Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ихәарҭоу алабжьарақәа. Иҭуҵаалар улшо

Ихәарҭоу алабжьарақәа. Иҭуҵаалар улшо

Иҭҵаалатәузеи раԥхьаӡа иргыланы?

Ҳара ҳхатә ҭҵаара амҩаԥгаразы иҳамоу аамҭа рацәаӡам. Ишԥаҳалшо ҳхатә ҭҵаара еиҳа ахәарҭа ҳзаанагарц азы уи аамҭа ҳхы иаҳархәар? Раԥхьаӡа иргыланы, шәмыццаклан. Шәзыԥхьаз аматериал маҷзаргьы, уи ибзиан иҭышәҵаар еиҳа еиӷьуп, ирацәаны аинформациа шәыццакы-ццакуа шәаԥхьар аасҭа.

Уи адагьы еиҳа ихадоу алкааны ишәымаз (Еф. 5:15, 16). Абар лабжьарақәак:

  • Есыҽны Абиблиа шәаԥхьала (Аԥсал. 1:2). Шәалагар шәылшоит аусуратә тетрад «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» аҟны иаагоу есымчыбжьатәи аграфик ала.

  • «Ахьчаратә бааш» аилыргареи аусурамшқәа раан имҩаԥысуа аизара аҽалархәреи шәҽазыҟашәҵала (Аԥсал. 22:22).

  • Аамҭа шәымазар, ауаа ирыдаҳгало алитературеи, авидеонҵамҭақәеи, асаит jw.org аҿы иаагоу астатиақәеи реиԥш иҟоу адоуҳатә фатәгьы бжьашәмыжьлан.

  • Иҭышәҵаарц ишәҭаху темак алхны, уи ҭышәҵаа. Иаҳҳәап, уадаҩрак шәақәшәазар, зҵаарак шәызцәырҵзар, мамзаргьы Абиблиа иану ак еиӷьны еилышәкаар шәҭахызар, уи ҭышәҵаар шәылшоит. Асаит jw.org аҿы иҟоу аҟәша «Библейские задания» иҭышәҵаар шәылшо шәыҵанаҳәар ауеит.