Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 30

Абзиабара аизырҳара шәаҟәымҵлан

Абзиабара аизырҳара шәаҟәымҵлан

«Абзиабарагьы ааҳарԥшлап, зегь рыла... ҳашәны ҳҟаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалап» (ЕФ. 4:15).

АШӘА 2 Уара иухьӡуп Иегова

АХҲӘАА a

1. Еилышәкаазеи Абиблиа аҵара шәаналага?

 ИШӘГӘАЛАШӘЫРШӘА Абиблиа аҵара шәшалагаз. Иҟалап Анцәа ахьӡ шимоу анеилышәкаа, уи џьашәшьазар. Иара убас Анцәа ауаа џьаҳаным аҿы ишимыргәаҟуа анеилышәкаа, уи шәгәы арҭынчзар. Уи адагьы бзиа ижәбоз иԥсхьоу рыԥсы шҭало, насгьы дареи шәареи џьанаҭ дгьыл аҿы шәшынхало аныжәдыр, уи шәеигәырӷьазар акәхап.

2. Ишԥашәызҳауаз доуҳала? (Ефесаа рахь 5:1, 2).

2 Шәара Анцәа Иажәа еиҳа еиӷьны иҭышәҵаацыԥхьаӡа Иегова иахь шәыбзиабара еиҳа-еиҳа еизҳауан. Уи абзиабара шәгәазҭанаҵеит еилышәкааз ахархәара. Шәара абиблиатә принципқәа рхархәара, насгьы еиҳа ирацәаны иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара шәалагеит. Шәара Анцәа дшәыргәырӷьаларц шәҭаххеит, убри аҟынтә шәхәыцшьеи шәхымҩаԥгашьеи шәыԥсахит. Ахәыҷы иҭаацәа дреиԥшзар шиҭаху еиԥш, шәара жәҩантәи Шәаб иҿыԥшра шәалагеит. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 5:1, 2.)

3. Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар ҳалшо?

3 Шәхы шәазҵаа: «Иегова иахь сыбзиабара аӡы сҽанӡаасх аасҭа уажәы еиҳа иӷәӷәахама? Схәыцшьеи схымҩаԥгашьеи Иегова ихәыцшьеи ихымҩаԥгашьеи уажәшьҭа еиҳа иреиԥшуп ҳәа узҳәома? Иаҳҳәап, аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь уаанӡа аасҭа уажәы еиҳа абзиабара аасырԥшуама?» «Раԥхьа и[шәы]маз абзиабара» маҷк ихьшәашәазар, шәгәы кашәмыжьын. Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәагьы ус рыхьит. Аха Иисус урҭ аанимыжьӡеит, шәаргьы шәаанижьӡом (Аат. 2:4, 7). Иара идыруеит аҵабырг анеилышәкаа ишәымаз абзиабара дырҩегь еизшәырҳар шшәылшо.

4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

4 Ари астатиаҿы раԥхьа еилҳаргоит Иеговеи ауааи рахь ҳабзиабара еизҳарҳалар шҳалшо. Анаҩс ҳалацәажәоит ҳабзиабара еизҳарҳалар Иегова егьырҭгьы ҳаргьы дшаҳзылԥхо.

ИЕГОВА ИАХЬ ШӘЫБЗИАБАРА АИЗЫРҲАРА ШӘАҞӘЫМҴЛАН

5, 6. а) Иарбан уадаҩрақәоу Павел дзықәшәоз? б) Изҭози Павел Иегова имаҵ ауразы амч?

5 Апостол Павел Анцәа имаҵзура агәахәара изаанагон. Аха иара имаҷымкәа ауадаҩрақәагьы дрықәшәон. Лассы-лассы иара ихараны ныҟәара дцон. Усҟантәи аамҭазы амҩа анылара иахьа еиԥш имариаӡамызт. Амҩа данықәыз Павел лассы-лассы ашәарҭарақәа дрықәшәон, иаҳҳәап, «аӡиасқәа рҿы», насгьы «арҳәцәа ирыхҟьаны». Иара убас аҵабырг аӷацәа зныкымкәа дрыпҟахьан (2 Кор. 11:23—27). Аишьцәагьы иҟаиҵоз пату анақәрымҵоз ыҟан, уи гәыкала дрыцхраарц шиҭахызгьы (2 Кор. 10:10; Флп. 4:15).

6 Ицхраауази Павел игәы акамыжьра? Иԥшьоу Аҩыра аҟынтә, насгьы ихатә ԥышәала иара Иегова дзеиԥшроу еиликааит. Павел еиликааит Анцәа уи бзиа дшибоз (Рим. 8:38, 39; Еф. 2:4, 5). Иара ихаҭагьы Иегова даараӡа бзиа дибеит. Уи ихы дамеигӡакәа «иԥшьоу рымаҵ уа» Анцәа бзиа дшибоз ааирԥшуан (Аур. 6:10).

7. Иҳацхраауазеи Иегова иахь ҳабзиабара аизырҳара?

7 Анцәа Иажәа инарҵауланы иҭаҳҵаалар, иара иахь ҳабзиабара еизҳалоит. Абиблиа шәанаԥхьо шәзыԥхьо Иегова изкны ишәнарҵо аилкаара шәҽазышәшәала. Шәхы шәазҵаала: «Ишԥаснарбо ари ахҭыс Иегова бзиа сшибо? Сгәы шԥазҭарҵо арҭ ажәеинраалақәа Иегова бзиа ибара?»

8. Ишԥаҳацхраауеи анцәаиҳәара иара иахь иҳамоу абзиабара аизырҳара?

8 Иара убас Иегова иахь ҳабзиабара еизҳалоит ҳгәы иҭоу еснагь изеиҭаҳҳәалар (Аԥсал. 25:4, 5). Иеговагьы ҳаҳәарақәа рҭак ҟаиҵалоит (1 Иоанн 3:21, 22). Азиа инхо аиаҳәшьа Кхан b илҳәоит: «Абиблиа аҭҵаара абзоурала сара Иегова деилыскааит, насгьы бзиа дызбеит. Сыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо анызба, еиҳагьы бзиа дызбеит. Уи еснагь Иегова игәы сақәшәалартә еиԥш схы амҩаԥгара сгәазҭанаҵеит».

АУАА РАХЬ ШӘЫБЗИАБАРА АИЗЫРҲАРА ШӘАҞӘЫМҴЛАН

9. Иаҳзырбозеи Тимофеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь ибзиабара шеизҳауаз?

9 Павел данқьырсианха ашьҭахь шықәсқәак анҵы, Тимофеи зыхьӡыз ҷкәына бзиак диабадырит. Тимофеи Иеговеи ауааи бзиа ибон. Шықәсқәак рышьҭахь Павел уи изкны Филиппқәа рҟны инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи абас рзиҩит: «Уи иеиԥш гәыкала ишәзыҟоу, ишәыгу-ишәыбзоу гәаҭаны гәык-ԥсыкала ишәыцхраауа даҽаӡә дсымам» (Флп. 2:20). Ара Павел Тимофеи дызирҽхәо иара зегь аиҿкаашьа ахьидыруаз ма аҿаԥыц бзиа ахьиҿаз азы акәымзар ҟалап. Павел игәаҵанӡа инеиз Тимофеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь иааирԥшуаз абзиабара акәызҭгьы ҟаларын. Агәра ганы ҳаҟоуп аишьцәеи аиҳәшьцәеи Тимофеи иаара еснагь ргәы хыҭ-хыҭуа ишазыԥшыз (1 Кор. 4:17).

10. Ишԥаадырԥши Анна лыԥшәмеи лареи аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь абзиабара?

10 Ҳаргьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрыцхрааларц азы алшарақәа ҳрышьҭоуп (Аур. 13:16). Абар ҳазхысыз астатиаҿы зыӡбахә ҳәаз Анна лҿырԥшы. Лыԥшәмеи лареи Иегова имаҵ зуа ҭаацәарак аԥша цәгьа ашьҭахь ишыҟоу еилыркаарц ицеит. Дара ирбеит урҭ рыҩны ахыб шлеиз, уи иахҟьаны маҭәа цқьак шрызнымхаз. Анна илҳәоит: «Ҳара урҭ рымаҭәақәа ганы иҳаӡәӡәеит, иаҳуанҭеит, насгьы ирҽны ирызнаҳгеит. Ҳара ус дук ҟаҳҵеит ҳәа ҳаҟаӡамызт, аха уи абзоурала ҳаиҩызцәа бзиахеит, иахьагьы ҳаиҩызцәоуп». Миссионерс амаҵ зуа урҭ хаҵеи-ԥҳәыси ацхыраара аҟаҵара ргәазҭазҵаз абзиабара ауп (1 Иоанн 3:17, 18).

11. а) Рхы шԥарбо ауаа дара рахь абзиабара анааҳарԥшуа? б) Ихы шԥеибо Иегова абзиабара анааҳарԥшуа, Ажәамаанақәа 19:17 иану инақәыршәаны?

11 Ҳара ауаа рахь абзиабареи ақьиареи анааҳарԥшуа, дара игәарҭар алшоит Иегова ҳшиҿыԥшуа. Урҭ рахь иааҳарԥшуа ақьиара ргәаҵанӡа инеир ауеит, уи ҳара ахаан иаҳзымдырыргьы. Хыхь зыӡбахә ҳҳәахьоу Кхан илыцхрааз аишьцәеи аиҳәшьцәеи анылгәалашәо лгәы ԥхаррак ныҵалоит. Лара илҳәоит: «Сара акыр исзаԥсоу аиҳәшьцәа ажәабжьҳәара сахьыргоз ахә ҳаракны исшьоит! Дара машьынала исышьҭаланы иаауан, акрысҿарҵон, нас дырҩегь аҩныҟа сыргон. Уажәшьҭа сара еилыскаауеит уи шаҟа аџьабаа аҭахыз. Дара уи зегьы абзиабара аҵаҵаны акәын ишыҟарҵоз». Ҳәарада, ҳара ҳус бзиақәа рзы ҭабуп ҳәа зегьы иҳарымҳәар алшоит. Абар Кхан илыцхраауаз рзы илҳәо: «Шаҟа исҭахузеи урҭ иаадырԥшуаз ақьиаразы ҭабуп ҳәа расҳәар! Урҭ уажәы иахьынхо ахьысзымдыруа сгәы иалоуп. Аха Иегова идыруеит. Сара Иегова сиҳәоит сҭыԥан ҭабуп ҳәа реиҳәарц». Кхан аҵакы ӷәӷәа змоу ажәақәа лҳәеит. Иегова ҳус қьиақәа, зынӡа имаҷзаргьы, урҭ гәеиҭоит. Иара уи зыхә ҳараку амҭаны, даҽакала иуҳәозар, иара ирхынҳәыр акәу уалны иԥхьаӡоит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 19:17.)

Ауаҩы доуҳала изҳауазар, ауаа рыцхрааразы еснагь алшарақәа дрышьҭазаауеит. (Шәахәаԥш абзац 12.)

12. Ишԥарылшо аишьцәа реизарахь абзиабара аадырԥшлар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

12 Уара уиашьазар, ишԥаулшо егьырҭ рахь абзиабара ааурԥшлар, насгьы урыцхраалар? Џьо́рдан зыхьӡу иқәыԥшу аиашьа аизара ахылаԥшҩы иеиҳәеит аизаразы еиҳаны аџьабаа ибалар шиҭаху. Аизара ахылаԥшҩы Џьордан иҟаиҵо азы дирҽхәеит, насгьы иҵегь иҟаиҵалар илшо иазкны лабжьарақәак ииҭеит. Иаҳҳәап, иара Џьордан иабжьигеит Аҳратә зал ахь заа днеины аишьцәеи аиҳәшьцәеи дырԥылаларц, аизараҿы аҭакқәа ҟаиҵаларц, ажәабжьҳәара иазку агәыԥ аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжь рыциҳәаларц, насгьы егьырҭ дызларыцхрааша дазхәыцларц. Џьордан иоуз алабжьарақәа ихы иаирхәеит. Иара усқәак рынагӡашьа иҵеит, уи адагьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиҳа бзиа рбара далагеит. Џьордан еиликааит: аизара ацхырааҩыс амаҵ аура уаналаго акәӡам егьырҭ рыцхраара уаналаго, уи уаанӡа ишыҟауҵоз еиԥш анаҩсгьы иҟауҵалоит (1 Тим. 3:8—10, 13).

13. Ишԥаицхрааи Кристиан анаҩсгьы абзиабара аарԥшра дахьаҟәымҵыз, дырҩегь аизара ахылаԥшҩыс амаҵ аура?

13 Аха аизара ацхырааҩыс, ма аизара ахылаԥшҩыс уаҳа амаҵ умуазар? Иегова уеизгьы иубаз аџьабааи аус бзиақәа рыҟаҵара угәазҭазҵоз абзиабареи ахаан ихашҭӡом (1 Кор. 15:58). Иара убас Иегова абзиабара аарԥшра ушаҟәымҵуа ибоит. Кри́стиан зыхьӡу аиашьа аизара ахылаԥшҩыс уаҳа амаҵ шимуа аниарҳәа, даара илахь еиқәнаҵеит. Ус шакәызгьы иара иҳәоит: «Сара анаҩсгьы Иегова имаҵ зуларц, насгьы исылшо зегь ҟасҵаларц сыӡбеит — аизараҿы аҭакԥхықәрақәа сыдзаргьы исыдымзаргьы». Аамҭак ашьҭахь иара дырҩегь аизара ахылаԥшҩыс дҟалеит. Кристиан еиҭеиҳәоит: «Раԥхьа сара сшәон. Аха нас абас схәыцит: Иегова агәыҭбаара аарԥшны дырҩегь аизара ахылаԥшҩыс амаҵ аура алшара сиҭазар, уи сылшоит, избанзар иаргьы аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы бзиа избоит».

14. Ишәдырҵозеи Қырҭтәыла инхо аиаҳәшьа лажәақәа?

14 Иегова имаҵзуҩцәа иара убас ирзааигәоу рахь абзиабара аадырԥшуеит (Матф. 22:37—39). Қырҭтәыла инхо Елена илҳәоит: «Раԥхьа сара амаҵ зызуаз, Иегова бзиа дахьызбоз мацара азы акәын. Аха жәҩантәи Саб еиҳа бзиа данызба, ауаа еиҳагьы бзиа рбара салагеит. Сара сҽазысшәон урҭ зықәшәоз ауадаҩрақәеи, аинтерес рызцәырызгар алшоз атемақәеи рызхәыцра. Уи сазхәыццыԥхьаӡа еиҳагьы рыцхраара сҭаххон» (Рим. 10:13—15).

ЕГЬЫРҬ РАХЬ ИААҲАРԤШУА АБЗИАБАРАЗЫ ИЕГОВА ДШАҲЗЫЛԤХО

Аӡәы бзиарак изыҟауҵар, уи ирацәаҩны ауаа ахәарҭа ду рзаанагар ауеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15, 16.)

15, 16. Шәахәаԥш асахьа. Дыԥшарзылԥхо Иегова егьырҭ рахь абзиабара аазырԥшуа?

15 Ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь абзиабара анааҳарԥшуа, уи ахәарҭа ззаанаго дара рымацара ракәӡам. Апандемиа COVID-19 аан Пао́ло иԥшәмаԥҳәыси иареи зықәрахь инеихьоу аиҳәшьцәа аӡәырҩы ажәабжь рҳәаларц азы аелектронтә хархәагақәа рхархәашьа ддырҵеит. Иаҳҳәап, раԥхьа иаҳәшьак апланшет ахархәара лцәыцәгьан, аха урҭ рыцхыраарала уи лҵеит. Уи абзоурала Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларахь лыуацәа аалыԥхьеит. Убас ала уи аиԥылара авидеоконференциа ала 60-ҩык аҭааит! Паоло иԥшәмеи иареи рџьабаа уи аиаҳәшьа лҭынхацәеи лареи ахәарҭа ду рзаанагеит. Ԥыҭрак ашьҭахь уи аиаҳәшьа Паоло изылҩит: «Иҭабуп, ҳара, зықәрахь инеихьоу, иаҳзымдыруа ахьаҳшәырҵо. Акыр исзаԥсоу, сара ахаан исхашҭуам Иеговеи шәареи шаҟа ҳзыҟашәҵаз!»

16 Паоло ихазы алкаа ҟаиҵеит. Иара еиликааит адырреи аҟазареи раасҭа абзиабара еиҳа ишхадоу. Иара иҳәоит: «Уаанӡа сара араион ахылаԥшҩыс сыҟан. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи усҟан исҳәоз ажәахәқәа рхашҭхьазар ҟалап. Аха сара агәра ганы сыҟоуп сус бзиақәа уажәгьы ишырхамышҭыц».

17. Иззаанагода иҵегьы ахәарҭа егьырҭ рахь абзиабара анааҳарԥшуа?

17 Ҳара ҳхаҿгьы иаҳзаамгозар алшоит егьырҭ рахь абзиабара анааҳарԥшуа уи ҳхаҭагьы ахәарҭа ду шаҳзаанаго. Зеландиа Ҿыц иатәу Џьо́натан уи ԥишәеит. Сабшак, ашоура бааԥс аныҟаз пионерк амҩаҿы ихала ажәабжь шиҳәоз ибеит. Џьонатан иӡбеит иааиуа амчыбжь инаркны сабшала уи аиашьа ажәабжь ициҳәаларц. Иара ихаҿгьы изаагомызт уи аиашьа дицхраарц ахьиӡбаз, ихаҭагьы ахәарҭа ду шизаанагоз. Иара иҳәоит: «Усҟан сара ажәабжьҳәара уиаҟара бзиа избаӡомызт. Аха уи апионер ауаа аҵабырг шыдирҵо, насгьы уи иаанаго алҵшәақәа анызба, саргьы ажәабжьҳәара бзиа избеит. Уи адагьы сара аҩыза бзиа дсырҳаит. Иара доуҳала аизҳареи, ажәабжьҳәара бзиа абареи, Иегова иҩызахареи дсыцхрааит».

18. Дыззыԥшузеи Иегова ҳара ҳҟынтә?

18 Иегова иҭахуп ҳара зегьы иара иахь, насгьы егьырҭ рахь ҳабзиабара еизҳарҳаларц. Ҳара еилаҳкааит Анцәа Иажәа ҳаԥхьалар, ҳзыԥхьо ҳазхәыцлар, насгьы Иегова лассы-лассы ҳиҳәалар, иара иахь ҳабзиабара шыӷәӷәахо. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрыцхраалар, урҭ рахь ҳабзиабара еизҳалоит. Усҟан Иеговеи ҳдоуҳатә ҭаацәареи еиҳагьы ҳарзааигәахоит, ҳаиҩызарагьы наӡаӡа иҟазаауеит!

АШӘА 109 «Бзиа шәеибабала гәык-ԥсыкала»

a Ҳара Иегова имаҵ ҳуеижьҭеи рацәак мҵуазаргьы, акыршықәса ҵуазаргьы, анаҩсгьы ҳхы аус адаҳулалар ҳалшоит. Ари астатиа аҟны уи аҿы иҳацхраауа ҳалацәажәоит. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи Иеговеи ауааи рахь ҳабзиабара еизҳаларц азы? Ари астатиа шәанаԥхьало еихьӡарас иҟашәҵахьоу шәгәалашәыршәа, насгьы иҵегь иҟашәҵалар шәылшо шәазхәыц.

b Хьыӡқәак ԥсахуп.