АҴАРАЗЫ АСТАТИА 29
Шәара арыцҳара ду шәазхиоума?
«Шәҽырхианы шәыҟаз» (МАТФ. 24:44).
АШӘА 150 Уеиқәхарц Иегова дыԥшаала
АХҲӘАА a
1. Избан аԥсабаратә рыцҳарақәа рҽырзыҟаҵара зҟәыӷароу?
АҼАЗЫҞАҴАРА ҳаԥсҭазаара еиқәнархар алшоит. Иаҳҳәап аԥсабаратә рыцҳара заа зҽазыҟазҵаз, иҟалап рыхгьы еиқәдырхар, егьырҭгьы рыцхраара рылшар. Абар уи аганахь ала европатәи агуманитартә организациак иаҳәаз: «Аҽазыҟаҵара бзиа уеиқәнархоит».
2. Избан «арыцҳара ду» ҳҽазыҟаҳҵалар зхадоу? (Матфеи 24:44).
2 «Арыцҳара ду» ҳанымгәыӷуа иалагоит (Матф. 24:21). Аха уи ирацәаны егьырҭ арыцҳарақәа иреиԥшхаӡом, избанзар ҳара уи шыҟало ҳдыруеит. 2 000 шықәса раҟара раԥхьа Иисус ишьҭанеицәа иреиҳәеит уи амш иазыҟаҵазар шхадоу. (Шәаԥхьа Матфеи 24:44.) Ҳара уи аамҭа цәгьа ҳазыҟаҵазар, ҳхаҭагьы ачҳара аарԥшра ҳзымариахоит, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыцхраарагьы ҳалшоит (Лука 21:36).
3. Ишԥаҳацхраауеи ачҳареи, арыцҳашьареи, абзиабареи арыцҳара ду аҽазыҟаҵара?
3 Шәааи арыцҳара ду аҽазыҟаҵара иҳацхраауа х-ҟазшьак ҳрылацәажәап. Ҳхы шԥамҩаԥаҳго ақәыӡбаратә жәабжь аҳәаразы аамҭа анааилак, насгьы Анцәа дхазымҵо ауаа анаҳҿагылалак? (Аат. 16:21). Ҳара Иегова иҳаиҳәаз ҟаҳҵаларц, насгьы ҳшихьчо агәра ҳгаларц азы ачҳара ҳҭаххоит. Иҟаҳҵозеи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ирымоу-ирыхӡу рцәыӡыр? (Авв. 3:17, 18). Ҳара урҭ рыцхрааразы арыцҳашьара ҳҭаххоит. Ҳхы шԥамҩаԥаҳго ажәларқәа ркоалициа анҳақәлалак ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи аамҭак аҩныҵҟа иҭшәоу уадак аҿы ҳҟалар акәхар? (Иез. 38:10—12). Ҳара уи аамҭа цәгьа еицаҳхаҳгарц азы абзиабара ӷәӷәа ҳҭаххоит.
4. Ишԥаҳнарбо Абиблиа ачҳареи, арыцҳашьареи, абзиабареи раарԥшра шҳахәҭоу?
4 Анцәа Иажәа ҳгәазҭанаҵоит ачҳареи, арыцҳашьареи, абзиабареи раарԥшра. Лука 21:19 аҿы иануп: «Иаашәырԥшуа ачҳара абзоурала шәыԥсы еиқәшәырхоит». Колоссаа рахь 3:12 ҳгәазҭанаҵоит: «Ишәшәышәҵа... арыцҳашьара». 1 Фессалоникаа рахь 4:9, 10 аҿы иануп: «Анцәа ихаҭа бзиа шәшеибабалаша шәирҵеит. ...Аха уеизгьы, ҳашьцәа, еиҳаны абзиабара аашәырԥшларц шәгәазҭаҳҵоит». Арҭ ажәақәа захь ирхаз ақьырсианцәа ачҳареи, арыцҳашьареи, абзиабареи раарԥшышьа рҵахьан. Аха дара анаҩсгьы урҭ аҟазшьақәа еиӷьыртәлар рыхәҭан. Ҳаргьы убас ҟаҳҵалар ауп. Иҳацхраауазеи уи аҿы? Шәааи актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа арҭ аҟазшьақәа шаадырԥшуаз ҳалацәажәап. Анаҩс урҭ ҳарҿыԥшлар шҳалшо ҳахәаԥшуеит. Уи ҳацхраауеит арыцҳара ду ҳазыҟаҵоу-ҳазыҟаҵаму аилкаара.
АЧҲАРА ЕИЗШӘЫРҲАЛА
5. Ирыцхраауазеи раԥхьатәи ақьырсианцәа ачҳара аарԥшны аԥышәарақәа рыхгара?
5 Раԥхьатәи ақьырсианцәа ачҳара рҭахын (Аур. 10:36). Ауаа зегь зықәшәо ауадаҩрақәа рыдагьы, дара егьырҭ аԥышәарақәагьы ирықәшәон. Урҭ рҟынтә аӡәырҩы ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәон — иудеиатәи адиннапхгаҩцәеи римтәи аруааи рганахь ала адагьы, рыуацәа рганахь алагьы (Матф. 10:21). Аизараҿы акәзар, акзаара еилазгоз аҵабырг иацәхьаҵыз рҵарақәеи дареи рнырра иаҿагылалар акәын (Аус. 20:29, 30). Арҭ ауадаҩрақәа зегьы рҿы урҭ ақьырсианцәа ачҳара аадырԥшуан (Аат. 2:3). Ирыцхраауази дара? Урҭ Иов иеиԥш ачҳара аазырԥшуаз, Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәа ирызхәыцуан (Иак. 5:10, 11). Иара убас дара Анцәа амч риҭарц иҳәон. (Аус. 4:29—31). Уи адагьы урҭ ақьырсианцәа ирхадыршҭӡомызт, зегь рхыргар, Иегова дшырзылԥхоз (Аус. 5:41).
6. Ишәыцхраар шԥалшо Мерита лҿырԥшы шәхаҵаразы ианышәҿагыло?
6 Ҳаргьы зегь ҳхаҳгар ҳалшоит Абиблиеи ҳлитературеи рҿы зыӡбахә ҳәоу ачҳара аазырԥшуаз Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәа есымша ҳрызхәыцуазар. Уи ауп Албаниа инхо Мери́тагьы илыцхрааз лҭаацәа ӷәӷәала ианылҿагылоз. Лара илҳәоит: «Иов иҿырԥшы сгәаҵанӡа инеит. Иара игәаҟрақәа зыхҟьоз дызусҭазгьы издыруамызт. Аха уеизгьы абас иҳәеит: „Сыԥсы ҭанаҵы иаансыжьуам сара сыцқьара!“ Сара еилыскааит Иов иуадаҩрақәеи сара сыуадаҩрақәеи шузеидымкыло. Уи инеиҳангьы сара сгәаҟрақәа зыхҟьоз дызусҭоу здыруан» (Иов 27:5).
7. Иҟаҵалатәузеи уажәнатә, уажәы аԥышәара ӷәӷәақәа шәымамзаргьы?
7 Иара убас ҳара еиҳагьы ачҳара аарԥшышьа ҳҵоит ҳгәы иҵхо зегьы лассы-лассы, насгьы гәаартыла Иегова изеиҭаҳҳәалар (Флп. 4:6; 1 Фес. 5:17). Иҟалап шәара уажәы аԥышәара ӷәӷәақәа шәымамзар. Аха шәхы шәазҵаа: «Акы сгәы анканажьуа, мамзаргьы иҟасҵара анысзымдыруа Иегова ацхырааразы сиҳәома?» Шәзықәшәо иарбан уадаҩразаалакгьы Анцәа иҳәара шьцыларас ишәымазар, аԥышәара ӷәӷәа шәанақәшәогьы ацхырааразы Анцәа иҳәара шәзымариахоит. Шәара агәра ганы шәыҟазаауеит иара дышшәыцхрааша, насгьы даншәыцхрааша бзианы ишидыруа (Аԥсал. 27:1, 3).
8. Ишԥашьақәнарӷәӷәо Мира лҿырԥшы ҳзықәшәо ауадаҩрақәа раан уажәнатә ачҳара ааҳарԥшуазар, аԥхьаҟа ҳзықәшәо ауадаҩрақәа шаҳхаҳго? (Иаков 1:2—4). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
8 Ҳара аԥышәарақәа ҳанрықәшәо ачҳара аарԥшны урҭ ҳхаҳгозар, арыцҳара ду аан ачҳара аарԥшра еиҳа иаҳзымариахоит (Рим. 5:3). Избан уи аҩыза алкаа ҟаҳҵар зҳалшо? Аишьцәа аӡәырҩы игәарҭеит, ԥышәарак ианақәшәоз ачҳара аарԥшны уи анырхыргоз, уи ашьҭахь изықәшәоз аԥышәара ахгара еиҳа ишырзымариаз. Уи Иегова рааигәа дшыҟоу, насгьы дышрыцхраауа ала рхаҵара арӷәӷәон. Ахаҵара ӷәӷәа уи ашьҭахь изықәшәоз аԥышәарақәа раан ачҳара аарԥшны зегь ахгара ирыцхраауан. (Шәаԥхьа Иаков 1:2—4.) Албаниа инхо пионерс амаҵ зуа Мира зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит уаанӡа дзықәшәоз аԥышәарақәа ачҳара аарԥшны иахьылхылгоз уажәы ачҳара аарԥшра ишлыцхраауа. Зны-зынла Мира лгәы иаанагоит лара лаҟара ауадаҩрақәа аӡәгьы имаӡам ҳәа. Аха усҟан лара илгәалалыршәоит аҵыхәтәантәи 20 шықәса рыҩныҵҟа Иегова дышлыцхраауаз, насгьы абас лгәы лырӷәӷәоит: «Бгәы кабмыжьын! Иегова ибзыҟаиҵахьоу зегь аӡы иабымҭан. Иегова ицхыраарала шаҟа иааира бгахьоу бхабмыршҭлан». Шәаргьы Иегова дышшәыцхраауаз шәгәалашәыршәалар шәылшоит. Уи ауадаҩрақәа раан ачҳара аарԥшышьа шәнарҵоит, убас ала арыцҳара ду аан уи аҟазшьа аарԥшра еиҳагьы ишәзымариахоит. Агәра ганы шәыҟаз Иегова ишәхыжәго аԥышәарақәа зегь шибо, насгьы иаашәырԥшуа ачҳаразы дшышәзылԥхо (Матф. 5:10—12).
АРЫЦҲАШЬАРА ААШӘЫРԤШЛА
9. Ишԥаадырԥши арыцҳашьара сириатәи Антиохиа инхоз ақьырсианцәа?
9 Ҳахәаԥшып Иудеиа амлакра ӷәӷәа аналага иҟалаз. Сириатәи Антиохиа инхоз ақьырсианцәа уи анраҳа Иудеиа инхоз рашьцәа рыцҳаршьазар ҟалап. Аха дара уи аҿы иаанымгылаӡеит. Дара рашьцәа шрыцҳаршьаз аус аҿы иаадырԥшит. «Дасу илшоз ала, иудеиатәи аишьцәа ирыцхраарц рыӡбеит» (Аус. 11:27—30). Антиохиа инхоз ақьырсианцәа Иудеиа ишацәыхаразгьы, рашьцәа даара ирыцхраар рҭахын (1 Иоанн 3:17, 18).
10. Ишԥаҳалшо арыцҳара ахьыҟалаз инхо аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь арыцҳашьара ааҳарԥшлар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
10 Иахьа ҳаргьы рыцҳарак ахьыҟалаз инхо аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь арыцҳашьара ааҳарԥшлар ҳалшоит. Ҳара урҭ ҳазларыцхрааша иаразнак ҳазхәыцуеит. Иаҳҳәап, ацхыраара b аҟаҵара ҳшазхиоу аизара ахылаԥшыҩцәа ираҳҳәоит, адунеизегьтәи аус азы аԥара алаҳҵоит, насгьы арыцҳара иақәшәаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы Анцәа ҳиҳәоит (Ажәам. 17:17). Апандемиа COVID-19 аан ацхыраара зҭахыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхрааразы 2020-тәи ашықәс азы адунеи зегь аҿы 950 комитет инареиҳаны еиҿкаан. Уи акомитет аҿы амаҵ зуа ирывагыланы аџьабаа збо аишьцәеи аиҳәшьцәеи арҽхәара иаԥсоуп. Дара рашьцәеи раҳәшьцәеи рахь арыцҳашьара аарԥшны агуманитартә цхыраара рызнаргоит, рхаҵара арӷәӷәара ирыцхраауеит, ааха зоуз аҩнқәеи Аҳратә залқәеи анеиҭашьақәдыргылогьы ыҟоуп. (Иаҿшәырԥш 2 Коринфаа рахь 8:1—4.)
11. Дышԥаҳараркуеи жәҩантәи Ҳаб ҳус бзиақәа?
11 Ҳара аԥсабаратә рыцҳарақәа рышьҭахь аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳанрыцхраауа ҳџьабаа аӡәы изгәамҭакәа инхаӡом. Иаҳҳәап, 2019 шықәсазы аԥша цәгьа «До́риан» Багамқәа рҿы Аҳратә зал арбгеит. Ҳашьцәа азал анеиҭашьақәдыргылоз, ирыцхраауаз Иегова ишаҳаҭмыз хаҵак иус азы шаҟа иҭаху реиҳәарц иарҳәеит. Аха иара абас иҳәеит: «Сара аргыларазы иаҭаху зегьы, иара убас аусуҩцәеи амаҭәахәқәеи хәыда-ԥсада ишәысҭоит. Шәорганизациазы ак ҟасҵар сҭахуп. Шәара шәахьеицхыраауа сгәы иахәеит». Ари адунеи аҿы ауаа реиҳараҩык Иегова дрыздырӡом. Аха аӡәырҩы Иегова ишаҳаҭцәа ирыцклаԥшуеит. Ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп ҳус бзиақәа «рыцҳашьарала иҭәу» Анцәа иахь ауаа ахьхьанарԥшуа! (Еф. 2:4).
12. Ишԥаҳацхраауеи иахьа уажәнатә арыцҳашьара аарԥшышьа ҳҵозар, арыцҳара ду аҽазыҟаҵара? (Аатра 13:16, 17).
12 Избан арыцҳара ду аан арыцҳашьара ааҳарԥшлар зхадахо? Абиблиаҿы еилыкка иануп аполитикатә система иадымгылало ауаа иахьагьы, арыцҳара ду аангьы ауадаҩрақәа ишрықәшәало. (Шәаԥхьа Аатра 13:16, 17.) Иҟалап аишьцәеи аиҳәшьцәеи зда ԥсыхәа ыҟам рымазарц азы ацхыраара рҭаххар. Анцәа ари адунеи дақәыӡбахьеит, иаарласны Ҳаҳ, Иисус Христос, уи аӡбара наигӡарц азы даауеит. Ҳара иаҳҭахуп Иисус данааилак аамҭазы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь арыцҳашьара шааҳарԥшуа ибар! Усҟан иара абас ҳаиҳәоит: «Шәааи... Аҳрахь» (Матф. 25:34—40).
АБЗИАБАРА ЕИЗШӘЫРҲАЛА
13. Ишԥарыцхрааи раԥхьатәи ақьырсианцәа Павел Римаа рахь 15:7 аҿы ириҭаз алабжьара ирыбжьаз абзиабара арӷәӷәара?
13 Абзиабара раԥхьатәи ақьырсианцәа егьырҭ ауаа изларылукаауаз ҟазшьан. Аха ирзымариазма урҭ уи аҟазшьа аарԥшра? Ҿырԥштәыс иааҳгап Рим иҟаз ақьырсиантә еизара. Уи аизара еиԥшымыз ауаа рыла ишьақәгылан. Уа ианхәыҷыз инаркны Моисеи изакәан ақәныҟәашьа здырҵоз ауриацәа рыдагьы, зынӡа даҽакала иааӡаз, уаанӡа амцнцәахәқәа ирымҵахырхәозгьы ыҟан. Ақьырсианцәа рыбжьара иҟалап иҟазҭгьы амаҵуцәагьы, зых иақәиҭызгьы, амаҵуцәа змазгьы. Ишԥарылшоз урҭ реиԥшымра иамыхәаԥшӡакәа абзиабара аадырԥшлар? Апостол Павел урҭ ргәазҭеиҵеит: «Гәаартыла аишьцәа зегь шәыдышәкылала». (Шәаԥхьа Римаа рахь 15:7.) Ииҳәарц ииҭахызи иара? «Гәаартыла ишәыдышәкылала», ҳәа еиҭагоу ажәа иаанагоит «аӡәы уҩны гәыкала идкылара», ма «уҩызцәа рхыԥхьаӡалара». Иаҳҳәап Павел Филимон игәазҭеиҵеит ибналаны иҟаз амаҵуҩы Онисим гәаартыла дидикыларц (Флм. 17). Акилеи Прискиллеигьы Аполлос дара рахь ааԥхьара ирҭеит, уи ақьырсианра иазкны дара раасҭа имаҷны ишидыруазгьы (Аус. 18:26). Урҭ ақьырсианцәа реиԥшымзаара дара-дара еицәыхаранатәыр алдмыршаӡеит. Дара убриаҟара ишеиԥшымызгьы гәаартыла еизыҟан.
14. Ишԥаадырԥшуаз абзиабара миссионерс амаҵ зуаз хаҵеи-ԥҳәыси?
14 Ҳаргьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҩызцәас ишьҭаҳхлар бзиа ишаҳбо дҳарбоит. Уи даргьы ҳара ҳахь абзиабара аарԥшра ргәазҭанаҵоит (2 Кор. 6:11—13). Абар Анна лҿырԥшы. Лыԥшәмеи лареи Мраҭашәаратәи Африкаҟа миссионерс амаҵ аура ианырышьҭ ашьҭахь хара имгакәа апандемиа COVID-19 иалагеит. Убри аҟынтә реизара ҿыц аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи дареи еибабалартә алшара рымаӡамызт. Ишԥарылшоз дара абзиабара аарԥшра? Урҭ авидеоконференциа ала ирацәажәон, насгьы еиҳа иааигәаны ирабадырырц шырҭаху рарҳәон. Аҭаацәарақәа рацәаны урҭ амиссионерцәа иаадырԥшыз абзиабара ргәаҵанӡа инеит, насгьы даргьы лассы-лассы аҭел ирзасуан, СМС-аацҳарақәагьы рзырышьҭуан. Избан урҭ амиссионерцәа реизара ҿыц аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирҩызахарц абас изырҭахыз? Анна илҳәоит: «Сара сҭаацәа изныкымкәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыбзиабара рыԥсҭазаараҿы ирбахьан — ауадаҩрақәа раангьы агәырӷьара аамҭақәа раангьы. Уи сара ахаангьы исхашҭӡом, убри аҟынтә саргьы уи аҩыза абзиабара егьырҭ рахь иаасырԥшлар сҭаххеит».
15. Ишԥашәнарҵо Ванесса лҿырԥшы аишьцәеи аиҳәшьцәеи зегь рахь абзиабара аарԥшышьа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
15 Ҳара ҳаизарақәа рҿы иҟазар алшоит еиуеиԥшым акультурақәа рҟынтә, насгьы зҟазшьақәа еиԥшым аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Даараӡа ихадоуп урҭ рҟазшьа бзиақәа ҳхы рзаҳашьҭлар. Убасҟан дара рахь ҳабзиабара еиҳагьы еизҳалоит. Зеландиа Ҿыц аҟны амаҵ зуа Ване́сса аизара аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы раабра лцәыцәгьан. Аха анаҩс лара илыӡбеит урҭ дырцәыхарамхакәа еиҳагьы аамҭа рыцылхылгаларц. Уи лыцхрааит Иегова урҭ изакәазы бзиа ибо аилкаара. Лара илҳәоит: «Схатә ҩыза араион ахылаԥшҩыс амаҵ аура даналага аамҭа зыцаҳхаҳгоз ауаа еиҳагьы ирацәаҩхеит, насгьы урҭ зегьы рҟазшьақәа еиԥшӡамызт. Аха уажәшьҭа уи сара сзы уадаҩраӡамызт. Сара аиԥшымзаара бзиа избеит. Еилкаауп, Иеговагьы уи бзиа ишибо, избанзар иара ҳара зегьы ҳшеиԥшымгьы иара иахь ҳааиԥхьеит». Ҳара Иегова ихәаԥшышьала егьырҭ рыхәаԥшра ҳҽаназаҳшәо урҭ бзиа ишаҳбо ааҳарԥшуеит (2 Кор. 8:24).
16. Избан арыцҳара ду аан абзиабара еиҳараӡак изхадахо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
16 Абзиабара аарԥшра еиҳараӡак ихадахоит арыцҳара ду аан. Ҳашԥаихьчо Иегова уи аналагалак? Абар Анцәа имаҵзуҩцәа иҟарҵалар рыхәҭаз мидо-персиатәи ар ажәытәтәи Вавилон ианақәла: «Шәца, сыжәлар, аҩныҵҟатәи ауадақәа шәрыҩналаны ашә ашәыркы. Шәҽышәҵәах аамҭа кьаҿк иалагӡаны, агәыԥжәара ииасаанӡа» (Ис. 26:20). Арҭ ажәақәа ҳара, арыцҳара ду ашәхымс илагылоу, ҳахьгьы иаҵанакуазар ҟалап. «Аҩныҵҟатәи ауадақәа» рахь иаҵанакуазар алшоит ҳаизарақәа. Ҳдоуҳатә ҭаацәара рааигәара ҳҟалар, Иегова арыцҳара ду аан ҳихьчоит. Убри аҟынтә ҳара уажәнатә ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ус баша рычҳара акәымкәа, бзиа рбара ҳҽазаҳшәалароуп. Уи ҳаԥсҭазаара еиқәнархоит!
УАЖӘНАТӘ ШӘҼАЗЫҞАШӘҴАЛА
17. Иҳалшозеи арыцҳара ду аан, уи уажәнатә ҳҽазыҟаҳҵозар?
17 «Иегова имш ду» ауаатәыҩса зегьы рзы аамҭа цәгьахоит (Соф. 1:14, 15). Усҟан Иегова ишаҳаҭцәагьы ауадаҩрақәа ирықәшәоит. Аха ҳара уажәнатә ҳҽазыҟаҳҵар, агәҭынчра ҳамазаауеит, егьырҭ рыцхраарагьы ҳалшоит. Ҳара иарбан уадаҩразаалакгьы ҳзықәшәо уи ачҳара аарԥшны иаҳхаҳгалоит. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи арыцҳара иақәшәар, урҭ рыцҳашьаны рыцхрааразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Ҳара уажәнатә бзиа иаҳбо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи акы иаҳцәыхаранатәыртә алҳаршаӡом. Убасҟан Иегова агәаҟрақәеи агәырҩеи ахаан иахьыҟамло адунеи аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаиҭоит (Ис. 65:17).
АШӘА 144 Аҳамҭа улаԥш ахыз!
a Иаарласны арыцҳара ду иалагоит. Уи ҳазхиазарц азы ауадаҩрақәа раан ачҳара ааҳарԥшлароуп, насгьы арыцҳашьареи абзиабареи ҳалазароуп. Шәааи ҳалацәажәап урҭ аҟазшьақәа актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа ишрыцхраауаз, иахьа ҳара ишҳацхраауа, насгьы арыцҳара ду ҳшазыҟарҵо.
b Арыцҳара иақәшәаз шәрыцхраарц шәҭахызар, абланк «Заявление на служение добровольцем в программе местного проектно-строительного отдела» (DC-50) мамзаргьы «Заявление на добровольное служение» (A-19) хашәырҭәаа, нас ааԥхьара шәазыԥшыз.