаанӡа шәидҵны шәцома? Ҳәарада мап. Шәара ибзианы шәизыӡырҩуеит. Убас еиԥшҵәҟьа Иегова аҟәыӷара шәиҭарц шәаниҳәалак ашьҭахь ҭакс ишәиҭо аилкаара шәҽазышәшәа. Уи азы шәҭагылазаашьа иақәшәо абиблиатә закәанқәеи апринципқәеи шәрызхәыц. Иаҳҳәап, ишәыцхраауазеи хыхь зыӡбахә ҳәаз аиԥыларахь шәцару-шәымцару аӡбара? Шәазхәыц уи иазкны Анцәа Иажәа иану. Ианузеи уаҟа дасу ихы иааҭашәо ахьыҟаиҵо аиԥыларақәеи иҽеим аҩызцәеи ирызкны, насгьы ақьырсиан иԥсҭазаараҿы Анцәа Иаҳра ихатә гәаҳәарақәа раасҭа ихадазар шакәу иазкны? (Матф. 6:33; Рим. 13:13; 1 Кор. 15:33).
8. Иҳаԥшаар шԥаҳалшо иаҳҭаху аинформациа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
8 Зны-зынла иаҳҭаху аинформациа аԥшаара мариаӡам. Усҟан аԥышәа змоу иашьак ма иаҳәшьак ацхырааразы ҳрыҳәар ҳалшоит. Аха убри аамҭазгьы иҳазцәырҵыз азҵаара ҳхаҭагьы иҭаҳҵаароуп. Ихәарҭоу аинформациа рацәаны иҳаԥшаар ҳалшоит «Аҭҵаара амҩаԥгаразы амыруга» аҿы, иара убас ашәҟәы «Ақьырсиан ицхраауа абиблиатә жәеинраалақәа» аҿы. Ишәхашәмыршҭлан хықәкыс ишәымоу Иегова дзыргәырӷьо аӡбара адкылара шакәу.
9. Еилаҳкаар шԥаҳалшо ҳаӡбара Иегова дшаргәырӷьо? (Ефесаа 5:17).
9 Еилаҳкаар шԥаҳалшо ҳаӡбара Иегова дшаргәырӷьо? Раԥхьаӡа иргыланы Ҳанцәа ибзианы даҳдыруазароуп. Абиблиаҿы иануп: «Иԥшьоу Анцәа изку адыррақәа аилкаара змоу уакәны уҟарҵоит» (Ажәам. 9:10). Ааи, ҳара еилаҳкаауазароуп Иегова дзеиԥшроу, гәҭакыс имоу, бзиа иибо, насгьы ицәымӷу. Убри аҟынтә шәхы шәазҵаа: «Иарбан ӡбароу исыдыскылар сылшо Иегова изкны издыруа сазхәыцны, иара дсыргәырӷьарц азы?» (Шәаԥхьа Ефесаа 5:17.)
10. Избан абиблиатә принципқәа аҭаацәа ирҳәои аҭыԥантәи аҵасқәеи раасҭа изхадоу?
10 Иегова дҳаргәырӷьарц азы зны-зынла иаҳзааигәоу ргәы дҳархьыр акәхаргьы ҟалоит. Иааҳгап ҿырԥштәык. Аҭаацәа рыԥҳа акыр змоу, аха доуҳала иԥсыҽу ауаҩы биццароуп ҳәа ларҳәоит. Ҳәарада, дара рыԥҳа лзы абзиароуп ирҭаху. Аха лара лхы дазҵаар лылшоит: «Ари ауаҩ сиццар, Анцәеи сареи ҳаиҩызара арӷәӷәара дсыцхраалома?» Дышԥахәаԥшуеи Иегова ари аҭагылазаашьа? Аҭак ҳаԥшаауеит Матфеи 6:33 аҿы. Ари ажәеинраала ақьырсианцәа зегьы Анцәа Иаҳра рыԥсҭазаараҿы еснагь раԥхьатәи аҭыԥ аҿы идыргылаларц ргәазҭанаҵоит. Ҳара ҳҭаацәеи егьырҭ ауааи пату рықәаҳҵоит, аха зегь раԥхьаӡа иргыланы иаҳҭаху Иегова игәы аҟаҵара ауп.
АВАРИАНТҚӘА ЗЕГЬЫ ШӘРЫЗХӘЫЦ
11. Иарбан ҟазшьоу ишәыцхраауа ишәымоу авариантқәа шәрызхәыцны ииашоу аӡбара адкылара? (Ажәамаанақәа 2:11).
11 Абиблиатә принципқәа шәанрызхәыцлак ашьҭахь, ишәымоу авариантқәеи урҭ рылҵшәақәеи шәрызхәыцроуп. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 2:11.) Зны-зынла уи аҟаҵара мариоуп, зны-зынла имариаӡам. Аха аилкаара шәыцхраауеит иуадаҩу аҭагылазаашьақәа рҿгьы аҟәыӷара зҵоу аӡбара адкылара.
12, 13. Ишԥашәыцхраауеи аилкаара аусура аналшәхуа?
12 Иаҳҳәап, шәҭаацәа ныҟәыжәгарц азы усурак шәашьҭоуп. Шәара ҩ-усурҭак шәыԥшааит. Уи иазку аинформациагьы еизыжәгеит: уа инашәыгӡало аус зеиԥшроу, аграфик, амҩа шаҟа шәықәхо, уҳәа убас иҵегьы. Аҩусуракгьы ақьырсиан изы ибзиоу усурҭақәоуп. Иҟалап урҭ рҟынтә усурак еиҳа ишәгәаԥхозар, избанзар уа еиҳаны аулафахәы ршәоит, иара аусура ахаҭагьы еиҳа ишәгәаԥхоит. Аха аӡбара шәыдышәкылаанӡа иҟоуп иҵегьы шәзызхәыцша.
13 Иаҳҳәап: «Ибжьасыжьлар акәхоума аизарақәа аусура иахҟьаны? Исызхалома аамҭа сҭаацәа ремоциатә, насгьы рдоуҳатә ҭахрақәа реиҷаҳаразы?» Абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа аԥара акәымкәа, Анцәа имаҵ ауреи шәҭаацәареи рызхәыцра ишәыцхраауеит, уи «еиҳа ихадоу» ауп (Флп. 1:10а). Убасала Иегова дыззылԥхо аӡбара шәыдышәкылоит.
14. Ишԥаҳацхраауеи аилкаареи абзиабареи егьырҭ ауаа рхаҵара амырԥсыҽра?
14 Аилкаара ҳамазар, иҳадаҳкыло аӡбарақәа егьырҭ ауаа ишырныруа ҳазхәыцлоит. Ҳара иаҳҭахӡам урҭ рхаҵара ҳарԥсыҽыр (Флп. 1:10б). Ҳҽеилаҳәашьеи ҳҭеиҭыԥши ирыдҳәалоу азҵаарақәа анаҳаӡбогьы егьырҭ ауаа рхаҵара ҳмырԥсыҽырц ҳхы мҩаԥаҳгалароуп. Иаҳҳәап, ҳара амаҭәеи ахцәыҟаҵашьеи рганахь ала стильк ҳгәаԥхоит. Аха уи аишьцәеи аиҳәшьцәеи, егьырҭ ауааи раҳаҭыр ланарҟәуазар? Аилкаара урҭ рцәаныррақәа пату рықәҵара иҳацхраауеит. Абзиабара ҳгәазҭанаҵоит ҳара иҳахәаша акәымкәа, «егьырҭ ирыхәаша» азхәыцра, насгьы ламысла-патула аҽеилаҳәара (1 Кор. 10:23, 24, 32; 1 Тим. 2:9, 10). Убасҟан иҳадаҳкыло аӡбара иааҳакәыршаны иҟоу ауаа рахь абзиабареи апатуқәҵареи аныԥшлоит.
15. Изызхәыцтәузеи ихадоу ӡбарак ҳадаҳкылаанӡа?
15 Ихадоу ӡбарак шәыдышәкылаанӡа шәазхәыц уи инақәыршәаны иҟаҵатәхо. Иисус иҳәеит уск уалагаанӡа уи шаҟа аго шыԥхьаӡатәу (Лука 14:28). Уахь иаҵанакуеит шәаамҭеи, шәԥареи, шәымчқәеи. Зны-зынла ҳҭаацәа ҳрацәажәар бзиоуп, дасу дызлаҳацхраар илшо еилаҳкаарц азы. Избан ус ҟаҳҵар зыбзиоу? Шәара игәашәҭар ауеит ишәыдышәкылаз аӡбара маҷк ишыԥсахтәу, ма зынӡа даҽа ӡбарак шәыдышәкылар еиҳа ишеиӷьу. Уи адагьы, шәҭаацәа ацхырааразы шәрыҳәар, насгьы ргәаанагара шәазыӡырҩлар, шәус маншәалахарц азы еиҳагьы ишәывагылар алшоит (Ажәам. 15:22).
ИИАШОУ АӠБАРАҚӘА ШӘЫДЫШӘКЫЛАЛА
16. Иарбан шьаҿақәоу ибзиоу аӡбара адкылара ишәыцхраауа? (Шәахәаԥш иара убас арамка « Ибзиоу аӡбара адкылара иҳацхраауа».)
16 Ари астатиаҿы иаагаз ашьаҿақәа зегь ҟашәҵазар, аӡбара бзиа шәыдышәкылартә шәыҟоуп. Ишәыдышәкыларц шәгәы иҭоу аӡбара Анцәа игәы ишақәшәо еилышәкаарц азы акәамаҵамарақәа еилышәкааит, иара убас абиблиатә принципқәа шәрызхәыцит. Уажәшьҭа Иегова ииашоу аӡбара адкылара дшәыцхраарц шәиҳәар шәылшоит.
17. Иҳацхраауазеи аӡбара бзиақәа рыдкылара?
17 Ҳара ирацәаны аӡбара бзиақәа ҳадаҳкылахьазаргьы, ақәҿиара зҳамоу ҳхаҳмыршҭлароуп. Уи зыбзоуроу ҳахшыҩи ҳԥышәеи ракәӡам, аха Иегова иҟынтә иҳауа аҟәыӷара ауп. Иара заҵәык иоуп аҟәыӷара злашьақәгылоу адырреи аилкаареи ҳазҭар зылшо (Ажәам. 2:1—5). Иара ицхыраарала дзыргәырӷьо аӡбарақәа ҳадаҳкылалар ҳалшоит (Аԥсал. 23:2, 3).
АШӘА 28 Иегова уиҩызаха