Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

ИХӘАРҬОУ АЛАБЖЬАРАҚӘА

Шәзыԥхьо гәнышәкыларц азы асахьақәа ҭышәхла

Шәзыԥхьо гәнышәкыларц азы асахьақәа ҭышәхла

Шәхаҿы иаажәг абри аҩыза аҭагылазаашьа: шәара акы шәаԥхьеит, аха ԥыҭраамҭак ашьҭахь шәзыԥхьаз шәгәалашәаӡом. Уи аҩыза зегьы иҳахьхьазар ҟалап. Иисус ауаа идирҵоз акәзар, уи агәынкылара мариоуп. Избан? Избанзар ихы иаирхәоз аҿырԥштәқәа сахьак уахәаԥшуазшәа иаразнак ухаҿы иааиуеит. Ҳаргьы иҭаҳҵаауа ҳхаҿы иааҳгалар ҳалшоит. Иҳацхраауазеи уи аҿы? Асахьақәа ҭышәхла.

Иҿыцу ак ҭызҵаауа асахьақәа анҭырхуа, изыԥхьаз шамахамзар ирхашҭӡом. Асахьақәа анҭухуа узыԥхьо ажәақәа рҵаки ихадоу азхәыцрақәеи реилкаара иуцхраауеит. Уаҩ иимбац асахьа аҭыхра аҭахӡам, имариоу сахьа хәыҷык азхоит. Ари азнеишьа зықәрахь инеихьоу ауаа рзы даара иманшәалоуп.

Даҽазны зҵаарак анҭышәҵаало, еилышәкааз сахьаны аҭыхра шәҽазышәшәа. Уи шәзыԥхьаз агәынкылара шаҟа ишәыцхраауа жәбап.