Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АБИОГРАФИА

Сара еилыскааит ауаа рахь аинтерес шаарԥшлатәу

Сара еилыскааит ауаа рахь аинтерес шаарԥшлатәу

Сани саҳәшьа Пети сареи. 1948-тәи ашықәс

«АҴАБЫРГ шәашьҭал, избанзар Англикантәи ауахәамаҿы уи ыҟаӡам». Англикантәи ауахәамахь иныҟәоз санду абарҭ ажәақәа анылҳәа ашьҭахь, сан аҵабырг аԥшаара далагеит. Аха лара Иегова ишаҳаҭцәа рацәажәара лҭахӡамызт. Урҭ Торо́нтоҟа ҳаҩныҟа ианаауаз, сҽысҵәахларц салҳәон. Аха 1950-тәи ашықәс азы Иегова ишаҳаҭцәа сан лаҳәшьеиҵбы Абиблиа лырҵара ианалага, сан урҭ лыҽрыдылкылеит. Дара сан лаҳәшьа лыҩнаҿы Абиблиа рҵон, ԥыҭрак ашьҭахь аӡы рыҽӡаархит.

Саб Канадатәи еиду ауахәама аҭыԥантәи агәыԥ еиҳабыс даман. Убри аҟынтә мҽышала, шьыжьымҭанла саҳәшьеи сареи ауахәама иатәыз ашкол ахь ҳишьҭуан, нас жәеиза рзы иареи ҳареи ауахәамахь ҳцон. Шьыбжьышьҭахь ҳан Аҳратә зал ахь ҳлыццон. Ҳара урҭ ҩ-динхаҵарак шаҟа еиԥшымыз ҳбон.

Хатчесон рҭаацәареи сареи жәларбжьаратәи аконгресс «Анцәа ииҭаху» аҿы. 1958-тәи ашықәс

Сан ҿыц илыдылкылаз лхаҵара акыршықәса ҩызцәас илымаз Ха́тчесон Бо́би Ме́риони ирзеиҭалҳәеит. Даргьы аҵабырг рыдыркылеит. 1958 шықәсазы Хатчесонраа хҩык рԥацәеи сареи ҳрыманы Ниу-Иорк имҩаԥысуаз «Анцәа ииҭаху» захьӡыз, аа-мшы ицоз жәларбжьаратәи аконгресс ахь ицеит. Уажәы уи анысгәалашәо, ԥшьҩык аҷкәынцәа рхылаԥшра шаҟа ирзымариамыз еилыскаауеит. Уи аконгресс ахаан исхашҭӡом.

АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ ИААДЫРԤШЫЗ АБЗИАБАРЕИ АҚЬИАРЕИ СЫԤСҬАЗААРА ИАНЫРИТ

Санхбыџыз, ҳара афермаҿы ҳанхон. Сара арахә рбара сгәаԥхон, светеринархаргьы сҭахын. Сан уи аизара ахылаԥшҩы иалҳәеит. Иара хаала исгәалаиршәеит ҳара «аҵыхәтәантәи амшқәа» рзы ҳшынхо, насгьы ауниверситет аҿы аҵара сҵарц азы шықәсқәак шаҭаххо. Иара убас уи Иеговеи уареи шәеизыҟазаашьақәа ишԥарныԥшуеи ҳәа дсазҵааит (2 Тим. 3:1). Уи ҳаицәажәара ашьҭахь сара ауниверситет сҭамларц сыӡбеит.

Аха сызлагарызеи ашкол саналгалак ашьҭахь? Аԥсшьарамшқәа раан сара есымчыбжьа ажәабжь сҳәон, аха уи бзиа избаӡомызт, пионерс аҟаларагьы сҭахӡамызт. Иегова имаҵ зымуаз саб иашьеи иареи Торонто иҟаз астраховка ахьыҟарҵоз акомпаниа ду аҿы аусура салагарц сгәазҭарҵон. Саб иашьа уи акомпаниаҿы аҭыԥ ду ааникылон, убри аҟынтә сара сақәшаҳаҭхеит.

Торонто ирацәаны аус ахьызуаз, насгьы Иегова имаҵ зымуаз ауаа ирацәаны аамҭа ахьрыцысхызгоз аҵыхәала аизарақәа бжьасыжьуа салагеит, ажәабжьҳәарагьы зны-зынла акәын санцоз. Раԥхьа сара Иегова имаҵ зымуаз сабду иҿы сынхон. Аха иара данԥсы, даҽа нхарҭак сыԥшаар акәхеит.

1958 шықәсазы аконгресс ахь сызгаз Хатчесонраа ани аби реиԥш исзыҟан. Урҭ дара рҿы сынхаларц сарҳәеит, насгьы Иеговеи сареи ҳаиҩызара арӷәӷәара исыцхрааит. 1960 шықәсазы рԥа Џьони сареи аӡы ҳаҽӡааҳхит. Џьон пионерс амаҵ аура далагеит, саргьы уи сихәаԥшны, еиҳаны ажәабжь аҳәара салагеит. Аизараҿы аишьцәа доуҳала сшеизҳауаз гәарҭеит, насгьы аамҭак ашьҭахь Атеократиатә маҵзура ашкол маҵзуҩыс сҟарҵеит a.

АЦХЫРААҨ БЗИЕИ АПИОНЕРТӘ МАҴЗУРЕИ

Ҳчара амш аҽны. 1966-тәи ашықәс

1966 шықәсазы сара ажәабжьҳәара бзиа избоз, пионерс амаҵ зуаз Па́лмер Берг ԥҳәысс дызгеит. Лара Иегова ишаҳаҭцәа ахьмаҷыз аҭыԥ аҿы амаҵ лулар лҭахын. Ҳраион ахылаԥшҩы аамҭа рацәаны иаҳзикуан. Иара ҳгәазҭеиҵеит ацхыраара ахьаҭахыз Ори́ллиа (апровинциа Онта́рио) иҟаз аизарахь ҳаиасырц. Убри аҟынтә ҳара ҳчемоданқәа еизаҳган, амҩа ҳақәлеит.

Ориллиаҟа ҳаниас Палмер сылҿыԥшны иаразнак пионерс амаҵ аура салагеит. Лгәацԥыҳәара сара сахьгьы ииасит! Сара гәык-ԥсыкала пионерс амаҵ зуан. Ауаа абиблиатә жәеинраалақәа реилыркаара сгәаԥхон. Аҵабырг ргәаҵанӡа ишнеиуаз анызбоз, сгәырӷьара ҳәаак аиуамызт. Исгәалашәоит ҭаацәара бзиак Абиблиа шыдҳарҵоз. Урҭ рыԥсҭазаара аԥсахреи Иегова имаҵ аура алагареи ҳахьрыцхраауаз шаҟа ҳаигәырӷьоз жәдыруандаз!

АБЫЗШӘА ҾЫЦ ҲҴОИТ ҲХӘЫЦШЬАГЬЫ ҲАԤСАХУЕИТ

Зны Торонто ҳаныҟаз, А́рнолд Макнама́р ҳиабадырит, уи Вефиль инарыгӡоз амаҵзура иахылаԥшуаз аишьцәа дыруаӡәкын. Иара дҳазҵааит, иҷыдоу пионерцәас амаҵ аура ҳҭахӡами ҳәа. Сара иаразнак иасҳәеит: «Ишԥаҳҭахым! Иахьааҭаххо, амала Квебе́к сумырбан!» Сара Канада инхоз, англыз бызшәала ицәажәоз ауаа ргәаанагарақәа сныруан. Ауаа иргәаԥхаӡомызт афранцыз бызшәала ицәажәоз ауаа ахьынхоз уи апровинциаҿы иҟаз аилаҩынтрақәа. Усҟантәи аамҭазы Квебек иҟаз политикатә еидгылак уи апровинциа Канада иацрырхыр рҭахын.

Арнолд иҳәеит: «Уажәы афилиал аҟынтә аишьцәа Квебекҟа мацара ауп иҷыдоу апионерцәа ахьырышьҭуа». Усҟан сара иаразнак сақәшаҳаҭхеит. Сара издыруан Палмер уа амаҵ аура шылҭахыз. Ԥыҭрак ашьҭахь сара еилыскааит, уи ҳаԥсҭазаараҿы иҳадаҳкылаз зегь иреиӷьыз аӡбарақәа ишреиуахаз!

Хәымчыбжьа рыҩныҵҟа афранцыз бызшәа аҵаразы акурсқәа ҳархысуан. Нас Палмери сареи даҽа ҭаацәарак ҳрыцны, ақалақь Риму́ски ахь ҳаиасит. Монреа́ль аҟынтә уаанӡа 540 километра раҟара бжьоуп, насгьы аҩада-мрагыларатәи ахәҭаҿы ишьҭоуп. Аха ҳара афранцыз бызшәа уиаҟара ибзианы иҳаздырӡомызт. Уи еиҳараӡак еилкаахеит еизарак аҿы алаҳәара санаԥхьоз. Уаҟа ирылаҳәатәын аконгресс ахь «австриатәи аделегатцәа» рацәаҩны ишаауа, аха сара «астраусқәа рделегатцәа» аауеит ҳәа рыласҳәеит.

Римуски ҳахьынхоз «Аҩны шкәакәа»

Римуски ҳанынхоз ҳара ҳацынхара иалагеит аҭаацәара иаламыз, агәацԥыҳәара злаз ԥшьҩык аиҳәшьцәеи ҩыџьа аԥҳацәа змаз Иубердо́ рҭаацәареи. Иубердораа ҳара зегь ҳзы аҩн ду ылырхит. Ҳара уи «Аҩны шкәакәа» ҳәа ҳашьҭан, избанзар уи агәашьақәеи аҭӡамцқәеи шкәакәан. Уа 12-14-ҩык рҟынӡа ҳанхон. Палмери сареи иҷыдоу пионерцәас амаҵ ҳуан аҟынтә, шьыжьлеи, шьыбжьышьҭахьлеи, хәылбыҽхалеи ажәабжь ҳҳәон. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьон ажәабжьҳәара иҳаццар зылшоз есымша аӡә дахьыҟаз — аӡынра, хәылбыҽхала, ахьҭа бааԥс аныҟазгьы.

Ҳара гәыкала Анцәа имаҵ зуаз урҭ апионерцәа ҳарҩызцәахеит. Ҳара ҭаацәарак реиԥш ҳҟалеит. Зны-зынла ҳара амца еиқәҵаны, уи ҳакәшан ҳтәон, мамзаргьы «ачаҳаржәқәа рымш» ҟаҳҵон — зегьы ачаҳаржәқәа ҟарҵон, дасу ирҭахыз агәылаҵаны. Иашьак дмузыкантын, убри аҟынтә сабшала, хәылбыҽхала ҳара лассы-лассы ҳшәаҳәон, ҳкәашон.

Римуски Абиблиа ахь аинтерес аазырԥшуаз рацәаҩын. Хәышықәса рыҩныҵҟа ҳара иаҳбон Абиблиа зҵоз аӡы рыҽшӡаархуаз, ажәабжьҳәаҩцәа рхыԥхьаӡарагьы 35-ҩык рҟынӡа инеит.

Квебек ҳаныҟаз ҳара ажәабжьҳәараҿы аԥышәа ду ҳауит. Ҳара иаҳбон Иегова ажәабжьҳәараҿы дышҳацхраауаз, насгьы аԥара иадҳәалаз ҳҭахрақәа шхаирҭәаауаз. Уи адагьы францыз бызшәала ицәажәоз ауааи урҭ рбызшәеи ркультуреи бзиа иаҳбеит. Уи ҳацхрааит егьырҭ акультурақәагьы бзиа рбара (2 Кор. 6:13).

Иаалырҟьаны афилиал аҟынтә аишьцәа ҳаҳәеит, апровинциа Ниу-Бра́нсуик мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу, ақалақь Тра́кади ахь ҳаиасырц. Уи мариамызт. Ҳара ауаҭах алхразы аиқәшаҳаҭра аҵаҩны иҳаман, насгьы ашкол аҿы рҵаҩыс аус зуларц азы аконтракт аҵазыҩхьан. Уа амчыбжь аҩныҵҟа сааҭқәак аус зуан. Уи адагьы Абиблиа зҳарҵоз шьоукы жәабжьҳәаҩцәаны иҟалеижьҭеи акгьы ҵӡомызт. Аха уи мацара акәындаз, Римуски Аҳратә зал аргылара иаҿын.

Асабшеи амҽышеи ҳанцәаиҳәарақәа зызкыз Тракадиҟа ҳаиасра акәын. Иара убас ҳара уи ақалақь зеиԥшроу ҳбарц уахь ҳцеит. Тракади Римуски зынӡа иеиԥшӡамызт. Аха ҳара абас ҳаӡбеит: Иегова уахь ҳцарц иҭахызар, ҳцоит. Ҳара Иегова дԥаҳшәеит, насгьы ҳаширманшәалаз ҳбеит (Мал. 3:10). Палмер лхаҵара ӷәӷәан, лхы деигӡаӡомызт, насгьы алафҳәара бзиа илбон — уи ҭыԥк аҟынтә даҽа ҭыԥк ахь ҳаниасуаз ҳарманшәалон, уажәгьы иҳацхрааит.

Уаҟа аизара ахылаԥшҩыс амаҵ зуаз Ро́берт Росс заҵәык иакәын. Иԥшәма Линдеи иареи Тракади пионерцәас амаҵ руан. Дара ахәыҷы данроугьы уа иаанҿасырц рыӡбеит. Ахәыҷы дани ашьҭахь рџьабаа еиҳагьы ишацлазгьы, дара еснагь асасдкылара аадырԥшуан, насгьы ирацәаны ажәабжь рҳәон. Палмери сареи ҳзы урҭ ҿырԥш бзиан.

АЦХЫРААРА АХЬАҬАХУ АҬЫԤ АҾЫ АМАҴ АХЬАҲУА АГӘЫРӶЬАРА ҲЗААНАГОИТ

Раԥхьатәи ҳраион аҿы, аӡынра

Ҳара Тракади ҩышықәса амаҵ анаҳау ашьҭахь, ҳаззыԥшымыз даҽа ԥсахрак ҳақәшәеит — араионтә маҵзура ҳалагарц иҳаҳәеит. Ҳара быжьшықәса англыз бызшәала иахьцәажәоз араионқәа рҿы амаҵ ҳуан, нас афранцыз бызшәала иахьцәажәоз араионқәа рахь ҳрышьҭит. Квебек аобласт ахылаԥшҩыс амаҵ зуаз Лео́нс Крепо́ b, сажәахәқәа рзы еснагь сирҽхәон. Нас абас дсазҵаауан: «Иҟауҵар улшозеи иузыӡырҩуа уажәахә еиҳа ахәарҭа алыргарц азы?» Иара ицхыраарала ажәахәқәа еиҳа ирмарианы, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ираҳауа рхы ишадырхәаша еилыркаартә еиԥш аҳәара салагеит.

Сара ахаан исхашҭӡом, 1978 шықәсазы Монреаль имҩаԥысуаз «Аиааира узырго ахаҵара́» захьӡыз, жәларбжьаратәи аконгресс аан исыдыз адҵа. Сара аделегатцәа акрырҿаҵара снапы ианырҵеит. Ҳара 80 000-ҩык ауаа ҳарзыԥшын. Аишьцәа ирҳәеит ахәыҟаҵара, уаанӡа еиԥш акәымкәа, даҽакала ишеиҿкаахо. Ҳара ҳзы зегь ҿыцын: афатә ҟаҵагақәа, афатә хкқәа, насгьы урҭ рыҟаҵашьа. Ҳара идууз 20-ҟа холодильник ҳаман, урҭ зны-зынла ибжьысуан. Аконгресс уахык шагыз афатәҟаҵаразы иаҭахыз зегь ҳархиар акәын. Аха уи аҽны астадион аҟны аспорттә хәмаррақәа мҩаԥысуан, убри аҟынтә уахь ҳаннеи аҵх цахьан. Шьыжьхьа ианаамҭаз иҳархиарц азы, ишаанӡа аԥечкақәа аҿаҳкыр акәын. Ҳара цәгьала ҳкарахеит. Аха сара сгәы шьҭнахуан аџьабаа зцызбоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәыкала аус ахьыруаз, аҟазшьа бзиақәа ахьаадырԥшуаз, насгьы алаф ахьырҳәоз. Урҭ ирҿысҵааз даара ирацәоуп. Дареи ҳареи аиҩызара ҳабжьалеит, иахьа уажәраанӡагьы ҳаиҩызцәоуп. Сара сзы гәырӷьара дуун 40-50-тәи ашықәсқәа рзы ашьҭашәарыцара ӷәӷәақәа ахьыҟаз апровинциа Квебек аҿы имҩаԥысыз аҭоурых аҿы иаанхаз уи аконгресс аҿы сахьыҟаз!

Палмери сареи Монреаль имҩаԥысуаз аконгресс аҽазыҟаҵара ҳаҿуп. 1985-тәи ашықәс

Монреаль имҩаԥысуаз ҳконгресс дуқәа раан аҭакԥхықәра здыз егьырҭ аишьцәа ирҿысҵааз рацәоуп. Шықәсык уажәы Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуа Деивид Сплеин аконгресс абиуро ахылаԥшра инапы ианын. Уи ашьҭахь имҩаԥысуаз аконгрессқәа руак аҿы уи адҵа сара иансыдырҵа, Деивид даара дсыцхрааит.

2011 шықәсазы, Палмери сареи араионтә маҵзураҿы 36 шықәса анаҳхаҳга ашьҭахь, сара Аизара ахылаԥшыҩцәа рзы иҟоу ашкол аҿы аишьцәа аҵара дсырҵаларц исыԥхьеит. Ҩышықәса рыҩныҵҟа Палмери сареи 75 ҭыԥ рҿы ҳаангылон. Ҳәарада, уи мариамызт. Аха амчыбжь анҵәамҭаз ҳара иаҳбон аҵара зҵоз аишьцәа ироуаз адыррақәа рыхә ҳаракны ишыршьоз, избанзар дара еилыркаауан рхаҵара арӷәӷәаразы Анапхгаратә хеилак аҟынтә аишьцәа аџьабаа рацәаны ишырбо.

Нас сара Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол аҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҵара дсырҵон. Уи ашкол аҿы аҵара аҵара мариаӡам: аурокқәа быжь-сааҭк рҟынӡа имҩаԥысуеит, нас аишьцәеи аиҳәшьцәеи хәылбыҽхала даҽа х-сааҭк аурокқәа ҟарҵоит, уи адагьы дара есымчыбжьа ԥшьба-хәба дҵа рыманы иқәгылоит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҵара дзырҵоз егьи аиашьеи сареи урҭ агәра дҳаргон, Иегова ицхыраарала ари ашкол иалгар шрылшо. Астудентцәа уаанӡа рымч зқәымхошәа ирбоз ак аҟаҵара анрылшалак, ахәыҷқәа реиԥш игәырӷьон! Ааи, Иегова ицхыраарала ҳара зегь ҳалшоит.

ШАҞА ИХАДОУЗЕИ АУАА РАХЬ АИНТЕРЕС ААРԤШРА!

Сан ауаа рахь гәыкала иаалырԥшуаз аинтерес, Абиблиа злырҵоз доуҳала аизҳара ирыцхрааит. Сабгьы аҵабырг еиҳа дазыӡырҩуа далагеит. Сан данԥсы хымш рышьҭахь иара ажәахә дазыӡырҩырц Аҳратә зал ахь днеит. Ҳара уи џьаҳшьеит. Уи ашьҭахь иара 26 шықәса аизарақәа рахь дныҟәон. Саб аӡы иҽӡааимхӡеит, аха аизара ахылаԥшыҩцәа ирҳәеит иара Аҳратә зал ахь еснагь зегь раԥхьа дышнеиуаз.

Иара убас сан хҩык саҳәшьцәеи сареи аҿырԥш бзиа ҳалҭеит. Саҳәшьцәа зегьы рхатә ҩызцәеи дареи гәыкала Иегова имаҵ руеит. Ҩыџьа афилиал аҿы амаҵ руеит: аӡәы Португалиа, даҽаӡәы Гаити.

Уажәы Палмери сареи Га́мильтон (апровинциа Онтарио) аҿы иҷыдоу пионерцәас амаҵ ҳуеит. Араионтә маҵзураҿы ҳаныҟаз ҳара иаҳгәаԥхон аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҵабырг ахь аинтерес аазырԥшуаз рахь, насгьы абиблиатә ҵарақәа рахь ааԥхьара ахьҳарҭоз. Уажәы ҳара ҳхаҭа Абиблиа зҳарҵо ауаа доуҳала иахьеизҳауа ҳреигәырӷьоит. Ҳаизара аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи ҳаиҩызцәахеит. Шаҟа угәы иахәозеи аамҭа бзиақәа раангьы ауадаҩрақәа раангьы Иегова урҭ дахьрывагылоу.

Ҳмаҵзура ашықәсқәа раан гәыкала иаҳзыҟаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы анҳгәалаҳаршәо ҳгәы џьшьарала иҭәуеит. Ҳаргьы дара хьаас иҳаман, убри аҟынтә Иегова имаҵзураҿы рхы иамеигӡаларц ргәазҭаҳҵон (2 Кор. 7:6, 7). Иаҳҳәап, ҭаацәарак аҟны ани, аԥеи, аԥҳаи пионерцәас амаҵ руан. Сара уи аҭаацәара ахада зныкыр апионертә маҵзура уазхәыцхьоума ҳәа сиазҵааит. Иара хҩык апионерцәа ныҟәызгоит ҳәа сеиҳәеит. Убасҟан сара сиазҵааит: «Иегова иаасҭа уара еиӷьны иныҟәугома?» Сара иасҳәеит, пионерс амаҵ аура далагар, иҭаацәа ирымоу агәырӷьара аҩыза иаргьы ишиоуа. Шықәсыбжак ашьҭахь иара пионерс амаҵ аура далагеит.

Палмери сареи иаҳҭахуп анаҩсгьы Иегова «иџьашьахәу [и]усқәа» рыӡбахә аҿар ирзеиҭаҳҳәалар (Аԥсал. 71:17, 18). Ҳара ҳгәыӷуеит, даргьы ҳара ҳаиԥш Иегова имаҵ аура бзиа ирбалоит ҳәа.

a Уаанӡа аиԥылара «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» анапхгаҩы убас ихьӡын.

b Леонс Крепо ибиографиа шәаԥхьар шәылшоит 2020 шықәса, февраль мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы, адаҟьақәа 26—30.