Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 32

Иегова шәиҿыԥшла — шәҳәатәы иашәмыргалан

Иегова шәиҿыԥшла — шәҳәатәы иашәмыргалан

«Шәҳәатәы иашәыргарц шәшашьҭам зегьы ирбарҭазааит» (ФЛП. 4:5).

АШӘА 89 Аӡырҩра азылԥхарақәа аанагоит

АХҲӘАА a

Иарбан ҵлоу шәзеиԥшызар шәҭаху? (Шәахәаԥш абзац 1.)

1. Избан ақьырсиан аҵла деиԥшзар зихәҭоу? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

 «АҴЛА ыхәозар, уи аԥша ихнажәаӡом». Ари ажәаԥҟа иаҳнарбоит ҵлақәак ирылоу ҷыдарак, урҭ хымжәарц азы ихәалароуп. Ақьырсиан доуҳала изҳаларц азы аҭагылазаашьақәа иҽрықәиршәалароуп. Иаанагозеи уи? Ҳара аҟәышра аарԥшны аԥсҭазаараҿы ҳзықәшәо аԥсахрақәа ҳаҽрықәҳаршәалароуп, насгьы егьырҭ ауаа ргәаанагарақәеи рыӡбарақәеи пату рықәаҳҵалароуп.

2. Иарбан ҟазшьақәоу зҽызыԥсахуа аҭагылазаашьақәа рыҽрықәыршәара иҳацхраауа, насгьы еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

2 Ҳара Иегова имаҵзуҩцәа ҳауп, убри аҟынтә ҳҳәатәы иаҳмыргалар ҳҭахуп. Уи адагьы ҳара аԥагьара ҳаламзарц, насгьы арыцҳашьара ааҳарԥшлар ҳҭахуп. Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит арҭ аҟазшьақәа ақьырсианцәа шьоукы зҽызыԥсахыз рҭагылазаашьақәа рыҽрықәыршәара ишрыцхрааз. Иара убас ҳара иаҳбоит арҭ аҟазшьақәа ҳара ишҳацхраауа. Аха раԥхьа ҳазааҭгылоит ҳҳәатәы амыргараҿы Иеговеи Иисуси иҳарҭаз инаӡоу аҿырԥшы.

ИЕГОВЕИ ИИСУСИ РҲӘАТӘЫ ИАДЫРГАӠОМ

3. Иаҳзырбозеи Иегова иҳәатәы мацара аргара дшашьҭам?

3 Иегова Ацаҟьа ҳәа изҳәоуп, избанзар иара дыӷәӷәоуп, акгьы дшьақәнаҟьаӡом (Ҩынтә. 32:4). Убри аамҭазгьы иара иҳәатәы мацара иаиргаӡом. Ари адунеи аҿы аҭагылазаашьа есааира аҽаԥсахуеит. Аха Ҳанцәа игәҭакы наигӡарц азы урҭ аԥсахрақәа иаразнак рыҽрықәыршәара дазхиоуп. Иегова ауаа иара иеиԥшны, насгьы зҽызыԥсахуа аҭагылазаашьақәа рыҽрықәдыршәалартә алшара рылаҵаны ишеит. Уи адагьы иара еилыкка иҟоу абиблиатә принципқәа ҳаиҭеит, урҭ ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраауеит. Иегова иҿырԥши иҳаиҭаз апринципқәеи иаҳдырбоит, иара ацаҟьа дшаҩызоугьы, иҳәатәы мацара аргара дшашьҭам.

4. Иаажәга Иегова иҳәатәы ишаимыргоз узырбо аҿырԥштәы (Алевит 5:7, 11).

4 Иегова имҩақәа зегьы наӡоуп, насгьы иара еснагь аҟәышра ааирԥшуеит. Иара дыџьбараӡам, насгьы игәы узыҟамҵо дыҟаӡам. Иегова ижәлар израильааи иареи реизыҟазаашьақәа иаадырԥшуеит иара иҳәатәы аргара дшашьҭамыз. Иара ибеиазгьы иӷарызгьы амҭақәа еиԥшны инаргаларц реимҳәаӡеит. Ҭагылазаашьақәак рҿы иара ауаа азин риҭон рылшарақәа инарықәыршәаны амҭақәа наргаларц. (Шәаԥхьа Алевит 5:7, 11.)

5. Иаажәга аҿырԥштәы Иегова дышԥагьам, насгьы арыцҳашьара шилоу ҳзырбо.

5 Иегова дԥагьаӡам, насгьы арыцҳашьара илоуп, убри азоуп иҳәатәы мацара изаимырго. Иаҳҳәап, Иегова Содом инхоз ауаацәгьақәа рықәгара игәы ианҭаз аԥагьара ааимырԥшӡеит. Амаалықьцәа рыла Иегова ауаҩ иаша Лот иеиҳәеит, аамҭа мгаӡакәа ашьхарахь дцарц. Аха Лот дшәан, Иегова иҳәара далагеит, иҭаацәеи иареи Цоарҟа ицарц азин риҭарц. Цоар — Иегова зықәгара игәы иҭаз рацәак идумыз қалақьын. Иегова Лот иеиҳәар илшон ажәак мҳәакәа иеиҳәаз ҟаиҵарц. Аха Иегова Лот дзызиҳәаз ҟаиҵеит, уи азы Цоар даламкьысӡакәа иаанижьыр шакәхазгьы (Аҟаз. 19:18—22). Ашәышықәсақәа рышьҭахь Иегова Ниневиа инхоз ауаа рыцҳаишьеит. Иара урҭ рахь аԥааимбар Иона дишьҭит, ақалақьгьы уа инхоз ауаагьы шықәгахо реиҳәарц азы. Аха Ниневиа инхоз ауаа рыгәнаҳақәа ирыхьхәит. Убри аҟынтә Иегова урҭ рыцҳаишьеит, ақалақьгьы даламкьысӡеит (Иона 3:1, 10; 4:10, 11).

6. Иаҳзеиҭашәҳәа Иисус Иегова диҿыԥшны иҳәатәы мацара аргара дшашьҭамыз.

6 Иисус Иаб диҿыԥшны, иҳәатәы мацара аргара дашьҭаӡамызт. Иегова Иисус адгьыл ахь дзааишьҭыз «иҟьалаз ауасақәа иреиԥшу израильаа» ажәабжь рзеиҭеиҳәаларц азоуп. Аха Иисус уи адҵа анынаигӡоз, аҭагылазаашьақәа иҽрықәиршәон. Зны Израиль иатәымыз ԥҳәыск Иисус лыԥҳа дихәышәтәырц диҳәеит. Лара адемонцәа лхан, ӷәӷәалагьы ддыргәаҟуан. Иисус уи аԥҳәыс дрыцҳаишьан, лыԥҳа дихәышәтәит (Матф. 15:21—28). Абар даҽа ҿырԥштәык. Иисус апостолцәа данрабжьоз абас реиҳәеит: «Ауаа рҿаԥхьа мап сцәызкуа... саргьы мап ицәыскуеит» (Матф. 10:33). Аха мап ицәикма Иисус Пиотр, уи дсыздырӡом ҳәа хынтә ианиҳәа ашьҭахь? Мап. Иара Пиотр иҟаиҵаз дшахьхәыз ибон, насгьы гәыкала дшизыҟаз еиликаауан. Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь Пиотр иахь днеит, насгьы иҟалап бзиа дшибо, иҟаиҵаз шианаижьуагьы агәра ииргазар (Лука 24:33, 34).

7. Ҳардыруазар шԥаҳҭаху Филиппаа рахь 4:5 иану инақәыршәаны?

7 Ҳара иаҳбеит Иеговеи Иисуси рҳәатәы ишадмырго. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи ҳара ҳзы? Иегова иҭахуп ҳаргьы ҳҳәатәы иаҳмыргаларц. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 4:5.) Абиблиа еиҭагак аҟны Филиппаа рахь 4:5 аҿы иануп, ҳара зҳәатәы иазмырго ауаа реиԥш ҳардыруазар шахәҭоу. Ҳара ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Сырдыруама сара зҳәатәы иазмырго ауаҩ тата иеиԥш? Мамзаргьы еснагь зҳәатәы иазырго, иџьбароу, ахаан згәаанагара зымԥсахуа ауаҩ иеиԥш сырдыруоу? Зегьы сара ишысҭаху еиԥш иҟаларц сашьҭоума? Мамзаргьы, иаҭыԥзар, егьырҭ ирҳәо сазыӡырҩны, ирҭаху сазхәыцуоу?» Ҳара ҳҳәатәы иаҳмыргозар, еиҳа-еиҳа Иеговеи Иисуси ҳреиԥшхалоит. Шәааи ҳҳәатәы иаҳмыргалар ахьҳахәҭоу ҩ-ганк ҳрызхәыцып: ҳҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсахуа, насгьы егьырҭи ҳареи ҳгәаанагарақәеи иҳадаҳкыло аӡбарақәеи анеиԥшым.

АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РҼАНЫРЫԤСАХУА АҞӘЫШРА ААШӘЫРԤШЛА

8. Иҳацхраауазеи аҟәышра аарԥшра аҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсахуа? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)

8 Аҟәышра аарԥшра иаанагоит аҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсахуа урҭ рыҽрықәыршәара. Аҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсахуа, ҳаззыԥшымыз ауадаҩрақәа ҳрықәшәар алшоит. Иаҳҳәап, агәабзиара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ҳазцәырҵыр ауеит. Ҳахьынхо атәылаҿы афинанстә ҭагылазаашьеи аполитикеи рҽанырыԥсахуа еиҳаны ауадаҩрақәа ҳрықәшәар алшоит (Еккл. 9:11; 1 Кор. 7:31). Ҳмаҵзура хкы аҽанаԥсахуагьы, уи ҳара ҳзы ԥышәараны иҟалар алшоит. Ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы урҭ рыҽрықәыршәара ԥшь-шьаҿак ҳацхраауеит: 1) шәҭагылазаашьа шәхы аншәырнаала, 2) ԥхьаҟа шәыԥшла, 3) ибзиоу шәхы азышәышьҭла, насгьы 4) егьырҭ шәрыцхраала b. Шәааи ҳрыхәаԥшып арҭ алабжьарақәа зыцхрааз ауаа рҿырԥштәқәа.

9. Ирыцхраазеи миссионерцәас амаҵ зуа хаҵеи-ԥҳәыси иаалырҟьаны изықәшәаз аԥышәарақәа рыхгара?

9 Шәҭагылазаашьа шәхы аншәырнаала. Емануе́леи Франче́скеи атәымтәылахь миссионерцәас амаҵ руларц ирышьҭит. Абызшәа ҿыц аҵара ианалага, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ианрабадыр ашьҭахьҵәҟьа апандемиа COVID-19 алагеит, убри аҟынтә дара аҩны итәар акәхеит. Уи ашьҭахь иаалырҟьаны Франческа лан дыԥсит. Ҳәарада, Франческа илҭахын уи иуадаҩыз аамҭазы лҭынхацәа рааигәара дыҟазарц, аха апандемиа иахҟьаны дара рахь дызцомызт. Илыцхраазеи уи имариамыз аҭагылазаашьаҿы лгәы акамыжьра? Раԥхьаӡа иргыланы, урҭ хаҵеи-ԥҳәыси мыцхәы имгәырҩаларц, насгьы макьана изқәымшәац ауадаҩрақәа ирзымхәыцларц азы Иегова аҟәышра риҭарц иҳәон. Иегова Емануелеи Франческеи рыҳәарақәа рҭак ҟаиҵеит ҳорганизациа ианаамҭоу иаҳнаҭоу адоуҳатә фатә ала. Иаҳҳәап, дара ргәы шьҭнахит авидеоинтервиу аҿы ҳашьа ииҳәаз ажәақәа: «Уаанӡа иҳамаз, иаҳцәыӡыз ҳаназхәыцуа, уи еиҳагьы ҳгәы канажьуеит. Уи аҭыԥан ҳзықәшәаз аҭагылазаашьа ҳҽақәҳаршәар, усҟан агәырӷьарагь ҳауеит, насгьы уи аҭагылазаашьа ахәарҭа алаҳгоит» c. Иара убас дара ирыӡбеит еиҳа еиӷьны ҭелла ажәабжь аҳәашьа рҵарц, аӡәы Абиблиа ирҵарагьы иалагеит. Уи адагьы, аҭыԥантәи аишьцәеи аиҳәшьцәеи ахьрыцхраауаз, насгьы ргәы ахьышьҭырхуаз ахә ҳаракны иршьон. Иаҳәшьа бзиак шықәсык аҩныҵҟа есыҽны Абиблиа аҟынтә икьаҿу азхәыцрақәа рзыналышьҭуан. Ҳаргьы урҭ амиссионерцәа реиԥш аҭагылазаашьақәа ҳаҽрықәҳаршәозар, иҳалшо ҳхы азаҳашьҭлоит, агәырӷьарагьы агәҭынчрагьы ҳамазаауеит.

10. Лыҽшԥақәлыршәеи иаҳәшьак лыԥсҭазаараҿы иҟалаз аԥсахра?

10 Ԥхьаҟа шәыԥшла, насгьы ибзиоу шәхы азышәышьҭла. Иапониа инхо Румыниа иатәу Кристина, дахьныҟәоз англыз бызшәала имҩаԥысуаз аизара анаҟәырх уи лылахь еиқәнаҵеит. Аха Кристина уи мыцхәы игәнылго даламгаӡеит. Лара илыӡбеит аиапон бызшәала имҩаԥысуаз аизараҿы амаҵ луларц, насгьы уи абызшәала ажәабжь лҳәаларц. Лара уаанӡа аус лыцызуаз ԥҳәыск абызшәа аҵара длыцхраарц длыҳәеит. Уи аԥҳәыс аброшиура «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» ала, насгьы Абиблиа ацхыраарала Кристина аиапон бызшәа лырҵара дақәшаҳаҭхеит. Уи алҵшәа бзиа аанагеит! Кристина аиапон бызшәа лҵеит, аха еиҳа узыргәырӷьо — аԥҳәыс аҵабырг ахь аинтерес лызцәырҵит. Ҳара ԥхьаҟа ҳаԥшуазар, насгьы ибзиоу ҳазхәыцуазар, ҳаԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа ҳанрықәшәо Иегова ҳшымгәыӷуа даҳзылԥхоит.

11. Ишԥарылшеи ҭаацәарак аԥара иадҳәалаз ауадаҩрақәа рыхгара?

11 Егьырҭ шәрыцхраала. Иегова ишаҳаҭцәа рус мап ахьацәку атәылаҿы инхо хаҵеи-ԥҳәыси ртәылаҿы аекономика анкаҳа, аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа рызцәырҵит. Ирыцхраазеи аҭагылазаашьа аҽақәыршәара? Раԥхьаӡа иргыланы дара рыԥсҭазаара дырмариеит. Иара убас дара рыуадаҩрақәа ирзымхәыцкәа егьырҭ ирыцхрааларц, насгьы еиҳаны ажәабжь рҳәаларц рыӡбеит (Аус. 20:35). Ахаҵа иҳәоит: «Ҳара ажәабжьҳәара ҳхы азаҳашьҭит, насгьы Иегова имаҵ аура иадҳәалоу аусқәа ирацәаны аамҭа рзаҳкуан. Убри аҟынтә ҳара ҳхы арыцҳашьаха ҳамаӡамызт». Ҳҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсахуа анаҩсгьы егьырҭ ҳрыцхраалароуп. Иҟаҳҵалар ҳалшо аҟынтә зегьы иреиӷьу, — уи Аҳра иазку агәырӷьажәабжь ауаа рылаҳәара ауп.

12. Ишԥаҳацхраауеи апостол Павел иҿырԥшы ажәабжьҳәараҿы ауаа рыҽрықәыршәара?

12 Ҳара Аҳра иазку ажәабжь ззеиҭаҳҳәо ауаа рацәажәашьа ҳҽақәҳаршәалароуп. Ажәабжьҳәараҿы иаҳԥыло ауаа ргәаанагарақәеи, рхылҵшьҭреи, аԥсҭазаара ишахәаԥшуеи еиԥшӡам. Апостол Павел еиуеиԥшымыз ауаа рацәажәашьа дақәшәон, ҳара уи ҳаиҿыԥшлар ҳалшоит. Иисус Павел «егьырҭ ажәларқәа рзы апостолс» далихит (Рим. 11:13). Павел уи адҵа бзианы инаигӡон. Иара ауриацәа рыдагьы абырзенцәеи, аҵара змаз ауааи, анхаҩцәеи, ачынуааи, аҳцәеи ажәабжь рзеиҭеиҳәон. Павел аҵабырг доусу игәаҵанӡа инеигарц азы зегьы рҟынӡа ихы неигон, зегьы рыҽраҟареитәуан (1 Кор. 9:19—23). Иара ауаа ркультуреи, рааӡашьеи, рхаҵареи дрызхәыцны рацәажәашьа дақәшәон. Ҳаргьы ажәабжьҳәараҿы еиуеиԥшым ауаа ҳақәшәоит. Доусу иацәажәашьа ҳҵар, ҳмаҵзура алҵшәа бзиа аиуеит.

ЕГЬЫРҬ РГӘААНАГАРА ПАТУ АҚӘЫШӘҴАЛА

Ҳара ҳҳәатәы аргара ҳашьҭамзар, ауаа ргәаанагара пату ақәаҳҵалоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13.)

13. Иарбан 1 Коринфаа рахь 8:9 аҿы зыӡбахә ҳәоу шәарҭароу ҳҽызцәаҳахьчо, егьырҭ ауаа ргәаанагара пату ақәаҳҵозар?

13 Аҟәышра ҳацхраауеит егьырҭ ргәаанагара пату ақәҵара. Иаҳҳәап, аиҳәшьцәа шьоукы аҽшәра бзиа ирбоит, егьырҭ бзиа ирбаӡом. Ақьырсианцәа шьоукы арыжәтә ажәра ргәаԥхоит (ҳәарада, иахмырҟьацәакәа), егьырҭ зынӡа ирымжәларц рыӡбеит. Ақьырсианцәа зегьы ргәы бзиазарц рҭахуп, аха аҽыхәышәтәразы еиԥшым аметодқәа алырхуеит. Ҳара аҽыхәышәтәразы иалаҳхыз аметод мацара иашоуп ҳәа ҳаԥхьаӡозар, насгьы уи егьырҭ ирыдаҳцалозар, урҭ зыхҟьашо хаҳәны ҳҟалар, насгьы аизараҿы акзаара ҳарӡыр ауеит. Ҳәарада, ҳара уи ҳҭахӡам (шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 8:9; 10:23, 24). Шәааи ҩ-ҿырԥштәык ҳхы иархәаны абиблиатә принципқәа аҟәышра аарԥшреи аҭынчра ахьчареи ишҳацхраауа ҳалацәажәап.

Ҳара ҳҳәатәы аргара ҳашьҭамзар, ауаа ргәаанагара пату ақәаҳҵалоит. (Шәрыхәаԥш абзац 14.)

14. Иарбан библиатә принципқәоу ҳаҽшеилаҳҳәалаша, насгьы ҳахцәы шыҟаҳҵалаша аныҳаӡбо иҳацхраауа?

14 Ҳаилаҳәашьеи ҳҭеиҭыԥши. Иегова ҳаҽшеилаҳҳәалаша иазкны аԥҟарақәа шьақәиргылаӡом. Уи аҭыԥан апринципқәа ҳаиҭоит. Ҳара, Анцәа имаҵзуҩцәа ишрыхәҭоу еиԥш, аҟәышра аарԥшны, «ламысла-патула, ииашаны ихәыцуа реиԥш» ҳҽеилаҳҳәалароуп (1 Тим. 2:9, 10; 1 Пиотр 3:3). Ҳара иаҳҭахӡам зегьы ҳара иҳахәаԥшлартә еиԥш ҳҽеилаҳҳәалар. Абиблиатә принципқәа аизара ахылаԥшыҩцәагьы ирыцхраауеит аҽеилаҳәашьеи ахцәыҟаҵашьеи рганахь ала рхатә ԥҟарақәа рышьақәмыргылара. Еизарак аҿы иқәыԥшыз еишьцәақәак амода ишаццоз еиԥш рыхцәқәа ԥҟан: икьаҿны, аха еилыжәжәа. Иҟарҵазеи аизара ахылаԥшыҩцәа, аԥҟарақәа шьақәмыргылаӡакәа, урҭ аишьцәа ирыцхраарц азы? Дара араион ахылаԥшҩы иреиҳәаз ҟарҵеит: «Иқәыԥшу урҭ аишьцәа абас рашәҳә: „Асценаҿы шәанықәгыло ишәзыӡырҩуа еиҳа изхәаԥшуа ишәҳәо акәымкәа, шәҭеиҭыԥш акәзар, шәеилаҳәашьеи шәыхцәыҟаҵашьеи ԥсахтәзар ҟалап“». Убас ала аизара ахылаԥшыҩцәа аԥҟарақәа шьақәдмыргылаӡеит, иқәыԥшу аишьцәагьы иҟаҵатәыз еилыркааит d.

Ҳара ҳҳәатәы аргара ҳашьҭамзар, ауаа ргәаанагара пату ақәаҳҵалоит. (Шәрыхәаԥш абзац 15.)

15. Иарбан библиатә закәанқәоу, насгьы принципқәоу ахәышәтәышьатә методқәа аналаҳхуа ҳхы иаҳархәо? (Римаа рахь 14:5).

15 Ҳгәабзиара. Ақьырсиан игәабзиара дшеиҷаҳало ихаҭа иӡбароуп (Гал. 6:5). Абиблиаҿы аҽыхәышәтәра иазкны закәанқәак роуп иану, иаҳҳәап, ашьа ҳҽацәаҳахьчалар, насгьы аспиритизм ааигәа ҳамнеилар шҳахәҭоу (Аус. 15:20; Гал. 5:19, 20). Егьыс — ауаҩы ихатә алхра ҟаиҵоит. Шьоукы аҳақьымцәа рҿы рҽырхәышәтәуеит, егьырҭ даҽа хәышәтәышьақәак алырхуеит. Ҳара иалаҳхыз ахәышәтәышьа иашоуп ҳәа ҳаԥхьаӡозаргьы, аишьцәеи аиҳәшьцәеи иҟарҵо алхра пату ақәаҳҵалароуп. Абарҭ азхәыцрақәа шәхашәмыршҭлан: 1) Анцәа Иаҳра мацара ауп ачымазарақәа зегь ықәызго (Ис. 33:24); 2) ақьырсиан иҭагылазаашьаҿы иара изы зегь иреиӷьу ахәышәтәышьа алихуеит (шәаԥхьа Римаа рахь 14:5); 3) егьырҭ ҳармықәыӡбалароуп, ма рхаҵара зырԥсыҽыр алшо ак ҟаҳамҵалароуп (Рим. 14:13); 4) ақьырсианцәа абзиабара аадырԥшуеит, дара рзы аизараҿы акзаара еиҳа ихадоуп рхатә алхра аҟаҵаразы ирымоу ахақәиҭра аасҭа (Рим. 14:15, 19, 20). Ҳара арҭ азхәыцрақәа ҳхаҳмыршҭлар, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи аизыҟазаашьа бзиақәа ҳамазаауеит, насгьы аизараҿы аҭынчра ҟалоит.

Ҳара ҳҳәатәы аргара ҳашьҭамзар, ауаа ргәаанагара пату ақәаҳҵалоит. (Шәрыхәаԥш абзац 16.)

16. Ишԥаилшо аизара ахылаԥшҩы иҳәатәы аргара дшашьҭам ааирԥшыр, егьырҭ аизара ахылаԥшыҩцәеи иареи зҵаарақәак ианрылацәажәо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

16 Аизара ахылаԥшыҩцәа уҳәатәы иаумыргалар шхадоу аганахь ала аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҿырԥш бзиа рырҭалароуп (1 Тим. 3:2, 3). Иаҳҳәап, иашьак егьырҭ аизара ахылаԥшыҩцәа қәрала дреиҳабызар, есымша иара ииҳәо иақәшаҳаҭхалоит ҳәа игәы иаанамгалароуп. Иара еиликаауеит: Иегова идоуҳа аизара ахылаԥшыҩцәа рхеилак иалахәу дарбанзаалак инарҳәар алшоит иҟәыӷоу аӡбара адкылара ирыцхраауа акы. Аишьцәа реиҳараҩык ирыдыркылаз аӡбара абиблиатә принципқәа ирҿамгылозар, зҳәатәы аргара иашьҭам аизара ахылаԥшҩы уи гәыкала дақәшаҳаҭхоит, иара зынӡа даҽа гәаанагарак имазаргьы.

ҲҲӘАТӘЫ АРГАРА ҲАНАШЬҬАМ, УИ ХӘАРҬАС ИАҲЗААНАГО

17. Дышԥарзылԥхо Иегова зҳәатәы аргара иашьҭам?

17 Ҳара ҳҳәатәы аргара ҳашьҭамзар, уи ахәарҭа ду ҳзаанагоит. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиазаауеит, аизараҿгьы аҭынчра ыҟазаауеит. Ҳара ҳгәырӷьоит Иегова аиҩызара зыбжьоу ҭаацәара дук еиԥш ҳахьеидикылаз, ҳара зегьы ҟазшьалеи культуралеи ҳшеиԥшымгьы. Насгьы зегь раасҭа ихадоу, зҳәатәы аргара иашьҭам Ҳанцәа Иегова еиҳа-еиҳа ҳашиеиԥшхо анаҳбо ҳгәы ҭгәырӷьаауеит.

АШӘА 90 Аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла

a Иеговеи Иисуси рҳәатәы иадыргаӡом, дара ирҭахуп ҳаргьы убас ҟаҳҵаларц. Ҳҳәатәы иаҳмыргозар, аԥсҭазаараҿы ҳзықәшәо аԥсахрақәа рыҽрықәыршәара еиҳа иаҳзымариахоит, иаҳҳәап, ҳачмазаҩхар, ма аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ҳаур. Уи адагьы ҳҳәатәы иаҳмыргалар, уи аизараҿы аҭынчреи акзаареи ахьчара иҳацхраауеит.

b Шәахәаԥш 2016 шықәсазы иҭыҵыз «Пробудитесь!» № 4 аҿы иаагоу астатиа «Как относиться к изменениям в жизни».

c Ари авидеонҵамҭа шәахәаԥшырц азы асаит jw.org шәҭаланы, аԥшааратә цәаҳәаҿы ианышәҵа «Дмитри Михаилов имырхыз аинтервиу».

d Аҽеилаҳәашьеи аҭеиҭыԥши ирызкны еиҳаны аинформациа шәыԥшаар шәылшоит ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», 52-тәи аурок аҿы.